Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ЖӘАБА

«Аҩыраҿы иануп»

«Аҩыраҿы иануп»

«Иахьа инаӡеит ишәаҳаз Аҩыра иану абарҭ ажәақәа»

1—3. Иарбан акрызҵазкуа ҵабыргу Иисус Назарет анхаҩцәа иреиҳәарц ииҭахыз, насгьы иарбан шьақәырӷәӷәароу уи иааигаз?

 АРИ ҟалеит Иисус имаҵзура алагамҭазы. Иара иқалақь гәакьа Назарет ахь даауеит. Иара ихықәкы — Мессиа шиакәу, акрызҵазкуа аҵабырг ауаа деилыркаара ауп. Иарбан шьақәырӷәӷәароу иара иааиго?

2 Аӡәырҩы аџьашьахәы иазыԥшуп. Дара ираҳахьан Иисус зеиԥшыҟам аџьашьахәқәа шыҟаиҵо. Аха уажәазы Иисус адырга ҳәа акгьы дирбом. Иара ишаԥу еиԥш асинагогахь дцоит. Иисус Аҩыра даԥхьарц азы дангыла иара идыркуеит аԥааимбар Исаиа иеикәарҳә. Уи аикәарҳә даараӡа идуун. Иисус ашьшьыҳәа аикәарҳә ааиртуеит атекст даԥхьарц азы, уа ианыз иахьа Исаиа 61:1—3 аҟны ҳаԥхьар ҳалшоит (Лука 4:16—19).

3 Урҭ ажәақәа ҳәарада, изыӡырҩуаз зегьы ибзианы ирдыруеит. Уи Мессиа изку аԥааимбаражәа ауп. Уаҟа иҟаз ауаа зегь Иисус ихәаԥшуеит. Ҭынчрахоит. Убасҟан Иисус иҳәоит: «Иахьа инаӡеит ишәаҳаз Аҩыра иану абарҭ ажәақәа», насгьы иҟалап уи еиҳа инарҭбааны идеилиркаазар. Ауаа иџьаршьоит иажәа хаақәа, аха ус шакәугьы, иҟалап аӡәырҩы узыршанхо ацәырҵрақәа ирзыԥшызар. Аха аџьашьахәы дырбара аҭыԥан, Иисус Аҩыра ацхыраарала гәымшәарыла рыгәрамгара ҿаԥиҽуеит. Уажәшьҭа Назарет анхаҩцәа иара дыршьыр рҭахуп! (Лука 4:20—30).

4. Иарбан ҿырԥшу Иисус имаҵзура алагамҭазы иаҳирбаз, насгьы еилҳаргозеи ари ахаҿы?

4 Иисус имаҵзура зегь аан асинагогаҿы идирбаз аҿырԥшы дықәныҟәон. Иара зегь раԥхьаӡа шьаҭас иҟаиҵоз Анцәа Иажәа акәын. Иара иҟаиҵоз аџьашьахәқәа, ҳәарада, ишьақәдырӷәӷәон Анцәа идоуҳа шицыз. Аха Иисус изы Иԥшьоу Аҩыра еснагь ихаданы иаанхон. Уааи еилҳаргап уи аганахь ала Иисус иҳаиҭаз аҿырԥшы. Ҳара еилаҳкаауеит Иҳақәиҭу Анцәа Иажәа аҟынтә ацитатақәа шааигоз, дышрыдгылоз, насгьы ишдеилиркаауаз.

Анцәа Иажәа аҟынтә ацитатақәа ааигон

5. Иарбан зхәыцроу Иисус изыӡырҩуаз ауаа рҟынӡа инеигарц ииҭахыз, насгьы ишԥашьақәирӷәӷәоз ииҳәоз?

5 Иисус иҭахын ауаа ирдыруазарц ииҳәоз ажәабжь зҟынтә иааиго. Иара иҳәеит: «Ауаа идсырҵо сара истәӡам, саазышьҭыз итәоуп» (Иоанн 7:16). Даҽазны иара идеилиркааит: «Еилышәкаауеит... схала иаԥшьганы акгьы шыҟасымҵо. Сара Саб ишысирҵаз еиԥш ауп зегь шысҳәо» (Иоанн 8:28). Иара убас иара иреиҳәеит: «Сара ишәасҳәо схатә ажәақәа ракәӡам, Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, иара сара сыла иусқәа наигӡоит» (Иоанн 14:10). Иисус ииҳәоз шьақәзырӷәӷәоз еснагь Анцәа Иажәа аҟынтә ацитатақәа ахьааигоз акәын.

