Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 4

Дара Аҩсҭаа изыӡырҩит. Иабакылнагеи ари?

Дара Аҩсҭаа изыӡырҩит. Иабакылнагеи ари?

Адами Евеи Анцәа иҳәатәы харымҵаӡеит, убри аҟынтә иԥсит. Аҟазаара 3:6, 23

Ева амаҭ дазыӡырҩны ашәыр афара далагеит. Нас Адам илҭеит, иаргьы ифон.

Урҭ иҟарҵаз иашаӡамызт — ари гәнаҳаран. Анцәа урҭ Џьанаҭ баҳча аҟынтә иҭицеит.

Аԥсҭазаара цәгьан рхәыҷқәеи дареи рзы. Дара ажәит, иагьԥсит. Урҭ адоуҳатә дунеи ахь имиасӡеит, аха аҟазаара иаҟәыҵит.

Иԥсхьоу рыԥсы ҭаӡам, асаба еиԥш. Аҟазаара 3:19

Ҳара ҳаԥсуеит, избанзар ауаа зегьы Адами Евеи ирхылҵит. Иԥсхьоу, ицәоушәа акгьы рбаӡом, ираҳаӡом, акгьы рзыҟаҵаӡом (Иоанн иҟнытә 11:11—14).

Иегова ауаа ԥслар иҭахӡамызт. Иаарласны иара иԥсхьоу аԥсҭазаарахь ирхынҳәуеит. Иара изыӡырҩлар, наӡаӡа инхаларц рылшоит.