Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ АКЫ

«Усышьҭаланы уаала» — иаанагозеи уи?

«Усышьҭаланы уаала» — иаанагозеи уи?

«Иҟасҵар акәзеи наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы?»

1, 2. Иарбан ааԥхьароу зегь иреиӷьу, насгьы иҳаӡбар акәзеи?

 ИАРБАН зегь иреиӷьу ааԥхьароу уара иуоухьоу? Иҟалап уи уҩыза бзиа ичарахь, мамзаргьы усура бзиак ахь ааԥхьара акәызҭгьы. Ус еиԥш иҟоу ааԥхьара ануоу, уара, ҳәарада, уи уеигәырӷьеит, насгьы пату дуны иуԥхьаӡеит. Аха агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит урҭ ааԥхьарақәа зегь раасҭа еиӷьу уоуит ҳәа. Ари ааԥхьара ҳара зегь иҳауит. Иара шҳадаҳкыло ҳаԥсҭазаара зегь ианыруеит. Уи иадҳәалоуп ҳара зегь иҳадаҳкылаша акрызҵазкуа аӡбара.

2 Иарбан ааԥхьароу араҟа зыӡбахә ҳәоу? Уи Зегьзымчу Анцәа Иегова иԥазаҵә, Иисус Христос, иҟынтә ауп, насгьы Абиблиаҿы иануп. Марк 10:21 аҟны иануп: «Усышьҭаланы уаала». Иисус урҭ ажәақәа хаҭала зегь ҳахь ирхоит. Убри аҟынтә ҳара иҳаӡбароуп уи ааԥхьара ҳадаҳкылоу-иҳадҳамкылоу. Иҟалап угәы иаанагозар: мап ацәызкуада уи?! Аха ари ааԥхьара здызымкыло ауаа рацәаҩуп. Избан?

3, 4. а) Иарбан иахьа ауаа зыхә ҳаракны иршьо ҭагылазаашьоу имаз наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиуразы иҟаҵатәузеи ҳәа Иисус иазҵааз ауаҩы? б) Иарбан зыхә ҳараку ҟазшьақәоу Иисус иибаз иқәыԥшыз амал змаз ахылаԥшҩы иҟны?

3 Еилҳаргап 2 000 шықәса раԥхьа Иисус иҟынтә хаҭала уи ааԥхьара зауз ауаҩы иҿырԥшы. Уи даараӡа пату зқәыз уаҩын. Аӡәырҩы иҵашьыцыртә дыҟан. Иара иман иахьа ауаа зыхә ҳаракны иршьо: ақәыԥшреи, амали, амчреи. Абиблиа аҟынтә ҳара иаҳдыруеит иара дышқәыԥшыз, амал ду шимаз, насгьы аҭыԥ ду шааникылоз (Матфеи 19:20; Лука 18:18, 23). Иара убас, урҭ раасҭа зыхә ҳаракыз ак илан. Иара иаҳахьан Арҵаҩ Ду, Иисус, иӡбахә, насгьы даара игәаԥхон уи иҟаиҵози ауаа идирҵози.

4 Усҟантәи аамҭазы иҟаз аӡәырҩы ахылаԥшыҩцәа Иисус ишихәҭаз еиԥш пату иқәырҵомызт (Иоанн 7:48; 12:42). Аха ари ауаҩы урҭ зынӡа дреиԥшымызт. Абиблиаҿы иануп: «Иисус амҩан дышцоз, ҷкәынак дыҩуа днаихьӡан, дшьамхышгыланы ус диазҵааит: „Арҵаҩ бзиа, иҟасҵар акәзеи наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы?“» (Марк 10:17). Иазгәаҭ, ари ауаҩ Иисус иацәажәара шаҟа иҭахыз: уи дыҩны днеит иара иахь, иӷарыз, мамзаргьы иаабац уаҩык иеиԥш. Анаҩс апатуқәҵара аарԥшны, Христос иҿаԥхьа дшьамхышгылеит. Ишаабо еиԥш, уи ахынраалара злаз, насгьы здоуҳатә ҭахрақәа еилызкаауаз уаҩын. Иисус урҭ аҟазшьақәа рыхә ҳаракны ишьон (Матфеи 5:3; 18:4). Иџьашьатәӡам Иисус, уи игәы ахьизыбылыз (Марк 10:21). Иарбан ҭаку Иисус уи иқәыԥшыз ауаҩы ииҭаз?

