Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 13

Иуҳәо ахәарҭа алырхыр шалшо дырбала

Иуҳәо ахәарҭа алырхыр шалшо дырбала

Ажәамаанақәа 3:21

ИҞАҴАТӘУ Урыцхраа аӡырҩцәа ироуҳәо дара ишрыҵанакуа аилкаара, насгьы уи рхы ишадырхәаша дырба.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Иузыӡырҩуа урызхәыц. Уазхәыц иузыӡырҩуа ироуҳәарц иуҭаху раҳар зрыхәҭоу, насгьы ироуҳәо аҟынтә еиҳарак ирыцхраар алшо.

  • Ажәахә уҳәонаҵы иузыӡырҩуа иҟарҵаша дырбала. Ажәахә уаналагалак инаркны аӡырҩцәа зегьы хәыцыр ауп: «Ари сара исызкуп». Ихадоу зхәыцрак анеилургалак ашьҭахь, уи рхы ишадырхәаша дырбаны, даҽа зхәыцрак ахь уиас. Уахыкәшаны умцәажәалан.