Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ХӘБА

«Зыхә ҳараку аҟәыӷареи адырреи»

«Зыхә ҳараку аҟәыӷареи адырреи»

1—3. Иҟалазеи ааԥын 31 шықәса ҳ. ҳ. аан иҟаз ахҭыс аԥхьа, насгьы изыршанхазеи Иисус иӡырҩцәа?

 ААԤЫН 31 шықәса ҳ. ҳ. Иисус Христос еилашыкьуаз ақалақь Капернаум азааигәара дыҟоуп, уи Галилеиатәи амшын аҩада-мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоуп. Ауха шаанӡа ақалақь азааигәара ашьхаҿы иара Анцәа иҳәара даҿын. Ашьыжь иара иҵаҩцәа ааԥхьаны урҭ рҟынтә жәаҩаҩык апостолцәаны иалихуеит. Уи аамҭазы Иисус иахь иаауеит ауаа рацәа — урҭ рҟынтә харантә иаазгьы ыҟан. Дара ашьха аҟьаҟьараҿы еизеит изыӡырҩырц, насгьы ихәышәтәырц азы. Иисус урҭ ргәыӷрақәа наигӡеит (Лука 6:12—19).

2 Иара ауаа дрылаланы ичмазҩу зегь ихәышәтәуеит. Уажәшьҭа дара рчымазарақәа анрыхга, дтәаны рырҵара далагоит a. Уи ааԥынтәи амш аҽны аӡырҩцәа иара иажәақәа ргәы дырхыҭхыҭзар ҟаларын. Дыҟамызт ауаҩы Иисус иеиԥш идзырҵоз! Иара ирҵарақәа ауаа агәра ргарц азы, ихы иаирхәомызт аҵасқәеи еицырдыруаз аиудеиатә раввинцәа ргәаанагареи, аха ихы иаирхәон Анцәа идоуҳа злаз Ауриатә Ҩырақәа. Иара иажәабжь зегьы ирзаартуп, насгьы иажәақәа мариоуп еилукаартә иҟоуп. Ажәлар шанхеит. Уи џьашьатәӡам, избанзар урҭ ззыӡырҩуа адгьыл аҿы иқәынхо зегь раасҭа иҟәыӷоу ауаҩы иоуп! (Матфеи 7:28, 29).

«Ажәлар идирҵоз шыдирҵоз» џьаршьон

3 Ари ажәахә, насгьы Иисус ииҳәоз иҟаиҵоз иазкны Анцәа Иажәаҿы ирацәаны иануп. Ҳара иҳахәҭоуп Иисус изку хәы змам аҵабырг аилкаара, избанзар «зыхә ҳараку аҟәыӷареи адырреи иара иҿы иҵәахуп» (Колоссаа 2:3). Иабантәааигеи Иисус уи аҟәыӷара — адырра аԥсҭазаараҿы ахархәара алшара? Ишԥааирԥшуаз иара аҟәыӷара, насгьы ишԥаҳалшо уи иҿыԥшра?

«Изҭада абри ауаҩ абри аҩыза аҟәыӷара?»

4. Иарбан зҵаароу ирызцәырҵыз Иисус изыӡырҩуаз, насгьы избан?

4 Ҽнак зны Иисус ажәабжьҳәаратә ныҟәара даныҟаз, иара дахьиз ақалақь Назарет даҭааит. Уи аҭыԥ аҿы иҟаз асинагога дыҩналаны рырҵара далагеит. Аӡәырҩы иџьаршьон: «Изҭада абри ауаҩ абри аҩыза аҟәыӷара?» Урҭ ирдыруан иҭаацәа — иани иаби, иашьцәеи иаҳәшьцәеи — урҭ амал шрымамыз (Матфеи 13:54—56; Марк 6:1—3). Ауаа ҳәарада ирдыруан абас еиԥш ажәа зҿаз ари ауасҭа еицырдыруаз араввинтә школқәа дышрылымгацыз (Иоанн 7:15). Убри аҟынтә еилкаауп ус еиԥш иҟаз азҵаара зықәдыргылоз.