Зеиԥшыҟам ааԥхьара

5. Иарбан ҭаку Иисус иқәыԥшыз ахылаԥшҩы ииҭаз, насгьы иабантәиаадыруеи ҳара Иисус «ак ауп иугу» ҳәа аниҳәоз аӷарра шакәмыз уи иаҵанакуаз? (Уахәаԥш албаага.)

5 Иисус иаҳирбеит наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиуразы иҟаҵатәу аганахь ала ажәҩан аҿы иҟоу Иаб иҳаилиркаахьоу шырацәоу. Иисус уи ауаҩ қәыԥш Аҩыра дазхьаирԥшит, убасҟан иара агәра ииргеит Моисеи изакәан дшықәныҟәо. Аха Иисус агәеилых бзиа иман, насгьы ауаа ргәы иҭаз ибон (Иоанн 2:25). Иара игәеиҭеит иқәыԥшыз ари ахылаԥшҩы адоуҳатә уадаҩра ӷәӷәа шимаз, убри аҟынтә иеиҳәеит: «Ак ауп иугу». Иарбан уи? Иисус иеилиркааит: «Уцаны иааумоу зегь ҭины, аԥара аӷарцәа ирыҭ» (Марк 10:21). Иҳәарц иҭахызма Иисус Анцәа имаҵ ауразы уӷархароуп ҳәа? Мап a. Иисус урҭ ажәақәа еиҳау аҵакы риҭеит.

6. Идигалазеи Иисус иқәыԥшыз ахылаԥшҩы, насгьы уи ишақәҿиҭыз ишԥаанарԥши иара игәы иҭаз?

6 Иисус ари ауаҩы изымхоз иеилиркаарц азы, уи идигалеит: «Усышьҭаланы уаала». Ухаҿы иааг: Зегьзымчу Анцәа Иԥа хаҭала ааԥхьара ииҭоит! Иара убас, Иисус уи зегь иреиҳау аҳамҭа дақәиргәыӷит. Уи агәра ииргеит: «Ажәҩан аҿы амал урҳауеит». Ихы иаирхәама аҭыԥ ду аанызкылоз уи ауаҩы иоуз зеиԥшыҟам ааԥхьара? Абиблиаҿы иануп: «Иара иаҳаз даараӡа игәы канажьын, илахь еиқәышьшьы дцеит, избанзар амал ду иман» (Марк 10:21, 22). Иисус уи игәы иҭаз ааиртит. Ишеилкаахаз ала, иара имал дашьҭуамызт, насгьы амал инаҭоз амчреи ахьӡи акыр изаԥсан. Илахьеиқәҵагоуп, аха имали имчреи, уи инаҭоз ахьӡи рахь имаз абзиабара Христос иахь ибзиабара аҵкыс еиҳан. «Ак ауп иугу» ҳәа Иисус ианиҳәа, уи зыӡбахә имаз гәаартыла, насгьы ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара акәын. Ахылаԥшҩы қәыԥш изхаӡомызт Иеговеи Иԥеи рахь абзиабара, убри аҟынтә Иисус иааԥхьара идимкылаӡеит! Аха ушԥаҵанакуеи уара уи аҿырԥшы?

7. Иабантәиаадыруеи Иисус иааԥхьара ҳара зегь хаҭала ҳшаҵанакуа?

