Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 11

Уажәақәа аԥсы рхаҵала

Уажәақәа аԥсы рхаҵала

Римаа рахь 12:11

ИҞАҴАТӘУ Аӡырҩцәа ираҳаз ахархәара ргәазҭоуҵарц уҭахызар, уажәақәа аԥсы рхазар ауп.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Узлацәажәарц иуҭаху ухаҭа угәаҵанӡа инеир ауп. Уҽаназыҟауҵо ибзианы уазхәыц иуҳәарц иуҭаху зхадоу. Узлацәажәо атема ибзианы иудыруазар, уи гәыкала иуҳәалоит.

  • Иузыӡырҩуа урызхәыц. Уазхәыц иарбан хәарҭоу ирзаанаго иузыӡырҩуа узыԥхьо, мамзаргьы идурҵо. Уазхәыц аӡырҩцәа ироуҳәарц иуҭаху еиҳагьы ахә ашьара ргәазҭоуҵарц азы уи шуҳәаша.

  • Уажәақәа лахҿыхыз. Уажәақәа аԥсы рхаҵала. Иуҳәо ушазыҟоу ааурԥшырц азы унапырхахашьеи ухымҩаԥгашьеи абжьааԥны уанцәажәо еиԥш иҟазароуп. Иара убас гәыкала ушцәажәо ухаҿсахьа ианыԥшуазар ауп.