Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ФБА

«Аҳәатәхаҵара аарԥшышьа [иҵеит]»

«Аҳәатәхаҵара аарԥшышьа [иҵеит]»

1, 2. Избан аб дызгәырӷьо иԥа иааирԥшуа аҳәатәхаҵара анибо, насгьы ишԥаадырԥшуеи уи Иегова ицәаныррақәа?

 АБ АԤЕНЏЬЫР дадгыланы иҷкәын дихәаԥшуеит, уи иҩызцәеи иареи ампыл иасуеит. Иаалырҟьаны ампыл амҩаду ахь ирыцәцоит. Ахәыҷы ила ҭаа уи дахәаԥшуеит. Иҩызцәа рҟынтә руаӡәк ампыл дашьҭаланы иааигарц идигалоит, аха ахәыҷы ихы рҵысны мап икуеит. «Сара амҩаду ахь ацара азин сымаӡам»,— иҳәоит иара. Аб дԥышәарччоит. Иара даараӡа иҷкәын ихымҩаԥгашьа деигәырӷьоит. Избан?

2 Иара изныкымкәа иԥа иеиҳәахьан амҩаду ахь ихала дымцаларц. Иаб дышихәаԥшуаз шизымдыруазгьы аҳәатәхаҵара анааирԥш, аб еиликааит: иԥа аҳәатәхаҵашьа иҵеит, уи еснагь дахьчалоит. Ари жәҩан иҟоу Ҳаб ицәанырра даара еиԥшуп. Анцәа идыруеит азылԥхарақәа ҳаурц азы, насгьы ҳизиашаны ҳаанхарц азы игәрагареи иҳәатәхаҵареи ҳҵалар шҳахәҭоу (Ажәамаанақәа 3:5, 6). Уи азы Иара ҳара ҳахь дааишьҭит зегь иреиӷьу арҵаҩы.

3, 4. Ишԥеиҵеи Иисус аҳәатәхаҵара аарԥшышьа, насгьы дышԥаҟалеи днаӡаны? Иаага аҿырԥштәы.

3 Абиблиа Иисус изкны даара иџьашьахәу ак аанартуеит. Уа иануп: «Иара Анцәа иԥа шиакәызгьы, ихигаз агәаҟрақәа аҳәатәхаҵара аарԥшышьа идырҵеит. Днаӡаны даныҟала, изыӡырҩуа зегьы наӡаӡатәи аиқәхара зыла ироур рылшо иакәны дҟалеит» (Ауриацәа 5:8, 9). Аԥа ажәҩан аҿы дыҟан ухаҿы иузаамго ашықәсқәа рыҩныҵҟа. Иара ибон Аҩсҭаа Анцәа дшиҿагылаз, насгьы амаалықьцәа иара ишидгылаз, аха ихшаазаҵәу Аԥа ахаангьы урҭ дрыдгыломызт. Иара ихьӡала иҳәаз аԥааимбаражәаҿы ианын: «Сара сиҿамгылеит» (Исаиа 50:5). Избан нас инаӡаз, насгьы аҳәатәхаҵара аазырԥшуаз Аԥа изкны «аҳәатәхаҵара аарԥшышьа» иҵеит ҳәа зану? Дышԥаҟалеи инаӡоу ари ашамҭа «днаӡаны»?

4 Еилҳаргап ҿырԥштәык. Аибашьҩы аиха иалху а́са имоуп. Уи аса аибашьраҿы иԥышәамызт, аха иубарҭоуп уи аформа зегь рыла ишыбзиоу. Аха аибашьҩы уи аса еиҳа анҵыра змоу, иӡрыжәу аџыр иалху аса ала иԥсахуеит. Уи аҳәа еибашьрак акәӡам иахҭнагахьоу. Иҟәыӷараӡами ари алхра? Убас еиԥш, Иисус адгьыл ахь даанӡа иааирԥшуаз аҳәатәхаҵара грак амамызт. Аха адгьыл аҿы уи амч еиҳахеит, насгьы ахә ҳаракхеит. Уажәшьҭа уи аҳәатәхаҵара ԥышәан, инықәырԥшны иуҳәозар, иӡрыжәын, избанзар Иисус ажәҩан аҿы ахаан ихимгоз аԥышәарақәа ихигеит.