7 Иисус иааԥхьара иқәыԥшыз ари ауаҩы, мамзаргьы гәыԥҩык ауаа рахь мацара акәӡамызт иахьырхаз. Иисус иҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху... дсышьҭаланы даалааит» (Лука 9:23). Иазгәаҭ, дарбанзаалак ауаҩы Христос дишьҭанеилар илшоит, зегь реиҳа ихадоу, уи иара ихаҭа иҭахызар ауп. Убас еиԥш гәыкала иҟоу ауаа роуп Анцәа иара Иԥа иахь ихьаирԥшуа (Иоанн 6:44). Иисус иааԥхьара иаҵанакуа амал змоу, мамзаргьы иӷару, милаҭк ма расак ахь иаҵанакуа, иара убас Христос ихаан инхоз ауаа мацара ракәӡам, аха изҭаху зегь рахь ирхоуп. Ус анакәха, Иисус иажәақәа «ухынҳәны, усышьҭаланы уаала» уара уахьгьы ирхоуп. Избан ари ааԥхьара адкылара изаԥсоу, насгьы иаҵанакуазеи уи?

Избан Христос ишьҭанеира изаԥсоу?

8. Иарбан ҭахроу ауаа зегь ирымоу, насгьы избан?

8 Иахәҭоуп иашарак азхаҳҵар: ауаа анапхгара иаша рҭахуп. Уи зегьы ақәшаҳаҭхом, аха убасҵәҟьа ауп ишыҟоу. Иегова иԥааимбар Иеремиа иԥшьоу адоуҳа аныррала иҩит: «Издыруеит, о Иегова, ауаҩы имҩа имчраҿы ишыҟам. Илшом инеиуа ишьаҿақәа ахырхарҭа рыҭара» (Иеремиа 10:23). Ауаа ирымаӡам алшара, насгьы азин дара иреиԥшу ауаа напхгара рзура. Уи еилыкка ишьақәнарӷәӷәоит ауаатәыҩсатә ҭоурых (Екклезиаст 8:9). Иисус ихаан амчра змаз анапхгаҩцәа ауаа дыргәаҟуан, иаадырбӡомызт, иржьон. Иисус ииашаны ишазгәеиҭаз еиԥш, ауаа «ахьча дызмамыз ауасақәа» иреиԥшын (Марк 6:34). Урҭ ажәақәа иахьатәи аамҭагьы ианаалоит. Ауаа зегь иара убас хаҭала дырҭахуп узықәгәыӷша, аԥышәа змоу анапхгаҩы. Дрықәшәома Иисус арҭ аҭахрақәа? Ҳәарада. Уааи уи шьақәҳарӷәӷәап.

9. Дызлареиԥшымзеи Иисус егьырҭ анапхгаҩцәа?

9 Акы, Иисус далзхыз Анцәа Иегова ихаҭа иоуп. Ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа ишаԥу еиԥш иалзхуа инаӡам дара иреиԥшу ауаа роуп, урҭ агха ҟарымҵар ауӡом, насгьы ржьара мариоуп. Аха Иисус зынӡа даҽакала иҟоу напхгаҩуп. Уи иара ититул ишьақәнарӷәӷәоит. Ажәа «Христос» ажәа «Мессиа» еиԥш иаанагоит «Анцәа идоуҳала иалху». Иисус доуҳала далхын, мамзаргьы ҷыдала иҳараку аҭыԥ иҭан Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ иҟынтә. Анцәа Иегова Иԥа изкны иҳәеит: «Абри иоуп иалысхыз, бзиа избо, сгәы иақәшәо ҟазҵо смаҵзуҩы! Сара уи сдоуҳа исҭоит» (Матфеи 12:18). Ҳара Ҳазшаз еиҳа еиӷьны идыруеит дарбан напхгаҩу иаҳҭаху. Иегова иҟәыӷара ҳәаа амам, убри аҟынтә иҟаиҵаз алхра аҵыхәтәанынӡа агәра агара ҳалшоит (Ажәамаанақәа 3:5, 6).

10. Избан Иисус аҿыԥшразы зегь иреиӷьу ҿырԥшны дзыҟоу?

10 Ҩба, Иисус иаҳирбеит еилыкка иҟоу инаӡоу аҿырԥшы. Зегь иреиӷьу анапхгаҩы илазар ауп узыршанхо, насгьы зҿыԥшра уҭаххо аҟазшьақәа. Иара ихатә ҿырԥшала умҩақәиҵоит, насгьы егьырҭ ргәазҭеиҵоит рхаҭара аиӷьтәра. Иарбан ҟазшьақәоу уара угәаанагарала анапхгаҩы илазар ахәҭоу? Агәымшәара? Аҟәыӷара? Агәрыцҳашьара? Аԥышәарақәа раан ачҳара аарԥшра? Иисус адгьыл аҿы даныҟазтәи иԥсҭазаара атәы еиҳаны еилукаацыԥхьаӡа уара агәра угоит абарҭ, иара убас имаҷымкәа егьырҭ аҟазшьақәагьы шилаз. Уи адагьы иара жәҩантәи Иаб ихаҭара наӡаны иааирԥшуан, насгьы Анцәа иҟазшьақәа зегь нагӡаны иаҳирбеит. Иисус зегь рыла днаӡан. Иарбанзаалак иус, иажәа, ма ицәаныррақәа раарԥшраҿы иҿыԥшра иаԥсоуп. Абиблиаҿы иануп: «Иара аҿырԥшы шәзынижьит... ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы» (1 Пиотр 2:21).

11. Избан Иисус ахьча бзиа иакәын ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

11 Хԥагьы, Христос еснагь инаигӡон иажәа: «Сара сыхьча бзиоуп» (Иоанн 10:14). Абиблиатә аамҭақәа раан ари аиҿырԥшра ауаа ибзианы еилыркаауан. Ахьчацәа аџьабаа рацәаны ирбон, ирымаз ауасақәа рхылаԥшразы. Ахьча бзиа изы иуасақәа ршәарҭадара ихатә маншәалара аҵкыс ихадан. Иаҳҳәап, Иисус зхылҵшьҭра датәыз Давид данқәыԥшыз ауасақәа ихьчон, насгьы изныкымкәа иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылахьан, иуасақәа агыгшәыг ирцәихьчарц азы (1 Самуил 17:34—36). Иисус ишьҭанеицәа рзы иҟаиҵаз еиҳагьы ирацәоуп. Урҭ иԥсҭазаара рыхҭниҵеит (Иоанн 10:15). Ирацәоума иахьа убас еиԥш ахамеигӡара аазырԥшуа анапхгаҩцәа?

12, 13. а) Иаанагозеи ахьча иуасақәа ахьидыруа, даргьы иара дахьырдыруа? б) Иуҭахума уара Ахьча бзиа инапхгара аҵаҟа аҟазаара, насгьы избан?

12 Иҟоуп даҽа мзызк, Иисус ахьча бзиа иакәын ҳәа ҳҳәар зҳалшо. Иара иҳәеит: «Сара суасақәа здыруеит, суасақәагьы сара сырдыруеит» (Иоанн 10:14). Уҽазышәа Иисус ииҳәоз ухаҿы аагара. Харантә инаԥшуа ауаҩы изы ауасақәа — еиԥшу, иаабац ԥстәқәоуп. Ахьча иакәзар, иуасақәа зегь хаҭала идыруеит. Иара идыруеит иарбан уасоу ихьараны иҟоу, насгьы ацхыраара зҭаху; иарбан сысу аҩызцәа ирыхьӡаларц азы макьана ишьҭыхны иныҟәгалатәу, иахьхәыҷу, насгьы амч ахьмаҷу иахҟьаны; иара идыруеит иарбан уасоу ааигәа ахәра зауз, мамзаргьы ичмазаҩу. Ауасақәагьы рыхьча дырдыруеит. Дара ибжьы рдыруеит, насгьы даҽа бжьык ирцәалаҩашьом. Ахьча ибжьы ашәара аныԥшуазар, дара иаразнак ирныруеит. Ауасақәа ахьча дахьцалакгьы ишьҭоуп. Ахьчагьы урҭ ахьгатәу идыруеит. Иара идыруеит аҳаскьын ахьыԥшқоу, иахьыиаҵәоу, акәарақәа ахьыцқьоу, иара убас иҭынчу аҭыԥқәа ахьыҟоу. Ауасақәа ахьча дырхылаԥшнаҵ, урҭ ҭынч иҟоуп, акгьы иацәшәаӡом (Аԥсалом 23).

