Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 2

Абжьааԥны еиԥш уцәажәала

Абжьааԥны еиԥш уцәажәала

2 Коринфаа рахь 2:17

ИҞАҴАТӘУ Гәаартыла, абжьааԥны ушцәажәо еиԥш уцәажәала, узлацәажәо атемеи иузыӡырҩуа ауааи ушырзыҟоу ааурԥшырц азы.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Анцәа уиҳәаны ибзианы уҽазыҟаҵа. Уиҳәала Анцәа ухы акәымкәа, иуҳәо ажәабжь азхәыцра дуцхраарц азы. Иуҳәарц иуҭаху еилыкка иудыруазар ауп. Ухатә ажәақәа рыла уцәажәала, апубликациақәа ирну ҿырҳәала иҵаны акәымкәа.

  • Гәыкала уцәажәала. Уазхәыц узацәажәо иуҳәо раҳар зрыхәҭоу. Дара урызхәыцла. Усҟан угылашьеи, ухаҿсахьеи, ухымҩаԥгашьеи аԥхарра рныԥшлоит.

  • Иузыӡырҩуа урыхәаԥшла. Шәҭыԥ аҿы ус иаԥызар, аӡырҩцәа рлакҭа уҭаԥшла. Ажәахә уманы уқәгылозар, зегь зныкала рыхәаԥшра аҭыԥан, еиӷьуп зны аӡәы илакҭа уҭаԥшыр, нас даҽаӡәы.