Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 2

«Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылеиҳәон... Анцәа иажәа дирҵон»

«Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылеиҳәон... Анцәа иажәа дирҵон»

Ауасҭа. Аџьашьахә ҟаҵаҩ. Ахәышәтәҩы... Иисус арҭ ажәақәа зегь идукылар алшон. Аха ауаа иара ус иарҳәомызт. Иара Арҵаҩы ҳәа иарҳәон. Ажәабжь бзиа аҳәареи, Анцәа иажәа дырҵареи иԥсҭазаара зегь зызкыз усын (Матфеи 4:23). Ҳаргьы, Иисус ишьҭанеицәа, убри аҩыза адҵа ҳамоуп. Ари ахәҭаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус иҳаиҭаз аҿырԥшы, насгьы уи иҿыԥшра шҳалшо.