Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ЖӘАҨА

«Аҿырԥштәқәа аамгаӡакәа ауаа драцәажәаӡомызт»

«Аҿырԥштәқәа аамгаӡакәа ауаа драцәажәаӡомызт»

1—3. а) Иарбан лшароу ирымаз Иисус иҵаҩцәа, насгьы дышԥарыцхраауаз иара идирҵоз агәынкылара? б) Избан ибзиоу алабҿабатә ҿырԥштәқәа ргәынкылара зымариоу?

 ИИСУС иааигәа иҟаз ауаа ирыман зеиԥшыҟам алшара — зегь иреиҳаз Арҵаҩы иҿы аҵара. Иара иҵаҩцәа ираҳауан ауаа Анцәа Иажәа шдеилиркаауаз, насгьы угәы шьҭызхуаз аҵабырг шыдирҵоз. Аха макьана иара иажәақәа ргәаҿы ирҵәахлар акәын, избанзар урҭ ажәақәа рҭаҩразы аамҭа мааицызт a. Аха Иисус иҵаҩцәа дрыцхраауан ироуаз амҩақәҵарақәа гәныркылаларц. Ишԥа? Анцәа изку аҵабырг рызнагашьа ала. Еиҳараӡак иара аҟазара иман лабҿабатәи аҿырԥштәқәа раагараҿы.

2 Аҵак ду змоу лабҿабатәи аҿырԥштәқәа ухаҿы ибзианы иаанхоит. Библиаҭҵааҩык ишазгәеиҭаз еиԥш, ус еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа «алымҳақәа алақәа ракәны иҟарҵоит, насгьы аӡырҩцәа сахьала ахәыцра ргәазҭанаҵоит рыхшыҩ алархәны». Лассы-лассы ҳара иаҳзымариоуп ахаҿсахьақәа ҳхаҿы иааганы ахәыцра, убри аҟынтә лабҿабатәи аҿырԥштәқәа ҳацхраауеит иҵаулоу ахәыцрақәа реилкаара. Ус еиԥш иҟоу аҿырԥштәы ажәақәа аԥсы ахарҵоит, насгьы акыраамҭа ҳхаҿы иаанхо аурок ҳнаҭоит.

3 Дарбанзаалак арҵаҩы лабҿабатәи аҿырԥштәқәа рыла рырҵараҿы Иисус иҟазара дзацлабуам. Иахьагьы, абриаҟара шықәса шыҵхьоугьы, иара иҿырԥштәқәеи иажәамаанақәеи ргәынкылара мариоуп. Избан Иисус абас еиԥш иҟаз арҵаратә методқәа лассы-лассы ихы изаирхәоз? Избан иара иҿырԥштәқәа абриаҟара амч зрымаз? Ишԥаҳалшо ҳара иаҳҵар убас еиԥш иҟоу арҵаратә метод ахархәашьа?

Иисус алабҿабатә ҿырԥштәқәа рыла изыдирҵоз

4, 5. Иарбан хықәку имаз Иисус, алабҿабатә ҿырԥштәқәа ихы ианаирхәоз?

4 Абиблиаҿы иаагоуп ҩ-мзыз хадак Иисус алабҿабатә ҿырԥштәқәа ихы изаирхәоз ҳзырбо. Акы, уи ала иара аԥааимбаражәа наигӡон. Матфеи 13:34, 35 аҟны иануп: «Абри зегьы Иисус аҿырԥштәқәа ааганы ауп ишырзеиҭеиҳәоз. Аҿырԥштәқәа аамгаӡакәа ауаа драцәажәаӡомызт. Убас инаӡеит аԥааимбар ила иҳәаз абарҭ ажәақәа: „Сара аҿырԥштәқәа ааганы сцәажәалоит. Адунеи анышьақәыргылаз инаркны иҵәахыз еиҭасҳәалоит“». Матфеи зыӡбахә иҳәоз аԥааимбар Аԥсалом 78:2 иану ажәақәа зҩыз иоуп. Аԥсаломшәаҳәаҩ арҭ аԥааимбаражәақәа иҩит Анцәа идоуҳа ацхыраарала Иисус диаанӡа ашәышықәсақәа шыбжьаз. Ус анакәха, ашәышықәсақәа раԥхьа Иегова иӡбахьан Иисус алабҿабатә ҿырԥштәқәа рыла ишыдирҵало. Зегь рыла иубарҭоуп Иегова ари арҵаратә метод алҵшәа аазго акәны ишиԥхьаӡо.

