Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 3

«Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп»

«Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп»

Ҳгәазҭазҵозеи ҳара Иисус ишьҭанеира? Апостол Павел иҳаилиркааит: «Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп» (2 Коринфаа 5:14). Ари ахәҭаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус ишааирԥшуаз абзиабара — Иегова иахь, ауаатәыҩса рахь, насгьы хаҭала зегь ҳахь. Уи ахцәажәара даара игәышьҭыхгахоит. Уи ҳгәаҟынӡа инеиуеит, насгьы ҳгәазҭанаҵоит анаҩсгьы зиашарыла Иҳақәиҭу иҿырԥшы ақәныҟәара.