Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 14

Ихадоу азхәыцрақәа алкаала

Ихадоу азхәыцрақәа алкаала

Ауриацәа рахь 8:1

ИҞАҴАТӘУ Урыцхраа аӡырҩцәа атема шеилурго ацклаԥшра, насгьы иазгәаҭ ихадоу азхәыцрақәа ажәахә атемеи ахықәки ишрыдҳәалоу.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Ахықәкы умаз. Уазхәыц уажәахә хықәкыс иамоу: аӡырҩцәа аинформациа рыҭара, агәра дыргара, мамзаргьы ак аҟаҵара ргәазҭаҵара. Анаҩс уи инақәыршәаны уажәахә еилырга. Ихадоу азхәыцрақәа зегьы иумоу ахықәкы анагӡара иуцхраар ауп.

  • Уажәахә атема алкаа. Ажәахә уҳәонаҵы атема уазхьаԥшла. Уи ҟауҵар улшоит атема иадҳәалоу ихадоу ажәақәа ма асинонимқәа ухы иархәаны.

  • Ихадоу азхәыцрақәа мариазар, насгьы еилыкка иҟазар ауп. Иузалху аамҭа иҭагӡаны аӡырҩцәа ибзианы идеилуркаар улшо ихадоу, насгьы утема иадҳәалоу азхәыцрақәа мацара алх. Ихадоу азхәыцрақәа рацәамзар ауп. Иалкаа иуҳәарц иуҭаху ихадоу азхәыцрақәа зегьы, зхәыцрак еилырганы даҽак ахь уиасаанӡа маҷк уааҭгыл.