Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ЖӘАХА

«Саб бзиа [дызбоит]»

«Саб бзиа [дызбоит]»

1, 2. Дызлацәажәази Иоанн апостолцәа аҵыхәтәантәи ахәылԥаз Иисус ианицихыргоз анигәалашәоз?

 ПАТУ зқәу аҭаҳмада ачернила акалам нҭишьын ахәыцра дҭанагалеит. Уи Иоанн ихьӡуп. Иисус Христос иапостолцәа рҟынтә иара аӡәк иоуп иаанхаз — уи шәышықәса ихыҵырц акгьы игым. Уажәы иара хәыцрала дгьежьуеит хынҩажәижәаба шықәса раԥхьаҟа, ахаан ихамышҭуа ахәылԥаз ахь — егьырҭ апостолцәеи иареи Ирықәиҭу аҵыхәтәантәи ахәылԥаз аницихырго аҵх ахь. Анцәа иԥшьоу идоуҳа анапхгарала Иоанн игәалашәоит ииасыз ашықәсқәа рыхҭысқәа, насгьы урҭ зегь ак агмыжькәа ианиҵоит.

2 Уи ахәылԥазы Иисус иаартны иреиҳәеит иаарласны дыршьраны дшыҟоу. Иоанн заҵәык иоуп аҵаҩцәа рҟынтә еилыкка ианызҵаз, Иисус аргәаҟратә ԥсра адкылара дзазхиаз. Иара Иисус иажәақәа ааигоит: «Адунеи Саб бзиа дшызбо адырыр ауп, убри азоуп Саб исыдиҵаз зынасыгӡо. Шәгыл, ҳцап арантәи» (Иоанн 14:31).

3. Ишԥааирԥшуаз Иисус Иаб иахь абзиабара?

3 «Саб бзиа дшызбо»,— иҳәеит Иисус. Иаб иахь имаз абзиабара иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадан. Аха иара урҭ ажәақәа лассы-лассы иҳәомызт. Аинтерес аҵоуп Иоанн 14:31, избанзар убра заҵәык ауп Абиблиаҿы Иисус иаартны Иаб иахь имоу абзиабара аӡбахә ахьиҳәо. Аха иара урҭ ажәақәа инарықәыршәаны дынхон. Есыҽнытәи иԥсҭазаара Иегова иахь имаз абзиабарала иҭәын. Иисус иааирԥшуаз агәымшәара, азыӡырҩра, насгьы акрычҳара — урҭ зегь Анцәа иахь имаз абзиабара шьақәдырӷәӷәон. Амаҵзураҿы иҟаиҵоз зегь бзиабарала иҭәын.

4, 5. Иарбан бзиабара хку Абиблиа еиҳарак иззааҭгыло, насгьы бзиа дышԥеибо Иисус Иегова?

4 Иахьа џьоукы абзиабара аарԥшра ԥсыҽроуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Дара уи ажәа анраҳауа иҟалап рхахьы иааиуазар, абзиабаратә лирика, насгьы абзиабара иазку ашәақәа, иара убас иҟалап ахҭыԥшшареи ахыдареи, урҭ аҟазшьақәа лассы-лассы аромантикатә бзиабара иадырҳәалоит. Абиблиаҿгьы аромантикатә бзиабара аӡбахә ҳәоуп, аха Анцәа Иажәаҿы уи еиҳа ҳаҭырбарала иахцәажәоит иахьатәи адунеи аҿы уи шрыдыргало еиԥш акәымкәа (Ажәамаанақәа 5:15—21). Аха Абиблиа еиҳарак иззааҭгыло даҽа бзиабара хкуп. Уи уцәаныррақәа уанеиларбылуа, мамзаргьы аамҭалатәи агәазцара акәӡам, насгьы теориатә философиам, ма ахшыҩдара иалҵшәам. Ус еиԥш иҟоу абзиабара угәи ухшыҩи рҟынӡа инеиуеит. Уи абзиабара ҳгәаҵа аҟынтә иаауеит, иҳараку апринципқәа рыла ишьақәгылоуп, насгьы иқьиоу ирҵагоу аусқәа рыла иаарԥшуп. Уа иҟам ахшыҩдареи ахҭыԥшшареи. «Абзиабара ахаангьы иӡӡом»,— ануп Анцәа Иажәаҿы (1 Коринфаа 13:8).