6, 7. а) Шаҟа лассы-лассы дырзааҭгылози Иисус Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ацитатақәа, насгьы избан уи зџьаҳшьо? б) Излеиԥшымзеи Иисус ирҵарақәеи азакәанрҵаҩцәа рырҵарақәеи?

6 Абиблиаҿы иану Иисус иажәақәа инарҵауланы иҭаҳҵаар, ҳара иаҳбоит иара ишиашоу, мамзаргьы днахыкәшаны дшырзааҭгылоз Ауриатә Ҩырақәа рахь иаҵанакуаз ашәҟәқәа рыбжеиҳарак. Уи акгьы аҵам ҳәа ҳгәы иаанагар ауеит. Уара иуҳәар улшоит: «Иамоузеи нас уи? Иисус хышықәсеи бжаки инаигӡоз имаҵзура аан, усҟантәи аамҭазы иҟаз Анцәа идоуҳа зҵаз ашәҟәқәа рҟынтә ацитатақәа ааигар илшарын». Ишыҟаҵәҟьаз еилкаам, аха иҟалап уи ус акәызҭгьы, избанзар Абиблиаҿы Иисус ииҳәози иҟаиҵози ирызкны маҷк ауп иану (Иоанн 21:25). Абиблиа ианылаз Иисус иажәақәа зегь убжьы ҭыганы сааҭқәак рыла урыԥхьар улшоит. Уажәшьҭа ухаҿы иааг сааҭқәак рыҩныҵҟа Анцәеи Иаҳреи рыӡбахә уҳәалар акәушәа, убри аамҭазы Ауриатә Ҩырақәа рахь иаҵанакуа ашәҟәқәа рыбжеиҳарак рҟынтә ацитатақәа ааугалар акәушәа! Иазгәаҭатәуп Иисус еиҳарак ацитатақәа анааигоз урҭ аикәарҳәқәа инапаҿы ишыҟамыз. Ашьхаҿы ииҳәаз еицырдыруа ажәахә аҟны иара Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ацитатақәеи азхьарԥшқәеи рацәаны иааигон, урҭ зегь иара ҿырҳәала иҳәон!

7 Ишаҳбо еиԥш, Иисус Анцәа Иажәа даараӡа пату ақәиҵон. Изыӡырҩуаз «идирҵоз шыдирҵоз иаршанхон, избанзар иара Анцәа иҟынтә амчра зауз иеиԥш ауп ишыдирҵоз, азакәанрҵаҩцәа реиԥш акәымкәа» (Марк 1:22). Азакәанрҵаҩцәа бзиа ирбон ҿырҳәалатәи азакәан азхьаԥшра, мамзаргьы еицырдыруаз араввинцәа рцитатақәа аиҭаҳәара. Аха Иисус ҿырҳәалатәи азакәан, ма раввинк иажәақәа зныкгьы имҳәеит. Уи аҭыԥан иара еснагь Анцәа Иажәа дазааҭгылон. Ишьҭанеицәа ианыдирҵоз, ма ииашамыз ахәаԥшышьақәа анириашоз, Иисус изныкымкәа иҳәон: «Аҩыраҿы иануп».

8, 9. а) Ишԥааирԥши Иисус Анцәа Иажәа инақәыршәаны ихы шымҩаԥигоз аԥара зыԥсахуази ахәаахәҭцәеи аныҳәарҭа аҟынтә иандәылицоз? б) Ишԥаадырԥшуаз адиннапхгаҩцәа Анцәа Иажәахь апатуқәымҵара?

8 Иерусалимтәи аныҳәарҭа аҟынтә аԥара зыԥсахуази ахәаахәҭцәеи андәылицоз, иара иҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Сыҩны Анцәа иахьиҳәо ҩнуп ҳәа азырҳәоит“, аха шәара уи арҳәцәа рыҩны акәны иҟашәҵоит» (Матфеи 21:12, 13; Исаиа 56:7; Иеремиа 7:11). Уи аухазы Иисус ирацәаны аџьашьахәқәа ҟаиҵеит. Ауахәамаҿы иҟаз аҷкәынцәа уи даара иаршанхеит, убри аҟынтә ихьӡ арҳаракра иалагеит. Аха адиннапхгаҩцәа ргәы ԥжәаны Иисус иазҵааит иаҳахьоума иара ахәыҷқәа зыӡбахә рҳәо ҳәа. Иисус иреиҳәеит: «Исаҳауеит. Ахаан шәамыԥхьаӡаци „ахәыҷқәеи асабицәеи ухьӡ ҳараркуеит“ ҳәа Аҩыраҿы иану?» (Матфеи 21:16; Аԥсалом 8:2). Иисус иҭахын идирбарц урҭ ахәыҷқәа Анцәа Иажәа инақәыршәаны рхы шымҩаԥыргоз.

9 Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ адиннапхгаҩцәа Иисус иазҵааит: «Убас ҟаҵатәуп ҳәа уазҳәада? Иузҭада азин?» (Матфеи 21:23). Иисус еснагь ирзеиҭеиҳәон амчра изҭаз дызусҭоу. Иара ахаан иҿыцу ак алеигаломызт, насгьы ихатәы рҵарақәа шьақәирӷәӷәомызт. Иара ахынраалара аарԥшны Иаб Иажәа ианыз зегь дықәныҟәон. Аԥшьаҩцәеи азакәанрҵаҩцәеи ракәзар, апатуқәымҵара аадырԥшуан Иеговеи Иажәеи рахь. Убри аҟынтә урҭ ицәгьаз рыгәҭакқәа ҿаԥызҽуаз Иисус иҟынтә ақәыӡбара иаԥсан (Матфеи 21:23—46).

10. Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра Анцәа Иажәа ахархәараҿы, насгьы иарбан хархәагақәоу ҳара иҳамоу Иисус имамыз?

10 Иисус иеиԥш иахьа ииашоу ақьырсианцәагьы Анцәа Иажәа иақәгәыӷуеит. Иегова ишаҳаҭцәа рдыруеит Абиблиа иану аҵабырг ауаа ирзеиҭазҳәо реиԥш. Ҳпубликациақәа рҿы еснагь иаагоуп Абиблиа аҟынтә ацитатақәа, мамзаргьы азхьарԥшқәа. Ари аԥҟара ҳара амаҵзураҿгьы ҳақәныҟәоит, насгьы ауаа ҳанрацәажәо зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа Иажәа иазхьаҳарԥшуеит (2 Тимофеи 3:16). Шаҟа ҳаигәырӷьозеи ҳара ҳзацәажәо ауаҩы Абиблиатә жәеинраала ҳаизаԥхьаны уи аҵаки ахәарҭеи аниеилҳаркаауа! Ҳара Иисус иеиԥш инаӡоу ахшыҩ ҳамаӡам, аха ҳара иҳамоуп уи имамыз ирацәаӡаны ацхыраагӡатә хархәагақәа. Ҳара бызшәа рацәала еиҭагоу Абиблиа шеибгоу адагьы, иҳамоуп абиблиатә еилыркаагақәа, урҭ ҳацхраауеит иаҳҭаху ажәеинраала уадаҩрада аԥшаара. Шәааи анаҩсгьы Абиблиа ҳхы иаҳархәалап, насгьы алшара анҳамоу абиблиатә жәеинраалақәа ауаа ҳарзаԥхьалап!

Анцәа Иажәа хьчауа

11. Избан Иисус Анцәа Иажәа лассы-лассы ихьчалар закәыз?

11 Иисус идыруан Анцәа Иажәа шеицаркло, аха уи џьеишьомызт. «Уажәа ҵабыргуп»,— иҳәеит Иисус Иаб даниҳәоз (Иоанн 17:17). Иисус ибзианы идыруан Аҩсҭаа «адунеи анапхгаҩы» шиакәу, насгьы дшымцҳәаҩу, амц абыс дшамоу (Иоанн 8:44; 14:30). Аҩсҭаа ихыхра данаҿагылоз, Иисус Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә хынтә ацитатақәа ааигеит. Аҩсҭаагьы Аԥсалом аҟынтә ирҩашьаны цыԥҵәахак ааигеит, аха Иисус иҿаԥиҽит Анцәа Иажәа арҩашьаразы Аҩсҭаа имаз агәҭакы (Матфеи 4:6, 7).

12—14. а) Ишԥаадырԥшуаз адиннапхгаҩцәа Моисеи изакәан ахь апатуқәымҵара? б) Ишԥаихьчоз Иисус Анцәа Иажәа?

