Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 16

Аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа уалацәажәала

Аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа уалацәажәала

Иов 16:5

ИҞАҴАТӘУ Ауадаҩра мыцхәы азааҭгылара аҭыԥан, уи шыӡбахо ҳәала, насгьы ргәы шьҭызхуа уалацәажәала.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Урыцхраала иузыӡырҩуа агәазыҟашьа бзиа аизырҳара. Агәра ганы уҟаз угәрахаҵара уцеиҩызшо Иегова игәы ҟарҵаларц шырҭаху. Алабжьара руҭар акәзаргьы, раԥхьа гәыкала ирҽхәа, уи азы алшара анумоу.

  • Угәы казыжьуа атемақәа мыцхәы урыламцәажәалан. Ажәахә аҿы угәы казыжьуа акы уалацәажәозар, уи хәарҭа злоу хықәкык амазар ауп. Уажәахә ианыԥшуа агәазыҟашьа угәы шьҭнахуазар ауп.

  • Анцәа Иажәа ухы иархәала. Идырба Иегова ауаа рзы иҟаиҵахьоу, уажәы иҟаиҵо, насгьы иҟаиҵараны иҟоу. Аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа, амч рызҭо агәыӷра рыҭ.