5 Аӡәгьы илшаӡом Иисус иеиԥш Иегова бзиа ибара. Аӡәымзар-аӡәы иара дызиацлабуам Анцәа иԥҟарақәа рҟынтә зегь иреиҳау ҳәа зыӡбахә иҳәаз аԥҟара анагӡараҿы: «Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала, шәыԥси шәыхшыҩи иара изышәк, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан» (Марк 12:30). Ишԥеизирҳаи Иисус убас еиԥш иҟоу абзиабара ӷәӷәа Анцәа иахь? Ишԥаилшеи иара уи абзиабара ахьчара адгьыл аҿы дыҟанаҵ? Ишԥаҳалшо ҳара уи аҟны иҿыԥшра?

Зегь реиҳа иӷәӷәоу, ҵыхәаԥҵәара змам абзиабара

6, 7. Избан ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәар зҳалшо Ажәамаанақәа 8:22—31 ирну ажәақәа Анцәа Иԥа изкуп ҳәа?

6 Игәоуҭахьоума уара аҩызцәа аус анеицыруа ишеизааигәахо, насгьы реиҩызара еиҳагьы ишыӷәӷәахо? Ааи акәзар, уи уцхраауеит Иеговеи ихшаазаҵәу Иԥеи еидызкыло абзиабара шаҟа иӷәӷәоу аилкаара. Ҳара изныкымкәа ҳалацәажәахьеит Ажәамаанақәа 8:30 аҿы иану ажәеинраала, уааи уажәшьҭа уи аконтекст аҿы инарҵауланы еилҳаргап. 22-тәи ажәеинраала инаркны 31-тәи аҟынӡа иаагоуп Анцәа идоуҳа зҵоу аҟәыӷара ахцәажәара. Избан ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәар зҳалшо урҭ ажәеинраалақәа Анцәа Иԥа изкуп ҳәа?

7 22-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Иегова имҩақәа рылагамҭаны сҟаиҵеит, сара ажәытәӡатәи ишамҭақәа рҟынтә зегь раԥхьаӡа ишаз сакәын». Араҟа зыӡбахә ҳәоу ус баша аҟәыӷара акәӡам, избанзар уи аҟазшьазы Анцәа имҩақәа рылагамҭа ҳәа узҳәом. Иегова еснагь дыҟан, насгьы еснагь дҟәыӷан, убри аҟынтә иара иҟәыӷара алагамҭа амаӡам (Аԥсалом 90:2). Анцәа иԥа иакәзар, «зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз» иакәын. Иара дшан, насгьы Иегова раԥхьатәи ишамҭа иакәхеит (Колоссаа 1:15). Ажәамаанақәа рышәҟәы аҟынтә ишаҳбо еиԥш, Аԥа дыҟан Анцәа адгьыли ажәҩани ишаанӡа акыр шагыз. Иара Ажәа, ма Анцәа Ихаҭарнак иакәын, ус анакәха, уи Иегова иҟәыӷара наӡаны излоу иакәын (Иоанн 1:1).

8. Иҟаиҵози Аԥа адгьыл ахь даанӡа, насгьы иаҳхамышҭлар акәзеи иџьашьахәу ашамҭақәа ҳандыршанхо?

8 Иҟаиҵози Аԥа хыԥхьаӡара змам ашықәсқәа рыҩныҵҟа иара адгьыл ахь даанӡа? 30-тәи ажәеинраалаҿы иануп иара Анцәа иҿы «зус бзиаӡаны издыруа аҟаза» иакәны дшыҟаз. Иаанагозеи уи? Колоссаа 1:16 иануп: «Егьырҭ зегь иара ицхырааралоуп ишшоу, ажәҩан аҿы иҟоугьы, адгьыл аҿы иҟоугьы, иаҳбогьы, иаҳамбогьы... Зегьы иара ицхыраарала иаԥҵоуп, изаԥҵоугьы иара изоуп». Зегьзшаз Иегова зус бзианы издыруа Аҟаза — Иԥа ила зегь ишеит: иумбо адоуҳатә шамҭақәа, Адунеи, еиуеиԥшым аԥстәқәеи аҵиаақәеи рыла иҭәу зеиԥшыҟам ҳапланета, иара убас адгьылтә шамҭақәа зегь иреиҳау — ауаҩы. Аби Аԥеи русеицура аҿҳарԥшыр ҳалшоит аргылаҩ, ма аусуҩы архитектор игәҭакы ҟазарыла ишынаигӡо. Иџьашьахәу ашамҭақәа ҳандыршанхо, ҳара Архитектор Ду дҳараҳкуеит (Аԥсалом 19:1). Иаҳхамышҭлароуп уи Ҳазшази «зус бзиаӡаны издыруа аҟаза» Иԥеи акраамҭатәи, гәырӷьарыла иҭәыз русеицура ишалҵшәоу.

