Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ ԤШЬБА

«Иуда ишьҭра иатәу Алым»

«Иуда ишьҭра иатәу Алым»

«Уи сара соуп»

1—3. Иарбан шәарҭароу Иисус дзықәшәаз, насгьы ихы шԥамҩаԥиго иара?

 ЖӘПАҨЫК ауаа Иисус ишьҭоуп дыркырц азы. Дара аҳәалеи лабалеи еибыҭоуп, насгьы аибашьцәеи аҷаԥшьаҩцәеи рыцуп. Ицәгьоу ахықәкы еиднакылазшәа дара илашьцоу Иерусалим амҩақәа ирныланы, Кедрон арха еихҵәаны Амаслинаҵлақәа рышьхахь ицоит. Амза ҭәуп, аха ауаа афакелқәеи акәаҷабқәеи ркуп. Избан? Иҟалап ажәҩан аԥсҭҳәақәа хылазар, мамзаргьы урҭ шәозар иара аҵх алашьцара иҽагәылакны дыбналар ҳәа. Уи шыҟаҵәҟьаз ҳаздырам, аха еилкаауп: Иисус иршәара зҭаху иара цқьа дрыздырӡом.

2 Иисус идыруан ашәарҭара шааигәахоз. Аха иара аҽыҵәахра даламгеит — уи ҭынч дыԥшуп. Ажәлар ааигәахара иаҿуп. Урҭ раԥхьа дгылоуп зны Иисус иҩыза бзианы иҟаз Иуда. Иара дыԥхамшьакәа ирҵаҩы диҭиуеит, маанала аԥсшәа иаҳәаны дгәыдикылоит, уи алагьы ауаа адырга риҭоит. Иисус уаанӡа еиԥш ҭынч ихы мҩаԥигоит. Иара ԥхьаҟа днарылҵны дразҵааит: «Шәзышьҭада?» Иара иаҭаркуеит: «Назарет иатәу Иисус».

3 Бџьарла еиқәных иааиз ажәлар урыцәшәартә иҟан. Иҟалап убри акәызҭгьы урҭ ауаа ирҭахыз. Аха Иисус дшәаӡом, насгьы абналареи ахыхьчареи иҽазишәом. Иара ҭынч иҳәеит: «Уи сара соуп». Ауаа иџьаршьоит имоу аҽынкылареи агәымшәареи. Дара шьҭахьҟа инаскьоит, насгьы ишанханы адгьыл инықәҳауеит! (Иоанн 18:1—6; Матфеи 26:45—50; Марк 14:41—46).

4—6. а) Дызҿдырԥшуазеи Анцәа Иԥа, насгьы избан? б) Иарбан х-ганк Иисус агәымшәара ахьааирԥшуаз?

4 Ишԥаилшеи Иисус ҭынч, дымгәамҵкәа аанхара абас еиԥш ишәарҭаз аҭагылазаашьаҿы? Иара агәымшәара иман! Ари аҟазшьа анапхгаҩы изы ихадоу аҟазшьақәа ируакуп, Иисус адгьыл аҿы инхоз ауаа рҟынтә зегь раасҭа агәымшәара злаз уаҩын. Ҳазхысыз ахаҿы еилаҳкааит Иисус ататареи ахынраалареи шилаз. Иара Асыс ҳәагьы изырҳәон (Иоанн 1:29). Аха Иисус игәымшәара иаанарԥшуеит ихаҭара даҽа ганк. Абиблиаҿы Анцәа Иԥа изы иҳәоуп: «Иуда ишьҭра иатәу Алым» (Аатра 5:5).

5 Идыруп алым агәымшәара шалоу, насгьы акгьы ишацәымшәо. Уҭаԥшхьоума уара зныкыр алым алакҭа? Ааи акәзар, иҟалап уи азоопарк аҿы акәызҭгьы, насгьы аанда шәыбжьазҭгьы. Ус шакәызгьы, уара угәы ӷәӷәала еисуазҭгьы ҟаларын. Ари агыгшәыг дуӡӡа аблақәа уанырҭаԥшуа, насгьы уи шухәаԥшуа анубо, ухаҿы иузаагом уи аԥстәы акы иацәшәап, мамзаргьы иҩны ицап ҳәа. Абиблиаҿы иануп «алым агыгшәыгқәа рҟынтә зегь реиҳа иӷәӷәоуп, уи акгьы иацәшәаӡом» ҳәа (Ажәамаанақәа 30:30). Убри аҩыза агәымшәароуп Христосгьы илаз.