5 Ҩбагьы, Иисус ихаҭа излеиҳәаз ала, алабҿабатә ҿырԥштәқәа иара ицхраауан згәаҵәа жәпаз ауаа егьырҭ рҟынтә ралхра (Матфеи 13:10—15; Исаиа 6:9, 10). Ишԥаицхраауаз иааигоз аҿырԥштәқәа ауаа ргәы иҭаз аилкаара? Изныкымкәа иара дазыԥшын аӡырҩцәа рхала иҳәоит ҳәа дара ирзеиҭеиҳәаз деилиркаарц. Ахынраалара змаз ауаа убасҵәҟьа ҟарҵон, аха иԥагьаз, насгьы зегь ззеиԥшыз ауаа урҭ аҿырԥштәқәа рҵакы аилкаарагьы рҭахымызт (Матфеи 13:36; Марк 4:34). Иисус илабҿабатә ҿырԥштәқәа аҵабырг рзаанартуан аилкаара згәы азыҳәоз ауаа, аха убри аамҭазы иԥагьаз, насгьы зхы ҳаразкуаз ирзаанартуамызт.

6. Иарбан хықәкқәоу инарыгӡоз Иисус иааигоз алабҿабатә ҿырԥштәқәа?

6 Иисус илабҿабатә ҿырԥштәқәа егьырҭ ихадаз даҽа хықәкқәакгьы рыман. Урҭ аҿырԥштәқәа ауаа аинтерес рызцәырыргон, насгьы аӡырҩра ргәазҭанаҵон. Иара иааигоз аҿырԥштәқәа изыӡырҩуаз рыхшыҩ аҿы ирызцәырнагон ԥштәы рацәала иҟаз, аԥсы зхаз асахьақәа, уи абзоурала дара ииҳәаз аҵакы марианы еилыркаауан. Хыхь ишҳәаз еиԥш, урҭ аҿырԥштәқәа рыцхраауан Иисус иажәақәа ргәынкылара. Матфеи 5:3—7:27 аҿы иану Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәаҳә аҿы аҿырԥштәқәа рацәаны иааигоит. Шьоукы изларыԥхьаӡаз ала, уи ажәахә аҿы 50 раҟара исахьарку ажәақәа аагоуп. Иазгәаҭатәуп уи ажәахә уаԥхьар шулшо 20-ҟа минуҭ рыла. Ус анакәха, бжьаратәла ес 20 секунд исахьарку ажәақәа аагоуп! Излаҳбо ала, Иисус еиликаауан шаҟа ихадаз аӡырҩцәа рхәыцшьа ахархәара.

7. Избан Иисус иҿаҳҵаар зҳахәҭоу алабҿабатә ҿырԥштәқәа раагашьа?

7 Христос ишьҭанеицәа реиԥш, ҳара иаҳҭахуп убас еиԥш иҟоу арҵаратә методқәа рхархәара, алабҿабатә ҿырԥштәқәагьы уахь иналаҵаны. Аххыла афатә агьама шеиӷьнатәуа еиԥш, ианаало аҿырԥштәқәа ҳацхраауеит аматериал еиҳа аинтерес аҵаҵаны аарԥшра. Уи адагьы, ибзиан изызхәыцу аҿырԥштәқәа ихадоу аҵабырг аилкаара иацхраауеит. Уааи еилаҳкаап Иисус иҿырԥштәқәа алҵшәа бзиа ахьааргоз зыбзоураз, насгьы еилҳаргап уи арҵагатә метод ахархәашьа ҳҵар шҳалшо.