12 Иисус Иԥшьоу Аҩыра лассы-лассы ихьчон арҩашьареи ииашамыз аилкаареи рҟынтә. Усҟантәи аамҭазы инхоз адинрҵаҩцәа Анцәа Иажәа иахырҟьацәаны иазнеиуан, насгьы ииашамкәа еиҭарҳәон. Дара мыцхәы рҽазыркуан Моисеи изакәан ианыз жәацыԥхьаӡа ақәныҟәара, аха аԥҟарақәа шьаҭас измаз апринципқәа бжьарыжьуан. Дара ауаа ирбандаз ҳәа Анцәа имҵахырхәон, аха зегь реиҳа ихадаз — аиашареи, агәрыцҳашьареи, азиашареи бжьарыжьуан (Матфеи 23:23). Ишԥаихьчоз Иисус Анцәа Изакәан?

13 Иисус ашьхаҿы ажәахә аниҳәоз, Моисеи изакәан аҿы ианыз ҭахрак аӡбахә ргәалаиршәаанӡа, иара еснагь иҳәон: «Ажәытәан ишырҳәоз шәмаҳахьеи». Иара ииҳәоз хиркәшон абарҭ ажәақәа рыла: «Аха сара ишәасҳәоит», насгьы Азакәан аҵакы деилзыркаауаз апринцип дахцәажәон. Илаирҟәуазма Иисус Моисеи изакәан аҵакы? Ҳәарада, мап! Иара уи дадгылон. Ауаа ибзианы ирдыруан аԥҟара: «Ауаҩы думшьын». Аха Иисус идеилиркааит ауаҩ иахь ацәымӷра анумоу уи аԥҟара шеилоуго. Убас еиԥш ауаҩы аҭаацәара ицалам иахь ииашам ацәаныррақәа ааирԥшуазар, уи еилеигоит ахатәҩыза иԥсахра иазку Анцәа изакәан шьаҭас измоу апринцип (Матфеи 5:17, 18, 21, 22, 27—39).

14 Аҵыхәтәаны Иисус иҳәеит: «Ирҳәо шәмаҳахьеи: „Ишәзааигәоу бзиа дыжәбала, шәаӷа дышәцәымӷыз“ ҳәа. Аха сара ишәасҳәоит: шәаӷацәа бзиа ижәбала, ишәышьҭашәарыцо рзгьы Анцәа шәиҳәала» (Матфеи 5:43, 44). Иахәҭакызма Анцәа Иажәа адҵа: «Шәаӷа — дышәцәымӷыз»? Мап, уи аԥҟара адиннапхгаҩцәа роуп изхәыцыз. Дара инаӡоу Анцәа изакәан рхатә зхәыцрақәа аларгалон. Аха Иисус гәымшәарыла Анцәа Иажәа ихьчон ауаатәыҩсатә ҵасқәа рнырра аҟынтә (Марк 7:9—13).

15. Ишԥаихьчоз Иисус Анцәа Изакәан ауаа уи дырџьбарарц рҽаназыршәоз?

15 Адиннапхгаҩцәа Анцәа изакәан аҵакы ԥсахны идырџьбарон. Иисус иҵаҩцәа амхурсҭа иалсны ианцоз чахҳәаҵәқәак ахьҿырхыз азы афарисеицәа ахара рыдырҵеит асабша иазкыз азакәан еиларгеит ҳәа. Ус еиԥш иҟоу ахырҟьацәара Анцәа Иажәа ацәихьчарц азы Иисус Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә аҿырԥштәы ааигеит. Иара урҭ азхьаирԥшит Аҩыраҿы иҟаз цыԥҵәахак. Уа ианын иԥшьоу ача аныҳәарҭаҿы рхы ишадмырхәаз — амла иакны иҟаз Давид иеибашьцәеи иареи ишрырҭаз. Уи ала Иисус иааирԥшит афарисеицәа ишырхашҭыз Иегова игәшаҭареи игәрыцҳашьареи ртәы (Марк 2:23—27).

16. Ишԥеиларгеи адиннапхгаҩцәа аилыҵра иазкыз Моисеи иԥҟара, насгьы иҟаиҵазеи Иисус?

