Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 15

Иуҳәо агәра шуго аарԥшла

Иуҳәо агәра шуго аарԥшла

1 Фессалоникаа рахь 1:5

ИҞАҴАТӘУ Уажәақәа ирныԥшуазар ауп иуҳәо агәра шуго, насгьы уи шхадоу.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Ибзианы уҽазыҟаҵа. Аҭҵаара мҩаԥгала ихадоу азхәыцрақәа еилукаанӡа, насгьы Абиблиа урҭ шышьақәнарӷәӷәо убаанӡа. Уҽазышәа ихадоу азхәыцрақәа ырмарианы, ухатә ажәақәа рыла рҳәара. Иуҳәо аӡырҩцәа ишрыцхрааша ухы азышьҭла. Анцәа иԥшьоу адоуҳа уиҭарц уиҳәала.

  • Ухы иархәала иуҳәо агәра шуго аазырԥшуа ажәақәа. Ианҵаны иумоу ишаныҵәҟьо аԥхьара аҭыԥан, ухатә ажәақәа рыла еиҭаҳәала. Уцәажәашьа ианыԥшуазар ауп иуҳәо агәра шуго.

  • Гәыкала уцәажәала, насгьы иуҳәо шиашоу агәра дыргала. Убжьы мыцхәы ихәыҷымзар ауп. Шәҭыԥ аҿы иаԥызар, аӡырҩцәа рлакҭа уҭаԥшла.