6 Уааи еилҳаргап Иисус, «Иуда ишьҭра иатәу Алым», агәымшәара шааирԥшуаз, аҵабырг данадгылоз, аиашара анышьақәирӷәӷәоз, насгьы аҿагыларақәа данрықәшәоз. Иара убас ҳара иаҳбоит агәымшәара ҳалазаргьы, иҳаламзаргьы Иисус иеиԥш агәымшәара ааҳарԥшлар шҳалшо.

Гәымшәарыла аиашара дадгылоит

7—9. а) Иарбан хҭысу иҟалаз Иисус 12 шықәса анихыҵуаз, насгьы иарбан цәаныррақәоу уара иузцәырҵрыз уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы? б) Ишԥааирԥши Иисус агәымшәара ауахәамаҿы арҵаҩцәа данрацәажәоз?

7 Иахьатәи адунеи аҿы Аҩсҭаа «амц абыс дамоуп», убри аҟынтә аҵабырг адгыларазы агәымшәара ӷәӷәа аҭахуп (Иоанн 8:44; 14:30). Иисус данқәыԥшыз инаркны аиашара ӷәӷәала дадгылон. Зны иара 12 шықәса анихыҵуаз, Иерусалим иазгәарҭоз Мшаԥы ашьҭахь иҭаацәа рыда ихала даанхеит. Мариеи Иосифи рхәыҷы хымш ишьҭан. Аҵыхәтәаны иара ауахәамаҿы дрыԥшааит. Иҟаиҵози уаҟа? Иисус «арҵаҩцәа дрыдтәаланы дырзыӡырҩуан, азҵаарақәагьы риҭон» (Лука 2:41—50). Ишԥамҩаԥысуаз уи аицәажәара?

8 Аҭоурыхҭҵааҩцәа ражәақәа рыла, еицырдыруаз адиннапхгаҩцәа шьоукы аныҳәақәа рышьҭахь ауахәамаҿы иаангылалон, насгьы аҩныҵҟатәи ашҭа ҭбаақәа руак аҿы иддырҵон. Ауаа урҭ ршьапаҿы итәаны ирзыӡырҩуан, насгьы азҵаарақәа рырҭон. Урҭ арҵаҩцәа аҵара ду рыман. Дара ибзиаӡаны ирдыруан Моисеи изакәан, насгьы ауаа шықәсы рацәала ирхәыцыз хыԥхьаӡара змамыз аԥҟарақәеи аҵасқәеи. Иарбан цәаныррақәоу уара иузцәырҵрыз, урҭ ауаа урыдгылазҭгьы? Уԥхашьозма? Ус акәзаргьы, уи еилкаауп. Уара 12 шықәса ракәызҭгьы иухыҵуаз? Иқәыԥшу аӡәырҩы даара иԥхашьоит (Иеремиа 1:6). Џьоукы мыцхәы арҵаҩы илаԥш аҵашәара рҽацәырыхьчоит, иԥхашьоит, насгьы акласс ӷәы ахь ианнарыԥхьо, ма ианразҵаауа агха ҟарҵар, ирхыччар ҳәа ишәоит.

9 Иисус иакәзар дымшәаӡакәа аԥышәа ду змоу арҵаҩцәа дрыдтәалоуп, насгьы аҵак ду змоу иҵаулоу азҵаарақәа риҭоит. «Изыӡырҩуаз зегьы аҭакқәа шыҟаиҵоз уамашәа ирбон, зегь шаҟа ибзианы еиликаауаз џьаршьон» (Лука 2:47). Абиблиаҿы ианӡам Иисус урҭ ириҭоз аҭакқәа рыӡбахә, аха агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит усҟантәи аамҭазы адиннапхгаҩцәа ирыладырҵәоз имцыз агәаанагарақәа шеиҭеимҳәоз (1 Пиотр 2:22). Иара Анцәа Иажәа ианыз аиашара дадгылон, насгьы изыӡырҩуаз, ҳәарада иџьаршьон 12 шықәса зхыҵуаз аҷкәын абриаҟара аҟәышра ахьимаз, насгьы игәаанагара гәымшәарыла иахьиҳәоз.