Имариоу аиҿырԥшрақәа ихы иархәаны

Ишԥааирԥши Иисус Анцәа ҳара дышҳаиҷаҳауа аҵарақәеи ашәҭқәеи рҿырԥштәы ала?

8, 9. Ихы ишԥаирхәоз Иисус имариаз аиҿырԥшрақәа, насгьы избан урҭ алҵшәа бзиа зааргоз?

8 Иисус егьырҭ рырҵараан лассы-лассы ихы иаирхәон имариоу, еилыкка иҟоу аиҿырԥшрақәа, урҭ жәақәак рыла акәын ишышьақәгылаз. Иара ирмарианы дцәажәон, аха ииҳәоз ауаа рхаҿы еилыкка иҟоу асахьақәа рызцәырнагон, насгьы иаразнак ихьанарԥшуан ихадоу адоуҳатә ҵабыргқәа рҵакахьы. Иаҳҳәап, аҵаҩцәа ирымаз аҭахрақәа хьаас иҟарымҵарц ргәаназҭеиҵоз, Иисус ҿырԥштәыс иааигеит «аҵарақәа», насгьы «ашәҭқәа». Аҵарақәа лаҵом иҭагалом, ашәҭқәагьы аџьабаа рбом, ихахом. Аха Анцәа урҭ дырхылаԥшуеит. Иажәақәа рҵакы аилкаара мариоуп: Анцәа аԥсаатәқәеи ашәҭқәеи дреиҷаҳауазар, ҳәарада, иара дреиҷаҳауеит зыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра зегь расҭа ихадоу (Матфеи 6:26, 28—33).

9 Иисус лассы-лассы ихы иаирхәон еиҳагьы алҵшәа аазгоз азнеишьа — аметафора. Аметафора иунаҭоит алшара маҭәарк иамоу аҷыдарақәа даҽа маҭәарк ахь аиагара. Араҟагьы Иисус иааигаз аиҿырԥшрақәа даара имариан. Ҽнак зны иара иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәара адунеи азы шәлашароуп». Иисус иҵаҩцәа ибзианы еилыркаауан уи аметафора аҵакы: дара ражәақәеи русқәеи рыла адоуҳатә ҵабырг алашара ауаа ирызнаргалар акәын, насгьы Анцәа ирҳаракра ргәазҭарҵалар акәын (Матфеи 5:14—16). Абар Иисус иааигаз егьырҭ аметафорақәа: «Шәара адунеи азы аџьыкахыш шәаҩызоуп», насгьы «Сара сӡахәоуп, шәара шәмахәҭақәоуп» (Матфеи 5:13; Иоанн 15:5). Арҭ исахьарку ажәақәа алҵшәа ааргон, избанзар дара кьаҿын, насгьы имариан.

10. Иаарԥшы аҿырԥштәқәа рыла арҵараҿы исахьарку ажәақәа рхархәара шҳалшо.

10 Ишԥаҳалшо алабҿабатә ҿырԥштәқәа арҵараҿы ҳхы иаҳархәалар? Иаҭахым идуу, насгьы зеилкаара цәгьоу ажәабжьқәа реиҭаҳәара. Уҽазышәа имариоу аиҿырԥшрақәа рхархәашьа аҵара. Ухаҿы иааг: ауаҩы аԥсҭалара иазку атема ицеилургоит, насгьы уи иурбар ауп Иегова зынӡагьы ишицәыцәгьам ауаҩы иԥсҭаҵара. Иарбан еиҿырԥшроу ухахьы иааиуа? Абиблиаҿы аԥсра ацәара иаҿырԥшуп. Уара иуҳәар улшоит: «Анцәа изы ауаҩы иԥсы аҭаҵара убриаҟара имариоуп, ҳара аӡәы иаарԥшра шаҳзымариоу еиԥш» (Иоанн 11:11—14). Иарбан еиҿырԥшроу уара иҟауҵо, ауаҩы иеилуркаар акәзар ахәыҷы ишақәнагоу иааӡаразы абзиабареи азҿлымҳареи шиҭаху? Абиблиаҿы ахәыҷқәа «амахә ҟатақәа» ирҿырԥшуп (Аԥсалом 128:3). Иаҳҳәар ҳалшоит абас: «Ахәыҷы изы абзиабареи азҿлымҳареи — аҵла амреи аӡи шаҭаху иаҩызоуп». Аиҿырԥшра мариазар, аӡырҩцәа уадаҩрада еилыркаауеит иҳәаз аҵакы.

