Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ЖӘОХӘ

«Иаарыцҳаишьан»

«Иаарыцҳаишьан»

«Иҳақәиҭу, ҳуҳәоит, ҳалақәа аарты»

1—3. а) Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус ҩыџьа алашәцәа ацхыраара ианаҳәоз? б) Иаанагозеи ажәа «иаарыцҳаишьан»? (Уахәаԥш албаага.)

 ИЕРИХОН азааигәара амҩаҿы ҩыџьа алашәцәа тәоуп. Дара арахь есыҽны иаауеит, насгьы имҩасуа ауаа рнапы рымҵакны итәоуп. Аха ари амш аҽны рыԥсҭазаара зегь зыԥсахуа ак ҟалароуп.

2 Иаалырҟьаны урҭ бжьы цәгьақәак раҳаит. Иҟалаз изеилымкаакәа урҭ руаӡәк дҵаауеит аилашыкьра зыхҟьазеи ҳәа. «Назареттәи Иисус даауеит» ҳәа иарҳәоит. Ари Иисус Иерусалим аҵыхәтәаны данаҭаауа ауп. Аха иара ихала дыҟам, ауаа рацәа ицуп. Иаауа дызусҭоу анраҳа, алашәцәа аҿыҭра иалагоит: «Иҳақәиҭу, Давид Иԥа, ҳуҳәоит, ҳрыцҳашьа!» Ауаа ргәы ԥжәаны урҭ раанкылара рҽазыршәоит. Аха урҭ алашәцәа ргәы каҳаны иҟан — аҿыҭра иаҟәыҵуам.

3 Иисус урҭ рыҳәҳәабжь иаҳауеит ажәлар рыбжьы иалыҩны. Иҟаиҵозеи иара? Уажәы иара игәы иҵхо рацәоуп. Адгьыл аҿы анхаразы иара мышқәак роуп изынхаз. Иара идыруеит Иерусалим аҿы агәаҟреи аԥсра цәгьеи шизыԥшу. Аха Иисус драҩсны дызцомызт игәаҟуаз ауаа. Иара даангыланы даҳәоит ацхыраара иаҳәоз ауаа иара иахь иааргарц. «Иҳақәиҭу, ҳуҳәоит, ҳалақәа аарты» — рҳәоит дара. Иисус «иаарыцҳаишьан» a, рыблақәа дрыхкьысын ирбо иҟаиҵоит. Урҭ ауаа лакҩакрада иара ишьҭанеира рыӡбоит (Лука 18:35—43; Матфеи 20:29—34).

4. Ишԥанаигӡеи Иисус «аӷари ананамгеи рыцҳаишьалоит» ҳәа иану аԥааимбаражәа?

4 Аха уи знык акәмызт ианыҟаз. Акырынтә еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы Иисус агәрыцҳашьара ааирԥшуан. Абиблиаҿы заа иҳәан иара аӷарцәеи арыцҳацәеи рыцҳаишьалоит ҳәа (Аԥсалом 72:13). Иисус ииашаҵәҟьаны егьырҭ рцәаныррақәа рахь азҿлымҳара ааирԥшуан. Иара еснагь дашьҭан ауаа рыцхрааразы алшара. Агәрыцҳашьара игәазҭанаҵон ажәабжьҳәара. Уааи ҳахәаԥшып Иисус иажәақәеи иусқәеи агәрыцҳашьара шырныԥшуаз, насгьы ҳазхәыцып ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа ааҳарԥшлар шҳалшо.

Егьырҭ рцәаныррақәа дрызхәыцуан

5, 6. Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иисус агәрыцҳашьара злаз уаҩны дшыҟаз?

5 Иисус ӷәӷәала агәрыцҳашьара аазырԥшуаз уаҩын. Иара еиликаауан ауаа акы ианаргәаҟуаз, насгьы илшон рҭыԥан ихы аргылара. Дара рҭагылазаашьаҿы дшыҟамызгьы, урҭ рхьаа игәаҟынӡа инеиуан (Ауриацәа 4:15). 12 шықәса ашьацара иаргәаҟуаз аԥҳәыс данихәышәтәуаз, уи лчымазара «ачымазара бааԥс» ҳәа азиҳәеит, уи ала иааирԥшит ахьаа ӷәӷәа шылзаанагоз (Марк 5:25—34). Мариеи Лазарь дызҵәыуоз ауааи аниба, уи даара игәы иалсит, дагьеилаӡыӡеит. Иисус иаарласны Лазарь иԥсы шҭеиҵоз шидыруазгьы, иара илаӷырӡқәа аартә аҟынӡа игәы иалсит (Иоанн 11:33, 35).

6 Даҽа хҭыск аҿы Иисус иахь ацәеилабаара змаз ауаҩы днеин диҳәеит: «Иуҭаххар, сухәышәтәыр улшоит». Ихы шԥамҩаԥигеи инаӡаз, насгьы ахаан ачымазара закәу ззымдыруаз Иисус? Иара гәыкала дрыцҳаишьеит ацәеилабаара змаз ауаҩы. Абиблиаҿы иануп иара дрыцҳаишьеит ҳәа (Марк 1:40—42). Анаҩс иара ахаан иҟаимҵацыз ҟаиҵеит. Иара ибзианы идыруан Азакәан инақәыршәаны ацәеилабаара змаз ауаа ицқьам ҳәа ишыԥхьаӡаз, насгьы урҭ ауаа рааигәа аҟазаара шыҟамлоз (Алевит 13:45, 46). Иисус, ҳәарада, илшон ауаҩы диламкьыскәа ихәышәтәра (Матфеи 8:5—13). Ус шакәызгьы, иара иӡбеит инапы рхханы ацәеилабаара змаз ауаҩы илакьысра, насгьы иҳәеит: «Исҭахуп! Убзиаха». Убри аамҭазы ауаҩы ичымазара ихыҵит. Шаҟа азҿлымҳареи абзиабареи илази Иисус!

Арыцҳашьара аарԥшла

7. Иҳацхраауазеи ҳара арыцҳашьара аизырҳара, насгьы ишԥаҳалшо уи аҟазшьа аарԥшра?

7 Ҳара, ақьырсианцәа, Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит агәрыцҳашьара аарԥшны Иисус иҿыԥшра. Уи ҳаанаԥхьоит агәрыцҳашьара аарԥшра b (1 Пиотр 3:8). Зны-зынла имариам акраамҭа иухымго ачымазареи адепрессиеи змоу ауаа рцәаныррақәа реилкаара, еиҳарак уи аҩыза ахаан уақәымшәацзар. Аха иудыруаз арыцҳашьара ааурԥшыр шулшо, уи аҩыза ауадаҩра уақәымшәацзаргьы. Иисус ичмазҩыз ауаа рыцҳаишьон, ихаҭа ахаан дшычмазҩымызгьы. Ишԥаҳалшо арыцҳашьара аарԥшра? Ихадоуп ачҳара аарԥшны ҳарзыӡырҩлар ачымазара змоу ауаа ргәы иҭоу анаадыртуа, насгьы рхьаақәа ртәы анеиҭарҳәо. Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Схы шԥазбалоз сара, убри аҩыза аҭагылазаашьа сақәшәазҭгьы?» (1 Коринфаа 12:26). Ацхыраара аҟаҵара ҳазхиазар, насгьы егьырҭ рцәаныррақәа ҳрызҿлымҳазар, усҟан «згәы каҳаны иҟоу» рырӷәӷәара ҳалшоит (1 Фессалоникаа 5:14). Арыцҳашьара ажәала мацара акәымкәа лаӷырӡылагьы аарԥшра ҟалоит. «Иҵәыуо шәрыцҵәыуала»,— ануп Римаа 12:15 аҟны.

8, 9. Дышԥарызхәыцуаз Иисус егьырҭ ауаа рцәаныррақәа?

8 Иисус ауаа дрызҿлымҳан, насгьы рцәаныррақәа еснагь дрызхәыцуан. Иугәаларшәа злымҳа иамаҳауаз, насгьы аарла ицәажәоз ауаҩы иара данизааргаз ахҭыс. Уи дшыԥхашьоз аниба, Иисус абжьааԥны ауаа анихәышәтәуаз иҟаимҵоз ак ҟаиҵеит: иара уи «ажәлар дрылганы днаскьеиган» дигеит. Зегь здырырц зҭахыз ауаа ианырԥырҵ, насгьы рхала ианаанха, Иисус уи ауаҩ дихәышәтәит (Марк 7:31—35).

9 Убас еиԥш азҿлымҳара ааирԥшит Иисус иара иахь алашә днаганы дихәышәтәырц азы ианиҳәоз. Иисус «уи ахаҵа инапы кны ақыҭа далигеит». Анаҩс иара алашә иблақәа хәыҷы-хәыҷла ирбалартә иҟаиҵеит. Иҟалап уи абзоурала ауаҩы ихшыҩи иблақәеи алашара иашьцылазар, насгьы икәша-мыкәша иҟаз аԥсабара дашьцылазар (Марк 8:22—26). Шаҟа азҿлымҳареи агәцаракреи ааирԥшызеи Иисус!

10. Ишԥаҳалшо егьырҭ ауаа рцәаныррақәа рызхәыцра?

10 Иисус ишьҭанеицәа реиԥш ҳара ауаа рахь азҿлымҳара ааҳарԥшлароуп. Ихадоуп ҳцәажәашьа ҳацклаԥшлар, насгьы иаҳгәалашәозароуп ҳамхәыцкәа иаҳҳәо ажәақәа ауаа ргәы иалсыр шалшо (Ажәамаанақәа 12:18; 18:21). Ақьырсианцәа рыԥсҭазаараҿы иҟамзароуп ихжәоу ажәақәа, тәамбашақә иҳәоу алабжьарақәа, насгьы асарказм, избанзар дара егьырҭ ауаа рцәаныррақәа ирызҿлымҳауп (Ефесаа 4:31). Аизара ахылаԥшыҩцәа, ишԥашәылшо шәара агәцаракреи азҿлымҳареи раарԥшра? Алабжьара анрышәҭо, шәҽазышәшәала уи иқьиоу ажәала архаара, насгьы шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо рыпату лашәмырҟәлан (Галатаа 6:1). Аҭаацәа, ишԥашәылшо шәара шәхәыҷқәа рцәаныррақәа рызхәыцра? Абзиабара аазырԥшуа аҭаацәа рхәыҷы амҩақәҵарақәа анирҭо, насгьы дандыриашо мыцхәы дыдмырԥхашьалароуп, мамзаргьы аҽыԥныҳәа ирымҭалароуп (Колоссаа 3:21).

Еснагь ацхыраара аҭара дазхиоуп

11, 12. Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иисус ауаа рахь агәрыцҳашьара ааирԥшларц азы ишиҳәалатәымыз?

11 Иисус еснагь иҳәара аҭахымызт аӡәы дицхраарц, насгьы арыцҳашьара ааирԥшларц азы. Ихадоуп иазгәаҳҭар агәрыцҳашьара — ари ипассиву ҟазшьам, уи ауаа рыцхраара угәазҭазҵо иактиву ҟазшьоуп. Убри азоуп Иисус имыҳәаргьы ацхыраара рыҭара дзазхиаз. Ауаа рацәа хымш акрымфа-акрымжә идтәаланы ианизыӡырҩуаз, иара иаҳәара аҭахымызт урҭ амла ишакыз, насгьы ишреиҷаҳатәыз. Абиблиаҿы ҳара ҳаԥхьоит: «Иисус иҵаҩцәа даарыԥхьан, ус реиҳәеит: „Арҭ ауаа рыцҳахеит, избанзар хымш ҵуеит исыцуижьҭеи, арахь ирфо ҳәа акгьы рымаӡам. Амла ишакуа аҩныҟа исышьҭыр сҭахӡам, амҩан рымчқәа каԥсар алшоит“». Анаҩс агәрыцҳашьара аарԥшны иара аџьашьахәы ҟаиҵеит, ауаа рацәагьы акрырҿеиҵеит (Матфеи 15:32—38).

12 Ҳахәаԥшып даҽа ҿырԥштәык. 31 шықәса ҳ. ҳ. аан Иисус ақалақь Наин даназааигәахоз, угәы узырхьуаз ак ибеит. Еишьҭагыланы иаауан аԥсыжра ицоз ауаа, иҟалап урҭ ааигәа иҟаз ашьха анаараҿы иҭаԥҟаны иҟаҵаз адамрақәа рахь ицозҭгьы «аԥҳәысеиба лыҷкәынзаҵә» ижразы. Ухаҿы иааг иарбан хьааз лгәы иҭаз ан рыцҳа! Лара лԥазаҵә дылжуан, насгьы лгәырҩа зыцеиҩылшоз ҳәа аӡәгьы длымамызт, избанзар лхаҵагьы дыԥсхьан. Аԥсыжра ицоз ауаа шырацәазгьы, Иисус иаразнак илаԥш дыҵашәеит гәырҩала иҭәыз ан. Уи даниба, «дрыцҳаишьан» дналыхәаԥшит. Иара акгьы иаҳәатәымызт. Иисус имаз агәрыцҳашьара ду игәазҭанаҵеит уи аԥҳәыс рыцҳа лыцхраара. Иара «аԥсы днаидгылан, дызныз асакаса далакьысит», нас арԥыс иԥсы ҭеиҵеит. Иҟалазеи анаҩс? Иисус уи арԥыс димыҳәеит егьырҭ ауаа рацәа реиԥш дишьҭанеиларц. «Нас Иисус аҷкәын иан длиҭеит» урҭ еицыҟазарц азы. Иара иҭахын аԥҳәысеиба илеиҷаҳауа длымазарц (Лука 7:11—15).

Ауаа рыцхрааразы алшарақәа урышьҭаз

13. Ишԥаҳалшо ҳара Иисус иҿыԥшра, ауаа ҳаҳәаанӡа ацхыраара анрыдаҳгало?

13 Ишԥаҳалшо ҳара Иисус иҿыԥшра? Ҳәарада, ҳара иҳалшом џьашьахәыла ауаа акрырҿаҵара, мамзаргьы иԥсхьоу рыԥсҭаҵара. Аха ҳара егьырҭ рахь азҿлымҳара аарԥшра, насгьы рыцхраара ҳазхиазар ҳалшоит. Ҳхаҵара ҳацеиҩызшо аӡәы аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа дрықәшәазар, ма аусура ицәыӡзар? (1 Иоанн 3:17). Аԥҳәысеиба лыҩны ажәызар, насгьы арҽеира аҭахызар? (Иаков 1:27). Аӡәы изааигәоу ауаҩы дицәыԥсызар, насгьы агәырҭынчреи ацхыраареи иҭахызар? (1 Фессалоникаа 5:11). Аӡәы рыцҳарак дақәшәазар, иаҭахӡам аԥшра ацхыраара данаҳәо ҳәа (Ажәамаанақәа 3:27). Агәрыцҳашьара ҳгәазҭанаҵоит ҳамԥшыкәа ацхыраара зҭаху уи рыдгалара, насгьы рырӷәӷәаразы иҳалшо зегь аҟаҵара. Иухоумыршҭлан, маҷк ақьиара аарԥшра, мамзаргьы гәыкала иҳәоу ажәа хаақәа ауаҩы шаҟа дрыцҳаҳшьо аанарԥшыр шалшо (Колоссаа 3:12).

Агәрыцҳашьара ажәабжьҳәара игәазҭанаҵон

14. Избан Иисус ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихаданы изиԥхьаӡоз?

14 Ари ашәҟәы 2-тәи ахәҭа аҟынтә ишеилаҳкааз ала Иисус ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәараҿы зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳаиҭеит. Иара иҳәеит: «Сара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы ауаа ирыласҳәароуп, уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз» (Лука 4:43). Избан Анцәа имаҵ аура иара иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа изхадаз? Избанзар иара Анцәа бзиа дибон. Иара убас уи аҟаҵара игәазҭанаҵон ауаа рахь имаз гәыкалатәи арыцҳашьара, насгьы ауаа рдоуҳатә ҭахрақәа рхарҭәааразы агәазыҳәара. Агәрыцҳашьара аарԥшраҿы иара изы зегь реиҳа ихадаз уи ауаа рдоуҳатә млакра ахарҭәаара акәын. Еилҳаргап ҩ-ҿырԥштәык Иисус ажәабжь ззеиҭеиҳәоз ауаа дшырзыҟаз узырбо. Ус еиԥш иҟоу ахцәажәара ҳацхраауеит ажәабжьҳәара аҽалархәра ҳгәазҭазҵо аилкаара.

15, 16. Иаага Иисус ажәабжь ззеиҭеиҳәоз ауаа дшырзыҟаз узырбо ҩ-хҭыск.

15 Иисус ажәабжь иҳәоижьҭеи ҩбаҟа шықәса ҵхьан, уи ашьҭахь 31 шықәса ҳ. ҳ. аан иара иӡбеит имаҵзура иациҵарц, убри аҟынтә Галилеиа«ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь ддәықәлеит». Уи иибаз даара игәы аҟынӡа инеит. Апостол Матфеи иҳәоит: «Ауаа рацәа анибоз, игәы аҵәыуара иакуан, избанзар дара ахьча дызмамыз, ахәрақәа зныз, аӡәгьы ииҭахымыз ауасақәа иреиԥшын» (Матфеи 9:35, 36). Иисус анхаҩцәа рахь агәрыцҳашьара ааирԥшуан. Иара ибзианы еиликаауан шаҟа ргәы каҳаны иҟаз, насгьы адоуҳатә цхыраара шырҭахыз. Иара идыруан адиннапхгаҩцәа дара шатәарымбоз, урҭ дара рзы иқьиоу хьчацәаны иҟазар шакәызгьы. Агәрыцҳашьара ӷәӷәа абзоурала Иисус ишилшоз ала иҽазишәон агәыӷра иазкыз ажәабжь ауаа ргәаҟынӡа анагара. Зегь реиҳа дара зыргәаҟуаз Анцәа Иаҳра иазкыз ажәабжь бзиа акәын.

16 Убас еиԥш иҟаз хҭыск ҟалеит мызқәак рышьҭахь, 32 шықәса ҳ. ҳ. аан иазгәарҭоз Мшаԥы аҟалара ԥыҭк шагыз. Уажәазы Иисус иапостолцәеи иареи ашхәа иақәтәаны Галилеиатәи амшын ихыланы ицеит, рыԥсы ахьыршьаша иҭынчу ҭыԥк рыԥшаарц азы. Ауаа уи анеилыркаа, аԥшаҳәа иаваланы ицеит, насгьы егьи аган ахь ашхәа неиаанӡа дара неихьан. Иарбан цәанырроу Иисус изцәырҵыз? Абиблиаҿы иануп: «Иисус анышь данақәҵ, ауаа рацәа ибеит, иагьрыцҳаишьеит, избанзар ахьча дызмамыз ауасақәа иреиԥшын. Иара урҭ акыр дырҵара далагеит» (Марк 6:31—34). Иисус дырҩегь агәрыцҳашьара ааирԥшит, избанзар ибеит адоуҳатә ҭагылазаашьа цәгьа шрымаз. «Ахьча дызмамыз ауасақәа» реиԥш дара доуҳала имлашьуан, насгьы рхала инханы иҟан. Иақәнагоуп ҳәа акәымкәа, агәрыцҳашьароуп Иисус игәазҭазҵаз ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара.

Агәрыцҳашьара аарԥшны ажәабжь ҳәала

17, 18. а) Ҳгәазҭазҵозеи ҳара ажәабжьҳәара? б) Ишԥаҳалшо ауаа рахь агәрыцҳашьара аизырҳара?

17 Ҳгәазҭазҵозеи ҳара, Иисус ишьҭанеицәа, ажәабжьҳәара аҽалархәра? Ари ашәҟәы 9-тәи ахы аҟынтә ишеилаҳкааз ала, ҳара иҳамоуп адҵа — ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи (Матфеи 28:19, 20; 1 Коринфаа 9:16). Аха ҳара иақәнагоуп ҳәа мацара акәӡам ажәабжь заҳҳәо. Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара зегь реиҳа ҳгәазҭазҵо — уи Иегова иахь иҳамоу абзиабара ауп. Уи адагьы, ҳара агәрыцҳашьара ааҳарԥшуеит ҳхаҵара ҳацеиҩызымшо ауаа рахь (Марк 12:28—31). Иҳацхраауазеи ҳара убас еиԥш иҟоу арыцҳашьара аизырҳара?

18 Ҳара ауаа ҳарзыҟазароуп Иисус урҭ дшырзыҟаз еиԥш: иара ибон дара «ахьча дызмамыз ауасақәа» реиԥш ишыҟаз. Ухаҿы иааг уара агәарҭа иацәҟьалаз асыс уԥшаазшәа. Уи акгьы злымшо асыс амлеи аӡбеи иакны иԥсыр алшоит аиҷаҳара аазырԥшуа, насгьы аӡи ашьац иаҵәеи ахь изгар зылшо ахьча ицхыраарада. Ирыцҳаушьома уара уи асыс? Уҽазушәома уара уи аӡы аржәра, насгьы акраҿаҵара? Иахьа ари адунеи аҿы ажәабжь бзиа ззымдыруа аӡәырҩы ауаа убри асыс иаҩызоуп. Амцнапхгаҩцәа хьаас иахьрымам иахҟьаны дара адоуҳатә млакра аҟынтә игәаҟуеит, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш рымаӡам. Ҳара иҳамоуп дара ирҭаху: хәарҭа узҭо адоуҳатә фатәы, насгьы Анцәа Иажәа аҟынтә узырлахҿыхуа аҵабырг (Исаиа 55:1, 2). Иаҳзааигәоу ауаа рдоуҳатә ҭахрақәа ҳанрызхәыцуа, ҳара дара рахь агәрыцҳашьара ааҳарԥшуеит. Иисус еиԥш гәыкала ирыцҳаҳшьозар иҳалшо зегь ҟаҳҵоит урҭ рҟынӡа Аҳра иазку ажәабжь анагаразы.

19. Ишԥаҳалшо ҳара ажәабжьҳәара алагаразы иҟоу аҭахрақәа ирықәшәо Абиблиа зҵо ауаҩы ажәабжьҳәара аҽалархәра игәазҭаҳҵар?

19 Ҳрыцхраар шԥаҳалшо ауаа Иисус ишьҭанеира? Иаҳҳәап, ажәабжьҳәара алагаразы аҭахрақәа ирықәшәо Абиблиа зҵо ауаҩы ажәабжьҳәара иҽалаирхәларц игәазҭаҳҵар ҳҭахуп. Мамзаргьы иаҳҭахуп гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара зҽалазмырхәуа ауаҩы игәазҭаҳҵар уи еиҳа еиӷьны имаҵзура наигӡаларц. Ишԥаҳалшо уи еиҳа еиӷьны аҟаҵара? Ҳара ҳҽазаҳшәароуп иаҳҳәо ргәаҟынӡа анагара. Иугәаларшәа, Иисус аԥхьа ауаа рыцҳаишьеит, нас ауп рырҵара даналага (Марк 6:34). Убри аҟынтә урҭ агәрыцҳашьара аизырҳара ҳрыцхраалар, уи дара ргәазҭанаҵоит Иисус иеиԥш егьырҭ ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара. Ҳара ираҳҭар ҳалшоит абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа: ишԥаԥсахи рыԥсҭазаара Аҳра иазку ажәабжь? Иаҳҳәар ҳалшозеи уи ажәабжь змаҳац ауаа рзы,— ирҭахума урҭ агәыӷра? Урыцхраар шԥаулшо урҭ уара? Ҳәарада, ажәабжьҳәара аҽалархәра зегь реиҳа ҳгәазҭазҵо — уи Анцәа иахь абзиабареи игәҭакы анагӡареи роуп.

20. а) Иаанагозеи Иисус ишьҭанеицәаны аҟазаара? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи ахаҿы?

20 Иисус ишьҭанеицәаны аҟалара — ирҵарақәа ауаа рзеиҭаҳәара, насгьы ихымҩаԥгашьа аҿыԥшра мацара акәӡам иаанаго. Христос Иисус ихәыцшьа ҳамазароуп (Филиппаа 2:5). Шаҟа ҳаргәырӷьозеи ҳара Иисус иажәақәеи иусқәеи ирыҵаз ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи Абиблиа иахьҳзаанартуа! «Христос ихәыцшьа» аилкаара ҳҽазаҳшәалар ҳара иҳалшоит агәрыцҳашьара аизырҳара, насгьы гәыкала арыцҳашьара аарԥшра, иара убас Иисус еиԥш ауаа рзыҟазаара (1 Коринфаа 2:16). Анаҩстәи ахаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус иҵаҩцәа рахь абзиабара шааирԥшуаз.

a «Иаарыцҳаишьан» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа зегь реиҳа арыцҳашьара зныԥшуа ажәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Абиблиатә еилыркаагак аҿы иануп уи ишаанарԥшуа «аӡәы игәаҟра анубо иузцәырҵуа арыцҳашьара адагьы, уи ихьаа ихгара, насгьы агәаҟра аҟынтә ихьчара гәыкала ушашьҭоу».

b «Арыцҳашьара аазырԥшуа» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «аӡәы ицгәырҩо».