16 Уи адагьы, адиннапхгаҩцәа Анцәа Изакәан дырмарион, насгьы уи излахыԥаша иашьҭан. Иаҳҳәап, Азакәан ахаҵа азин инаҭон иԥҳәыс лылҵра уи лхымҩаԥгашьаҿы «иҽеим» ак ибазар, иҟалап уи аҭаацәара зегь зырԥхашьоз уадаҩрак акәызҭгьы (Ҩынтәзакәан24:1). Аха Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аамҭақәа раан адиннапхгаҩцәа уи азин ииашамкәа рхы иадырхәон, рацәак ихадамыз гхак азы рыҳәса ирылҵуан, иаҳҳәап, иқәыблыз афатә иахырҟьаны! a Иисус идирбеит дара ишеиларгаз Анцәа идоуҳа зҵаз Моисеи иажәақәа. Анаҩс иара еиҭаирҿыцит Иегова аҭаацәалазааразы ишьақәиргылахьаз аҭахра, амоногамиа, насгьы иаҵишьит аилыҵразы ихадоу мзызс иҟоу асексуалтә ламысдара шакәу (Матфеи 19:3—12).

17. Ишԥарыхьчо Анцәа Иажәа иахьагьы ақьырсианцәа Иисус иҿыԥшны?

17 Иахьагьы Христос ишьҭанеицәа Иԥшьоу Аҩыра ахьчара уалны ирыдуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Адиннапхгаҩцәа абиблиатә нормақәа ажәхьеит ҳәа анырҳәо, дара уи ала Анцәа Иажәа аҵакы ладырҟәуеит. Иара убас Абиблиагьы ииашамкәа иаадырԥшуеит амц аныддырҵо, насгьы уи библиатә рҵароуп ҳәа анырҳәо. Убри аҟынтә ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп — Анцәа Иажәеи абиблиатә ҵабырги рыхьчара, иаҳҳәап, ауаа иандеилҳаркаауа Анцәа Х-хаҿык змоу анцәа дышихәҭакым (Ҩынтәзакәан 4:39). Аха убри аамҭазгьы ҳара ҳҽазаҳшәоит аҟәымшәышәреи, аҭынчреи, апатуқәҵареи раарԥшра (1 Пиотр 3:15).

Анцәа Иажәа деилыркаауа

18, 19. Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иисус иџьоушьаша аҟазара шилаз Анцәа Иажәа ауаа реилыркаараҿы?

18 Ауриатә Ҩырақәа анышьақәгылоз Иисус ажәҩан аҿы дыҟан. Шаҟа агәырӷьара изаанагазеи иара адгьыл ахь дааны Анцәа Иажәа ауаа иахьдеилиркаауаз! Ҿырԥштәыс иааҳгап, хашҭра зқәымыз амш аҽны, Иисус иԥсы анҭалаз ашьҭахь, иара ҩыџьа иҵаҩцәа Еммаусҟа амҩа ишықәыз данырԥыла. Иара дырзымдыркәа изеиҭаҳәара иалагеит бзиа ирбоз Иҳақәиҭу иԥсра шаҟа ргәы рнархьыз. Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус? «Моисеии егьырҭ аԥааимбарцәеи ирыҩуаз инаркны иара изкны Аҩыра ианыз зегь иаанагоз рзеиҭеиҳәеит». Ишԥарныри уи аҵаҩцәа? Ԥыҭрак ашьҭахь дара еибырҳәон: «Амҩан Аҩыра анҳаилиркаауаз, ҳагәқәа мыҭгәырӷьааӡози?» (Лука 24:15—32).

19 Уи аҽны Иисус апостолцәеи егьырҭ аҵаҩцәеи дрызцәырҵит. Иазгәаҭ уи дара рзы иҟаиҵаз: «Аҩыра ианыз еилыркаарц азы рыхшыҩ ааиртит» (Лука 24:45). Ҳәарада, уи аиқәшәара дара иргәаланаршәеит егьырҭ ахҭысқәа рацәаны, Иисус ус еиԥш иҟаз аусқәа аныҟаиҵоз дареи егьырҭ изыӡырҩуази рзы. Лассы-лассы еицырдыруаз Аҩыра ҭыԥқәа анааигоз, иара урҭ убас еиҭеиҳәон, изыӡырҩуаз рыгәқәа ҭәыртә зеиԥшыҟам ак ала — иҿыцу, еиҳа иҵаулоу Анцәа Иажәа аилкаарала.

20, 21. Ишԥадеилиркааи Иисус Иегова ибылуаз ачықь аҟынтә Моисеи иеиҳәаз?