9, 10. а) Изырӷәӷәози Иегова Иԥеи иареи ирыбжьаз абзиабара? б) Иҳацхраауазеи ҳара ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаби ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара?

9 Ҩыџьа инаӡам ауаа зны-зынла аус аицура рзымариам. Аха Иегова Иԥеи иареи русеицура алҵшәа бзиа аман! Ухаҿы иузаамго ашықәсқәа рыҩныҵҟа Аԥа Иаб дидгыланы аус ициуан, насгьы «иҿаԥхьа еснагь» дгәырӷьон (Ажәамаанақәа 8:30). Иара игәы иахәон Иаб иааигәа аҟазаара, Иаб ицәаныррақәагьы убас иҟан. Есыҽны Аԥа Аб зеиԥшыҟам иҟазшьақәа иҿҵаауа диеиԥшхон. Убри азоуп Аби Аԥеи убас еиԥш иӷәӷәоу аизыҟазаашьақәа зрыбжьоу! Адунеи аҿы уи зегь реиҳа иӷәӷәоу, насгьы ҵыхәаԥҵәара змам бзиабароуп.

10 Ҳашԥаҵанакуеи уи ҳара? Иҟалап уара угәы иаанагозар, Иегова иҿы ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа реизырҳара улшом ҳәа. Уи иашоуп, Аԥа аӡәгьы дизиацлабуам. Аха ҳара иҳамоуп зеиԥшыҟам алшара. Иугәаларшәа Иисус Иаби иареи реизааигәахара зыбзоураз дидгыланы аус ахьициуаз шакәу. Иегова хаҭала зегьы ҳааиԥхьоит «аус ицызуа» ҳакәны аҟалара (1 Коринфаа 3:9). Иисус ажәабжьҳәараҿы ҳаниҿыԥшуа, еснагь еилаҳкаалароуп ҳара Анцәа аус шицаҳуа. Убасҟан Иеговеи ҳареи иҳабжьоу абзиабара есыҽны иӷәӷәахалоит. Шаҟа ахә ҳаракузеи иҳаду амаҵзура!

Иисус Иегова иахь имаз абзиабара ӷәӷәа ахьчара ицхраауаз

11—13. а) Избан иаҳгәалашәалар зҳахәҭоу абзиабара ари зыԥсы ҭоу шцәанырроу, насгьы ишԥеихьчоз Иисус данхәыҷыз Иегова иахь имаз абзиабара ӷәӷәа? б) Дышԥеиҿыԥшуаз Иисус Иаб иара адгьыл ахь даанӡа, насгьы данаа ашьҭахь?

11 Иаҳхаҳмыршҭлароуп Анцәа иахь иҳамоу абзиабара — ари зыԥсы ҭоу цәанырроуп. Абзиабара ӷәӷәахарц, насгьы еизҳаларц азы иаҭахуп ашәҭ еиԥш аиҷаҳара. Уи ҳамыцхраалар, иазҳмырҳалар абзиабара ԥсыҽхоит, насгьы иԥсуеит. Иисус Иегова иахь имоу абзиабара деиҷаҳауан. Иара адгьыл аҿы дыҟанаҵ уи ацәанырра ихьчеит. Уааи еилаҳкаап иара уи шилшаз.

