Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ЖӘЕИЗА

«Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт»

«Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт»

1, 2. а) Избан Иисус икразы ирышьҭыз амаҵуҩцәа ирыдырҵаз адҵа зынармыгӡаз? б) Избан Иисус зеиԥшыҟам рҵаҩны дзыҟаз?

 АФАРИСЕИЦӘА рыԥсахы еибакны иҟоуп. Иисус ауахәамаҿы Иаб изкны идирҵоит. Ауаа Иисус иажәақәа еиԥшӡамкәа ирыдыркылоит: шьоукы игәра ргоит, даҽа шьоукы дыркырц ишьҭоуп. Адиннапхгаҩцәа уаҳа анырзымычҳа, рмаҵуҩцәа рышьҭуеит Иисус иаагаразы. Аха дара аӡәгьы даамгаӡакәа игьежьуеит. Хадара зуаз аԥшьаҩцәеи афарисеицәеи аилыркаара иаҳәоит: «Дзаашәымгеи?» Амаҵуҩцәа аҭак ҟарҵеит: «Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт». Иисус ишыдирҵоз дара убриаҟара иџьаршьеит, иҭакразы икра рзымгәаӷьит a (Иоанн 7:45, 46).

2 Иисус ишыдирҵоз џьазшьауаз амаҵуҩцәа мацара ракәмызт. Иисус иахь аӡәырҩы ауаа неиуан изыӡырҩырц азы (Марк 3:7, 9; 4:1; Лука 5:1—3). Избан Иисус абас еиԥш еицырдыруа рҵаҩны дзыҟаз? Аабатәи ахы аҟынтә ишеилаҳкааз ала Иисус бзиа ибон идирҵоз аиаша, насгьы ауаа рхаҭагьы бзиа ибон. Уи адагьы иара зеиԥшыҟам арҵаратә ҟазара илан. Шәааи еилҳаргап урҭ рҟынтә хԥа, насгьы ҳазхәыцып Иисус ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

Имарианы идырҵауа

3, 4. а) Избан Иисус ауаа ианыдирҵоз имариаз ажәақәа ихы изаирхәоз? б) Ишԥаҳнарбо ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә Иисус имарианы ишыдирҵоз?

3 Ухаҿы иааг шаҟа аҿаԥыц бзиа иҿаз Иисус! Ус шакәызгьы, иара ахаангьы ихы иаирхәомызт иуадаҩыз ажәақәа, избанзар изыӡырҩуаз аӡәырҩы аҵара ду змамыз уаан (Аусқәа 4:13). Ауаа ианыдирҵоз дара рылшарақәа дрызхәыцуан, насгьы зеилкаара рылымшоз адыррақәа риҭомызт (Иоанн 16:12). Иара иажәақәа мариан, аха иҵаулаз аҵабырг деилнаркаауан.

4 Ҿырԥштәыс иааҳгап Матфеи 5:3—7:27 рҿы иану ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә. Уи ажәабжьҳәараҿы ириҭаз амҩақәҵарақәа дызлацәажәоз азҵаарақәа рҵакы уеилдыркаауан. Уаҟа иуԥылом иуадаҩу алкаақәа, насгьы зеилкаара цәгьоу ажәақәа. Иара убас уаҟа иҟам ахәыҷыҵәҟьа изеилымкаауа ажәақәа! Иџьашьатәӡам Иисус ацәажәара даналга — иҟалап уа иҟазҭгьы адгьылқәаарыхыҩцәа, ахьчацәа, аԥсыӡкыҩцәа — «ажәлар идирҵоз шыдирҵоз иаршанханы игылан» ҳәа иану ажәақәа (Матфеи 7:28).

5. Иаага Иисус иажәақәа рҿырԥштәқәа, иара ииҳәоз шымариазгьы аҵакы ӷәӷәа шрымаз узырбо.

5 Иисус дцәажәон еилыкка иҟаз ироуцәамыз ажәақәа рыла, аха ииҳәоз еснагь аҵакы ӷәӷәа аман. Ашәҟәқәа анырымкьыԥхьуаз усҟантәи аамҭақәа раан, Иисус уи ицхраауан ихадоу аҵабырг аӡырҩцәа ргәаҟынӡа анагара. Абар ҿырԥштәқәак: «Шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара, усҟан Анцәагьы дшәықәыӡбаӡом»; «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп»; «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп»; «Ацезарь иитәу ацезарь ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа»; «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» b (Матфеи 7:1; 9:12; 26:41; Марк 12:17; Аусқәа 20:35). Арҭ ажәақәа 2 000-ҟа шықәса раԥхьа иҳәан, аха иахьагьы урҭ ргәынкылара мариоуп.

6, 7. а) Избан ирмарианы арҵаразы еилыкка иҟоу ажәақәа рыла изцәажәалатәу? б) Иҟаҵатәузеи Абиблиа зҳарҵо мыцхәы аинформациа идҳамгалаларц азы?

6 Ишԥаҳалшо ауаа ирмарианы дырҵара? Ҭахрақәак иреиуоуп — имариоу, еиҳараҩык ауаа ирзеилкаауа ажәақәа рыла ацәажәара. Анцәа Иажәа аҟынтә ихадоу аҵабырг аилкаара уадаҩӡам. Иегова игәҭакқәа рзааиртуеит гәык-ԥсык ала иҟоу, насгьы ахынраалара злоу ауаа (1 Коринфаа 1:26—28). Анцәа Иажәа аҟынтә аҵабырг ауаа рызнагаразы иаҭахуп еилукаартә иҟоу, иазхәыцны иалху ажәақәа.

Ирмарианы идырҵала

7 Ирмарианы арҵаразы иаҭахым изурҵо ирацәаны аинформациа идгалара. Ауаҩы Абиблиа аниҳарҵо, иахәҭам инарҵаулацәаны аҭҵаара, мамзаргьы иаҭахым иаҳҵо апубликациа ирласӡаны ахысра. Ҳазхысуа аматериал шаҟа ирацәоу акәӡам ихадоу. Арҵара атемп шьақәыргылатәуп изҵо илшарақәеи иҭахрақәеи инарықәыршәаны. Ҳара хықәкыс иҳамоу изҳарҵо ауаа Христос диҵаҩны, насгьы Иегова имаҵзуҩы иакәны дҟаларц иазыҟаҵара ауп. Убри аҟынтә ихадоуп ауаҩы ианиҳарҵо аматериал бзианы еиликаартә изхаша аамҭа азалҳхлар. Убасҟан ауп абиблиатә ҵабырг ауаҩы игәаҟынӡа ианнеиуа, насгьы еиликааз ихы ианаирхәо (Римаа 12:2).

Ҟазарыла азҵаарақәа ықәыргылауа

8, 9. а) Избан Иисус азҵаарақәа зықәиргылоз? б) Ишԥаилшеи Иисус азҵаарақәа ихы иархәаны Пиотр ицхраара, ауахәамазы ашәахтә ашәара иазкны ииашоу алкаа аҟаҵара?

8 Иисус идирҵон ҟазарыла иқәыргылаз азҵаарақәа рыла. Иара азҵаарақәа ихы иаирхәон рацәак аамҭа ақәмырӡкәа ииҳәоз аҵакы андеилыркаатәыз. Избан иара ус зыҟаиҵоз? Зны-зынла иара азҵаарақәа ықәиргылон иҿагылаҩцәа ргәы иҭаҵәҟьаз аилкааразы, насгьы ирҳәо рмоуа иаанхарц азы (Матфеи 21:23—27; 22:41—46). Аха еиҳараӡак Иисус иҭахын иҵаҩцәа ргәазҭеиҵар ргәаанагара аартны ирҳәаларц, насгьы ахәыцшьа дирҵарц. Убри азоуп иара лассы-лассы дызразҵаауаз: «Шәгәы ишԥаанаго?», ма «Агәра бгома уи?» (Матфеи 18:12; Иоанн 11:26). Урҭ реиԥш иҟаз азҵаарақәа Иисус ицхраауан ииҳәоз иҵаҩцәа ргәаҟынӡа анагара. Еилҳаргап ҿырԥштәык.