5. Избан Иисус изы аҳәатәхаҵара убас изхадаз, насгьы еилҳаргозеи ари ахаҿы?

5 Иисус иааирԥшуаз аҳәатәхаҵара адгьыл аҿы еиҳарак ихадан. Избан акәзар Иисус, «аҵыхәтәантәи Адам», дааит ҳазхылҵыз изыҟамҵаз анагӡаразы — Иегова изиашаны аанхара аԥышәарақәа рҿы (1 Коринфаа 15:45). Аха Иисус аҳәатәхаҵара хыхь-хыхьла акәмызт ишааирԥшуаз. Иара аҳәатәхаҵара гәык-ԥсык ала иааирԥшуан. Уи агәырӷьара изаанагон. Иаб игәҭакы анагӡара иара изы афатә аасҭа еиҳан (Иоанн 4:34). Иҳацхраауазеи ҳара Иисус иҿыԥшра? Уааи раԥхьа еилаҳкаап аҳәатәхаҵара аарԥшра игәазҭазҵоз. Ус еиԥш иҟоу амотивқәа ҳамазар, ҳара иҳалшоит аԥышәарақәа рҿагылара, насгьы Анцәа ҳизиашаны игәҭакы анагӡара. Иара убас ҳалацәажәап ақьырсиантә ҳәатәхаҵара иаҳнаҭо аҳамҭа.

Игәазҭазҵози Иисус азыӡырҩра аарԥшра

6, 7. Игәазҭазҵози Иисус аҳәатәхаҵара аарԥшра?

6 Иисус иааирԥшуаз аҳәатәхаҵара игәы аҟынтә акәын ишаауаз. 3-тәи ахы аҟынтә ишеилаҳкааз ала, Христос ахынраалара ааирԥшуан. Аԥагьареи ахышьҭыхреи ирыхҟьаны ауаа аҳәатәхаҵара рцәымӷхоит, аха ахынраалара гәахәарыла Иегова иҳәатәы ахаҵара ирыцхраауеит (Ақәҵымҭа 5:1, 2; 1 Пиотр 5:5, 6). Уи адагьы, Иисус аҳәатәхаҵара аарԥшра игәазҭанаҵон бзиа иибоз, насгьы ицәымӷыз.

7 Зегь раасҭа Иисус жәҩантәи Иаб Иегова бзиа дибон. Иисус Иаб иахь имаз абзиабара ҳалацәажәоит 13-тәи ахаҿы. Ус еиԥш иҟоу абзиабара Иисус изцәырнагон Анцәа игәаԥхо ашәара. Иара Иегова иахь иман абзиабара ӷәӷәеи апатуқәҵара дуи, убри аҟынтә иара Иаб игәы нирхар ҳәа дшәон. Анцәа иахь ашәара абзоурала Иисус иҳәарақәа Анцәа дырзыразын (Ауриацәа 5:7). Иисус имаз Иегова игәы иақәшәоз ашәара иаанарԥшуан иара Мессиантәи Аҳ шиакәу (Исаиа 11:3).

Ишьақәдырӷәӷәома агәырҿыхагақәа шалухуа ацәгьара шуцәымӷу?

8, 9. Ишԥаҳәаз заа Иисус аиашареи ацәгьареи дшырзыҟало, насгьы ицәаныррақәа шааирԥшло ирызкны?

8 Иегова иахь абзиабара ҳамазарц иара ицәымӷу зегь ҳцәымӷзароуп. Уахәаԥш Амессиантә Аҳ изку аԥааимбаражәаҿы иану: «Уара аиашара бзиа иубоит, ацәгьара уцәымӷуп. Убри азоуп Анцәа, уара Унцәа, егьырҭ аҳцәа раасҭа еиҳаны агәырӷьара ахәша зуқәиҭәаз» (Аԥсалом 45:7). «Егьырҭ аҳцәа» ҳәа зыӡбахә ану Давид ишьҭра аҟынтә иҟаз егьырҭ аҳцәа ракәын. Иисус доуҳала даналхыз имаз агәырӷьареи агәеизҳареи аӡәгьы итәы иузадкыломызт. Избан? Иара изыԥшын уи аҵкыс еиҳаз аҳамҭа, насгьы акырӡа еиҳаз ақәҿиара аазгоз анапхгара. Иара азылԥхара иоуит, избанзар Анцәа ииашарахь имаз абзиабареи, ацәгьарахь имаз ацәымӷреи игәазҭарҵон зегь рыла Анцәа иҳәатәхаҵара.

9 Ишԥааирԥшуаз Иисус аиашарахь абзиабареи ацәгьарахь ацәымӷреи? Абар ҩ-ҿырԥштәык. Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәаратә ус аҿы ирыдиҵаз зегь анынарыгӡа, насгьы уи азы азылԥхарақәа анроу. Иара даара дгәырӷьеит (Лука 10:1, 17, 21). Аха иҟаиҵазеи иара Иерусалим иқәынхоз ауаа ицхыраара мап ацәкны, изныкымкәа аҳәатәхамҵара анаадырԥшуаз? Иисус дамхаҵәыуеит урҭ аҿагыларатә мҩа ахьалырхыз азы (Лука 19:41, 42). Иара даара хьаас иман ауаа рхымҩаԥгашьа, уи бзиазу-ицәгьазу.

10. Ҳашԥарзыҟазар ҳахәҭоу ацәгьеи абзиеи, насгьы иҳацхраауазеи уи аҿы?

10 Иисус иҿырԥшы ҳазхәыцлар, уи иҳаилнаркаауеит Иегова иахь аҳәатәхаҵара аарԥшра ҳгәазҭазҵо. Ҳшынаӡамгьы ҳара иҳалшоит аус бзиақәа рахь абзиабара ӷәӷәа аизырҳара, насгьы ацәгьарахь ацәымӷра. Иегова ҳиҳәалароуп Иԥеи иареи ирымоу ацәаныррақәа ҳамазарц (Аԥсалом 51:10). Убри аамҭазгьы урҭ ҳцәаныррақәа бжьызхуа зегь ҳҽырцәаҳахьчалароуп. Даара ихадоуп хшыҩзышьҭрала ҳарзыҟазарц иалҳхуа агәырҿыхагақәеи, аицәажәареи (Ажәамаанақәа 13:20; Филиппаа 4:8). Ус еиԥш иҟоу агәазыҟашьа ҳамазар, ҳҳәатәхаҵара Иисус иҳәатәхаҵара еиԥшхоит. Ҳара ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгалоит избанзар абзиара бзиа иаҳбоит. Ииашам ахымҩаԥгашьа ҳҽацәыҳахьчоит, избанзар ацәгьара ҳцәымӷуп.

«Иара гәнаҳас ҳәа акгьы ҟаимҵаӡеит»

11, 12. а) Иарбан ԥышәароу Иисус дзықәшәаз имаҵзура алагамҭазы? б) Изеиԥшрази Иисус раԥхьатәи иԥышәара, насгьы изакәытә гьангьашроузеи Аџьныш иааирԥшыз?

11 Иисус имаҵзура алагамҭазы агәнаҳарахь имаз ацәымӷра ԥышәан. Аӡы иҽанӡааих иара 40 мшы фатәыда ацәҳәыраҿ ихигеит. Анаҩс Аҩсҭаа дааны иԥышәара далагеит. Иазгәаҭ, Аџьныш шаҟа агьангьашра ааирԥшыз (Матфеи 4:1—11).

