Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Апролог

Апролог

Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩ!

«Усышьҭаланы уаала» (Марк 10:21). Ари Иисус иааԥхьара хаҭала зегь ҳахь ирхоуп. Иудукылома уи уара? Ааи акәзар, уи уԥсҭазаара аԥсахуеит. Аха ишԥа?

Иегова Иԥазаҵә иԥсҭазаара ҳахҭынҵаны ҳҿихырц азы адгьыл ахь дааишьҭит (Иоанн 3:16). Анцәа Иԥа ихы ҳахҭниҵеит, насгьы ҳшынхалаша ҳирбеит. Иара аҵыхәтәанынӡа Иаб дизиашаны даанхеит. Иисус зегь рыла Иаб диргәырӷьон. Иара убас Иисус иаҳирҵеит Иаб иҿыԥшра шаҭаху. Аԥа иажәақәеи иусқәеи рыла Аб имҩеи игәҭаки наӡаны иаарԥшын (Иоанн 14:9).

Абиблиаҿы иануп Иисус ҳҿырԥшы шиакәу, насгьы ишьҭа ҳхыланы ацара шҳахәҭоу (1 Пиотр 2:21). Ҳара иаҳҭахызар Иегова изааигәахара, аҵакы змоу аԥсҭазаара, нагсьы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго амҩала ацара, иахьынӡаҳалшо Христос ишьҭа ҳхыланы ҳцалароуп.

Зегь раԥхьа иргыланы Иисус иԥсҭазаара атәы еилкаатәуп. Иара изкны Абиблиаҿы иану ибзианы иҭҵаатәуп. Иисус иажәақәеи иусқәеи ҭаҳҵаалар, насгьы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо ҳазхәыцлар, ҳара еилаҳкаауеит Христос ишьҭанеира иаанаго.

Еизнарҳалааит ари ашәҟәы Иеговеи Иисуси рахь убзиабара. Угәазҭанаҵалааит уи абзиабара ишахәҭоу еиԥш Иисус ишьҭанеира, Иегова иргәырӷьаразы иахьагьы, наӡаӡагьы.

Иҭзыжьыз