9 Ҽнак зны ашәахтә ылызхуаз ауаа Пиотр иазҵааит ишәома Иисус ауахәамазы ашәахтә ҳәа c. Пиотр дымхәыцкәа иаразнак иҳәеит: «Ааи». Аамҭак ашьҭахь Иисус уи иеилыркаара далагеит: «Угәы ишԥаанаго, Симон, измырхуада аҳцәа ашәахтәқәа, рыҷкәынцәа ракәу, атәым уаа ракәу?» — «Атәым уаа»,— иҳәеит Пиотр. Анаҩс Иисус иеиҳәеит: «Ус анакәха, аԥацәа ашәахтә ашәара рыхәҭаӡам» (Матфеи 17:24—27). Пиотр, ҳәарада, еиликааит Иисус изҵаарақәа рҵакы, избанзар аҳ иҭаацәара ашәахтә ашәара шрыдмыз идыруан. Иисус идмызт ашәахтә ашәара, избанзар иара жәҩантәи Аҳ ихшаазаҵә иакәын, насгьы ауахәамаҿы иара Иаб имҵахырхәон. Аха иазгәаҭ: уи аӡбахә Пиотр иаразнак иаҳәара аҭыԥан Иисус хаала, насгьы азҵаарақәа ихы иархәаны ииашоу алкаа аҟаҵара дицхрааит, насгьы иҟалап иеилиркаазар ак уҳәаанӡа раԥхьа ибзианы ахәыцра шаҭаху.

Азҵаарақәа анықәургыло уазхәыцла ажәабжь зауҳәо ауаҩы гәҭыхас имоу

10. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәараҿы азҵаарақәа алҵшәа ааргалартә еиԥш ҳхы иаҳархәалар?

10 Ишԥаҳалшо ҳара ажәабжьҳәараҿы азҵаарақәа алҵшәа ааргалартә еиԥш ҳхы иаҳархәалар? Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәараан азҵаарақәа рыцхыраарала ҳара иҳалшоит ауаа аинтерес рызцәырҵыртә ргәазҭаҵара, убри алагьы Анцәа Иаҳра иазку аицәажәара азхьарԥшра. Иаҳҳәап, зықәрахь инеихьоу ауаҩы даҳԥылазар, ҳара патуқәҵарала ҳиазҵаар ҳалшоит: «Иарбан ԥсахрақәоу шәара шәынхоижьҭеи адунеи аҿы ижәбахьоу?» Ауаҩы аҭак ҟаиҵартә алшара иҭаны, иацаҳҵар ҳалшоит: «Шәгәы ишԥаанаго, иҟаҵатәузеи адунеи аҿы аԥсҭазаара еиӷьхарц азы?» (Матфеи 6:9, 10). Ахәыҷқәа змоу ан ашә аалыртызар, абас ацәажәара ҳалагар ҳалшоит: «Шәазхәыцхьоума зныкыр шәхәыҷқәа ианрызҳалак адунеи зеиԥшрахо?» (Аԥсалом 37:10, 11). Ахатәыҩны, мамзаргьы ауаҭах ашә ҳаназааигәахо агәеилых бзиа ааҳарԥшлар, уи ҳацхраауеит ауаа аинтерес рызцәырызго азҵаара ақәыргылара.

11. Ишԥаҳалшо Абиблиа аныдҳарҵо азҵаарақәа ҳхы иаҳархәалар?

11 Ишԥаҳалшо Абиблиа аныдҳарҵо азҵаарақәа ҳхы иаҳархәалар? Ибзианы еиқәыршәоу азҵаарақәа ҳара иҳацхраауеит Абиблиа зҵо ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи реилкаара (Ажәамаанақәа 20:5). Иаҳҳәап, ҳара еилҳаргоит 43-тәи аурок: «Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа арыжәтә?» ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы» аҿы d. Ари ахаҿы иаҳәоит Иегова дшырзыҟоу иламысдоу аизыҟазаашьақәа, арыжәтә аҽаршьра, насгьы амцҳәара. Изҳарҵо ауаҩы ииашаны аҭак ҟаиҵар илшоит Абиблиа иаҳнарҵо аганахь ала, аха дақәшаҳаҭума еиликааз? Ҳиазҵаар ҳалшоит: «Ишәыԥхьаӡома шәара арҭ Анцәа иҭахрақәа иашоуп ҳәа?», анаҩс: «Ишԥашәылшарыз шәара арҭ абиблиатә принципқәа шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәалар?» Убри аамҭазы изҳарҵо ауаҩы ипату лаҳмырҟәлароуп. Иаԥсам иара длазырҟәыша, мамзаргьы дзырԥхашьаша азҵаарақәа иҭара (Ажәамаанақәа 12:18).

Алогика аҵаҵаны аицәажәара

12—14. а) Иарбан ҭагылазаашьақәаз иҟаз, Иисус алогика аҵаҵаны данцәажәоз? б) Ихы ишԥаирхәеи Иисус агәра узырго ашьақәырӷәӷәарақәа, афарисеицәа иара имч Аҩсҭаа итәызшәа анаадырԥш?