Аӡәырҩы иқәыԥшу ақьырсианцәа гәымшәарыла рыгәрахаҵара аӡбахә рҳәоит

10. Ишԥаҿыԥшуеи иахьа иқәыԥшу ақьырсианцәа Христос игәымшәара?

10 Иахьа иқәыԥшу ақьырсианцәа аӡәырҩы Иисус иҿыԥшуеит. Ҳәарада, дара Иисус дшынаӡаз еиԥш инаӡам, аха иара иеиԥш ишқәыԥшу аҵабырг иадгылоит. Дара ҳаҭырбарала азҵаарақәа ықәдыргылоит, зҿлымҳарыла ирзыӡырҩуеит, насгьы аҵабырг егьырҭ ирзеиҭарҳәоит (1 Пиотр 3:15). Иқәыԥшу арҭ ақьырсианцәа аҵара рыцызҵо, рырҵаҩцәа, насгьы ргәылацәа ирыцхраауеит Христос ишьҭанеицәаны аҟалара. Шаҟа даргәырӷьозеи Иегова урҭ ргәымшәара! Иара Иажәаҿы урҭ аҿирԥшуеит узырлахҿыхуа, угәы иахәо, ирацәаӡоу аӡаӡа (Аԥсалом 110:3).

11, 12. Ишԥаихьчоз Иисус ианизҳагьы аҵабырг гәымшәарыла?

11 Иисус ианизҳагьы изныкымкәа гәымшәарыла аҵабырг дадгылон. Имаҵзура алагамҭазы иара дақәшәеит, аӡәырҩы зыршанхарыз аԥышәара. Амч ду змоу архангел иеиԥш акәымкәа, Иисус иаабац ацәеижь змоу, насгьы ашьа злоу ауаҩы иеиԥш лабҿаба диҿагылеит Аҩсҭаа — зегь раасҭа игәымбылџьбароу ишәарҭоу Иегова иаӷа. Иара Аҩсҭаа диҿагылеит, насгьы Иԥшьоу Аҩыра ииашамкәа ишеиҭеиҳәоз шьақәирӷәӷәеит. Иисус уи гәымшәарыла иеиҳәеит: «Усԥырҵ наҟ, Аҩсҭаа!» Аицәажәарагьы уи ала ихиркәшеит (Матфеи 4:2—11).

12 Иисус имаҵзура ишақәнагаз еиԥш далагеит, насгьы Иаб Иажәа ихьчон, дадгылон, иара убас уи арҩашьаразы рҽазышәарақәа ҿаԥиҽуан. Иахьа еиԥш усҟангьы адинхаҵара иадҳәалаз амц рацәан. Иисус адиннапхгаҩцәа иреиҳәеит: «Шәхаҭа ишәхәыцыз аҵасқәа раҳаҭыразы Анцәа иажәа шәаӷрагылоит» (Марк 7:13). Урҭ ауаа аҭыԥ бзиақәа шрымазгьы, ажәлар рҿы пату шрықәызгьы, Иисус гәымшәарыла ирзиҳәеит агәыҩбацәеи, алашә-ԥызацәеи ҳәа a (Матфеи 23:13, 16). Ишԥаҳалшо ҳара Иисус игәымшәара аҿыԥшра?

13. Еилаҳкаар ахәҭоузеи ҳара, насгьы иарбан зеиԥшыҟам лшароу иҳамоу?

