АУРОК 17
Уеилыркаартә еиԥш уцәажәала
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
-
Ибзианы уҽазыҟаҵала. Атема ибзианы еилкаа, ирмарианы, ухатә ажәақәа рыла еиҭоуҳәарц азы.
-
Ухы иархәала икьаҿу аҳәоуқәеи имариоу ажәақәеи. Аҳәоу дуқәа ухы иаурхәалар ауеит, аха ихадоу азхәыцрақәа икьаҿу ажәақәеи аҳәоуқәеи рыла иҳәала.
-
Аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа деилыркаала. Иалшозар, аӡырҩцәа ирзымдыруа ажәақәа ухы иаумырхәалан. Аха ус еиԥш иҟоу ажәақәеи, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауааи, ажәытәан рхы иадырхәоз ашәага-загақәеи, аҵасқәеи урылацәажәозар, идеилыркаала.