5. Дызусҭадаз Иисус иажәақәа рыла иара иҟәыӷара иахыҵхырҭаз?

5 Иисус иҟәыӷара зыбзоураз инаӡоу ихшыҩ мацара акәмызт. Аамҭақәак рышьҭахь Иисус иаартны аныҳәарҭа аҿы ианыдирҵоз идеилиркааит уи имоу аҟәыӷара жәҩанынтә шакәу. «Ауаа идсырҵо сара истәӡам, саазышьҭыз итәоуп» (Иоанн 7:16). Ишаҳбо еиԥш, Иисус иҟәыӷара хыҵхырҭас иамаз даазышьҭыз Иаб иакәын (Иоанн 12:49). Аха ишԥаиоуи Иисус Иегова иҟынтә аҟәыӷара?

6, 7. Ишԥаиоуи Иисус Иаб иҟынтә аҟәыӷара?

6 Иегова иҟынтә иԥшьоу адоуҳа Иисус игәи ихшыҩи арҭәит. Абар Иисус Мессиа иеиԥш Исаиа заа ихиҳәааз: «Иара имазаауеит Иегова идоуҳа, аҟәыӷареи аилкаареи рдоуҳа, алабжьареи амчра дуи рдоуҳа, адырреи Иегова иҿаԥхьа ашәареи рдоуҳа» (Исаиа 11:2). Иџьашьатәума Иегова идоуҳа ацхыраареи анапхгареи змаз Иисус уаҩ иимбац аҟәыӷара ахьааирԥшуаз?

7 Аха ишԥаиоуи Иисус еиҭа Иаб иҟынтә аҟәыӷара? 2-тәи ахы аҟынтә ҳара еилаҳкааит ажәҩан аҿы иара Иаб дышицыз ухаҿы иузаамго ашықәсқәа рыҩныҵҟа. Уи аамҭа зегь аан Иисус илшон Иаб ихәыцшьеи ихәаԥшышьеи реилкаара. Ухаҿы иузаагом шаҟа иҵаулаз Аԥа иоуз аҟәыӷара, «зус бзиаӡаны издыруа аҟаза» иеиԥш Иаб дидгыланы зыԥсы ҭоуи иҭами ршараҿы даницхраауаз. Иџьашьатәӡам, Аԥа адгьыл ахь даанӡа зегь рыла аҟәыӷара ахьааирԥшуаз (Ажәамаанақәа 8:22—31; Колоссаа 1:15, 16). Иисус адгьыл аҿы имаҵзура анынаигӡоз, ажәҩан аҿы Иаб иҿиҵааз аҟәыӷара ихы иаирхәон b (Иоанн 8:26, 28, 38). Уажәшьҭа еилкаауп, Иисус иажәақәа ирныԥшуаз аилкаареи, адырра ӷәӷәеи, иусқәа ирныԥшуаз аҟәыӷареи ахьынтәааигаз.

8. Ишԥаҳалшо ҳара, Иисус ишьҭанеицәа реиԥш, аҟәыӷара аиура?

8 Иисус ишьҭанеицәа реиԥш, ҳаргьы Иегова аҟәыӷара зегь иахыҵхырҭоу шиакәу еилаҳкаалароуп (Ажәамаанақәа 2:6). Ҳәарада, Иегова џьашьахәыла иҳацхраауа амч ҳаиҭаӡом. Аха аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа риааиразы гәык-ԥсыкала аҟәыӷара ҳанаҳәо, иара ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит (Иаков 1:5). Ус еиԥш иҟоу аҟәыӷара аиуразы имаҷымкәа аџьабаа батәуп. Уи ԥшаалатәуп «иҵәаху ахазына еиԥш» (Ажәамаанақәа 2:1—6). Ихадоуп Анцәа Иажәа инарҵауланы аилкаара, насгьы иҳауз адырра ҳаԥсҭазаараҿы ахархәара. Уи аганахьала Иегова Иԥа иҿырԥшы ҳара ҳзы акыр иаԥсоуп. Уааи еилҳаргап Иисус аҟәыӷара шааирԥшуаз узырбо ганқәак, насгьы ҳазхәыцып уи иҿыԥшра шҳалшо.

Аҟәыӷара ажәаҿы

Абиблиа — Анцәа иҟәыӷара зҵоу хазынаҭроуп

9. Избан Иисус ирҵарақәа зеиԥшыҟам аҟәыӷара зрыҵаз?

9 Иисус иахь ауаа рацәа неиуан изыӡырҩырц азы (Марк 6:31—34; Лука 5:1—3). Уи џьашьатәӡам, избанзар Иисус зеиԥшыҟам аҟәыӷара зҵаз ажәақәа иҳәон. Иисус ирҵарақәа ишьақәдырӷәӷәон Анцәа Иажәа бзианы ишидыруаз, насгьы агәеилых бзиа шимаз. Урҭ еиуеиԥшым ауаа ргәы аҟынӡа инеиуеит, насгьы иажәӡом. Абар, «Абжьгаҩ ҟәыӷа» Иисус иажәақәа аҟәыӷара шрыҵаз узырбо ҿырԥштәқәак (Исаиа 9:6).

10. Иарбан зыхә ҳараку ҟазшьақәоу иааҳарԥшлар ҳахәҭоу Иисус иажәақәа рыла, насгьы избан?

10 Ари ахы алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәоу Ашьхараҿы иҳәаз ажәахә Иисус ирҵарақәа реизга ҳәа азаҳҳәар ҳалшоит, насгьы уи арепликақәа, ма автор иажәақәа алаӡам. Уи ажәабжьҳәараҿы Иисус ҳгәы зызҭеиҵоз ииашаны ацәажәашьеи ахымҩаԥгашьеи мацара ракәмызт. Иара илабжьара еиҳа иҵаулоу азҵаарақәа ирыҵанакуеит. Иисус идыруеит ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи ишырхылҿиаауа ажәақәеи аусқәеи, убри аҟынтә ҳгәазҭеиҵоит еизҳарҳаларц ахынраалара, азиашарахь абзиабара, агәрыцҳашьара, аҭынчра бзиа абара, иара убас ауаа рахь абзиабара (Матфеи 5:5—9, 43—48). Урҭ аҟазшьақәа ҳгәаҿы еизҳарҳалар, ҳара иҳалшоит ҳгәаанагара ишахәҭоу ауаа реилыркаара, насгьы Иегова дзыргәырӷьо ахымҩаԥгашьа, иара убас егьырҭ рҿы аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазаауеит (Матфеи 5:16).

11. Ишԥаҳирбо Иисус агәнаҳахь ҳназго амзызқәа?

11 Агәнаҳа аҟынтә ҳара ҳгәаҳҽанҵо, Иисус ииашам ахымҩаԥгашьа зыхҟьо ҳирбоит. Агәымбылџьбарареи ақәымчреи рҽырцәыхьчара мацара азхом, иара убас ҳацклаԥшлароуп ҳгәаҿы аԥсахеибакра нымхаларц (Матфеи 5:21, 22; 1 Иоанн 3:15). Иисус ацәыбзара цәгьоуп ҳәа мацара акәӡам ииҳәаз, аха ҳгәаҳҽаниҵоит шаҟа ишәарҭоу ацәанырратә еишьцылара, уи аҩыза ацәаныррақәа ухатә ҩыза иԥсахрахь унаргар рылшоит. Иара ҳааиԥхьоит ииашам ахәыцрақәа ҳҽырцәаҳахьчаларц, насгьы ҳаблақәа иахәҭам ахь иаҳмырхаларц (Матфеи 5:27—30). Иисус алҵшәа адагьы зегь зыхҟьо амзызқәагьы ҳирбоит: иара ҳгәазҭеиҵоит игәнаҳау аусқәа рахь ҳназго агәаҳәарақәеи ахәыцрақәеи ҳарҿагылаларц (Аԥсалом 7:14).

12. Ишԥазыҟоу Иисус ишьҭанеицәа уи илабжьарақәа, насгьы избан?

12 Шаҟа аҟәыӷара рыҵоузеи Иисус иажәақәа! Иџьашьатәӡам «ажәлар идирҵоз шыдирҵоз» џьаршьон ҳәа ахьану (Матфеи 7:28). Ҳара, Иисус ишьҭанеицәа ҳзы иҟәыӷоу илабжьарақәа — аԥсҭазааразы напхгароуп. Иисус ирҵарақәа ҳанырзыӡырҩуа, ҳара ҳҽазаҳшәоит арыцҳашьара, аҭынчра, абзиабара реиԥш иҟоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәа реизырҳара, насгьы еилаҳкаауеит уи ала Анцәа иҿаԥхьа ииашоу ахымҩаԥгашьа ашьаҭа шышьҭаҳҵо. Ҳара ҳҽазаҳшәоит иламысдоу агәаҳәарақәеи ииашам ацәаныррақәеи ҳгәы аҟынтә рықәгара, иаҳҳәап агәаӷи агәыԥжәареи реиԥш иҟоу, избанзар уи ҳацхраауеит игәнаҳау ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара (Иаков 1:14, 15).

Аҟәыӷара аԥсҭазаараҿы

13, 14. Излоубарҭозеи Иисус аԥсҭазааратә мҩа алхраҿы аҟәышра шааирԥшыз?

13 Иисус иажәақәа рҿы адагьы иусқәа рҿгьы аҟәыӷара ааирԥшуан. Иԥсҭазаара зегь — идикылоз аӡбарақәа, ихы, насгьы егьырҭ дшырзыҟаз иҵабыргу аҟәыӷара узырбоз ҿырԥшын. Еилҳаргап ҿырԥштәқәак, Иисус «ахәыцратә лшарақәа» ихы ишаирхәоз шьақәзырӷәӷәо (Ажәамаанақәа 3:21).

14 Аҟәыӷара иаҵанакуеит ииашаны ахәыцра. Иисус ииашаны дышхәыцуаз ааирԥшит иԥсҭазаараҿы иалихыз амҩа аганахь ала. Иара иԥсҭазаара даҽакала иҟалар алшон. Уазхәыц иарбан ҩныз иара иргылар илшоз! Иара аԥара ду злыҵуаз уск еиҿикаар илшон, насгьы ари адунеи аҿы ахьӡи аҭыԥ дуи иоур ауан. Аха иара идыруан ус еиԥш иҟоу ахықәкқәа уԥсҭазаара рзуклар,— аԥша ашьҭалара ишаҩызаз (Екклезиаст 4:4; 5:10). Ари аҩыза амҩа хыдароуп, уи амҩа ианыло аҟәыӷара шимам ааирԥшуеит. Иисус иӡбеит ирмариоу аԥсҭазаарала анхара. Иара амал арҳареи аԥареи дрышьҭамызт (Матфеи 8:20). Иара егьырҭ идирҵоз инақәыршәаны дынхон, насгьы ус заҵәык акәын иԥсҭазаара зегь зызкыз — Иаб игәҭакы анагӡара (Матфеи 6:22). Иисус иаамҭеи имчи Аҳра аинтересқәа ирзикуан — иарбанзаалак амал аасҭа ихадоу (Матфеи 6:19—21). Иҵабыргыҵәҟьаны, иара зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳзынижьит.

15. Иаадырԥшыр шԥарылшо Иисус ишьҭанеицәа Аҳра аусқәа зегь раԥхьа ишдыргыло, насгьы избан уи зегь реиҳа иҟәыӷоу мҩаны изыҟоу?

15 Иахьатәи Иисус ишьҭанеицәа еилыркаауеит шаҟа иҟәыӷароу Аҳра аусқәа зегь раԥхьа рыргылара. Убри аҟынтә дара раамҭеи рымчи рацәаны ирцәызго иаԥсам ауалқәеи аусқәеи рҽырзыркуам (1 Тимофеи 6:9, 10). Аӡәырҩы рыԥсҭазаара дырмариоит, раамҭа еиҳарак, мамзаргьы раамҭа зегь амаҵзура иазкуа. Ари зегь раасҭа иҟәыӷоу мҩоуп, избанзар Аҳра аусқәа ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ианҳаргыло ҳара анасыԥ дуи агәахәареи ҳауеит (Матфеи 6:33).

16, 17. а) Излоубарҭоузеи Иисус ахӡырымгара шааирԥшуаз, насгьы илшарақәа ахьынӡаҟаз шеиликаауаз? б) Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ахӡырымгара, насгьы ҳалшарақәа ахьынӡаҟоу шеилаҳкаауа?

16 Абиблиаҿы аҟәыӷара ахӡырымгара иадҳәалоуп — улшарақәа ахьынӡаҟоу анеилукаауа (Ажәамаанақәа 11:2). Иисус ихы ӡыригомызт, насгьы илшарақәа ахьынӡаҟаз еиликаауан. Иара ибзианы еиликаауан ажәабжь зеиҳәо зегь уи шрыдрымкыло (Матфеи 10:32—39). Уи адагьы, иара еиликаауан ауаа зегь ажәабжь рзеиҭаҳәара шилымшоз. Убри аҟынтә уи аус иара иҵаҩцәеи ишьҭанеицәеи ирыдиҵеит (Матфеи 28:18—20). Иара хынрааларыла еиликаауан дара «еиҳау аусқәагьы» шыҟарҵо, избанзар урҭ ирымазаауеит алшара иара дахьзымнеиз аҭыԥқәа рҿы, насгьы аамҭа кьаҿк иалагӡаны акәымкәа, акыраамҭа ажәабжьҳәара (Иоанн 14:12). Иара убас Иисус ацхыраара шиҭахыз аҳәара дацәыԥхашьомызт. Уи идикылеит ацәҳәыраҿы имаҵ ауразы инеиз амаалықьцәа рыцхыраара, насгьы Гефсиманиатәи абаҳчаҿы ирӷәӷәаразы инеиз амаалықь ицхыраара. Аԥышәара ӷәӷәа аан Анцәа Иԥа ӷәӷәалаҵәҟьа ацхыраара даҳәон (Матфеи 4:11; Лука 22:43; Ауриацәа 5:7).

17 Ҳаргьы убас еиԥш мыцхәы ҳхы ӡырҳамгалароуп, насгьы ҳалшарақәа ахьынӡаҟоу еилаҳкаалароуп. Ҳара, ҳәарада, иаҳҭахуп гәыкала, насгьы ҳгәы ақәкны ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус анагӡара (Лука 13:24; Колоссаа 3:23). Аха убри аамҭазы ҳара иаҳгәалашәозар ауп Иегова егьырҭ ҳашрыдимкыло, ҳаргьы убас еиԥш егьырҭ ҳхы рыдҳамкылалароуп (Галатаа 6:4). Аҟәыӷара ҳгәазҭанаҵоит зынагӡара ҳалшо ахықәкқәа рықәыргылара, ҳалшарақәеи ҳҭагылазаашьақәеи инарықәыршәаны. Уи адагьы, аҭакԥхықәра зду аишьцәа аҟәыӷара рыцхраауеит дара зегь шрылымшо, насгьы лассы-лассы ацхыраара шырҭаххо аилкаара. Ахӡырымгара иара убас урҭ ирыцхраауеит егьырҭ рҟынтә ацхыраара гәырӷьарыла адкылара, насгьы еилыркаауеит дара рырӷәӷәаразы Иегова ихы иаирхәар шилшо рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо (Колоссаа 4:11).

18, 19. а) Излоубарҭоузеи Иисус иҵаҩцәа ахшыҩ аҵаҵаны, насгьы қьиарыла дшырзыҟаз? б) Избан ҳаргьы ахшыҩ аҵаҵаны, қьиарыла егьырҭ ҳарзыҟазар зҳахәҭоу, насгьы уи ҟаҳҵалар шԥаҳалшо?

18 Аҟәыӷара ҟәымшәышәуп ҳәа ануп Иаков 3:17 аҟны. Иисус иҵаҩцәа рзы дҟәымшәышәын, насгьы қьиарыла дырзыҟан. Иара, ҳәарада, идыруан рыгхақәа, насгьы ирыгыз, аха иҽазишәон рҟазшьа бзиақәа, рыхәаԥшра (Иоанн 1:47). Иара идыруан рырҵаҩы даныԥсуаз ауха дшаанрыжьуаз, аха уеизгьы урҭ рызиашара агәра игон (Матфеи 26:31—35; Лука 22:28—30). Пиотр хынтә Иисус мап ицәикит, дсыздыруам ҳәагьы иҳәеит. Аха Иисус Пиотр изы ӷәӷәала Анцәа диҳәон, насгьы дышизиашаз агәра игон (Лука 22:31—34). Адгьылтә ԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аухазы Иисус Иаб даниҳәоз иҵаҩцәа рыгхақәа рыӡбахә акәмызт ииҳәоз. Уи аҭыԥан иара урҭ ирҽхәеит иагьиҳәеит: «Дара уажәа иқәныҟәоит» (Иоанн 17:6). Дара шынаӡамызгьы иара ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус рыдиҵеит (Матфеи 28:19, 20). Иара дара рганахь ала имаз агәрагара амч рынаҭеит ирыдиҵаз аус анагӡаразы.

19 Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ирылшоит уи аганахь ала Иисус иҿыԥшра. Инаӡаз Анцәа Иԥа инаӡамыз иҵаҩцәа рахь ачҳара ааирԥшуазҭгьы, агәнаҳа змоу ҳаргьы егьырҭ рахь ачҳара ӷәӷәа аарԥшра ҳахәҭоуп (Филиппаа 4:5). Шаҟа ихадоузеи ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыгхақәеи рынамӡареи ҳамыхәаԥшкәа рҟазшьа бзиақәа ргәаҭара. Иаҳгәалашәозароуп урҭ ауаа аазыԥхьаз Иегова шиакәу (Иоанн 6:44). Ус акәзар, иара урҭ рҟны зыхә ҳараку ак ибеит, уи ҳаргьы абашьа ҳҵалароуп. Ус еиԥш иҟоу агәазыҟашьа ҳацхраауеит аӡәы иҟаиҵаз ииашам аус ҳхы азымышьҭра, насгьы дызлаҳарҽхәаша аԥшаара (Ажәамаанақәа 19:11). Ҳдоуҳатә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь агәрагара ааҳарԥшлар, ҳара урҭ ргәазҭаҳҵоит гәык-ԥсык ала Иегова имаҵ руларц, насгьы амаҵзураҿы агәырӷьара рыхьчаларц (1 Фессалоникаа 5:11).

20. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Аевангелиеқәа рҿы иану ахазынақәа, насгьы избан уи зхадоу?

20 Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи ртәы зну Аевангелие — аҟәыӷара ду зҭоу хазынаҭроуп! Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо зыхә ҳараку ари аҳамҭа? Ашьхаҿы иҳәаз ажәахә ахыркәшамҭаз Иисус ауаа ргәазҭеиҵеит аӡырҩра адагьы иҟәыӷоу арҭ аҵабыргқәа рынагӡареи рхархәареи (Матфеи 7:24—27). Ҳхәыцрақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳхымҩаԥгашьеи ҳариашозар, Иисус иҟәыӷоу иажәақәеи ихымҩаԥгашьеи инарықәыршәаны, ҳара иҳалшоит ииашаҵәҟьоу анасыԥи наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩеи риура (Матфеи 7:13, 14). Уи ииашаҵәҟьаны зегь реиҳа иҟәыӷоу мҩоуп!

a Иисус уи аҽны ииҳәаз ажәахә иахьа еицырдыруеит Ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә ҳәа. Уи ануп Матфеи 5:3—7:27 аҟны, ишьақәгылоуп 107 жәеинраалала, насгьы уи аԥхьара азы иаҭахуп 20 минуҭ раҟара.

b Иисус аӡы иҽанӡааихуаз, «ажәҩан аатит», иҟалап усҟан иара игәалашәазар адгьыл ахь даанӡа имаз аԥсҭазаара (Матфеи 3:13—17).