13 Ҳәарада, ҳара еилаҳкаауеит Иисус иеиԥш ишҳалымшо ауаа ргәы иҭоу абара, насгьы урҭ рықәыӡбара. Аха ҳара гәымшәарыла аҵабырг адгылара ҳалшоит. Адинхаҵарақәа имцу рырҵарақәа ҿаԥҽны, Анцәа, насгьы Иажәеи игәҭаки ирызку амц ҳаҿагыланы, ҳара алашара наҳгоит Аҩсҭаа ипропаганда злаҽу адунеи ахь (Матфеи 5:14; Аатра 12:9, 10). Ҳара ауаа ҳрыцхраауеит ргәы ашәареи алакҩакреи ҭазҵаз, насгьы Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа бжьызхыз амцҵарақәа рҟынтә рхы иақәиҭхарц. Ҳара иҳамоуп зеиԥшыҟам алшара, иаҳбоит ишынаӡо Иисус иажәақәа: «Шәара аҵабырг еилышәкаауеит, аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32).

Гәымшәарыла аиашара шьақәирӷәӷәоит

14, 15. а) Ишԥарылеиҳәеи Иисус ажәлар аиашара закәу? б) Иарбан гәаанагароу Иисус иҿаԥиҽыз самариатәи аԥҳәыс лацәажәара даналага?

14 Абиблиаҿы заа иҳәан, Мессиа «ажәларқәа аиашара закәу деилиркаауеит» ҳәа (Матфеи 12:18; Исаиа 42:1). Иисус ари аԥааимбаражәа анагӡара далагеит адгьыл аҿы амаҵ аниуаз. Иара еснагь ауаа еилымхкәа иашарыла дырзыҟан, уи имаҷымкәа агәымшәара шаҭахызгьы. Иара мап рцәикуан Аҩыра еилазгоз агәаанагарақәа, насгьы усҟантәи аамҭазы ирылаҵәаны иҟаз адинхаҵаратә фанатизм.

15 Иисус аҵеџь аҿы ақалақь Сихарь аҟынтә иҟаз самариатәи аԥҳәыс данлацәажәа, иҵаҩцәа даара иџьаршьеит. Избан? Усҟантәи аамҭақәа раан аиудеиаа самариаа атәарбомызт; уи аҩыза азыҟазаашьа акырҵуан иҟеижьҭеи (Ездра 4:4). Уи адагьы, аӡәырҩы араввинцәа аҳәса атәамбакәа ирызныҟәон. Араввинтәи аҿаԥыцтә ԥҟарақәа, аамҭак ашьҭахь инапылаҩырахаз, ахацәа аҳәса рацәажәара азин рнаҭомызт; иара убас уа ианын аԥҳәыс Анцәа изакәан аҵара дшаԥсам. Самариатәи аҳәса ракәзар, ицқьам ҳәа иԥхьаӡан. Иисус иҿаԥиҽуан ус еиԥш иҟаз агәаанагара. Самариатәи аԥҳәыс ицқьам аԥсҭазаара шныҟәылгозгьы, иара гәымшәарыла длацәажәеит, насгьы Мессиа шиакәыз леиҳәеит (Иоанн 4:5—27).

16. Избан ақьырсианцәа агәымшәара рымазар зрыхәҭоу, адунеи аҿы ирылаҵәоу агәаанагара иадымгыларц азы?

16 Урацәажәахьоума уара ауаа еилызхуа? Иҟалап дара улазырҟәуа алаф рхырҳәаауазар егьырҭ амилаҭқәа, ма арасақәа рахь иаҵанакуа ауаа, иара убас иатәамбакәа ирыхцәажәозар аҳәса, ахацәа ма зматериалтә ҭагылазаашьа еиҳа еицәоу ауаа. Аха Христос ишьҭанеицәа ус еиԥш иҟоу ахәаԥшышьақәа ирыдгылом, дара рҽазыршәоит ацәымӷреи ауаа реилыхреи ргәы аҟынтә ақәгара (Аусқәа 10:34). Уи азҵаараҿы аиашара ҳадгыларц азы, ҳара зегь агәымшәара еизҳарҳалароуп.

17. Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус аныҳәарҭаҿы, насгьы избан?

17 Агәымшәара иара убас Иисус игәазҭанаҵон Анцәа ижәлар рыцқьареи имҵахырхәара ацқьареи азықәԥара. Иисус имаҵзура алагамҭазы Иерусалимтәи ауахәамахь даннеи, анхаҩцәа рыбзоурала зџьыба зырҭәуаз, зыԥсы цәгьаз ахәаахәҭцәеи аԥара ԥыргаҩцәеи ибеит, уи даара иџьеишьеит. Аиашаразы иԥсахы еибакны, Иисус урҭ амцҳәаҩцәа ирҭиуаз рыманы идәылицеит (Иоанн 2:13—17). Иисус убасҵәҟьа ҟаиҵеит имаҵзура анҵәамҭазы, азакәандара данақәшәа (Марк 11:15—18). Иисус ииҳәоз наигӡон, насгьы дхьаҵӡомызт, убри аҟынтә ишәарҭаз аӷацәа ирҳаит, аха иара уи дааннамкылеит. Избан? Данхәыҷыз инаркны Иисус аныҳәарҭа Иаб иҩны ҳәа дашьҭан, убасҵәҟьа акәын ишыҟазгьы (Лука 2:49). Иара дзақәшаҳаҭхомызт аныҳәарҭаҿы ииашоу амҵахырхәара ахьыԥхасҭартәуаз. Аиашара дазықәԥарц азы имаз агәацԥыҳәара агәымшәара инаҭон.

18. Ишԥаадырԥшуеи ақьырсианцәа агәымшәара, аизараҿы ацқьара ахьчаразы?

18 Иахьагьы Христос ишьҭанеицәа Анцәа ижәлар рыцқьареи имҵахырхәара ацқьареи еиҷаҳауеит. Қьырсианк агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз раҳазар, уи мҵәахыкәа агәымшәара аарԥшны уи ауаҩ иацәажәоит. Иара убас дара агәра ргоит аизара аиҳабацәа уи аус аӡбахә шырдыруа (1 Коринфаа 1:11). Аизара аиҳабацәа доуҳала ичмазаҩу ауаҩы ацхыраара ирҭоит, насгьы Иегова ижәлар рыцқьара ахьчара рҽазыршәоит (Иаков 5:14, 15).

19, 20. а) Иарбан закәандараз иҟаз Иисус ихаан, насгьы иарбан ҿагылароу иара дзықәшәаз? б) Избан Христос иҵаҩцәа аполитикеи ақәымчреи рыҽзаладмырхәуа, насгьы иарбан зылԥхарақәоу уи азы ирымоу?

19 Даҿагылозма Иисус асоциалтә иашамра? Иара ихаан адунеи закәандарала иҭәын. Иԥсадгьыл даҽа ҳәынҭқаррак анапаҵаҟа иҟан. Римаа ар рымч рхы иархәаны аиудеицәа рхақәиҭра рымырхуан, ашәахтә дуқәа рықәырҵон, иара убас рдинхаҵаратә ҵасқәаҵәҟьагьы рыԥсахуан. Иџьашьатәӡам аӡәырҩы ауаа Иисус аполитикатә ҿагылара даларгаларц зырҭахыз (Иоанн 6:14, 15). Дырҩегь Иисус агәымшәара иҭаххеит.

20 Иисус идеилиркааит иара Иаҳра ари адунеи ишатәым. Иара ишьҭанеицәа идирҵон аполитикатә ҿагыларақәа рыҽрыладмырхәларц, аха рымч зегь Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа иазыркларц (Иоанн 17:16; 18:36). Иара иҳаиҭеит аҿырԥш бзиа анеитралитет ахьчара аганахь ала. Ажәлар Иисус икра ианааи, Пиотр мыцхәы аамҭа мгакәа а́ҳәа ааҭиган, урҭ руаӡәк илымҳа ҿиҵәеит. Пиотр ицәаныррақәа реилкаара мариоуп. Ҭагылазаашьақәак рҿы ақәымчра иашоуп ҳәа ҳҳәозар, акгьы зхарам Анцәа Иԥа аԥсра анизыԥшыз ауха уи еиҳагьы ииашамхаӡози? