Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 5

Адунеизегьтәи аӡхыҵра: иаазырԥшыда, насгьы иаазмырԥшыда азыӡырҩра?

Адунеизегьтәи аӡхыҵра: иаазырԥшыда, насгьы иаазмырԥшыда азыӡырҩра?

Еиҳараҩык ауаа Нои ихаан ацәгьа руан. Аҟазаара 6:5

Адами Евеи ахәыҷқәа рхылҵит, адгьылаҿгьы ауаа рацәахеит. Аамҭақәак рышьҭахь маалықьцәақәак Аҩсҭаа иҿагылара рҽадыркылеит.

Дара ауаҩытәыҩсатә цәеижь аахәаны, аҳәсақәа ԥҳәысс иргарц адгьылахь илбааит. Аҳәсақәа ирхылҵуаз, ауаа реиҳа амч ду рыман, насгьы игәымбылџьбаран.

Адунеи ҭәит ауаа цәгьақәа рыла. Абиблиаҿы иаҳәоит, ауаа адгьыл аҟны ацәгьа шыруаз, насгьы рхәыцрақәеи рыгәқәеи цәгьарала ишҭәыз.

Нои Анцәа дизыӡырҩит, насгьы аковчег иргылеит. Аҟазаара 6:13, 14, 18, 19, 22; Ауриацәа рахь 11:7

Нои дуаҩ бзиан. Иегова Нои иеиҳәеит, ауаа цәгьақәа ӡхыҵрала иқәихырц шиҭаху.

Иара убасгьы Анцәа Нои дҵас ииҭеит аӷба ду, ма аковчег иргыларц, иҭаацәеи иареи еиуеиԥшым аԥстәқәеи уахь иҭеигаларц.

Нои ауаа ргәырҽаниҵон аӡхыҵра шааигәахоз, аха дара изыӡырҩуамызт. Џьоукы Нои ихыччон, егьырҭ дырцәымӷын.

Нои аковчег аниргыла ашьҭахь, аԥстәқәа уахь иҭеигалеит.