Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ЖӘИԤШЬ

Ажәлар идеизалеит

Ажәлар идеизалеит

«Иааиааит ахәыҷқәа сара сахь, шәырԥырхагамхан»

1—3. Иҟалозеи аҭаацәа Иисус иахь рхәыҷқәа аннарго, насгьы иаҳзаанартуазеи ари ахҭыс иара изкны?

 ИИСУС идыруеит адгьыл аҿы иԥсҭазаара аҵыхәтәахьы анеира ишаҿу. Иҟаиҵаша даара ирацәоуп, аха изынхаз мчыбжьқәак роуп! Апостолцәеи иареи ажәабжь рҳәоит Переиа, уи аӡиас Иордан аҟынтә мраҭашәараҟа ишьҭоу ҭыԥуп. Ажәабжь ҳәауа, дара алада Иерусалимҟа инаскьоит, уаҟа Иисус иԥсҭазаараҿы аҵыхәтәантәи Мшаԥы азгәеиҭоит.

2 Иисуси адиннапхгаҩцәеи имариамыз реицәажәара ашьҭахь, иааџьоушьаша ак ҟалоит — ауаа иара иахь рхәыҷқәа наргоит. Иҟалап ахәыҷқәа рықәра еиԥшымызҭгьы, избанзар аоригиналтә бызшәала урҭ ажәеинраалақәа рҿы иану ажәақәа еиуеиԥшым ақәра змоу ахәыҷқәа рахь иаҵанакуеит, асаби инаиркны ахбыџ иҟынӡа (Лука 18:15; Марк 5:41, 42; 10:13). Ҳәарада ахәыҷқәа ахьыҟоу лассы-лассы иҟалоит агәырӷьареи-аччареи, абжьыцәгьақәеи, аибарыҩреи. Апостолцәа аҭаацәа лахь рырҭоит, иҟалап ргәы иаанагозҭгьы Арҵаҩы деилахоуп, насгьы ахәыҷқәа раха имаӡам ҳәа. Дышԥазыҟоу уи Иисус?

3 Иара иԥсахы еибакит. Захь ирхада уи? Ахәыҷқәа рахь акәу? Ма аҭаацәа рахь акәу? Мап Иисус иҵаҩцәа роуп игәы ззыԥжәо! Иисус иҳәоит: «Иааиааит ахәыҷқәа сара сахь, шәырԥырхагамхан, избанзар дара иреиԥшу роуп Анцәа Иаҳра зтәу. Аиаша шәасҳәоит: Анцәа Иаҳра ахәыҷ иеиԥш издызымкыло уи ибараны дыҟам». Уи ашьҭахь Иисус ахәыҷқәа шьҭыхны игәыдиҳәҳәалоит, насгьы дрықәныҳәоит (Марк 10:13—16). Марк иажәақәа иаҳдырбоит Иисус ахаара аҵаҵаны ахәыҷқәа шигәыдиҳәҳәалоз, насгьы еиҭагаҩык ишиҳәаз еиԥш, иҟалап «инапаҿы ирҵысуа ирцәозҭгьы». Ишаабо еиԥш, Иисус ахәыҷқәа даара бзиа ибон. Ари ахцәажәара иаҳзаанартуеит Иисус ихаҭара даҽа ганк — иара иацәажәара мариан.

4, 5. а) Иабантәаадыруеи Иисус иацәажәара шымариаз? б) Иарбан зҵаарақәоу ари ахаҿы еилҳарго?

4 Иисус илеишәа ырцәгьаны, хамаԥагьарыла, насгьы дыхьшәашәаны ауаа дырзыҟазҭгьы, ахәыҷқәа, ҳәарада, иара иахь анеира рҭаххомызт, аҭаацәагьы рхәыҷқәа уи иааигәара инаргарымызт. Ари ахҭыс ҳанаԥхьо, ҳара ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит аҭаацәа гәырӷьаҵәа ишихәаԥшуа ари иқьиоу ауаҩы ахәыҷқәа игәыдыҳәҳәаланы дшырзылԥхо, уи ала Анцәа ахәыҷқәа рыхә ҳаракны ишишьо аарԥшуа. Усҟантәи аамҭаз Иисус аҭакԥхықәра ду шидызгьы, иара зегь реиҳа згәы аартыз, зацәажәара мариаз уаҩны даанхон.