20 Зны Иисус гәыԥҩык асаддукеицәа драцәажәон. Аиудаизм аҿы уи асекта аиудеиатәи аԥшьара иадҳәалан, насгьы урҭ аԥсҭалара агәра ргомызт. Иисус урҭ асаддукеицәа иреиҳәеит: «Аԥсҭалара иазкны иаҳҳәозар, шәамыԥхьаӡаци Анцәа ишиҳәаз „Сара Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа соуп“ ҳәа? Иара зыԥсы ҭам Рынцәа иакәӡам, зыԥсы ҭоу Рынцәа иоуп» (Матфеи 22:31, 32). Уи ацыԥҵәаха дара ибзианы ирдыруан; уи асаддукеицәа пату зқәырҵоз Моисеи иакәын изыҩхьаз. Иазгәоуҭама уара Иисус иааигаз ашьақәырӷәӷәага?

21 Иегова Моисеи диацәажәон ибылуаз ачықь аҟынтә 1514 шықәса ҳ. ҟ. раҟара раан (Ақәҵымҭа 3:2, 6). Уи аамҭазы Авраам дыԥсиижьҭеи 329 шықәса ҵхьан, Исаак дыԥсиижьҭеи 224 шықәса, Иаков дыԥсиижьҭеи 197 шықәса. Аха Иегова аханатә еиԥш урҭ Рынцәа ҳәа ихы иазиҳәон. Асаддукеицәа ирдыруан Иегова — ари амифтә аҳраҿы напхгара зуа аԥсцәа амурҭаҭтә рынцәахәы шиакәмыз. Иисус ишиҳәаз еиԥш, иара «Зыԥсы ҭоу Рынцәа иоуп». Иаанагозеи уи? Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа рыгәра угартә иҟоуп. Иара идеилиркааит: «Иара изы урҭ зегьы рыԥсы ҭоуп» (Лука 20:38). Иегова бзиа иибоз иԥсхьоу имаҵзуҩцәа ишәарҭадароу аҭыԥ аҿы иҟоуп — ҳәаа змам, инаӡоу Анцәа игәалашәараҿы. Урҭ имаҵзуҩцәа рыԥсы шҭеиҵо иазку Иегова иқәыргәыӷра убриаҟара уақәгәыӷыртә иҟоуп, урҭ уажәнатә рыԥсы ҭоушәа ҳхәыцлар ҳалшоит (Римаа 4:16, 17). Ҳамыргәырӷьаӡои абас еиԥш иҟоу Анцәа Иажәа аилкаара? Иџьашьатәӡам «Иисус дышцәажәоз даараӡа иџьаршьеит» ҳәа ахьану! (Матфеи 22:33).

22, 23. а) Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра Анцәа Иажәа ауаа реилыркаараҿы? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи ахаҿы?

22 Иахьа ақьырсианцәа Иисус иҿыԥшуеит Анцәа Иажәа ауаа деилыркаараҿы. Ҳәарада, ҳара инаӡоу ахшыҩ ҳамаӡам. Ус шакәугьы, ауаа ирдыруа абиблиатә жәеинраалақәа ҳанырзаԥхьо, насгьы иандеилҳаркаауа, ҳара урҭ Аҩыра ҭыԥқәа ҿыц ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит. Шаҟантә ирҳәахьази урҭ ауаа «ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ», ма «иааиааит Уаҳра» ҳәа, убри аамҭазы Анцәа ихьӡ, насгьы Аҳра закәу рзымдырӡакәа (Матфеи 6:9, 10). Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи имариоу, еилыкка иҟоу абиблиатә ҵабырг ауаа рзеиҭаҳәара алшара ахьҳамоу!

23 Анцәа Иажәа аҟынтә ацитатақәа раагара, ахьчара, уи деилыркаара — абри ауп аҵабырг ауаа рзеиҭаҳәаразы Иисус иҿыԥшраҿы цаԥхас иҟоу. Шәааи уажәшьҭа еилҳаргап Иисус изыӡырҩуаз рыгәқәа рҟынӡа ажәабжь неигарц азы ихы иаирхәоз арҵаразы иҟоу знеишьақәак.

a Актәи ашәышықәсазы инхоз зыԥҳәыс илылҵны иҟаз аҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави иҳәон аилыҵразы азин шыҟоу «иарбанзаалак мзызк иахырҟьаны (аԥсҭазаараҿы урҭ амзызқәа рацәахар ҟалон)».