Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 6

Абиблиатә жәеинраалақәа ииашаны идеилыркаала

Абиблиатә жәеинраалақәа ииашаны идеилыркаала

Иоанн 10:33—36

ИҞАҴАТӘУ Ажәеинраала баша уаԥхьаны, анаҩс иаразнак даҽа зхәыцрак ахь умиаслан. Аӡырҩцәа идеилыркаа узыԥхьаз ажәеинраалеи иуҳәаз азхәыцреи шеидҳәалоу.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Ихадоу ажәақәа алкаала. Абиблиа аҟынтә ажәеинраала уанаԥхьалак ашьҭахь иалкаа узлацәажәо атема иадҳәалоу ажәақәа. Уи азы уара иулшоит урҭ ажәақәа даҽазнык иуҳәар, мамзаргьы аӡырҩцәа урҭ рыԥшаара ирыцхраауа азҵаара руҭар.

  • Ирыҵшь аӡырҩцәа игәныркыларц иуҭаху азхәыцрақәа. Ажәеинраала уаԥхьаанӡа уи узаԥхьо уҳәазар, аӡырҩцәа идеилыркаа узлацәажәо атемеи ажәеинраалаҿы иаагоу ихадоу ажәақәеи шеидҳәалоу.

  • Аӡырҩцәа иуҳәо аилкаара рзымариазар ауп. Урыламцәажәалан ихадоу азхәыцра иадҳәалам аганқәа. Уазхәыц узлацәажәо атема иазкны аӡырҩцәа ирдыруа, анаҩс иӡба ихадоу азхәыцра еилыркаарц азы ирзеиҭоуҳәар улшо.