13 Уазыԥшума уара убас еиԥш иҟоу анапхгара? Убасҵәҟьа ауп Ахьча бзиа Иисус ишьҭанеицәа дышреиҷаҳауа. Иара ҳақәиргәыӷуеит ҳаԥсҭазаара анасыԥи аҵаки аманы ишыҟало, иахьа, иара убас наӡаӡа! (Иоанн 10:10, 11; Аатра 7:16, 17). Убри азоуп Христос ишьҭанеира иаҵанакуа аилкаара зҳахәҭоу.

Иаанагозеи Христос ишьҭанеира?

14, 15. Избан Христос ишьҭанеицәаны аҟаларазы ҳқьырсианцәоуп, насгьы Иисус бзиа даҳбоит ҳәа аҳәара мацара зазымхо?

14 Шә-миллионҩыла ауаа Иисус иааԥхьара рыдыркылахьеит ҳәа рыԥхьаӡозар ҟалап, избанзар иқьырсианцәоуп ҳәа рхы рыԥхьаӡоит. Иҟалап дара рҭаацәа иахьырнаҭыз ауахәамахь иаҵанакуазар. Мамзаргьы дара ирҳәоит Иисус бзиа дырбоит, насгьы Реиқәырхаҩ иоуп ҳәа. Аха иаанагома уи дара Христос ишьҭанеиуеит ҳәа? Иԥхьаӡозма Иисус иара иҵаҩны аҟаларазы уи мацара азхоит ҳәа? Уааи еилаҳкаап.

15 Ҿырԥштәыс иааҳгап ақьырсиантә дунеи — еиҳараҩык ауаа ҳқьырсианцәоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо ахьынхо атәылақәа. Иқәныҟәома ақьырсиантә дунеи Иисус Христос ирҵарақәа? Мамзаргьы урҭ атәылақәа рҿы ацәымӷреи, амчҳареи, ацәгьоуреи, аиашамреи ыҟоу, егьырҭ атәылақәа рҿы еиԥш?

16, 17. Ирыгузеи ҳқьырсианцәоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо ауаа, насгьы излеилкаатәузеи Христос ииашаҵәҟьоу ишьҭанеицәа?

16 Иисус иҳәеит ииашоу ишьҭанеицәа злардырло ражәақәа рыла, мамзаргьы иҷыдоу хьӡык ала шакәым, аха зегь раԥхьаӡа иргыланы русқәа рыла шакәу. Иара иҳәеит: «„Исықәиҭу, Исықәиҭу“ ҳәа сазҳәо иакәӡам жәҩантәи Аҳра збараны иҟоу, уи збо жәҩантәи Саб ииҭаху ҟазҵо иоуп» (Матфеи 7:21). Избан нас Иисус Иҳақәиҭу иоуп ҳәа дзыԥхьаӡо аӡәырҩы ауаа, Иаб игәаҳәара зынармыгӡо? Дугәаларшәа иқәыԥшыз амал змаз ахылаԥшҩы. Лассы-лассы ус еиԥш иҟоу ауаа ирзымхо ак ауп — гәаартыла иҟоу абзиабара Иисус иахь, насгьы уи даазышьҭыз иахь.

17 Аха иҟалар шԥалшо убас? Ишьақәдмырӷәӷәаӡои ҳқьырсианцәоуп ҳәа зыԥхьаӡо миллионҩыла ауаа Иисус бзиа дшырбо? Ааи, дара уи аӡбахә рҳәоит. Аха Иеговеи Иисуси рахь абзиабара — жәала мацара акәӡам ишаарԥшлатәу. Иисус иҳәеит: «Бзиа сызбо сажәагьы наигӡалоит» (Иоанн 14:23). Дырҩегь ахьча бзиа иеиԥш иара иҳәоит: «Суасақәа сыбжьы иазыӡырҩуеит, сара урҭ здыруеит, даргьы сышьҭаланы ицоит» (Иоанн 10:27). Ииашаҵәҟьаны, Христос иахь ҳабзиабара зегь реиҳа ишьақәзырӷәӷәо ҳажәақәеи ҳцәаныррақәеи ракәӡам, аха ҳусқәа роуп.

18, 19. а) Иаҳнырлар шԥахәҭоу Иисус изку адыррақәа? б) Иарбан хықәку иамоу ари ашәҟәы, насгьы ишԥарыцхраауеи уи Христос ишьҭанеицәаны зхы зыԥхьаӡо ауаа?

18 Ҳусқәа ҳгәы аҭагылазаашьа рныԥшуеит. Ҳгәы аҭагылазаашьа — ҳаҩныҵҟатәи ауаҩы — ҷыдала иазааҭгылалатәуп. Иисус иҳәеит: «Наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы, дара Нцәас иҟоу уара заҵәык уеилыркаалароуп, иааушьҭыз Иисус Христосгьы деилыркаалароуп» (Иоанн 17:3). Иисус изку ииашоу адыррақәа анҳауа, насгьы еилаҳкааз ҳаназхәыцуа, уи ҳгәы аҟынӡа инеиуеит. Иисус иахь ҳабзиабареи ишьҭанеиразы ҳгәазыҳәареи есыҽны еизҳалоит.

19 Убри ауп хықәкыс иамоу унапаҿы иуку ашәҟәы. Уи зҩу Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи рыӡбахә аиҭаҳәаразы мацара акәӡам, аха иаҳирбаз амҩа игәцаракны ҳақәныҟәалар шҳахәҭоу аилкааразы ауп b. Ари ашәҟәы ҳацхраауеит Анцәа Иажәа асаркьа еиԥш ҳанԥшыланы ҳхы азҵаара: «Сишьҭанеиҵәҟьома сара Иисус?» (Иаков 1:23—25). Иҟалап уара угәы иаанагозар Ахьча бзиа инапхгара аҵаҟа уҟоижьҭеи акыр ҵуеит ҳәа. Аха иҳахәҭаӡами еснагь аҽеиӷьтәра? Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала, шәзеиԥшроу еилышәкаала» (2 Коринфаа 13:5). Иегова знапы ҳаниҵаз абзиабара аазырԥшуа Ахьча бзиа Иисус ҳашишьҭанеиҵәҟьо агәра агаразы аџьабаа абара иаԥсоуп.

20. Еилҳаргозеи ҳара анаҩстәи ахаҿы?

20 Иарӷәӷәааит ари ашәҟәы аҭҵаара Иисуси Иеговеи рахь иумоу абзиабара. Уи абзиабара уԥсҭазаараҿы напхгара унаҭацыԥхьаӡа, ииасуа ари адунеи аҿы иахьынӡалшо аҭынчреи агәахәареи уоуеит. Уара Иегова иахь инымҵәаӡо аџьшьара ааурԥшлоит абас еиԥш иҟоу Ахьча бзиа анапхгара ахьҳаиҭо азы. Аха Христос изку адыррақәа иашазароуп. Убри аҟынтә аҩбатәи ахаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова игәҭакаҿы Иисус ироль.

a Иисус ишьҭанеиуаз зегь дрыҳәомызт рмал аанрыжьырц. Амал змоу ауаҩы Анцәа Иаҳрахь анеира ицәыцәгьахоит ҳәа шиҳәозгьы, Иисус иациҵеит: «Анцәа илымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам» (Марк 10:23, 27). Шьоукы амал змазгьы ауаа Христос ишьҭанеицәаны иҟалеит. Ақьырсиантә еизараҿы урҭ иҷыдоу алабжьара рыҭан, аха дара рмал аӷарцәа ирырҭар акәмызт (1 Тимофеи 6:17).

b Иисус Христос иԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа хронологиала реишьҭагылашьа шәыԥшаар шәылшоит Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз ашәҟәы «Иисус — путь, истина и жизнь» аҟны.