12 Иисус инаӡаз ахшыҩ иман, убри аҟынтә алогика аҵаҵаны ацәажәара дазҟазан. Зны-зынла иара зыгәра угартә иҟаз ашьақәырӷәӷәарақәа ааигон, иҿагылаҩцәа имцыз рҳәамҭақәа ҿаԥиҽырц азы. Аха иара лассы-лассы логикала ацәажәара ихы иаирхәон, иҵаҩцәа аурок хадақәа риҭарц азы. Еилҳаргап ҿырԥштәқәак.

13 Адемон дызхаз, насгьы зыла иамбоз иҿаҳаз ауаҩы Иисус данихәышәтә ашьҭахь, афарисеицәа ирҳәеит: «Ари ауаҩ ауаа адемонцәа злархицо адемонцәа раҳ Веельзевул имчала ауп». Иазгәаҭ: афарисеицәа ақәшаҳаҭын ауаҩы адемонцәа илцаразы ауаҩ имч аасҭа еиҳау амч шаҭаху. Аха дара Иисус имч Аҩсҭаа идырҳәалеит. Дара ршьақәырӷәӷәарақәа мцын, уи адагьы алогика рыҵамызт. Рхәыцшьа шаҟа ииашамыз реилыркааразы Иисус иреиҳәеит: «Аҳҭынраҿы инхо ауаа дара-дара еибашьлар, аҳҭынра еилаҳауеит, ҩнык еицыҩноу еибашьлар, уи аҩнгьы еилаҳауеит. Аҩсҭаа дызхаԥаны дыҟоу ихы рхицозар, ихы даҿагылоит. Нас, еиқәхару иара иаҳра?» (Матфеи 12:22—26). Даҽакала иуҳәозар Иисус иҳәон: «Сара Аҩсҭаа иааишьҭыз сакәзар, убри аамҭазгьы Аҩсҭаа иусқәа хсырбгалозар, уи иаанагоит Аҩсҭаа ихы ԥырхага аиҭоит, насгьы иаарласны дҭахоит ҳәа». Зыгәра угартә иҟоу логикаӡами ари?

14 Иисус анаҩс иажәа иациҵоит. Иара идыруан афарисеицәа рҵаҩцәагьы ауаа адемонцәа шрылырцоз, убри аҟынтә иара имариоу, аха убри аамҭазы дара ҿаԥызҽуаз азҵаара риҭеит: «Сара ауаа адемонцәа злархысцо Веельзевул имчала акәзар, шәара шәҵаҩцәа уи злаҟарҵои?» (Матфеи 12:27). Иисус ишьақәырӷәӷәара даҽакала иаҳҳәар ҳалшоит абас: «Сара Аҩсҭаа имчала ауаа адемонцәа рылысцозар, уи иаанагоит шәара шәҵаҩцәагьы убри амч ауп рхы иадырхәо ҳәа». Иахырҳәаар рылшози уи афарисеицәа? Урҭ ахаангьы иақәшаҳаҭхомызт дара рҵаҩцәа амч рызҭо Аҩсҭаа шиакәу. Убас ала Иисус афарисеицәа ииашамыз рцәажәашьа ихы иархәаны идирбеит дара идырҵаз ахара шыхшыҩдараз. Иаҳгәамԥхаӡои нас ҳара, Иисус ицәажәашьа шышьақәиргылоз атәы ҳанаԥхьо? Уажәшьҭа ухаҿы иааг уи аицәажәара заҳауаз ауаа рцәаныррақәа, избан акәзар Иисус уаҟа иҟазаареи, ицәажәашьеи, ҳәарада, ииҳәоз еиҳагьы амч анаҭон!

15—17. Иаага аҿырԥштәы, Иисус Иаб изкыз угәы шьҭызхуаз аҵабырг ауаа рырҵараҿы аиҿырԥшра шьаҭас измоу апринцип инақәыршәаны ицәажәашьа шеиҿикаауаз узырбо.

15 Иисус иара убас ихы иаирхәон агәра узыргоз алогикатә шьақәырӷәӷәарақәа, Иаб изкыз угәы шьҭызхуаз аҵабырг ауаа рырҵаразы. Изыӡырҩуаз ауаа еицырдыруаз аҵабырг аилкаара роурц азы, лассы-лассы иара ицәажәашьа шьақәиргылон аиҿырԥшра шьаҭас измаз апринцип инақәыршәаны e. Аиҿырԥшра шьаҭас измоу убас еиԥш иҟоу аицәажәара аӡырҩцәа ӷәӷәала ирныруеит. Еилҳаргап ҩ-ҿырԥштәы заҵәык.

