Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 8

Ухы иархәала аҿырԥштәқәа

Ухы иархәала аҿырԥштәқәа

Матфеи 13:34, 35

ИҞАҴАТӘУ Ухы иархәала аӡырҩцәа аинтерес рызцәырызго, насгьы ихадоу азхәыцра деилзыркаауа имариоу аҿырԥштәқәа.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Ухы иархәала имариоу аҿырԥштәқәа. Аӡырҩцәа имариам ак деилуркаарц азы Иисус иеиԥш имариоу аҿырԥштәқәа ухы иархәала. Аҿырԥштәы аилкаара зырцәгьо иаҭахым аинформациа ацумҵан. Иаауго аҿырԥштәы узлацәажәо атема иадҳәалазар ауп, насгьы узлацәажәо азҵаара иадҳәалам азхәыцрақәа аламзар ауп. Усҟан уи аӡырҩцәа арҩашьаӡом.

  • Аӡырҩцәа урызхәыцла. Ухы иархәала аӡырҩцәа ирзааигәоу, рыԥсҭазаара иадҳәалоу аҿырԥштәқәа. Аха ухы иаумырхәалан изырԥхашьо, насгьы ргәы дзырхьуа аҿырԥштәқәа.

  • Иалкаала ихадоу азхәыцрақәа. Аҿырԥштәқәа ихадоу азхәыцрақәа ирыдҳәалазароуп, ихадам аганқәа ракәымкәа. Аӡырҩцәа аҿырԥштәы мацара адагьы, уи иднарҵо гәныркылар ауп.