Есыҽнытәи аԥсҭазаара аҟынтә аҿырԥштәқәа

11. Ишԥааирԥшуаз Иисус ауаа ианыдирҵоз данхәыҷыз Галилеиа ианизҳауаз иибоз?

11 Иисус имаҷымкәа алабҿабатә ҿырԥштәқәа аԥсҭазаара аҟынтә иааигон. Иара иажәақәа лассы-лассы ирныԥшуан Галилеиа ианизҳауаз данхәыҷыз иибоз. Шаҟантә ибахьази иара иан ачарыц шыллагоз, амажәа арҵәыга шалҭоз, акәаҷаб шалыркуаз, насгьы аҩны шылыԥссоз! (Матфеи 13:33; 24:41; Лука 15:8). Шаҟа лассы-лассы дрыхәаԥшуази иара Галилеиатәи амшын ахь акаҭа ҭазыршәуаз аԥсыӡкыҩцәа! (Матфеи 13:47). Шаҟантә ибахьази Иисус аџьармыкьа адәаҿы ахәыҷқәа шыхәмаруаз! (Матфеи 11:16). Иара илабҿабатә ҿырԥштәқәа рҿы иара убас ирнубаалон аԥсҭазаара аҟынтә иаагаз егьырҭ асахьақәа, иаҳҳәап: ажәла каԥсара, игәырӷьахәу ачарақәа, насгьы амра зқәыԥхоз амхурсҭақәа (Матфеи 13:3—8; 25:1—12; Марк 4:26—29).

12, 13. Избан изалкаатәу Иисус иқьиоу самариатәи ахаҵа изкыз ажәамаана анеиҭеиҳәоз, Иерусалимынтәи Иерихонҟа амҩа аӡбахә дахьалацәажәаз?

12 Иисус илабҿабатә ҿырԥштәқәа ззикуаз ауаа ибзианы ирдыруаз ахҭысқәа ракәын. Абар иара дшалагаз иқьиоу самариатәи ахаҵа изкыз ажәамаана: «Хаҵак Иерусалимынтәи Иерихонҟа данылбаауаз, ақәылаҩцәа иқәлан ддырҳәит. Нас иԥсы мцо-имаауа дрыпҟан, дкажьны ицеит» (Лука 10:30). Иисус ус баша даламцәажәеит Иерусалимынтәи Иерихонҟа амҩа. Иара уи ажәамаана еиҭеиҳәеит Иудеиа даныҟаз, Иерусалим азааигәара, ус анакәха иара изыӡырҩуаз ибзианы ирдыруан иарбан мҩоу зыӡбахә иҳәоз. Зегьы ибзианы ирдыруан уи амҩа шшәарҭаз, еиҳараӡак зхала иҟаз аныҟәаҩцәа рзы. Уи амҩа ауаа ахьыҟамыз аҭыԥ иалганы иган, убри аҟынтә абрагьцәа ирзымариан уаҟа аҽыҵәахра.