5 Иззымариадаз еиҭа Иисус иааигәа аҟазаара? Избан иацәажәара убас изымариаз? Насгьы ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра? Уааи еилаҳкаап.

Иззымариадаз еиҭа Иисус иааигәа аҟазаара?

6—8. Иарбан уааз еиҳарак Иисус иааигәара иҟаз, насгьы излеиԥшымзеи адиннапхгаҩцәа урҭ ишырзыҟази Иисус дшырзыҟази?

6 Аевангелие ҳанаԥхьо ҳара игәаҳҭар ҳалшоит ауаа Иисус иацәажәара ишацәымшәоз. Иаҳҳәап, Иисус изкны лассы-лассы иуԥылоит ажәақәа: «Ажәлар ишьҭан», «ажәлар анидеизала», «ажәлар идеизалан», «жәларык ауаа ишьҭаланы ицон» (Матфеи 4:25; 13:2; 15:30; Лука 14:25). Ишаабо еиԥш, Иисус еснагь ауаа идеизалон.

7 Еиҳараӡак уахь иаҵанакуан уиаҟара аҵареи ахьӡи-аԥшеи змамыз ажәлар, насгьы адиннапхгаҩцәа урҭ иатәамбакәа «адгьыл ауаа» ҳәа рзырҳәон. Афарисеицәеи аԥшьаҩцәеи иаартны «ари ажәлар азакәан рыздырӡом, урҭ шәиуп» ҳәа рзырҳәон (Иоанн 7:49). Уи иара убас ишьақәдырӷәӷәоит уи ашьҭахь ианҵаз араввинтә ҩырақәа. Аӡәырҩы адиннапхгаҩцәа анхацәа пату зқәым, иҟьашьу ауаа реиԥш ирыԥхьаӡон, насгьы акрырыцфара, рацәажәара, иара убас дара рҿы ак аахәара мап ацәыркуан. Уи адагьы, шьоукы ишьақәдырӷәӷәон ҿырҳәалатәи азакәан ззымдыруа ауаа рзы аԥсҭаларазы агәыӷра ыҟам ҳәа! Аӡәырҩы анхацәа урҭ реиԥш иҟаз арҵаҩцәа рҽырцәырыхьчон, насгьы ацхыраареи алабжьареи рзы рыҳәара ишәон. Аха Иисус ус дыҟамызт.

8 Иара анхацәа рацәажәара изымариан. Уи акрырыцифон, ихәышәтәуан, идирҵон, насгьы агәыӷра риҭон. Ҳәарада, Иисус дара рҟынтә дыззыԥшыз рацәамызт, насгьы еиликаауан еиҳараҩык ишрыдрымкыло Иегова имаҵзуразы ааԥхьара (Матфеи 7:13, 14). Ус шакәызгьы, иара ауаа зегь хаҭала дрыхәаԥшуан ԥхьаҟатәи Анцәа имаҵзуҩцәа реиԥш, насгьы агәра игон аӡәырҩы ииашаны ахымҩаԥгара шрылшо. Шаҟа дреиԥшымзи иара игәымбылџьбараз аԥшьаҩцәеи афарисеицәеи! Иџьоушьартә иҟоуп, аха урҭ реиԥш иҟаз ауаагьы Иисус иахь инеиуан, насгьы урҭ рахьынтә шьоукы рыԥсҭазаара ԥсахны, иара ишьҭанеицәаны иҟалеит (Аусқәа 6:7; 15:5). Иара иацәажәара рзымариан амал змаз, насгьы акыр зылшоз ауаагьы (Марк 10:17, 22).

9. Избан аҳәса Иисус зацәажәара мариоу уаҩны дзырыԥхьаӡоз?

9 Аҳәсагьы шәомызт Иисус иааигәара анеира. Иҟалап адиннапхгаҩцәа лассы-лассы дара иатәамбакәа ирызныҟәозҭгьы. Араввинцәа урҭ дырҵара иаԥсам ҳәа рыԥхьаӡон. Аҳәса ирымамызт алшара аӡбарҭаҿы аҿахәы аҭара, избанзар урҭ зықәгәыӷра иаԥсам шаҳаҭцәоуп ҳәа рыԥхьаӡон. Иара убас араввинцәа Анцәа ианиҳәоз ҭабуп ҳәа иарҳәон ҳәсақәаны иахьымиз! Аха Иисус иааигәара иҟаз аҳәса иатәамбакәа, мамзаргьы иларҟәны рхы рбомызт. Аӡәырҩы иара иахь инеиуан, насгьы аҵара иазхиан. Иаҳҳәап, ҳара ҳаԥхьоит Лазарь иаҳәшьа Мариа Иҳақәиҭу ишьапаҿы дтәаны иажәақәа дшырзыӡырҩуаз, аха убри аамҭазы егьи иаҳәшьа Марфа аҩнтәи аусқәа дырҿын, насгьы афатә аҟаҵара мыцхәы лхы азылышьҭуан. Иисус Мариа дирҽхәеит, еиҳа ихадаз ахьалылхыз азы (Лука 10:39—42).

10. Излеиԥшымзи Иисус ичмазҩыз дшырзыҟази адиннапхгаҩцәа урҭ шырзыҟази?

10 Ичмазҩыз ауаагьы рацәаҩны Иисус иахь инеиуан, убри аамҭаз адиннапхгаҩцәа урҭ ажәлар ирылцаз ҳәа ирыԥхьаӡон. Моисеи изакәан инақәыршәаны, ацәеилабаара змаз ауаа акарантин иқәныҟәалар акәын ачымазара егьырҭ рахь имиасырц азы, аха уи азин рнаҭомызт урҭ иатәамбакәа рызныҟәара (Алевит ахы 13). Ус шакәызгьы, аамҭак ашьҭахь араввинтә ԥҟарақәа инарықәыршәаны ичмазҩыз ауаа адәынцара ишазыҟаз еиԥш ирзыҟан. Адиннапхгаҩцәа шьоукы ацәеилабаара змаз ауаа ахаҳә ргәыдырҵон, рааигәара имнеирц азы! Ухаҿы иузаагом еснагь убас еиԥш иззыҟаз ацәеилабаара змаз ауаа ҳаҭыр зқәыз арҵаҩцәа рахь анеира рзыгәаӷьрын ҳәа. Аха Иисус иахь урҭ анеира ишәомызт. Абар урҭ руаӡәк ихаҵара шааирԥшыз: «Исықәиҭу, иуҭаххар, сухәышәтәыр улшоит» (Лука 5:12). Иисус иҟаиҵаз аҭак ҳалацәажәоит анаҩстәи ахаҿы. Уажәазы иазгәаҳҭап ари Иисус иацәажәара шымариаз аазырԥшуа зегь иреиҳау шьақәырӷәӷәараны ишыҟоу.

11. Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо зхы ахара адызҵоз ауаа имшәаӡакәа Иисус иааигәара анеира шрылшоз, насгьы избан уи зхадоу?

11 Иисус иахь имшәаӡакәа инеиуан зхы ахара адызҵоз ауаа. Ҿырԥштәыс иааҳгап Иисус афарисеи иҩнаҭаҿы шьыбжьхьа анифоз. Уи ақалақь аҿы агәнаҳаҟаҵаҩ ҳәа ирдыруаз аԥҳәыс ауада дыҩналан, Иисус иҿаԥхьа дшьамхнышлеит. Лыгәнаҳа дахьхәуа, лара лылаӷырӡқәа Иисус ишьапқәа ирықәҭәаны лыхцәала илрыцқьон. Аҩнаҭа аԥшәма уи аԥҳәыс иқьышә дықәҵаны дналԥырҵын, иаразнак Иисус диқәыӡбеит иара азин ахьлиҭаз убас иааигәа анеира. Иисус уи аԥҳәыс гәыкала дирҽхәеит лыгәнаҳа гәаартыла дахьахьхәыз, насгьы агәра лиргеит Иегова уи шланаижьуа (Лука 7:36—50). Иахьа зхы ахара адызҵо ауаа даара ирызгәаҟуеит иқьиоу, арыцҳашьара аазырԥшуа, Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ирыцхраауа аӡырҩцәа! Избан Иисус иацәажәара абас изымариаз?

Избан Иисус иацәажәара зымариаз?

12. Избан ҳара изџьаҳамшьо Иисус иацәажәара ахьымариаз?

12 Уаанӡа ишҳәаз еиԥш Иисус зегь рыла жәҩантәи Иаб диҿыԥшуан (Иоанн 14:9). Абиблиа иҳанаҳәоит Иегова «ҳара даҳцәыхарам» ҳәа (Аусқәа 17:27). Иегова аҳәарақәа ирзыӡырҩуа иоуп, убри аҟынтә иара изиашоу имаҵзуҩцәа, иара убас гәык-ԥсыкала иара имаҵ ауразы дзыԥшаауа рзыӡырҩра еснагь дазхиоуп (Аԥсалом 65:2). Уазхәыц: Иегова — Адунеи аҿы зегь раасҭа амчреи алшареи имоуп, убри аамҭазгьы иара зегь реиҳа ауаа дырзааигәоуп, насгьы иацәажәара мариоуп! Аб иеиԥш Иисусгьы ауаа бзиа ибоит. Анаҩстәи ахқәа рҿы ҳара ҳалацәажәоит иара ибзиабара шаҟа иӷәӷәаз. Ауаа Иисус иацәажәара рзымариан, избанзар еснагь дара рахь имаз абзиабара рныруан. Уааи еилҳаргап уи зеиԥшыҟам аҟазшьа знубаалоз Иисус ихаҭаратә ҷыдарақәак.

13. Ишԥарылшо аҭаацәа Иисус иҿыԥшра?

13 Ауаа ирбон Иисус хьаас ишимаз рҭахрақәа. Иара ихаҭа ианизымариамызгьы, егьырҭ дрызхәыцуан. Ишаҳбаз еиԥш, Иисус дшеилахазгьы, аҭакԥхықәра ду шидызгьы иара иацәажәара еснагь имариан, насгьы ахәыҷқәа аамҭа рзалихуан. Шаҟа ҿырԥш бзиоузеи уи аҭаацәа рзы! Ҳара ҳаамҭақәа рзы ахәыҷқәа рааӡара мариам. Аха даара ихадоуп урҭ рҭаацәа рацәажәара еснагь ирзымариазарц. Уара ахәыҷқәа умазар, иудыруеит уеилахара иахҟьаны ухәыҷы иқәнагоу аамҭа изалхра шулымшо. Аха иулшома ухәыҷы агәра иургар ухы уанақәиҭхалакь иара аамҭа шизалухуа? Уажәа наугӡар, уара ахәыҷы иеилуркаауеит ачҳара шаҟа азылԥхарақәа аанаго. Иара убас иурбоит дзықәшәо игәҭынчымрақәеи ауадаҩрақәеи рзыӡырҩра еснагь ушазхиоу.

14—16. а) Игәазҭазҵазеи Иисус раԥхьатәи аџьашьахәы аҟаҵара, насгьы излалукаар алшозеи уи? б) Иаҳзаанартуазеи ҳара Иисус Кана иҟаиҵаз аџьашьахәы ихаҭара иазкны, насгьы иарбан уроку уи иамоу аҭаацәа рзы?

14 Ауаа ирныруан Иисус хьаас ишимаз дара ргәы иҵхоз, насгьы изыргәамҵуаз. Ҳазхьаԥшып иара иҟаиҵаз раԥхьатәи аџьашьахәы. Уи ҟалеит галилеиатәи ақалақь Кана иҟаз ачараҿы. Ҿыц еибагази рҭынхацәеи имариамыз аҭагылазаашьа иақәшәеит — ачараҿы рҩы нҵәеит! Иисус иан Мариа иҟалаз атәы лԥа иалҳәеит. Иҟаиҵазеи Иисус? Иара ирыдиҵеит идууз аҳаԥшьақәа фба ӡыла идырҭәырц. Амаҵуҩцәа аҳаԥшьа иҭаз арыжәтә таны ачарахылаԥшҩы агьама ибарц ианирҭа, иара даара иџьеишьеит — уи зеиԥшыҟам ахаҭабзиара змаз ҩын! Мааназма уи, мамзаргьы агызмалра зҵаз џьашьахәызма? Мап, аӡы ҩхеит (Иоанн 2:1—11). Ауаа жәытә-натә аахыс рҽазыршәоит маҭәашьарк даҽа маҭәашьарк алхра. Шәышықәсала алхимикцәа атса ахьы алырхырц рҽазыршәон. Урҭ акгьы рзалымхит, ахьи атсеи рышьақәгылашьа шеиԥшугьы. Иаҳҳәар ҳалшозеи аӡи аҩи рзы? Аӡы ахимиатә еилазаашьа даара имариоуп, уи шьақәгылоуп ихадоу ҩ-елементк рыла, аха аҩы шьақәгылоуп зқьы раҟара акомпонентқәа рыла, урҭ реиҳарак имариам еибаркырақәоуп! Избан Иисус аӡы аҩы алхны аџьашьахәы зыҟаиҵаз, уиаҟара ихадамыз ахҭыс азы?

15 Аха ачара змаз хаҵеи-ԥҳәыси рзы уи уадаҩра дуун. Ажәытә Мрагылара даара ахә ҳаракны иршьон ааԥхьара змаз асасцәа пату рықәҵара. Ачараҿы аҩы анырзымхоз, уи даара ихьмыӡӷын ҿыц еибагаз рзы, насгьы ихадаз амш бжьнахыр ауан. Урҭ ауаа ргәы иҭыхоз Иисусгьы хьаас иман. Убри аҟынтә иара иӡбеит урҭ дрыцхраарц. Еилукаауама уажәшьҭа уара ауаа рыгәҭыхақәа рыманы иара иахь изнеиуаз?

Ирба ухәыҷы изыӡырҩра ушазхиоу, насгьы гәыкала бзиа дшубо

16 Ари зыхә ҳараку урокуп аҭаацәа рзы. Иҟауҵозеи уара, ахәыҷы имоу агәҭыхақәа уеиҳәарц иҭахызар? Иҟалап уара хырҩа азуны, уи алацәажәара иаԥсам ҳәа аҳәара уҭаххар. Уи игәҭыхақәа ччархәызшәа убаргьы ҟалоит. Ахәыҷы игәҭыхақәа аиҳабацәа рыуадаҩрақәеи ирыду аҭакԥхықәреи ирыҿурԥшуазар, урҭ уиаҟара ихадамызшәа унарбар ауеит. Аха иухоумыршҭлан иара изы урҭ ауадаҩрақәа шхадоу! Уи бзиа иубо ухәыҷы даргәамҵуазар, уаргьы хьаас иумазар акәӡами? Ахәыҷы игәҭыхақәа уара хьаас ишумоу ибозар, иара еиликаауеит уара еснагь угәрагара шилшо.

17. Ишԥааирԥшуаз Иисус ахӡырымгара, насгьы ишԥаанарԥшуеи уи аҟазшьа амч амазаара?

17 Ари ашәҟәы 3-тәи ахаҿы ишеилҳаргаз еиԥш, Иисус ахынраалареи ахӡырымгареи илан (Матфеи 11:29). Ахӡырымгара — ари ахынраалара шҳамоу аазырԥшуа зеиԥшыҟам ҟазшьоуп. Уи Анцәа иԥшьоу идоуҳа алҵшәа иахәҭакуп, насгьы Анцәа иҟәыӷара иадҳәалоуп (Галатаа 5:22, 23; Иаков 3:13). Иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа рҿы Иисус иԥсахы еибакырц азы аҵәы аниҵарҵозгьы, иара аҽынкылара иман. Иара илаз ахӡырымгара иаанагомызт уи дыԥсыҽын ҳәа. Библиаҭҵааҩык уи аҟазшьа данахцәажәоз, «ататара аџыр иамоу аӷәӷәара аныԥшуеит» иҳәеит. Ииашаҵәҟьаны, лассы-лассы даара имариам аҽынкылареи ахӡырымгареи раарԥшра. Аха Иегова ицхыраареи изылԥхареи рыбзоурала, Иисус иеиԥш, ҳаргьы иҳалшоит ахӡырымгара аарԥшра, уи ҳацхраауеит зацәажәара мариоу уааны аҟалара.

18. Иарбан ҿырԥштәу иаазырԥшуа Иисус аҟәыӷара шимаз, насгьы избан уи аҟазшьа ауаҩы зацәажәара мариоу иакәны дзыҟанаҵо?

18 Иисус дҟәыӷан. Тир иазааигәаз аҭыԥқәа рҿы даныҟаз, Иисус иахь ԥҳәыск днеины, «сыԥҳа адемон диргәаҟуеит» ҳәа иалҳәеит. Иара хынтә илеилиркааит уи дшылмыцхраауа. Раԥхьа иара аҭак аҟаҵара дацәцеит, уи ашьҭахь илеилиркааит дзызиҳәо аҟаҵара зиҳәҭам, анаҩс игәаанагара еиӷьны еилылкаарц азы, алабҿабатә ҿырԥштәы лзааигеит. Аха дыҟазма иара ииҳәо дахымԥо, дыхьшәашәаны? Илеилиркаама иара уи мыцхәы лҳәоит, насгьы арҵаҩ ду иажәа аԥыҩлара лгәаӷьит ҳәа? Мап, уи аԥҳәыс дымшәаӡакәа Иисус диацәажәон. Лара ацхыраара аҳәара адагьы, дааҟәымҵӡакәа илҳәац лҳәон, иара лыцхраара шиҭахымыз шубарҭазгьы. Ари аԥҳәыс лыԥҳа дихәышәтәырц дааҟәымҵӡакәа дахьиҳәоз Иисус иеилнаркааит лара ахаҵара ӷәӷәа шлымаз, убри аҟынтә лыԥҳа дихәышәтәит (Матфеи 15:22—28). Ҳәарада, Иисус имаз аҟәыӷара, егьырҭ рзыӡырҩра дахьазхиаз, насгьы ианаҭахыз егьырҭ дахьрызхәыцуаз абзоурала, ауаа иара иахь еихон.

Зацәажәара мариоу уаҩума уара?

19. Еилаҳкаар шԥаҳалшо ҳара зацәажәара мариоу уааны ҳшыҟоу?

19 Ауаа иргәаԥхоит, рацәажәара шымариоу егьырҭ ауаа ианырдыруа. Шьоукы амчра змоу ауаа лассы-лассы ирҳәоит рышәқәа еснагь ишаарту, насгьы рмаҵуҩцәа ианырҭаху изыргәаҟуа азҵаарақәа рыманы инеилар шрылшо. Аха Абиблиаҿы иаагоуп ҩ-ҵакык змам агәҽанҵара: «Аӡәырҩы қьиарала иаадырԥшуа абзиабара аӡбахә рҳәоит, аха дзыԥшаауада азиашара злоу ауаҩы?» (Ажәамаанақәа 20:6). Имариоуп аҳәара: «Сара зацәажәара мариоу уаҩуп». Аха ҳаиҿыԥшҵәҟьома ҳара Иисус? Аҭак зхьыԥшу ҳхы ахәшьара шаҳҭо акәӡам, аха егьырҭ ауаа шҳахәаԥшуа ауп. Апостол Павел иҳәеит: «Аҽанраалашьа шыжәдыруа зегьы ирбарҭазааит» (Филиппаа 4:5). Ҳара зегь ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Ргәы иаанагозеи егьырҭ ауаа сара исызкны? Изеиԥшроузеи сара срепутациа?»

Аизара ахылаԥшыҩцәа рҽазыршәоит зацәажәара мариоу уааны аҟазаара

20. а) Избан аизара ахылаԥшыҩцәа зацәажәара мариоу уааны иҟазар зрыхәҭоу? б) Избан аҟәыӷара заарԥшлатәу аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә ҳаззыԥшу аганахь ала?

20 Ақьырсиантә еизара ахылаԥшыҩцәа еиҳагьы еилыркаауеит шаҟа ихадоу дара рацәажәара мариазарц. Ус еиԥш иҟоу аишьцәа гәыкала рҽазыршәоит Исаиа 32:1, 2 иану ажәақәа рықәшәара, уа иануп: «Урҭ зегьы аԥша аҟынтә ахыхьчарҭа иаҩызахоит, афырҭын аҟынтә ахыҵакырҭа иеиԥшхоит, аӡы ахьыҟам ацәҳәыраҿы аӡыхь иаҩызахоит, аарҩара ахьыҟоу адгьыл аҿы ацаҟьа ду иунаҭо шәшьырахоит». Аизара ахылаԥшҩы ус еиԥш иҟоу хыҵакырҭаны, гәышьҭыхганы дҟалар илшоит, зацәажәара мариоу уаҩны даанхозар. Аха уи еснагь имариам, избанзар иуадаҩу ҳаамҭақәа раан аизара ахылаԥшыҩцәа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Ус шакәугьы, аизара ахылаҩшыҩцәа еснагь иазхиазароуп Иегова иуасақәа рҭахрақәа рықәҿыҭра (1 Пиотр 5:2). Аизараҿы иҟоу егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәа ирыхәҭоуп аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә иззыԥшу аҿы аҟәыӷареи ахӡырымгареи аарԥшра, насгьы аусеицура иазхиазароуп (Ауриацәа 13:17).

21. Ирыцхраауазеи аҭаацәа рхәыҷқәа еснагь дара рацәажәара рзымариазарц, насгьы ҳазлацәажәозеи анаҩстәи ахаҿы?

21 Аҭаацәа еснагь рҽазыршәоит рхәыҷқәа дара рацәажәара рзымариазарц. Уи даара ихадоуп! Дара ирҭахуп ахәыҷқәа ирдыруазарц: ани аби еснагь рыгәра угар ауеит. Ақьырсиантә ҭаацәа рҽазыршәоит ахӡырымгареи аҟәыӷареи раарԥшра, насгьы мыцхәы аџьбарара аадырԥшӡом, ахәыҷы ацәгьа шыҟаиҵаз ихаҭа ианиҳәо, мамзаргьы ииашам ахәыцшьа шимоу анырбо. Аҭаацәа ачҳара аарԥшны рхәыҷқәа андыриашо, урҭ рҽазыршәоит гәаартыла иҟоу реицәажәара ахьчара. Ҳара зегь хаҭала иаҳҭахуп Иисус иеиԥш зацәажәара мариоу уаҩны аҟазаара. Анаҩстәи ахаҿы ҳара ҳалацәажәоит Иисус ишааирԥшуаз арыцҳашьара ду — уи зацәажәара мариоу уаҩны дҟазҵоз ихадоу иҟазшьақәа иреиуоуп.