Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 9

Алабҿабатә цхыраагӡақәа

Алабҿабатә цхыраагӡақәа

Аҟазаара 15:5

ИҞАҴАТӘУ Ухы иархәала алабҿабатә цхыраагӡақәа иузыӡырҩуа ихадоу азхәыцрақәа еилыркаарц, насгьы игәныркыларц азы.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Ухы иархәала узлацәажәо атема еиҳа идеилзыркаауа алабҿабатә цхыраагӡақәа. Ихадоу азхәыцрақәа алукаарц азы ухы иархәала асахьақәа, асхемақәа, ахсаалақәа, аамҭа аихшарбагақәа, мамзаргьы егьырҭ алабҿабатә цхыраагӡақәа. Аха уиаҟара ихадам аганқәа урызхьамԥшлан. Иузыӡырҩуа алабҿабатә цхыраагӡа адагьы, уи зыдҳәалоу ихадоу азхәыцра гәныркыларц урыцхраа.

  • Аӡырҩцәа ухы иаурхәо алабҿабатә цхыраагӡа ибзианы ирбарҭазар ауп.