13 Иисус иара убас дазааҭгылоит Иерусалимынтә Иерихонҟа амҩа иадҳәалаз усҟантәи аамҭазы зегьы ирдыруаз даҽа ҭагылазаашьак. Ажәамаана инақәыршәаны уи амҩала дцон аԥшьаҩы, уи инаҩс алевитгьы, аха урҭ рҟынтә аӡәгьы даанымгылеит ихәыз аныҟәаҩы ицхрааразы (Лука 10:31, 32). Аԥшьаҩцәа Иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы амаҵ руан, алевитцәагьы урҭ ирыцхраауан. Аӡәырҩы аԥшьаҩцәеи алевитцәеи аныҳәарҭаҿы ирыдыз адҵа аҟынтә рхы ианақәиҭыз урҭ Иерихон инхон, уантәи Иерусалимынӡа 23 километра ракәын ибжьаз. Ус анакәха, дара уи амҩала имҩасуан. Иазгәаҭ иара убас, Иисус иажәақәа рыла аныҟәаҩ дылбаауан , аха дхаломызт Иерусалимынтәи. Ауаа иара иажәақәа бзианы еилыркаауан. Иерусалим шьҭан Иерихон аҩадахьы, убри аҟынтә аныҟәаҩы Иерусалим даналҵуаз, даҽакала иуҳәозар, дылбаар акәын b. Ишаҳбо еиԥш, Иисус изыӡырҩуаз ауаа ибзианы ирдыруаз акәын дызлацәажәоз.

14. Иаанагозеи аӡырҩцәа рызхәыцра, урҭ рзы алабҿабатә ҿырԥштәы аналҳхуа?

14 Ҳаргьы убас лабҿабатәи аҿырԥштәы ааҳгар анаҳҭаху, иаҳзыӡырҩуа ҳрызхәыцлароуп. Ҳзызхәыцлар акәзеи, ианаало аҿырԥштәы аналаҳхуа? Ибзиоуп ҳазааҭгылар ауаа рықәра, рҵаси рқьабзи, рҭаацәаратә ҭагылазаашьа, насгьы рнапы злаку аус. Убас ала, адгьылқәаарыхра иамоу аҷыдарақәа ирызку аҿырԥштәы иҟалап ақалақь аҿы аасҭа ақыҭараҿы еиҳа ианаалар. Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит есыҽнытәи аԥсҭазаара аҟынтә аусқәа: ахәыҷқәа рааӡара, аҩнтәи аусқәа, афатә аҟаҵара, мамзаргьы аԥсшьара.

Ашамҭақәа ирызхьарԥшуа

15. Избан изџьашьатәым Иисус Иегова ишамҭақәа ирызкны абас ирацәаны иахьидыруаз?

15 Иисус иааигоз алабҿабатә ҿырԥштәқәа иаадырԥшуан иара имаҷымкәа ишидыруаз аԥсабара атәы, аҵиааи аԥстәи рдунеи аӡбахә, иара убас амш аҷыдарақәа ирызкны (Матфеи 16:2, 3; Лука 12:24, 27). Иабантәааигоз иара урҭ адыррақәа? Иара данқәыԥшыз, Галилеиа даныҟаз ҳәарада, лассы-лассы аԥсабара дацклаԥшуан. Уи инеиҳангьы, Иисус «зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз иоуп», насгьы Иегова зегьы анишоз, иара «зус бзиаӡаны издыруа ҟазаны» дыҟан (Колоссаа 1:15, 16; Ажәамаанақәа 8:30, 31). Иџьашьатәума нас Иисус Иегова ишамҭақәа ирызкны абас ирацәаны иахьидыруаз? Ҳахәаԥшып шаҟа ҟазарыла урҭ адыррақәа ихы иаирхәоз.

16, 17. а) Иҳаилзыркаауазеи Иисус ауасақәа рхымҩаԥгашьа аҷыдарақәа шидыруаз? б) Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо ауасақәа ииашаҵәҟьаны рыхьча ибжьы шырдыруа?

16 Иугәаларшәа Иисус «сара сыхьча бзиоуп» ҳәа шиҳәоз, насгьы ишьҭанеицәа «ауасақәа» ҳәа шырзиҳәоз. Иажәақәа рыла иубарҭоуп иара ибзианы ишидыруаз ауасақәа рхымҩаԥгашьа иамаз аҷыдарақәа. Иара идыруан ахьча иуасақәеи иареи иааигәоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьаз. Иисус ибон урҭ угәра згоз ауасақәа, ирҭахны ахьча инапхгара ишазыӡырҩуаз, насгьы ахьча изиашаны ишишьҭанеиуаз. Избан ауасақәа ахьча ишьҭаланы изцо? «Избанзар ибжьы рдыруеит»,— иҳәоит Иисус (Иоанн 10:2—4, 11). Аха ирдыруама ииашаҵәҟьаны ауасақәа рыхьча ибжьы?

