Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ҳаԥсҭазаара Анцәа изкра

Ҳаԥсҭазаара Анцәа изкра

Ҳгәазҭазҵалар акәзеи ҳаԥсҭазаара Иегова изкра?

Ҩнтә 6:5; Лк 10:25—28; Аат 4:11

Шәахәаԥш иара убас Ақәҵ 20:5

Абиблиа ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу, Анцәа имаҵ ҳаулар ҳҭахызар?

Аԥс 119:105; 1Фс 2:13; 2Тм 3:16

Шәахәаԥш иара убас Ин 17:17; Аур 4:12

Иҟаиҵазеи Анцәа, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц азы, насгьы иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара?

Иаазырԥшуазеи уаанӡа иҟаҳҵоз Анцәа игәамԥхо аусқәа ҳашрыхьхәыз?

Аус 3:19; 26:20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Лк 19:1—10. Ашәахтәеизгаҩцәа реиҳабы Закхеи ауаа аԥара ахьрымихуаз дахьхәит, ирымихыз аасҭа еиҳангьы ирызирхынҳәит.

    • 1Тм 1:12—16. Апостол Павел еиҭеиҳәеит Анцәеи Христоси иара иахь агәыҭбаара шаадырԥшыз, насгьы уаанӡа дызҿыз аусқәа анаанижь, ишианарыжьыз.

Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи иҵегьы уаанӡа ҳазҿыз Анцәа игәамԥхо аусқәа анаанҳажь ашьҭахь?

Иарбан хымҩаԥгашьоу иҳамазар ҳахәҭоу, Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш имаҵ ҳауларц азы?

1Кр 6:9—11; Кл 3:5—9; 1Пт 1:14, 15; 4:3, 4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1Кр 5:1—13. Апостол Павел Коринф инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит иламысдоу аусқәа ирҿыз қьырсианк аизара далырцарц.

    • 2Тм 2:16—19. Апостол Павел Тимофеи игәиҽаниҵеит агангрена еиԥш ауаа ирылаҵәоз аҵабырг иацәхьаҵыз ауаа ргәаанагарақәа иҽырцәихьчаларц.

Ишԥарзыҟоу Анцәа имаҵ зуа ауаа аҳәынҭқарцәа?

Иса 2:3, 4; Ин 15:19

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ин 6:10—15. Иисус џьашьахәыла зықьҩыла ауаа акрынырҿеиҵа, дара уи аҳас дҟарҵарц рҭаххеит, аха иара урҭ дырԥырҵны дцеит.

    • Ин 18:33—36. Иисус иҳәеит Иаҳра ари адунеи аполитикатә система зынӡа ишадҳәалам.

Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа Анцәа имаҵ аура?

Ин 16:13; Гл 5:22, 23

Шәахәаԥш иара убас Аус 20:28; Еф 5:18

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Аус 15:28, 29. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак аԥхьатәхсара аганахьала акрызҵазкуаз аӡбара рыдыркылеит.

Излеиԥшзар ахәҭоузеи ҳара Анцәа имаҵ шаҳуеи Иисус Христос Анцәа имаҵ шиуази?

Избан зыԥсҭазаара Иегова изызкыз ақьырсианцәа аӡы рыҽӡаархыр зрыхәҭоу?

Мф 28:19, 20; Аус 2:40, 41; 8:12; 1Пт 3:21

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 3:13—17. Иисус аӡы иҽӡааихит, убри алагьы иааирԥшит Иаб иҳәатәы анагӡара хықәкыс ишимоу.

    • Аус 8:26—39. Иегова имаҵ зуаз аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи хаҵак Иисус Христос изку аҵабырг анеиликаа, аӡы иҽӡааихыр иҭаххеит.