Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ЖӘИБЖЬ

«Ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам»

«Ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам»

1—4. а) Иҟалазеи ахан аҿаԥхьа еизаз зыԥсахы еибакны иҟаз ажәлар рҿаԥхьа Пилат Иисус даниргыла? б) Ишԥаихиго Иисус аларҟәрақәеи ахыччарақәеи, насгьы иарбан зҵаарақәоу уи иадҳәаланы ицәырҵуа?

 «АБАР, ауаҩы!» Абарҭ ажәақәа ҳәаны римтәи анапхгаҩы Понти Пилат 33 шықәса ҳ. ҳ. аан Мшаԥы аҽны ашьыжь ихан аҿаԥхьа еизаз, зыԥсахы еибакны иҟаз ажәлар рҿаԥхьа Иисус Христос днаиргылеит (Иоанн 19:5). Мышқәак раԥхьа урҭ ауаа Иисус Иерусалим даналалоз игәырӷьаҵәа иԥылон, иԥылон Анцәа иалихыз Аҳ иеиԥш. Аха уажәы дара гәаӷшақә изыҟоуп.

2 Иисус ишәуп аҳцәа иршәырҵало апурпурԥштәы змоу амаҭәа, насгьы агәыргьын ихагылоуп. Ашьа злыҵуаз, ихәны иҟаз ибӷа зҵәахуаз ашәхарԥа, насгьы амыӷ иалхыз ихы иалалоз агәыргьын — ари зегь иаанагоз иаҳратә ҭагылазаашьа ахыччара акәын. Аԥшьаҩ еиҳабацәа ауаа аҵәы рыҵарҵон, убри аҟынтә ажәлар ирҭахымызт рҿаԥхьа игылаз, игәаҟны иҟаз ауаҩы идкылара. Аԥшьаҩцәа ҳәҳәоит: «Ашьаҟа дкыдҵа! Ашьаҟа дкыдҵа!» Ажәлар ашьакаҭәара иазгәышьуеит: «Дыԥсыроуп» (Иоанн 19:1—7).

3 Ахпатуқәҵареи агәымшәара ӷәӷәеи аарԥшуа, Иисус гәрымрада ахыччарақәеи аларҟәрақәеи зегь ичҳауеит a. Иара аԥсра дазхиоуп. Уи ашьҭахь Мшаԥы аҽны иара хатәгәаԥхарала ашьаҟаҿы аргәаҟратә ԥсра идикылоит (Иоанн 19:17, 18, 30).

4 Иисус иԥсхҭынҵарала ишьақәирӷәӷәеит ишьҭанеицәа ииашаҵәҟьоу рҩыза шиакәу. «Зҩызцәа зыԥсы рыхҭнызҵо ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам», — иҳәеит иара (Иоанн 15:13). Аха уи иадҳәаланы ицәырҵуеит ихадоу азҵаарақәа. Иаҭахыҵәҟьазма Иисус урҭ агәаҟрақәа зегь ихганы дыԥсыртә? Избан иара дзазхиаз уи ашьаҿа аҟаҵара? Ишԥаҳалшо ҳара, Иисус иҩызцәеи ишьҭанеицәеи, иара иҿыԥшра?

Избан Иисус дгәаҟыр, насгьы дыԥсыр захәҭаз?

5. Иабантәи идыруаз Иисус иаԥхьаҟа изыԥшыз аԥышәарақәа?

5 Иисус изқәыргәыӷыз Мессиа иакәын, убри аҟынтә идыруан иаԥхьаҟа изыԥшыз. Иара идыруан Мессиа игәаҟрақәеи иԥсреи ртәы зҳәоз Ауриатә Ҩырақәа рҿы ианыз аԥааимбаражәақәа рацәаны (Исаиа 53:3—7, 12; Даниил 9:26). Иара изныкымкәа иҵаҩцәа иреиҳәахьан дзықәшәараны дыҟоу агәаҟрақәа рыӡбахә (Марк 8:31; 9:31). Иерусалимҟа амҩа ианықәыз, иԥсҭазаараҿы аҵыхәтәантәи Мшаԥы азгәаҭара мышкы шагыз, иара иапостолцәа иаартны иреиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи дрырҭоит. Дара уи дыршьырц рыӡбоит, насгьы егьырҭ ажәларқәа дрырҭоит. Урҭ ихыччалоит, иҿажьцәалоит, ҟамчыла дрыпҟоит, дагьыршьуеит» (Марк 10:33, 34). Урҭ ажәақәа ус баша иҳәамызт. Иисус ииашаҵәҟьаны ихыччон, иҿажьцәон, ҟамчыла исуан, нас дагьыршьит.

6. Избан Иисус дгәаҟыр, насгьы дыԥсыр захәҭаз?

6 Избан Иисус дгәаҟыр, насгьы дыԥсыр захәҭаз? Уи мзызқәак аман. Акы, Иисус диашаны даанхазҭгьы, иара илшон ицқьара ахьчареи Иегова ихьӡ арҳаракреи. Иугәаларшәа Аҩсҭаа мцла ахара шрыдиҵоз ауаа Анцәа имаҵ зыруа феида алгаразы ауп ҳәа (Иов 2:1—5). Иисус «дыԥсаанӡа» азиашара ихьчеит, уи ала Аҩсҭаа шьаҭа змамыз ихарадҵара аҭак бзиа аиҭеит (Филиппаа 2:8; Ажәамаанақәа 27:11). Ҩба, Мессиа игәаҟрақәеи иԥсреи ауаа рыгәнаҳақәа ҿнахит (Исаиа 53:5, 10; Даниил 9:24). Иисус «ирацәаҩны ауаа иԥсы» рыхҭниҵеит, уи ала Анцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳауртә алшара ҳаиҭеит (Матфеи 20:28). Хԥагьы, Иисус «ҳара ҳаиԥш зегь рыла дԥышәан». Иара иразу ԥшьаҩ хаданы дҟалеит, насгьы «ҳаԥсыҽрақәа еилкааны ҳрыцҳаишьоит» (Ауриацәа 2:17, 18; 4:15).

Избан Иисус иԥсҭазаара ауаа рыхҭынҵара дзазхиаз?

7. Иарбан шьаҿоу Иисус иҟаиҵаз адгьыл ахь даарц азы?

7 Ухаҿы иааг Иисус хатәгәаԥхарала дзықәшаҳаҭхаз. Иаанижьрызма аӡәы иҭаацәареи дахьиз иҩни даҽа тәылак ахь аиасразы, уа инхо ауаа реиҳараҩык дышрыдрымкыло, дларҟәны ишихыччало, насгьы аҵыхәтәаны дшыршьуа идыруазҭгьы? Уажәшьҭа уазхәыц Иисус иҟаиҵаз. Адгьыл ахь даанӡа иара Иаб иҿы ҳаҭыр змаз аҭыԥ ааникылон. Аха иара дазхиан иҩны ааныжьны, адгьыл ахь дааны, дуаҩны дҟаларц. Иара уи дақәшаҳаҭхеит ауаа реиҳараҩык дышрыдрымкыло, насгьы аларҟәреи, агәаҟреи, аԥсреи дышрықәшәо шеиликаауазгьы (Филиппаа 2:5—7). Игәазҭазҵазеи Иисус ус еиԥш иҟоу ашьаҿа аҟаҵара?

8, 9. Игәазҭазҵазеи Иисус иԥсҭазаара ауаа рыхҭынҵара?

8 Зегь раԥхьаӡа иргыланы Иисус Иаб иахь абзиабара ӷәӷәа иман. Иара имаз акрычҳара иаанарԥшуан Иегова иахь ибзиабара. Ус еиԥш иҟаз абзиабара Иисус игәазҭанаҵон Иаб ихьӡ, насгьы ирепутациа ахә ҳаракны ашьара (Матфеи 6:9; Иоанн 17:1—6, 26). Иара ӷәӷәала иҭахын Иегова ихьӡ ахьымӡӷ аҟынтә ирыцқьарц. Иисус изы ҳаҭыр дуун аиашаразы агәаҟра, избанзар иара идыруан имаз азиашара Иаб зеиԥшыҟам ихьӡ ду шҳаранакуаз (1 Ашықәсынҵа 29:13).

9 Иисус иԥсҭазаара ауаа рыхҭынҵара игәазҭазҵаз урҭ рахь имаз абзиабара ауп. Иара ибзиабара ашьаҭа шьҭаҵан ауаатәыҩса раԥхьаӡатәи рҭоурых алагамҭа аҟынтә. Иисус адгьыл ахь даанӡа иара ихьӡ ала Абиблиаҿы иҳәан: «Сара сгәырӷьара ауаатәыҩсатә ԥацәа ирыдҳәалан» (Ажәамаанақәа 8:30, 31). Уи ибзиабара убарҭахеит иара адгьыл ахь данаа. Ҳазхысхьоу х-хык рҟынтә ишеилаҳкааз ала, Иисус ауаа зегь рахь абзиабара ааирԥшуан, еиҳарак иҵаҩцәа рахь. 33 шықәса ҳ. ҳ. аан, нисан 14 рзы иара хатәгәаԥхарала иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит (Иоанн 10:11). Ари ииашаҵәҟьаны зеиԥшыҟам абзиабара аарԥшра ауп. Иҳалшома ҳара уи аҟны Иисус иҿыԥшра? Хымԥада. Уи инеиҳангьы, ақьырсианцәа рзы ари ԥҟароуп.

«Сара бзиа шәшызбаз аиԥш, шәарҭгьы бзиа шәеибабала»

10, 11. Иарбан иҿыцу ԥҟароу Иисус ишьҭанеицәа ириҭаз, иаҵанакуазеи уахь, насгьы избан уи ақәныҟәара зхадоу?

10 Иисус иԥсра ауха изааигәаз иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Сара аԥҟара ҿыц шәысҭоит: аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала. Сара бзиа шәшызбо еиԥш, убас шәаргьы бзиа шәеибабала. Шәыбжьара абзиабара ҟалар, зегьы ирдыруеит сҵаҩцәа шшәакәу» (Иоанн 13:34, 35). «Бзиа шәеибабала». Избан ари аԥҟара ҿыцуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Ажәытәан Моисеи изакәан аҿы иҟан адҵа: «Бзиа дба иузааигәоу ухы еиԥш» (Алевит 19:18). Аха иҿыцу аԥҟара ҳаанаԥхьоит уи аасҭа еиҳау абзиабарахь — даҽаӡәы изыҳәан ҳаԥсҭазаара амеигӡара ҳгәазҭазҵо абзиабарахь. Иисус ихаҭа уи иазкны иҳәеит: «Абар сыԥҟара: сара бзиа шәшызбо еиԥш бзиа шәеибабала. Зҩызцәа зыԥсы рыхҭнызҵо ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам» (Иоанн 15:12, 13). Даҽакала иуҳәозар аԥҟара ҿыц иаҳәоит: «Бзиа ибала егьырҭ, аха ухы еиԥш акәымкәа, иҵегь еиҳаны». Иисус иԥсҭазаареи иԥсреи иаадырԥшуеит иара уи аҩыза абзиабара шимаз.

11 Избан изхадоу уи иҿыцу аԥҟара анагӡара? Иаҳгәалаҳаршәап Иисус иажәақәа: «Шәыбжьара абзиабара ҟалар, зегьы ирдыруеит сҵаҩцәа шшәакәу». Ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара — ари ииашоу ақьырсианцәа злалукаауа ҷыдароуп. Уи аҩыза абзиабара Иегова ишаҳаҭцәа есышықәсатәи рконгресс аделегатцәа раԥхьа иарҭо аплакеткақәа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Аплакетка уара иуеилнаркаауеит аделегат ихьӡи дызҵазкуа аизареи. Ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аплакетка еиԥшуп, уи ииашоу ақьырсианцәа реилкаара иуцхраауеит. Даҽакала иуҳәозар, иҳабжьоу абзиабара егьырҭ ауаа ҳрылызкаауа дыргоуп, уи ишьақәнарӷәӷәоит Христос ииашаҵәҟьоу ишьҭанеицәа шҳакәу. Ҳара зегь хаҭала ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Шаҟа ирбарҭоузеи егьырҭ сызларылукаауа адырга? Иаасырԥшуама сара аус аҿы ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара?»

Изакәызеи ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара?

12, 13. а) Иарбан хамеигӡароу аарԥшра ҳзызхиазар акәу егьырҭ рахь иҳамоу абзиабара азы? б) Иаанагозеи ахамеигӡара аарԥшра?

12 Ҳара Иисус ишьҭанеицәа, иара бзиа ҳшибоз еиԥш ҳаргьы бзиа ҳаибабалароуп. Уи иаанагоит ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рахь ахамеигӡара ааҳарԥшлар шакәу. Шаҟа иӷәӷәазар акәзеи ҳабзиабара? Абиблиаҿы иануп: «Иисус Христос иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала, ҳара абзиабара шаарԥшлатәу еилаҳкааит. Убри аҟынтә ҳаргьы ҳашьцәа ҳаԥсы рыхҭынҵара ҳазхиазароуп» (1 Иоанн 3:16). Иисус иеиԥш ҳаргьы иаҭаххар ҳаԥсы ҳара-ҳара ҳахҭынҵара ҳазхиазароуп. Ашьҭашәарыцарақәа раан ҳашьцәа рыҭира, ма рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара аасҭа ҳара ҳазхиоуп ҳаԥсҭазаара рыхҭынҵара. Амилаҭтә, ма арасатә цәымӷрақәа ахьыҟоу атәылақәа рҿы ииашоу ақьырсианцәа рмилаҭ, ма рхылҵшьҭра иамыхәаԥшӡакәа рашьцәа рыхьчаразы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылоит. Аибашьра ҟаларгьы, ҳара абџьар шьҭыхны ҳхаҵара ҳацеиҩызшо, ма егьырҭ ауаа ҳарҿагылар аасҭа абахҭахь ацара, мамзаргьы аԥсра ҳазхиоуп (Иоанн 17:14, 16; 1 Иоанн 3:10—12).

13 Аха ҳашьцәа ҳаԥсҭазаара рыхҭынҵара мацарала акәӡам ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аарԥшра шҳалшо. Ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, уи аҩыза ахамеигӡара аарԥшразы ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәо рацәам. Ҳашьцәа ҳаԥсы рыхҭнаҳҵартә еиԥш бзиа иаҳбозар, иҳахәҭаӡами иахьа уажәнатә еиҳа имаҷу аԥсхҭынҵара аарԥшны ҳрыцхраалар? Ахамеигӡара аарԥшра иаанагоит ҳхатәы интересқәеи ҳаманшәалареи егьырҭ ауаа рыхҭынҵара. Егьырҭ ауаа реихьӡарақәеи рҭахрақәеи ҳара ҳхатәы аасҭа ҳреиҷаҳауеит, уи ҳзыманшәаламзаргьы (1 Коринфаа 10:24). Ишԥаҳалшо ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аус аҿы аарԥшра?

Аизараҿи аҭаацәараҿи

14. а) Иарбан хамеигӡароу аизара ахылаԥшыҩцәа иаадырԥшуа? б) Иарбан гәаанагароу уара иумоу уеизараҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа рзы?

14 Аизара ахылаԥшыҩцәа Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш иеиҷаҳауеит, насгьы ахамеигӡара аадырԥшуеит (1 Пиотр 5:2, 3). Рҭаацәа реиҷаҳара адагьы, дара хәылбыҽхала, ма аԥсшьарамшқәа раан раамҭа азыркуеит аизара аусқәа: апрограмма апунктқәа рҽырзыҟаҵара, агәышьҭыхразы аҭаарақәа, иара убас аӡбаратә зҵаарақәа реилыргара. Аизара ахылаԥшыҩцәа аӡәырҩы ахамеигӡара аадырԥшуеит аконгрессқәа рҽырзыҟаҵареи рымҩаԥгареи рҽалархәуа, ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу акомитетқәа рҿы амаҵ уа, ачымазцәа ирҭаауа, насгьы арегионалтә ргыларатә комитетқәеи рҿы амаҵ уа. Аизара ахылаԥшыҩцәа, ишәхашәмыршҭлан хатәгәаԥхарала шәаамҭеи шәымчи шәԥареи Анцәа иԥсаса реиҷаҳара иазышәкуазар, уи ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аарԥшра шаанаго (2 Коринфаа 12:15). Шәара гәык-ԥсык ала иҟашәҵо Иегова мацара иакәӡам ахә зшьо, аха уи ахә ршьоит шәара шәзеиҷаҳауа аизарагьы (Филиппаа 2:29; Ауриацәа 6:10).

15. а) Иарбан хамеигӡароу аизара ахылаԥшыҩцәа рыҳәса иаадырԥшуа? б) Иарбан гәаанагароу уара иумоу аизара ахылаԥшыҩцәа рыҳәса ирызкны?

15 Иаҳҳәар ҳалшома аизара ахылаԥшыҩцәа рыҳәса ахамеигӡара аадырԥшуеит ҳәа, рхацәа аизара иеиҷаҳаларц азы? Хымԥада, избанзар урҭ рхацәа рҭаацәара ирзыркыр рылшо раамҭа аизара аусқәа ирзыркуеит. Урызхәыц иара убас, изакәытә хамеигӡароу иаадырԥшуа араион ахылаԥшыҩцәа рыҳәса, рхацәа ирыцны еизарак аҟынтә даҽа еизарак, насгьы раионк аҟынтә даҽа раионк ахь ианиасуа. Дара рхатә ҩны рымазарц алшара мап ацәыркуеит, насгьы есымчыбжьа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аангылара рықәшәоит. Аизара аинтересқәа рзы ахамеигӡара аазырԥшуа аҳәса арҽхәара иаԥсоуп, аҳалалреи абзиабареи ахьаадырԥшуа азы (Филиппаа 2:3, 4).

16. Иарбан хамеигӡароу ақьырсиантә ҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы иаадырԥшуа?

16 Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо аҭаацәараҿы хамеигӡарала иҟоу абзиабара? Аҭаацәа, шәара шәхәыҷқәа «Иегова ишиҭаху еиԥш шәрылабжьо» ишәааӡаларц азы иҟашәҵо рацәоуп (Ефесаа 6:4). Иҟалап шәара аџьабаа ӷәӷәа жәбозар шәхәыҷқәа афатәи, ашәҵатәи, аҩни рымазарц азы. Шәара шәазхиоуп шәхы мап ацәкны шәхәыҷқәа ирыгу зегь рыҭара. Шаҟа шәымч рзышәкуазеи иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа дырҵаразы, ақьырсиантә еизарақәеи ажәабжьҳәареи рахь ргаразы! (Ҩынтәзакәан 6:6, 7). Хамеигӡарала иаашәырԥшуа абзиабара аҭаацәара Ашьаҭаркҩы даргәырӷьоит, насгьы шәхәыҷқәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиура ирыцхраауеит (Ажәамаанақәа 22:6; Ефесаа 3:14, 15).

17. Ишԥаҿыԥшуеи ахацәа-ақьырсианцәа Иисус гәыкала иааирԥшуаз абзиабара?

17 Ахацәа, ишԥашәылшо шәара Иисус иҿыԥшра ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аарԥшраҿы? Абиблиаҿы иануп: «Ахацәа, Христос аизара бзиа ибаны ихы шақәиҵаз еиԥш, шәаргьы убас шәыҳәса бзиа ижәбала» (Ефесаа 5:25). Иисус ишьҭанеицәа ӷәӷәала бзиа ибон, убри аҟынтә иԥсҭазаара рыхҭниҵеит. Ахаҵа-ақьырсиан Иисус диҿыԥшуеит, уи «ихы акәӡамызт дзызхәыцуаз» (Римаа 15:3). Ус еиԥш иҟоу ахаҵа зегь раԥхьаӡа иргыланы иԥҳәыс лыманшәалареи лҭахрақәеи дреиҷаҳауеит. Иара ииҳәо дахымԥо дыҟаӡам, аха игәаанагара аԥсахра дазхиоуп, уи азҵаара абиблиатә принцип иаҿамгылозар. Ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аазырԥшуа ахацәа Иегова ддыргәырӷьоит, иара убас рыҳәса, насгьы рхәыҷқәа рыбзиабареи рпатуқәҵареи дырҳауеит.

Иҟауҵозеи уара?

18. Иҳацхраауазеи ҳара бзиа ҳаибабалартә аԥҟара ҿыц ақәныҟәара?

18 Аԥҟара ҿыц «бзиа шәеибабала» ақәныҟәара мариам, аха ҳара иҳамоуп астимул ӷәӷәа. Апостол Павел иҩит: «Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп, избанзар ҳара еилаҳкааит: аӡәы зегьы рзы дыԥсит... Иара зегьы рзы дзыԥсыз, зыԥсы ҭоу уажәшьҭа рхазы акәымкәа, дара рзы иԥсыз, насгьы зыԥсы ҭалаз изы инхаларц азоуп» (2 Коринфаа 5:14, 15). Иисус ҳара ҳзы дыԥсызар, ҳгәазҭанамҵаӡои уи иара изы анхара? Ус анакәха, иара хамеигӡарала иааирԥшуаз абзиабара ҳаҿыԥшлар ауп.

19, 20. Иарбан зыхә ҳараку ҳамҭоу Иегова иҳаиҭаз, насгьы иааҳарԥшыр шԥаҳалшо уи шҳадаҳкыло?

19 Иисус «зҩызцәа зыԥсы рыхҭнызҵо ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам» ҳәа аниҳәоз иахирҟьацәомызт (Иоанн 15:13). Иисус дазхиан иԥсҭазаара ҳақәҵара — уи иаанаго ҳара ҳахь абзиабара ӷәӷәа аарԥша ауп. Аха дыҟоуп даҽаӡәы, зыбзиабара ҳара ҳахь еиҳагьы еиҳау. Иисус ихаҭа иреиҳәеит: «Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит, уи дхазҵо дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы» (Иоанн 3:16). Анцәа ибзиабара ҳара ҳахь убриаҟара иӷәӷәоуп ҳҿыхразы Иԥа иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит, уи ала агәнаҳаи аԥсреи аҟынтә ахақәиҭра аиура алшара ҳаиҭеит (Ефесаа 1:7). Аҿыхра — ари зыхә ҳараку Иегова иҳамҭоуп, аха иара уи адкылара ҳадицалаӡом.

20 Ҳара ҳхаҭа иҳаӡбароуп иҳадаҳкылома уи аҳамҭа, мамзаргьы мап. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара? Анцәа Иԥа иахь ахаҵара ааҳарԥшлароуп. Аха ҳара ахаҵара злааҳарԥшуа ажәала мацара акәӡам. Уи ҳаԥсҭазаараҿы иҟаҳҵо аусқәа рыла ишьақәҳарӷәӷәоит (Иаков 2:26). Ҳара Иисус иахь ҳхаҵара шьақәҳарӷәӷәоит есыҽны ҳахьишьҭанеиуа ала. Убас ҟаҳҵалар, ҳара иахьа, насгьы ҳаԥхьаҟа азылԥхара дуқәа ҳауеит. Уи аӡбахә ҳалацәажәоит ари ашәҟәы аҵыхәтәантәи ахаҿы.

a Уи аҽны Иисус ҩынтә иҿажьцәахьан: знык адиннапхгаҩцәа, аҩнтәраан римтәи аруаа (Матфеи 26:59—68; 27:27—30). Убас еиԥш иҟаз тәамбашақә азныҟәарагьы иара гәрымрада ихигеит, насгьы уи ала инаигӡеит аԥааимбаражәа: «Саныладырҟәуаз, насгьы ианысҿажьцәоз схы-сҿы сҵәахуамызт» (Исаиа 50:6).