17 Џьорџь Смит ишәҟәы «Историческая география Святой земли» аҿы еиҭеиҳәоит иблала иибаз: «Ҽынла ҳара зны-зынла аиудеицәа рҵеџьқәа рааигәара ҳаангылон, уаҟа хҩык-ԥшьҩык ахьшьцәа ргәарҭа рыманы инеиуан. Ауасақәа зегь еилалон, убри аҟынтә ҳара ҳхахьы иаҳзаагомызт ахьшьцәа урҭ реилыхшьас ироуаз. Аха агәарҭа рызхара аӡы аныржәлак, ианыхәмарлак ашьҭахь, ахьшьцәа доусу рымҩахь игьежьуан, насгьы ак иаламҩашьоз рыбжьы дыргон. Убасҟан ауасақәа рхала еилыҵны рыхьча иахь рхы дырхон, еишьҭагыланы ишааз еиԥш ицон» (The Historical Geography of the Holy Land). Иисус уи еиӷьыз аҿырԥштәы изыԥшаарымызт изыӡырҩуаз ауаа рҟынӡа анагаразы ихадоу азхәыцра: ирҵарақәа ҳадаҳкылозар, насгьы ҳрықәныҟәозар, иара убас инапхгара ҳазыӡырҩуазар, хымԥада иаҳныруеит ахьча бзиа ибзиабара.

18. Еилаҳкаар шԥаҳалшо Иегова ишамҭақәа рыӡбахә?

18 Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Иегова ишамҭақәа алабҿабатә ҿырԥштәқәа реиԥш? Имариоу, аха убри аамҭазы еилыкка иҟоу аиҿырԥшрақәа шьаҭас ирымазар алшоит аԥстәқәа рҷыдарақәа. Еилаҳкаар шԥаҳалшо Иегова ишамҭақәа рыӡбахә? Абиблиа лассы-лассы аԥстәқәа рыӡбахә аҳәоит, насгьы изныкымкәа урҭ рҷыдарақәа ирзааҭгылоит. Анцәа Иажәаҿы иаагоуп абас еиԥш иҟоу аиҿырԥшрақәа: шәласыз ашьабысҭеи алеопарди реиԥш; шәҟәышыз амаҭқәа реиԥш; шәҳалалыз аҳәыҳәқәа реиԥш, убас иҵегьы c (1 Ашықәсынҵа 12:8; Аввакум 1:8; Матфеи 10:16). Лабҿабатәи аҿырԥштәқәа ирызку аматериал иара убас иуԥшаар улшоит ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Пробудитесь!» рҟны, иара убас «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» захьӡу арубрикаҿы иаагоу астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи рҟны. Уи арубрика шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы . Урҭ апубликациақәа рҿы Иегова ишамҭақәа имариоу аиҿырԥшрақәа раҳасабала рхы ишадырхәо азгәоуҭалар, уи уара иунарҵо рацәахоит.

Аӡырҩцәа ирдыруа

19, 20. а) Дышԥарзааҭгылеи Иисус ааигәа иҟалаз ахҭысқәа, имцыз агәаанагара ҿаԥиҽырц азы? б) Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳалшо егьырҭ дырҵараҿы ааигәа иҟалаз ахҭысқәа, насгьы аԥсҭазаара аҟынтә аҭагылазаашьақәа?

19 Алабҿабатә ҿырԥштәқәа раҳасабала ҳхы иаҳархәар ҳалшоит ауаа рыԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа. Зны Иисус далацәажәеит ааигәа иҟалаз хҭыск, иара иҭахын иҿаԥиҽырц арыцҳара иақәшәо уи зықәнагоу роуп ҳәа иҟаз амц гәаанагара. Иара дразҵааит: «Силоам икаҳаз абааш иашьыз 18-ҩык еиҳа ахара рыдын ҳәа шәгәы иаанагома, Иерусалим инхоз егьырҭ ауаа раасҭа?» (Лука 13:4). Урҭ жәааҩык ауаа зҭахаз иҟарҵаз агәнаҳа иахҟьаны Анцәа ихьырхәра ахьроуз азы акәӡам. Урҭ рҭахара зыхҟьаз «аамҭеи амашәыри» роуп (Екклезиаст 9:11). Убас ала, усҟантәи аамҭазы еицырдыруаз ахҭыс ихы иархәаны Иисус амц рҵара ҿаԥиҽит.

20 Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо егьырҭ рырҵараҿы, ааигәа иҟалаз ахҭысқәа, насгьы аԥсҭазаара аҟынтә аҭагылазаашьақәа? Иаҳҳәап, уара уалацәажәоит Иисус Христос иҟазаара иазку адырга (Матфеи 24:3—14). Уи аҭагылазаашьаҿы уара урзааҭгылар улшоит ааскьа иҟалаз ажәабжьқәа: аибашьреи, амлакреи, адгьылҵысрақәеи ирызку аацҳарақәа,— насгьы дрызхьаурԥшыр улшоит аҵыхәтәантәи амшқәа ирызку адыргақәа рҷыдарақәа. Мамзаргьы, иҟалап уара урылацәажәарц уҭаххар ахаҭара ҿыц аиуразы иҟаҵатәу аԥсахрақәа (Ефесаа 4:20—24). Иарбан ҿырԥштәу араҟа ианаало? Еиҭоуҳәар улшоит ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыԥсҭазаара аҽшаԥсахыз, мамзаргьы Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз апубликациақәа рҟынтә ҿырԥштәык ааугар ҟалоит. Иара убас аҿырԥштәқәа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org арубрика «Абиблиа ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит» аҿы.

21. Иарбан зылԥхарақәоу иоуа Анцәа Иажәа егьырҭ ибзианы идзырҵо ауаҩы?

21 Ҵабыргыҵәҟьаны Иисус Дырҵаҩ Дуун! Ҳазхысыз ахәҭа аҟынтә ишеилаҳкааз ала, арҵареи ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәареи иԥсҭазаара зегь зызкыз усын (Матфеи 4:23). Ари аус ҳара ҳаԥсҭазаараҿгьы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Арҵаҩ бзиа азылԥхарақәа рацәаны иоуеит. Егьырҭ ианыдҳарҵо, ҳара адырра раҳҭоит, ус еиԥш иҟоу аҭара анасыԥ ҳзаанагоит (Аусқәа 20:35). Ииашаҵәҟьоу имиасуа амазара — Иегова изку аҵабырг ауаа ианыдҳарҵо, ҳара насыԥ ҳауеит. Шаҟа ибзиоузеи аамҭақәа зегь раан Арҵаҩ Ду иакәны иҟаз Иисус иҿырԥшы ҳахьықәныҟәо.

a Иисус иԥсҭазаара иазкны Анцәа идоуҳала иҩыз раԥхьатәи аацҳарақәа Матфеи иҟынтә Аевангелие акәын, уи рҩит Иисус данԥсы 8 шықәса рышьҭахь.

b Иара убас аԥшьаҩи алевити Иерусалимынтәи илбаауан ҳәа Иисус иҳәеит, ус акәзар дара ауахәама аҟынтә иаауан. Ус анакәха, дара уи хьаас дахьрымамыз, иԥсхьаз ауаҩы илакьысра иахьацәшәоз, насгьы уи иахҟьаны дара аныҳәарҭаҿы аамҭала амаҵ рзымуа иҟалар ахьалшоз азы акәмызт (Алевит 21:1; Ахыԥхьаӡарақәа 19:16).

c Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ԥстәқәак рсимволтә ҵакы инарҭбааны еилаҳкаар ҳалшоит аенциклопедиа «Понимание Писания» атом 1, адаҟьақәа 824, 826—827 рҿы. Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит.