Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ҨБА

«Cара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп»

«Cара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп»

«Усышьҭаланы уаала»

1, 2. Избан Иегова изааигәахара ҳхатә мчқәа рыла мацара изҳалымшо, насгьы иарбан цхыраароу Иисус Христос иҳаиҭаз?

 УҞЬАЛАХЬОУМА зныкыр уара? Иҟалап, уҩызцәа ма уҭынхацәа рбара уцозҭгьы, аха амҩа узымԥшаазар. Иузымдыруа амҩа уқәнаҵы, иҟалап уаангыланы ацхыраара уаҳәозҭгьы? Иарбан цәаныррақәоу уара иузцәырҵрыз, аӡәы иахьцатәу адагьы иуеиҳәазҭгьы: «Усышьҭаланы уаала. Сара унаскьазгоит»? Ҳәарада, уи ауаҩ иҭабуп ҳәа иауҳәарын!

2 Иисус Христос убас еиԥш иҟоу ацхыраара ҳаиҭеит. Ҳара ҳхатә мчқәа рыла Анцәа изааигәахара ҳалшарымызт. Ауаатәыҩса ирҭынхаз агәнаҳаи анамӡареи ирыхҟьаны дара «Анцәа иҳадигало аԥсҭазаара иацәыхароуп» (Ефесаа 4:17, 18). Амҩа ҳаԥшаарц азы ҳара ацхыраара ҳҭахуп. Ҳҿырԥшы, Иисус, алабжьареи ахырхарҭеи мацара ракәӡам иҳаиҭо. Ҳазхысыз ахы аҟынтә ишеилаҳкааз ала, иара ҳааиԥхьоит: «Усышьҭаланы уаала» (Матфеи 19:21). Уи инеиҳангьы, иара иаҳирбеит уи ааԥхьара адкыларазы ихадоу амзыз шыҟоу. Зны Иисус иҳәеит: «Сара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп. Саб иахь сара сыла заҵәык ауп узланеиуа» (Иоанн 14:6). Уааи еилҳаргап Иегова изааигәахара залшо Иԥа ила мацара закәу. Анаҩс еилаҳкаап Иисус «сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп» ҳәа ииҳәаз ажәақәа ҵакыс ирымоу.

Иегова игәҭакаҿы ихадоу ароль

3. Избан Анцәа изааигәахара Иисус ила мацара изахәҭоу?

3 Иегова изааигәахара Иисус ила мацара изалшо ҳзырбо амзыз уи Иегова Иԥа зегь иреиҳау ароль ахьизалихыз ауп a. Иисус Иаб игәҭакқәа рынагӡараҿы ихадоу хаҭароуп (2 Коринфаа 1:20; Колоссаа 1:18—20). Аԥа ироль шаҟа ихадоу аилкааразы, ҳарзааҭгылап Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз ахҭысқәа, уаҟа раԥхьатәи ауаа Аҩсҭаа иган аанкыланы Иегова иҿагылеит (Аҟазаара 2:16, 17; 3:1—6).

4. Иарбан аимактә зҵаароу ишьҭыхыз Едем иҟалаз аҿагылара иахҟьаны, насгьы иҟаиҵазеи Иегова уи аӡбаразы?

4 Ахшыҩ змоу ашамҭақәа зегь зҵазкуаз Едем иҟалаз аҿагылара ишьҭнахит ихадоу аимактә зҵаара: иааирԥшыҵәҟьоума Иегова еснагь абзиабара, насгьы ииашаҵәҟьаны дыԥшьоума, дыбзиоума, диашоума еснагь? Уи азҵаара аҭак аҟаҵаразы, Иегова иӡбеит адгьыл ахь дааишьҭырц инаӡаз идоуҳатә ԥа. Аԥа идыз адҵа даараӡа иуадаҩын: иԥсҭазаара дамеигӡакәа Иегова ихьӡ ҳареикыр, насгьы ауаа реиқәырхаразы иԥсҭазаара рыхҭниҵар акәын. Дыԥсаанӡа азиашара аарԥшны уи аԥа иаԥырихыр акәын Аҩсҭаа ишьҭихыз аҿагылара иахҟьаны иҟалаз арыцҳарақәа зегь (Ауриацәа 2:14, 15; 1 Иоанн 3:8). Аха Иегова имоуп хыԥхьаӡара змам адоуҳатә ԥацәа (Даниил 7:9, 10). Иалихыда нас иара ари даараӡа ихадаз адҵа анагӡаразы? Иара иԥазаҵә — аҵыхәтәаны Иисус Христос ҳәа еицырдыруа иҟалаз (Иоанн 3:16).

5, 6. Ишԥааирԥши Иегова Иԥа иахь агәрагара, насгьы избан уи зегь рыла игәра зигоз?

5 Иџьашьатәума Иегова иҟаиҵаз алхра? Ҳәарада, мап! Иегова зегь рыла Иԥазаҵә игәра игоит. Иара адгьыл ахь даанӡа ашәышықәсақәа шыбжьаз, Иегова заа иҳәахьан Иԥа иара дизиашаны дшаанхо аԥышәарақәа дышрықәшәогьы (Исаиа 53:3—7, 10—12; Аусқәа 8:32—35). Ухаҿы иааг уи иаанагоз. Егьырҭ адоуҳатә шамҭақәа реиԥш, аԥагьы иман хақәиҭрала алхра алшара, насгьы иԥсҭазааратә мҩа ихала иалихыр илшон. Ус шакәызгьы, Иегова убриаҟара иԥа игәра игон иҟалараны иҟаз ахҭысқәа рылҵшәа заа иҳәеит. Избан Иегова уи игәра зигоз? Аб даараӡа ибзианы иԥа дидыруан, насгьы ибон игәы иахәаша аҟаҵара шаҟа иҭахыз (Иоанн 8:29; 14:31). Аԥа Иаб бзиа дибоит, Абгьы Иԥа (Иоанн 3:35). Дара рыбзиабара еибаркуп ихымбгало акзаареи агәрагареи рыла (Колоссаа 3:14).

6 Аԥа ироль шаҟа ихадоу, Аб иара шаҟа игәра иго, насгьы ирыбжьоу абзиабара шаҟа иӷәӷәоу анаҳбо, ҳара еилаҳкаауеит Анцәа изааигәахара Аԥа ила мацара шакәу ишҳалшо. Аха иҟоуп даҽа мзызк, Аб иахь ҳназго Аԥа шиакәу ҳаилзыркаауа.

Аԥа иоуп Аб изкны зегь здыруа

7, 8. Избан Иисус Иаб изкны зегь здыруеит ҳәа аниҳәоз аҽхәара заанамгоз?

7 Иегова ҳаизааигәахарц азы ҭахрақәак ҳрықәшәозароуп (Аԥсалом 15:1—5). Дарбану Аԥа еиҳа Анцәа инормақәа, насгьы Аб игәаԥхара аиуразы иҟаҵатәу здыруа? Иисус иҳәеит: «Саб зегьы снапы ианиҵеит. Аԥа ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟам Аб ида, Абгьы ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟам Аԥа ида, насгьы Аԥа Иаб иӡбахә ззеиҭеиҳәар иҭаху рыда» (Матфеи 11:27). Аха избан Иисус Иаб изкны зегь здыруеит ҳәа аниҳәоз аҽхәара заанамгоз?

8 Иара «зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз иоуп», насгьы Иеговеи иареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа рыбжьан (Колоссаа 1:15). Уазхәыц шаҟа иӷәӷәахоз Аби Аԥеи рыбжьара ухаҿы иузаамго ашықәсқәа рыҩныҵҟа еизҳауаз абзиабареи аиҩызареи, дара рымацара иҟанаҵ, насгьы егьырҭ адоуҳатә шамҭақәа анырша ашьҭахьгьы (Иоанн 1:3; Колоссаа 1:16, 17). Шаҟа алшара ҷыда имази Аԥа: ари аамҭа зегь иара Иаб иааигәара аҟазаара, насгьы ихәыцшьеи, игәҭаки, инормақәеи, имҩақәеи реилкаара. Ҳәарада, Иисус иҟамыз иацҵаны иҳәомызт Иаб зегь реиҳа еиӷьны иара дидыруеит ҳәа аниҳәоз. Абас еиԥш еизааигәаз аизыҟазаашьақәа рыбзоурала, Иисус илшон даҽаӡәы ишизыҟамҵарыз ала Иаб ихаҭара аарԥшра.

9, 10. а) Ишԥааирԥши Иисус Иаб ихаҿра? б) Иҟаҵатәузеи Иегова иразра аиуразы?

9 Иисус ирҵарақәа иаадырԥшуеит Иегова ихәыцрақәа, ицәаныррақәа, иара убас Аб имаҵзуҩцәа рҟынтә дыззыԥшу b. Аха Иисус Иаб ихаҭара даҽакалагьы ауаа ирзааиртит. Иара иҳәеит: «Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» (Иоанн 14:9). Иисус иҟаиҵоз, насгьы ииҳәоз рҟны Иегова инаӡаны диҿыԥшуан. Убри аҟынтә Абиблиаҿы Иисус иажәақәа амчи ахаареи шрыҵаз, агәрыцҳашьара аарԥшны ауаа шихәышәтәуаз, насгьы егьырҭ ргәырҩақәа игәы иалсны дышҵәыуоз ртәы ҳанаԥхьо, ҳара еилаҳкаауеит урҭ аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова ихы шымҩаԥигарыз (Матфеи 7:28, 29; Марк 1:40—42; Иоанн 11:32—36). Адгьыл аҿы иԥсҭазаашьа ала Аԥа иааирԥшит Анцәа игәаԥхареи инормақәеи (Иоанн 5:19; 8:28; 12:49, 50). Ус анакәха, Иегова иразра ҳаурц азы, иаҭахуп Иисус ирҵарақәеи, иҿырԥши рықәныҟәара (Иоанн 14:23).

10 Иисус ибзианы Иегова дидыруан, насгьы зегь рыла диҿыԥшуан, убри аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Аб изиӡбаз иара изааигәахара злалшо Аԥа ила мацара ауп ҳәа. Уажәшьҭа уи агәра анаҳга, уааи еилҳаргап ҵакыс ирымоу Иисус иажәақәа: «Сара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп. Саб иахь сара сыла заҵәык ауп узланеиуа» (Иоанн 14:6).

«Сара сымҩоуп»

11. а) Избан Анцәа иразра злаҳауа Иисус ила мацара закәу? б) Ишԥаадырԥшуеи Иоанн 14:6 иану ажәақәа Иисус иҷыдоу аҭыԥ шааникыло? (Уахәаԥш албаага.)

11 Ишеилаҳкааз ала, Анцәа изааигәахара Иисус ила мацара ауп ишҳалшо. Ҳахшыҩ азышьҭны ҳазхәыцып уи иаанаго. Иисус «сымҩоуп» ҳәа ииҳәаз ажәа иаанагоит Анцәа иразра аиура злаҳалшо иара ила мацара шакәу. Избан? Дыԥсаанӡа азиашара аарԥшны Иисус аҿыхра аҳасабала иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит (Матфеи 20:28). Аҿыхра ада ҳара ахаангьы Иегова изааигәахара ҳалшомызт. Агәнаҳа иахҟьаны Анцәеи ауааи рыбжьара аԥынгыла ыҟоуп, насгьы Анцәа дыԥшьоуп аҟынтә агәнаҳа дазыразхом (Исаиа 6:3; 59:2). Аха Иисус иԥсхҭынҵара иаҳԥырнагеит уи аԥынгыла: агәнаҳа хнаҩеит, мамзаргьы ҳхы ҳақәиҭнатәит (Ауриацәа 10:12; 1 Иоанн 1:7). Иегова иаҳзааиртыз аиқәырхара амҩа ҳадаҳкылозар, насгьы Христос иԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара ааҳарԥшуазар, Аб иразра ҳауеит. Ари амҩа — Анцәа инышәаразы лшара заҵәуп c (Римаа 5:6—11).

12. Ҵакыс ирымоузеи Иисус «дымҩоуп» ҳәа иану ажәақәа?

12 Уи адагьы, Иисус «дымҩоуп» анцәаиҳәара аганахь ала. Иегова гәыкалатәи ҳаҳәарақәа иаҳауеит, урҭ Иисус ила иҳархозар (1 Иоанн 5:13, 14). Иисус ихаҭа иҳәеит: «Сыхьӡала Саб шәзызиҳәозаалакгьы, ишәиҭоит. [...] Шәаҳәала — ишәоуеит, шәгәырӷьара нагӡахарц азы» (Иоанн 16:23, 24). Иисус ихьӡала Анцәа ҳаниҳәо, ҳара Иегова ҳаизааигәахалар, насгьы «Ҳаб» ҳәа иаҳҳәалар ҳалшоит (Матфеи 6:9). Иисус иара убас, ҳара ҳзы «дымҩоуп», избанзар аҿырԥшы ҳаиҭоит. Уаанӡа ишҳәаз еиԥш, иара зегь рыла Иаб диҿыԥшуан. Убри аҟынтә иара иҿырԥшы иаҳнарбоит ҳаԥсҭазаарала Иегова иргәырӷьара шҳалшо. Уи иаанарԥшуеит Иегова изааигәахаразы Иисус ишьҭанеира шҳахәҭоу (1 Пиотр 2:21).

«Сҵабыргуп»

13, 14. а) Ишԥааирԥшуаз Иисус иажәаҿы азиашара? б) Иҟаиҵар акәзи Иисус дҵабыргны дҟаларц азы, насгьы избан?

13 Иисус еснагь Иаб иԥааимбаражәа аҟынтә аҵабырг иҳәон (Иоанн 8:40, 45, 46). Иара еснагь диашан, «иажәақәа мцык рыламызт» (1 Пиотр 2:22). Иаӷацәаҵәҟьагьы ирҳәон иара Анцәа имҩа иазкны ауаа идирҵоз шиашаз (Марк 12:13, 14). Аха Иисус «сара... сҵабыргуп» ҳәа аниҳәоз уи иаанагомызт аҵабырг аиҭаҳәареи ауаа дырҵареи мацара ракәын дызҿыз ҳәа. Иара ииҳәарц ииҭахыз аиашареи аҵабырги раҵкыс еиҳан.

14 Иисус адгьыл ахь даанӡа ашәышықәсақәа шыбжьаз Иегова имаҵзуҩцәак ргәазҭеиҵеит Мессиа, мамзаргьы Христос, изкыз аԥааимбаражәақәа маҷымкәа ирҩыртә. Уаҟа еилыкка иануп иԥсҭазаареи, имаҵзуреи, иԥсреи ртәы. Уи адагьы, Моисеи изакәан иаман Мессиа дызҵазкуаз аԥааимбартә хаҿра (Ауриацәа 10:1). Инаигӡома Иисус иара изкны заа иҳәаз зегьы, дыԥсаанӡа азиашара аарԥшны? Убас мацарала Иегова ишьақәирӷәӷәон, иҵабыргу аԥааимбаражәақәа Рынцәа шиакәу. Шаҟа ҭакԥхықәра дуӡӡоузеи Иисус идыз! Иара иԥсҭазаашьеи иажәақәеи ихымҩаԥгашьеи рыла урҭ аԥааимбаражәақәа наигӡон (2 Коринфаа 1:20). Иисус дҵабыргын ҳәа иану иаанагоит Иегова иԥааимбартә ажәақәа иара иҿы ишынаӡаз (Иоанн 1:17; Колоссаа 2:16, 17).

«Сыԥсҭазаароуп»

15. Иаанагозеи Аԥа иахь ахаҵара аарԥшра, насгьы иарбан зылԥхарақәоу уи иаанаго?

15 Иисус «дыԥсҭазаароуп», избанзар иара ила мацара ауп «Анцәа ҳзықәиргәыӷыз аԥсҭазаара» аиура шҳалшо (1 Тимофеи 6:19). Абиблиаҿы иануп: «Аԥа дхазҵо наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит. Аԥа иҳәатәы иазымӡырҩуа аԥсҭазаара ибараны дыҟаӡам, Анцәа уи игәы изыԥжәалоит» (Иоанн 3:36). Иаанагозеи Анцәа Иԥа иахь ахаҵара аарԥшра? Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп иара ида аԥсҭазаара аиура шҳалымшо. Уи адагьы ҳхаҵара ҳусқәа рыла ишьақәҳарӷәӷәалароуп: ҳааҟәымҵӡакәа Иисус иҿы аҵара ҳҵалароуп, насгьы иахьынӡаҳалшо Иисус ирҵарақәеи иҿырԥши ҳрықәныҟәалароуп (Иаков 2:26). Убас ала, Анцәа Иԥа иахь ахаҵара иаа́нагоит наӡаӡатәи аԥсҭазаара: «аԥсаса маҷ» доуҳала иалху ақьырсианцәа рзы — ажәҩан аҿы адоуҳатә шамҭақәа рзы инымҵәаӡо аԥсҭазаара, «ԥхьаӡашьак змамыз» «егьырҭ ауасақәа» рзы — џьанаҭ дгьыл аҿы инаӡоу аԥсҭазаара (Лука 12:32; 23:43; Аатра 7:9—17; Иоанн 10:16).

16, 17. а) Дышԥаҟалои Иисус иԥсхьоу ауаа рзы «дыԥсҭазаараны»? б) Зыгәра ганы ҳаҟоузеи ҳара?

16 Иаҳҳәар ҳалшозеи иԥсхьоу рзы? Иисус дара рзы «дыԥсҭазаарахоит». Иисус иҩыза Лазарь иԥсы ҭеиҵаанӡа уи иаҳәшьа Марфа илеиҳәеит: «Сара аԥсҭалареи аԥсҭазаареи соуп. Сара схазҵо дыԥсыргьы, иԥсы ҭалоит» (Иоанн 11:25). Иегова Иԥа ииҭеит «аԥсреи анышәынҭреи рцаԥхақәа», ауаа рыԥсҭаҵаразы амч иҭаны (Аатра 1:17, 18). Урҭ ацаԥхақәа рыла ирҳараку Иисус ауаатәыҩса еицырзеиԥшу анышәынҭра агәашәқәа ааиртуеит, насгьы уа иҟоу зегьы рхы иақәиҭитәуеит (Иоанн 5:28, 29).

17 «Сара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп». Арҭ ажәақәа рыла Иисус дахцәажәеит адгьыл аҿы иԥсҭазаареи имаҵзуреи хықәкыс ирымаз. Иара иажәақәа ҳара ҳзгьы аҵак ду рымоуп. Иугәаларшәа Иисус анаҩс ииҳәаз: «Саб иахь сара сыла заҵәык ауп узланеиуа» (Иоанн 14:6). Иисус иажәақәа иахьагьы хәарҭа рымоуп. Ҳара аҵыхәтәанынӡа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иара ҳишьҭанеилар ахаангьы ҳшымҩахымҟьо. Иара мацара иоуп Аб иахь амҩа ҳарбара зылшо.

Ишԥақәҿуҭуеи уара?

18. Иаанагозеи Иисус ииашаҵәҟьоу ишьҭанеицәаны аҟазаара?

18 Уажәшьҭа Иисус ироль шаҟа ихадоу, насгьы Иаб шаҟа ибзианы дидыруа анеилаҳкаа, Аԥа зегь рыла игәра ганы ҳишьҭанеилар ҳалшоит. Ҳазхысыз ахаҿы ишеилаҳкааз ала Иисус ишьҭанеицәаҵәҟьаны аҟаларазы ажәақәеи ацәаныррақәеи рыдагьы аусқәагьы аҭахуп. Христос ишьҭанеира иаанагоит иара ирҵарақәа инарықәыршәаны иҿырԥшы ала анхара (Иоанн 13:15). Ари ашәҟәы уцхраауеит уи ахықәкы анагӡара.

19, 20. Ишԥауцхраауеи ари ашәҟәы Христос ишьҭанеира?

19 Анаҩстәи ахқәа рҿы ҳара еилҳаргоит Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи ртәы. Урҭ ахқәа х-хәҭак рыла ишьақәгылоуп. Раԥхьатәи ахәҭаҿы ҳара еиӷьны еилаҳкаауеит иҟазшьақәа. Аҩбатәи аҿы еилаҳкаауеит шаҟа агәацԥыҳәара ааирԥшуаз амаҵзураҿы, насгьы ауаа рырҵараҿы. Ахԥатәи аҿы — иара абзиабара шааирԥшуаз. Ахԥатәи ахы инаркны ари ашәҟәаҿы иаагоуп арамка «Иаанагозеи Иисус ишьҭанеира?» захьӡу. Уаҟа иаагоу абиблиатә жәеинраалақәеи азҵаарақәеи ҳгәазҭарҵоит Иисус ажәалеи услеи иҿыԥшра шҳалшо азхәыцра.

20 Иегова ибзоурала ҳара ҳамҩа ҳацәыхҟьаӡом, насгьы ҳагәнаҳа иахҟьаны Ҳазшаз ҳаицәыхарахаӡом. Иегова изы уи шымариамызгьы, абзиабара аарԥшны иара Иԥа адгьыл ахь даҳзааишьҭит, иара иахь амҩа ҳзааиртырц азы (1 Иоанн 4:9, 10). Угәазҭанаҵааит Иегова ибзиабара ду Иисус иааԥхьара адкылара: «Усышьҭаланы уаала»! (Иоанн 1:43).

a Аԥа инаигӡо ароль даараӡа ихадоуп, насгьы Абиблиаҿы иара ахьӡқәеи атитулқәеи рацәаны иҭоуп. (Уахәаԥш арамка « Иисус Христос ититулқәак».)

b Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит Иисус иажәақәа, Матфеи 10:29—31; 18:12—14, 21—35; 22:36—40 рҟны иану.

c Абиблиа раԥхьатәи атекст Иоанн 14:6 аҿы ажәа «амҩа» еилкаау артикль адгылоуп, уи иаанарԥшуеит Иисус зеиԥшыҟам аҭыԥ шимоу — иара заҵәык иоуп амҩа, насгьы Аб изааигәахара иара ила мацара ауп ишҳалшо.