12 Раԥхьа Аҩсҭаа ус иҳәеит: «Анцәа уиԥазар, абарҭ ахаҳәқәа чахарц раҳәа» (Матфеи 4:3). Иарбан цәанырроу Иисус имаз ачгара ашьҭахь? Абиблиаҿы иануп: «[Иара] иӷәӷәаны амла дакит» (Матфеи 4:2). Излаҳбо ала, Аҩсҭаа ихы иаирхәеит Иисус амла дахьакуаз, насгьы, ҳәарада, дазыԥшын имч анкаԥсо. Иазгәаҭ шаҟа гызмалрыла Аҩсҭаа азҵаара ықәиргылаз: «Анцәа уиԥазар». Аҩсҭаа ибзиаӡаны идыруан Иисус «зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз» шиакәыз (Колоссаа 1:15). Аха Иисус Аҩсҭаа илимыршеит аҳәатәхамҵарахь дхьаирҳәыртә. Иисус еиликаауан имч игьангьашу ахықәкқәа рҿы ихы иаирхәазҭгьы, уи Иаб игәҭакы ишаҿагылоз. Иара ари аџьашьахәы аҟаҵара мап ацәикит, уи алагьы иааирԥшит хынрааларыла Иегова ицхыраареи имҩақәҵареи шидикыло (Матфеи 4:4).

13—15. а) Дышԥахихуаз Аҩсҭаа Иисус аҩынтәраан, насгьы ахынтәраан, аха ихы шԥамҩаԥигеи Иисус? б) Иабантәаадыруеи ҳара Иисус еснагь агәҽанызаара шимаз, насгьы Аҩсҭаа шаҟа дшәарҭоу шихамышҭуаз?

13 Аҩбатәи аԥышәара аан Аҩсҭаа Иисус ауахәама аҭӡамц ду аҿы дықәиргылеит. Анцәа Иажәа гызмалрыла ихы иархәаны, Аҩсҭаа Иисус игәазҭеиҵон зегьы ишырбоз аҳаракыра ду аҟынтә хланҵы дыԥарц амаалықьцәа деиқәдырхарц азы. Ауахәамаҿы иҟаз ауаа ари аџьашьахәы рбазҭгьы ихарымҵарызи Иисус изқәыргәыӷу Мессиа шиакәу? Ус еиԥш иҟоу аџьашьахәы шыҟаиҵаз ажәлар ирбазҭгьы, Иисус Мессиа иеиԥш дрыдыркылон, нас имыцхрааӡози уи иара имаҷымкәа ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи рҽырцәыхьчара? Ус акәхап. Аха Иисус идыруан: Иегова игәҭакы иаҵанакуаз Мессиа имаҵзура хынрааларыла анагӡара акәын, аха узыршанхо, иџьашьахәу аусқәа рыла ауаа рааԥхьара акәмызт (Исаиа 42:1, 2). Иисус еиҭах Иегова изиашара дацәхьамҵит. Ахьӡи-аԥшеи иара изы ихадамызт.

14 Дыхнахуазма иара амчра? Аҩсҭаа ахынтә раан Иисус данԥишәоз, уи диеихырхәарц мацаразы идигалеит адунеи аҿы иҟоу аҳрақәа зегьы. Далагама Иисус Аҩсҭаа идигалаз азхәыцра? «Усԥырҵ наҟ, Аҩсҭаа!» — ҿааиҭит иара, иагьациҵеит: «Аҩыраҿы иануп: „Шәынцәа Иегова шәимҵахырхәала, иара заҵәык имаҵ жәула“» (Матфеи 4:10). Иисус даҽа нцәак ахаан диеихырхәом. Иара дхырхуамызт амчреи адунеи анырреи — Анцәа изыӡырҩра иара изы зегь раасҭа ихадан.

15 Иҽирҭынчма уи ала Аҩсҭаа? Уажәазы Аҩсҭаа Иисус диԥырҵит. Аха Лука иҟынтә Аевангелие ишану еиԥш, Аџьныш «иманшәалоу даҽа аамҭак иоуаанӡа, диԥырҵны дцеит» (Лука 4:13). Иисус адгьыл аҿы дынхонаҵы, Аҩсҭаа уи изныкымкәа дԥишәон, насгьы дхихуан. Абиблиаҿы иҳәоуп Иисус «зегь рыла дԥышәан» ҳәа (Ауриацәа 4:15). Ус анакәха, иара еснагь игәиҽанызар акәын. Ҳаргьы убас еиԥш иҟоу агәазыҟашьа ҳамазароуп.

16. Ишԥаԥишәо иахьа Аҩсҭаа Анцәа имаҵзуҩцәа, насгьы ишԥаҳалшо уи иҿагылара?

16 Аҩсҭаа иахьагьы Анцәа имаҵзуҩцәа хихуеит. Илахьеиқәҵагоуп, аха ҳанамӡара иахҟьаны ҳара лассы-лассы Аҩсҭаа ҳаиԥыхьашәоит. Аҩсҭаа гызмалрыла ихы иаирхәоит ауаҩытәыҩсатә хыбзиабареи, аԥагьареи, амчра аиура агәазыҳәареи. Зны-зынла амал арҳаразы ауаа ирымоу агәазыҳәара ихы иархәаны иара урҭ ԥишәоит арҭ х-ганк рҿы! Убри аҟынтә аамҭа-аамҭала ҳгәы иҭоу гәаҳҭалароуп. Ибзиахоит 1 Иоанн 2:15—17 иану ҳазхәыцлар. Ухы уазҵаа: иаԥырхагоума ацәеижьтә гәазыҳәарақәеи, амал арҳареи, ахӡыргареи жәҩантәи Ҳаб иахь иҳамоу абзиабара? Иаҳхаҳмыршҭлароуп ари адунеи, уи анапхгаҩы Аҩсҭаагьы уахь дналаҵаны рҵыхәтәа шааиуа. Шәааи ҳарҿагылалап агәнаҳарахь ҳзырхо уи иҽазышәарақәа зегьы! Ҳарӷәӷәалааит ҳара гәнаҳас ҳәа акгьы ҟазымҵаз Иҳақәиҭу иҿырԥшы (1 Пиотр 2:22).

«Еснагь игәы иахәо ауп иҟасҵо»

17. Иарбан гәазыҟашьаз имаз Иисус Иаб иҳатәы анхеиҵоз, насгьы ргәы иаанагар алшозеи шьоукы?

17 Аҳәатәхаҵара аарԥшра — уи баша агәнаҳа аҽацәыхьчара мацара акәӡам; Христос Иаб идиҵаз зегьы анагӡара иҽазишәон. Иара иҳәеит: «Еснагь игәы иахәо ауп иҟасҵо» (Иоанн 8:29). Ус еиԥш иҟоу аҳәатәхаҵара Иисус агәырӷьара дуӡӡа изаанагеит. Аха аӡәы ус игәы иаанагар алшоит: «Иисус изымариоуп аҳәатәхаҵара аарԥшра, избанзар дыззыӡырҩуа зегь рыла инаӡоу Иегова иоуп, ҳара ҳакәзар, амчра змоу инаӡам ауаа ҳарзыӡырҩлароуп». Аха ишаҳдыруа еиԥш, Иисус инаӡам ауаа рҳәатәы хаиҵон.

18. Иарбан ҿырԥштәу иҳаиҭаз иқәыԥшыз Иисус?

18 Иисус изҳанаҵы иара инаӡамыз иҭаацәа, Иосифи Мариеи, рнапаҵаҟа дыҟан. Иҟалап иара иҭаацәа ирыгыз иаабац ахәыҷкәа раасҭа идыруазҭгьы. Даҿагылозма иара зныкыр иҭаацәа ирҭоз анапхгара, Анцәа идиҵаз дахыԥаны? Ириҭозма иара алабжьарақәа аҭаацәара шныҟәгалатәу иазкны? Иазгәаҭ Лука 2:51 иану 12 шықәса зхыҵуаз Иисус изкны: «Иара урҭ рҳәатәы дахыԥомызт». Изакәытә ҿырԥш бзиоузеи Иисус ириҭо зҭаацәа рҳәатәхаҵара иазхиоу, насгьы пату рықәызҵо иқәыԥшу ақьырсианцәа! (Ефесаа 6:1, 2).

19, 20. а) Иарбан уадаҩрақәоу дзықәшәаз Иисус, инаӡамыз ауаа данырзыӡырҩуаз? б) Избан ииашоу ақьырсианцәа анапхгара рызҭо ирзыӡырҩлар зрыхәҭоу?

19 Инаӡамыз ауаа данырзыӡырҩуаз, Иисус дрықәшәон иахьатәи ақьырсианцәа ахаан изқәымшәац ауадаҩрақәа. Уи даҽа аамҭан. Иегова акыраамҭа дыззыразыз Иудеиа иҟаз адинхаҵаратә системеи, Иерусалимтәи ауахәамеи, аԥшьацәеи иаарласны қьырсиантә еизарала иԥсахзар акәын (Матфеи 23:33—38). Адинхаҵаратә напхгаҩцәа аӡәырҩы абырзен философиа анырра ахьрынаҭаз иахҟьаны, ауаа Анцәа изку амц ддырҵон. Аныҳәарҭаҿы изакәанмыз амал аизгара убриаҟара ирацәахеит Иисус уи аҭыԥ «арҳәцәа рыҩны акәны иҟашәҵеит» ҳәа азиҳәеит (Марк 11:17). Иҽацәихьчозма Иисус аныҳәарҭеи асинагогеи рҭаара? Мап! Иегова урҭ аҭыԥқәа макьана ихы иаирхәон. Анцәа ишьақәыргылаз аиҿкаара иԥсахаанӡа, Иисус аҳәатәхаҵара аарԥшны аныҳәақәа раан аныҳәарҭахь днеиуан, асинагогагьы даҭаауан (Лука 4:16; Иоанн 5:1).

20 Ус еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа рҿы Иисус аҳәатәхаҵара ааирԥшуазҭгьы, шаҟа ихадоузеи ҳара ҳзы еиҳагьы аҳәатәхаҵара аарԥшра! Иахьа даҽа аамҭоуп — ҳара ҳанхоит заа зыӡбахә ҳәаз ииашоу амҵахырхәара ашьақәыргылара аан. Анцәа агәра ҳиргоит ишьақәыргылоу ижәлар Аҩсҭаа иԥхасҭеитәыр шилимыршо (Исаиа 2:1, 2; 54:17). Ҳәарада, ҳара ақьырсиантә еизараҿы анамӡара ҳанақәшәо ыҟоуп. Ииашахома егьырҭ рыгхақәа ирыхҟьаны Иегова изыӡырҩра, насгьы аизарақәа рҭаара ҳаҟәыҵыр, мамзаргьы аизара аиҳабацәа акритика рзура ҳалагар? Ҳәарада мап! Ҳара гәык-ԥсыкала ҳрыдгылалароуп аизараҿы напхгара зуа аишьцәа. Ҳара аҳәатәхаҵара ааҳарԥшуеит ақьырсиантә еизарақәеи аконгрессқәеи ҳанырҭаауа, насгьы уаҟа излацәажәо абиблиатә принципқәа ҳхы ианаҳархәо (Ауриацәа 10:24, 25; 13:17).

Ҳара ҳәатәхаҵарала ҳхы иаҳархәоит ақьырсиантә еизарақәа рҿы еилаҳкаауа

21. Ихы шԥамҩаԥигоз Иисус Анцәа изиашара аанижьыртә агәра анидыргоз, насгьы иарбан ҿырԥшу иара иҳаиҭаз?

21 Иисус аӡәгьы илиршомызт Анцәа изиашара аанижьыртә агәра ииргарц. Зны Пиотр иҽазишәеит Ирҵаҩы агәра ииргарц агәаҟреи аԥсреи аҽацәыхьчара. Пиотр ари алабжьара зиҳәаз Иҳақәиҭу бзиа дахьибоз азоуп, аха Иисус иаразнак ирџьбаран мап ацәикит (Матфеи 16:21—23). Иахьа Иисус ишьҭанеицәа рҭаацәа абзиара ахьырзеиӷьыршьо аҟынтә, лассы-лассы Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи реилагара ргәазҭарҵоит. Аха актәи ашәышықәсазы инхоз Христос иҵаҩцәа реиԥш, ҳара «ҳаззыӡырҩлаша ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп» (Аусқәа 5:29).

Ақьырсиантә ҳәатәхаҵара азылԥхарақәа ацуп

22. Иарбан зҵаароу Иисус зҭак ҟаиҵаз, насгьы ишԥа?

22 Иисус иҳәатәхаҵара еиҳараӡак иԥышәан уи аԥсра данақәшәа. Илахьеиқәҵагаз уи амш аҽны иара «аҳәатәхаҵара» нагӡаны иааирԥшит. Иара Иаб игәҭакы наигӡеит, иара ииҭахыз акәымкәа (Лука 22:42). Уи ала иара инаӡоу ацқьара шыхьчалатәу аҿырԥшы ҳаиҭеит (1 Тимофеи 3:16). Иара аҭак аиҭеит акыр шықәса иаартыз азҵаара: дизыӡырҩлома ауаҩы Иегова аԥышәарақәа раан? Адамгьы Ева леиԥш аҳәатәхаҵара ааимырԥшӡеит. Аха Иисус адгьыл ахь дааны, аԥсҭазаара ихганы, аԥсра анидикыла, иара уи азҵаара иӡбеит. Иисус — Иегова ишамҭа ду — еилыкка иҟоу аҭак аиҭеит. Иара аҳәатәхаҵара ааирԥшуан уи ахақәҵара ду анаҭахызгьы.

23—25. а) Ишԥеидҳәалоу аҳәатәхаҵареи ацқьареи? Иаага аҿырԥштәы. б) Изызкузеи анаҩстәи ахы?

23 Ацқьара, ма Иегова изиашара, аҳәатәхаҵараҿы иааԥшуеит. Аҳәатәхаҵара аарԥшны Иисус ацқьара ихьчеит, насгьы ауаатәыҩса зегь рзы зылԥхараны дҟалеит (Римаа 5:19). Иегова Иисус аҳамҭа ду ииҭеит. Ҳаргьы Иҳақәиҭу Христос иҳәатәы хаҳҵалар, Иегова аҳамҭа ҳаиҭоит. Христос иҳәатәхаҵара «наӡаӡатәи аиқәхара» ахь ҳнанагоит (Ауриацәа 5:9).

24 Уи адагьы ацқьара ахаҭа ҳамҭоуп. Ажәамаанақәа 10:9 аҟны иануп: «Ҽԥныҳәа змамкәа, ицқьаны зхы мҩаԥызго акгьы дацәымшәаӡакәа дынхалоит». Ацқьара зхаҭабзиара ҳараку ақьырмыт ала иргылоу аҩны иаҿҳарԥшуазар, еснагь иааҳарԥшуа аҳәатәхаҵара қьырмытк иеиԥшхоит. Угәы иаанагар ҟалоит қьырмытк акгьы аанагом ҳәа, аха уи ус акәым — қьырмыткгьы даара ихадоуп. Аҩны ԥшӡахоит, насгьы анҵыра амазаауеит, ақьырмытқәа зегь ибзианы, еиҟараны еиқәҵазар. Ииашоу ҳусқәа зегь акны еизаҳгар — есыҽны, есышықәса иааҳарԥшуа аҳәатәхаҵара,— ацқьара шьақәзырӷәӷәо зеиԥшыҟам аҩны алҵуеит.

25 Аҳәатәхаҵара акыршықәса иааҳарԥшларц азы, иаҭахуп ачҳара. Иисус уи аҟазшьа шааирԥшуаз атәы ҳалацәажәоит анаҩстәи ахаҿы.