12 Ҳхынҳәып даҽа знык иқәыԥшыз Иисус Иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы ихы шымҩаԥигаз атәы ахьану. Иугәаларшәа хьаас дызмаз иҭаацәа иреиҳәаз: «Зехьынџьара шәызсышьҭази? Саб иҩнаҿы сыҟазар шсыхәҭоу шәзымдырӡози?» (Лука 2:49). Иҟалап Иисус данхәыҷыз изаартымызҭгьы адгьыл ахь даанӡа имаз аԥсҭазаара атәы. Аха иара усҟангьы Иаб Иегова ӷәӷәала бзиа дибахьан. Иара идыруан Анцәа иахь абзиабара имҵахырхәарала аарԥшра шалшо. Убри аҟынтә Аб иҩны — ииашоу амҵахырхәара ацентр — Иисус изы адгьыл аҿы зегь реиҳа ихадаз ҭыԥын. Иара игәаԥхон уа аҟазаара, насгьы уантәи ацара иҭахымызт. Аха иара ус баша аныҳәарҭаҿы дыҟамызт. Иара еснагь дазхиан Иегова изкны иҿыцу ак аилкаара, насгьы еиликааз ауаа рзеиҭаҳәара. Ус еиԥш иҟаз абзиабара иара изцәырҵит жәаҩа шықәса ихыҵаанӡа, насгьы аамҭак ашьҭахь уи абзиабара ицәымӡӡеит.

13 Аԥа адгьыл ахь даанӡа иара Иаб иҿы аҵара иҵон. Исаиа 50:4—6 иану аԥааимбаражәаҿы иҳәоуп Иегова Иԥа Мессиа ироль шынагӡалатәу иирҵон ҳәа. Ус еиԥш иҟаз арҵара аан Аԥа еиликааит Иегова иалихыз Иԥшьоу иаҳасабала иара аԥышәарақәа ихигар шакәыз, аха уи дааннамкылаӡеит. Иисус адгьыл аҿы дыҟанаҵ Иаб иҩнахьы абзиабареи, ииашаз амҵахырхәарахь имаз агәацԥыҳәареи, Иегова игәы иақәшәоз аныҳәарҭаҿы дырҵаразы игәазыҳәареи ирӡуамызт. Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иисус ахаан ишыҟәнимшьоз аныҳәарҭеи асинагогеи рахь аныҟәара (Лука 4:16; 19:47). Ҳара Иегова иахь абзиабара ҳахьчар ҳҭахызар, иара иахь аџьшьара аарԥшуа, насгьы адырра еизырҳауа, зҿлымҳарыла ҳазыҟазароуп Иегова ҳахьимҵахырхәо ақьырсиантә еизарақәа рҭаара.

«Анцәа диҳәарц азы ашьха дхалеит»

14, 15. а) Избан Иисус ихала аҟазаара алшара дзашьҭаз? б) Ишԥарныԥшуаз Иисус инцәаиҳәарақәа Аб иахь имаз апатуқәҵареи аԥхарреи?

14 Иегова иахь абзиабара ахьчара Иисус иара убас ицхраауан Анцәа иҳәарақәа. Иара аҩызцәа иман, ауаа рацәажәарагьы бзиа ибон, аха ихала аҟазаара алшара ахә ишьон. Лука 5:16 аҟны иануп: «Иара лассы-лассы аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥқәа рахь дцон, Анцәа диҳәарц азы». Матфеи 14:23 аҟны иануп: «Ажәлар анынаскьеига, Анцәа диҳәарц азы ашьха дхалеит. Аҵх кыр ишцахьазгьы, иара уа ихала дыҟан». Иисус ихала аҟазаара зиҭахыз аӡәгьы иацәажәара ахьиҭахымыз азы акәӡам, аха Иаб ицҟазаареи иҳәараҿы иаартны иацәажәареи ахьиҭахыз азы ауп.

15 Зны-зынла Иисус анцәаиҳәараҿы Иаб «Абба, Саб» ҳәа изиҳәон (Марк 14:36). Усҟантәи аамҭақәа раан ажәа «абба» аҭаацәараҿы аб изы ирҳәоз, аԥхарра зҵаз иҟәымшәышәыз ажәан. Лассы-лассы уи ахәыҷы раԥхьаӡа ииҳәоз ажәа акәын. Убри аамҭазгьы уи апатуқәҵара аҵан. Уи ажәа Аԥа Аб иахь имоу ацәанырра адагьы, имчрахь апатуқәҵара аанарԥшуеит. Иузгәамҭар ауам Аевангелиеқәа рҿы иану Иисус инцәаиҳәарақәа аԥхарреи апатуқәҵареи шрыҵоу. Иоанн иҟынтә Аевангелие 17-тәи ахаҿы иара инҭкааны ианиҵеит Иисус иԥсра ауха гәаартыла ииҳәаз гәык-ԥсыкалатәи иҳәара. Даара акраҵанакуеит уи анцәаиҳәара азхәыцра, насгьы ҿырԥшыс аҟаҵара. Уи, ҳәарада, иаанагаӡом Иисус иажәақәа ҿырҳәала иҵатәуп ҳәа. Жәҩантәи Ҳаб гәаартыла, насгьы иахьынӡазалшо лассы-лассы ҳиацәажәалароуп. Уи ҳацхраауеит ҳабзиабара аԥсы ҭаны иӷәӷәаны ахьчара.

16, 17. а) Ишԥарныԥшуаз Иисус иажәақәа Иаб иахь имаз абзиабара? б) Дышԥахцәажәоз Иисус Иаб иқьиара?

16 Хыхь ишҳәаз еиԥш, Иисус лассы-лассы иҳәомызт ажәақәа «Саб бзиа [дызбоит]» ҳәа. Аха иара иажәақәа изныкымкәа ирныԥшуан Иаб иахь имаз абзиабара. Ишԥа? Иисус зны иҳәеит: «Дгьыли-жәҩани знапаҿы иҟоу Саб, зегьы рҿаԥхьа уҳараскуеит» (Матфеи 11:25). Ари ашәҟәы 2-тәи ахәҭа аҟынтә еилаҳкааит Иисус Иаб ауаа дышрабаирдыруаз, насгьы ирҳаракра дшаргәырӷьоз. Зны иара Иегова диҿирԥшит иҟьалаз аԥа игха ианажьра иазхиаз абзиабара злаз аб, уи иԥа ихынҳәра дазыԥшны хара дыԥшуан, насгьы даниба, дыҩны ихәда дахьынҳалеит (Лука 15:20). Шаҟа хаала, насгьы гәыкала дихцәажәазеи Иисус Иегова, насгьы уи анажьра дшазхиоу!

17 Иисус лассы-лассы Иаб иқьиаразы дҳареикуан. Инаӡам аҭаацәа рҿырԥштәы ала иаҳирбеит жәҩантәи Ҳаб шаҟа ҳҭаху иԥшьоу адоуҳа шҳаиҭо (Лука 11:13). Иара убас Иисус далацәажәон Аб иқьиарала иҳаиҭо агәыӷра. Иара деигәырӷьаны дахцәажәон ажәҩан аҿы Иаб иааигәара аҭыԥ шааникыло азы имаз агәыӷра (Иоанн 14:28; 17:5). Иара убас иҵаҩцәа иреиҳәон Иегова Христос иитәу «аԥсаса маҷ» ириҭаз агәыӷра атәы,— ажәҩан аҿы анхаразы, насгьы Мессиантәи Аҳ напхгара ицуреи рзы агәыӷра (Лука 12:32; Иоанн 14:2). Иԥсуаз ацәгьаҟаҵаҩгьы игәы ҟаиҵеит Џьанаҭ дгьыл аҿы анхаразы агәыӷра ала (Лука 23:43). Иегова иқьиара ду азы даныҳареикуаз Иисус Иаб иахь абзиабара ӷәӷәа ихьчон. Аӡәырҩы Иисус ишьҭанеицәа агәра ргеит: Иегова иахь абзиабареи ахаҵареи зырӷәӷәо иара иӡбахә, насгьы бзиа дызбо зегьы зеиԥшыҟам агәыӷра шриҭо егьырҭ рзеиҭаҳәара ауп.

Уиҿыԥшлома уара Иисус Анцәа иахь иааирԥшуа абзиабараҿы?

18. Ҳаиҿыԥшлар абахәҭоу зегь раԥхьа иргыланы Иисус, насгьы избан?

18 Иисус иҿыԥшраҿы ихадоу — Иегова гәык-ԥсыкала бзиа ибара, ҳамч-ҳалшара иара изы амеигӡара, ҳаԥсгьы ҳахшыҩгьы иара изкра ауп (Лука 10:27). Уи абзиабара амч ҳцәаныррақәа рыдагьы ҳусқәагьы ирныԥшуазароуп. Иисус Иаб иахь абзиабара ахьимаз, мамзаргьы уи аӡбахә ахьиҳәоз изирхомызт. Иара иҳәеит: «Адунеи Саб бзиа дшызбо адырыр ауп, убри азоуп Саб исыдиҵаз зынасыгӡо» (Иоанн 14:31). Аҩсҭаа иҳәон аӡәымзар-аӡәы Иегова иахь абзиабара аарԥшны дизиашаны даанхом ҳәа (Иов 2:4, 5). Аха Иисус зегь реиҳа ицәгьаз Аҩсҭаа ихарадҵара зыгәра угартә иҟоу аҭак аиҭеит: иара гәымшәарыла Иегова дидгылеит, насгьы Иаб иахь имаз абзиабара ӷәӷәа адунеи зегь иаирбеит. Иара Иаб дизиашаны даанхеит дыԥсаанӡа. Уишьҭанеиуама уара Иисус? Идурбома уара Анцәа Иегова иахь иумоу абзиабара амч, насгьы уи гәыкала ишааурԥшуа?

19, 20. а) Ҳгәазҭазҵалар акәзеи ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еизарақәа рҭаара? б) Ҳашԥазыҟазар ахәҭоу хаҭалатәи аҭҵаара, азхәыцра, насгьы анцәаиҳәара?

19 Ус еиԥш иҟоу абзиабара — ҳдоуҳатә гәабзиара зхьыԥшу ауп. Иегова деиҷаҳаит иара ҳанимҵахырхәо ҳара бзиабарала ҳаизҳаларц. Ақьырсиантә еизарақәа уанырҭаауа, иугәаларшәала уахь узнеиуа Анцәа имҵахырхәаразы шакәу. Ус еиԥш иҟоу иԥшьоу амҵахырхәарахь иаҵанакуеит еицаҳзеиԥшу гәыкалатәи ҳанцәаиҳәарақәа, ашәаҳәара, зҿлымҳарыла апрограмма азыҟазаара, насгьы иахьынӡаҳалшо аҽалархәра. Ақьырсиантә еизарақәа иара убас алшара ҳарҭоит ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рырӷәӷәара (Ауриацәа 10:24, 25). Ақьырсиантә еизарақәа еиԥмырҟьаӡакәа рҭаара уцхраауеит Анцәа иахь иумоу абзиабара арӷәӷәара.

20 Убас ҳҳәар ҳалшоит хаҭалатәи аҭҵаара, азхәыцра, насгьы анцәаиҳәара рзы. Уара узы уи Иегова ицҟазааразы лшароуп. Анцәа Иажәа аҭҵаара, насгьы уи азхәыцра Иегова ихәыцрақәа реилкаара улнаршоит. Анцәа уаниҳәо, уара угәы изаауртыр улшоит. Иухоумыршҭлан, анцәаиҳәара аҳәара мацара шакәым иаҵанакуа. Ахаан иухоумыршҭлан Иегова иуиҭо азылԥхарақәа рзы аџьшьара иҭара, насгьы иссиру иусқәа рзы ирҳаракра (Аԥсалом 146:1). Аха зегьы иреиҳаны Иегова аџьшьара иҭара, насгьы иара иахь абзиабара аарԥшра злаулшо — гәырӷьарыла егьырҭ ауаа рҿаԥхьа ирҳаракра ауп.

21. Шаҟа ихадоузеи Иегова иахь абзиабара, насгьы ҳазлацәажәозеи анаҩстәи ахаҿы?

21 Анцәа иахь абзиабара — ари анасыԥи инымҵәаӡо азылԥхарақәеи рахь цаԥхоуп. Убри заҵәык акәын Адами Евеи ирымазар акәыз Анцәа изиашара ахьчаразы, аха убри ауп ирзымхазгьы. Анцәа иахь абзиабара ауп иуцхраауа ухаҵара зықәшәо аԥышәарақәа риааира, ахыхрақәа мап рыцәкра, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара. Убри ауп Иисус ишьҭанеицәаны аҟазаара иаанаго. Анцәа иахь абзиабареи ауаа рахь абзиабареи, ҳәарада, еидҳәалоуп (1 Иоанн 4:20). Ари ахәҭаҿы ҳара ҳалацәажәоит Иисус ус еиԥш иҟоу абзиабара шааирԥшуаз. Анаҩстәи ахаҿы ҳара еилаҳкаауеит Иисус иацәажәара ауаа изырзымариаз.