16 Иисус иҵаҩцәа рыҳәара аҭак аныҟаиҵоз, Анцәа ишиҳәалатәу дирҵарц азы, дазааҭгылеит инаӡам аҭаацәа шазхиоу дара рыхшара аҳамҭақәа рзыҟаҵара. Анаҩс иара алкаа ҟаиҵеит: «Агәнаҳа шшәылоугьы, шәхәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟаҵара бзиа ижәбозар, нас, жәҩантәи Шәаб иԥшьоу адоуҳа иаҳәо иримҭаӡои?» (Лука 11:1—13). Ишаҳбо еиԥш, Иисус ицәажәашьа аиҿырԥшрақәа рыла ишьақәгылоуп. Инаӡам аҭаацәа рхәыҷқәа рҭахрақәа иреиҷаҳауазар, инаӡоу, насгьы зегь рыла ииашоу жәҩантәи Ҳаб еиҳангьы ириҭоит иԥшьоу идоуҳа изиашоу имаҵзуҩцәа, хынрааларыла уи азы иҳәозар!

17 Убас акәын Иисус ишдеилиркаауаз есыҽнытәи аусқәа ирызку амҩақәҵарақәа анриҭоз. Иара иҳәеит: «Шәрыхәаԥш аҟәраанқәа: дара ак ларҵом, ак ҭаргалом, ацақәагьы рымаӡам, аха Анцәа урҭ акрырҿеиҵоит. Шәара аҵарақәа раасҭа еиҳагьы шәаԥсаӡами? Шәрыхәаԥш ашәҭқәа: дара аџьабаа рбом, амаҭәа рӡахуам... Иахьа иҟоу, аха уаҵәы амца иалажьны ирбылуа ашәҭқәа Анцәа абас еилеиҳәозар, шәара еиҳагьы еиӷьны шәеилеимҳәаӡои, ахаҵара ззымхо шәара?» (Лука 12:24, 27, 28). Ииашаҵәҟьаны Иегова аԥсаатәқәеи ашәҭқәеи дреиҷаҳауазар, заҟа еиҳаны дрыхӡыӡаауазеи бзиа дызбо изиашоу имаҵзуҩцәа! Абас еиԥш иҟаз Иисус ицәажәарақәа, ҳәарада, изыӡырҩуаз ргәаҟынӡа инеиуан.

18, 19. Ҳиацәажәар шԥаҳалшо ҳара Анцәа игәра згом, избанзар дызбаӡом ҳәа зҳәо ауаҩы?

18 Ажәабжьҳәараҿы ҳара иаҳҭахуп иҿаԥаҳҽлар имцу агәаанагарақәа, еилыкка, насгьы логикала еиҿартәу аицәажәарақәа рыла. Иара убас ҳара иаҳҭахуп ахшыҩ зҵоу ашьақәырӷәӷәарақәа ҳхы иаҳархәаларц, Иегова изку угәы шьҭызхуа аҵабырг ауаа дырҵаразы (Аусқәа 19:8; 28:23, 24). Ҳхы иаҳархәалароума ҳара иуадаҩу ацәажәашьа? Ҳәарада, мап. Иисус иҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш, еиҳарак алҵшәа ааргоит имариоу алогика зҵоу ашьақәырӷәӷәарақәа.

19 Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара Анцәа игәра згом, избанзар дызбаӡом ҳәа зҳәо ауаҩы? Ҳаицәажәара шьақәҳаргылар ҳалшоит апринцип «амзыз — ахылҿиаа» ала. Ҳара иаҳбозар ахылҿиаа, усҟан еилаҳкаауеит амзыз шыҟазар акәу. Иаҳҳәар ҳалшоит абас: «Ацәҳәыраҿы ижәбар акыр иузхаша афатә ҵәахны иахьыҟоу аҩн бзиа (ахылҿиаа), ишәцәыцәгьахозма агәра агара аӡәы (амзыз) уи ширгылаз, насгьы уи дшахылаԥшуа? Ҳара ианаҳбо ахшыҩ зҵоу агәҭакы ала ишоу аԥсабара, иара убас Адгьыл фатәы рацәала иҭәу (ахылҿиаа) ишьақәнамырӷәӷәаӡои уи Аӡәы (Амзыз) ҳдунеи шишаз, насгьы уи дшахылаԥшуа? Абар ари азхәыцра Абиблиаҿы ишану: „Иарбан ҩнызаалак аргылаҩ дамоуп, аха зегь зыргылаз Анцәа иоуп» (Ауриацәа 3:4). Ҳшьақәырӷәӷәарақәа егьа иӷәӷәазаргьы, ауаа зегь агәра дыргара ҳалшаӡом (2 Фессалоникаа 3:2).

