Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 19

Иуҳәо аӡырҩцәа ргәаҵанӡа инагала

Иуҳәо аӡырҩцәа ргәаҵанӡа инагала

Ажәамаанақәа 3:1

ИҞАҴАТӘУ Урыцхраа аӡырҩцәа ираҳауа ахә ашьара, насгьы уи ақәныҟәара.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Аӡырҩцәа рхы агәаҭара урыцхраа. Аӡырҩцәа азхәыцра ргәазҭазҵо, насгьы рмотивқәа агәаҭара ирыцхраауа азҵаарақәа рыҭала.

  • Урыцхраа иҟарҵо зегьы гәыкала аҟаҵара. Урыцхраа аӡырҩцәа аус бзиақәа зыҟарҵо азхәыцра. Дара урҭ рыҟаҵара ргәазырԥхо Иеговеи, ауааи, аҵабырги рахь ирымоу абзиабара акәзар ауп. Урыцхраа уи агәазыҳәара аизырҳара. Иаҭахӡам аҵара дырҵара, уи аҭыԥан урыцхраа Абиблиа иану зҟәыӷоу абара. Иумырԥхашьалан, насгьы ахара рыдушәа думырбалан, уи аҭыԥан ажәахә уаналго ргәы шьҭых, насгьы ргәазҭаҵа ирылшо зегь аҟаҵара.

  • Иегова изхьарԥшла. Иазгәаҭала Абиблиа иану аҵабыргқәеи, апринципқәеи, азакәанқәеи Анцәа иҟазшьақәа шырныԥшуа, насгьы бзиа ҳшибо шаадырԥшуа. Ргәазҭаҵа аӡырҩцәа Иегова ицәаныррақәа рызхәыцра, иара убас иргәырӷьара.