Ауаҩы уаниацәажәо уҽазышәала иуҳәо игәаҟынӡа анагара

20, 21. а) Ишԥаҳалшо ҳаицәажәара шьақәҳаргылар аиҿырԥшра шьаҭас измоу апринцип ала, изҳарҵо ауаҩы Иегова иҟазшьақәеи имҩақәеи дрызхьаҳарԥшырц азы? б) Изызкузеи анаҩстәи ахы?

20 Ажәабжьҳәараҿы, мамзаргьы аизараҿы егьырҭ ианыдҳарҵо, ҳара ҳаицәажәара шьақәҳаргылоит аиҿырԥшра шьаҭас измоу апринцип ала, изҳарҵо ауаҩы Иегова иҟазшьақәеи имҩақәеи дрызхьаҳарԥшырц азы. Иаҳҳәап, амца ахьеилашуа џьаҳаным иазку арҵара Иегова шаҟа дарԥхашьо иеилҳаркаарц азы, ауаҩы ҳиазҵаар ҳалшоит: «Илшома абзиабара злоу Аб ихәыҷы инапқәа амца ахакра, иҟаиҵаз дахьирхәырц азы? Абзиабара злоу жәҩантәи Ҳаб иакәзар, уи еиҳагьы ицәымӷуп амца ахьеилашуа џьаҳаным иазку азхәыцрақәа!» (Иеремиа 7:31). Ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауаҩы игәы ҳарҭынчырц, насгьы Иегова бзиа дшибо еилҳаркаарц ҳҭахызар, ҳара иаҳҳәар ҳалшоит: «Иегова абаӷыр хәыҷгьы деиҷаҳауазар, шаҟа еиҳаны бзиа дибозеи, насгьы диеиҷаҳауазеи адгьыл аҿы иҟоу дарбанзаалак имаҵзуҩы, уаргьы уахь уналаҵаны!» (Матфеи 10:29—31). Убас еиԥш иҟоу ацәажәарақәа ҳацхраауеит иаҳҳәо ауаа ргәаҟынӡа анагара.

21 Иисус ихы иаирхәоз х-рҵагатә знеишьак анеилҳарга ашьҭахь, ҳара еилаҳкааит иара икразы инеиз амаҵуҩцәа ак шацрымҵаз, ианырҳәоз: «Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт». Анаҩстәи ахаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус зегь реиҳа еицырдыруаз ирҵаратә знеишьа — алабҿабатә ҿырԥштәқәа.

a Иҟалап амаҵуҩцәа Асинедрион аҿы амаҵ руазҭгьы, насгьы хадара зуаз аԥшьаҩцәа рнапаҵаҟа иҟазҭгьы.

b Аусқәа 20:35 аҿы иану аҵыхәтәантәи аҳәамҭа апостол Павел заҵәык иоуп иаазго. Иҟалап арҭ ажәақәа иара аҵаҩцәа рҟынтә аӡәы иеиҳәазар, ма зыԥсы ҭалаз Иисус иҟынтә иаҳазар, мамзаргьы Павел Анцәа идоуҳала изаатызар.

c Аиудеицәа есышықәса ауахәамазы ҩ-драхмак ашәахтә ршәалар акәын, уи ҩымш рыла ауаҩы ирҳауаз ԥаран. Еилыркаагатә усумҭак аҿы иануп: «Уи ашәахтә зегь раԥхьа иргыланы рхы иадырхәон есыҽны инаргоз амҭа иадҳәалаз ахарџь ахҩаразы, иара убас ажәлар зегь рзы инаргоз амҭагьы уахь иналаҵаны».

d Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит.

e Ари аицәажәара ахкы алаҭын ажәа «афортиори» ҳәа зны-зынла иашьҭоуп, уи иаанагоит «шьаҭанкыла, еиҳа ишьақәырӷәӷәаны».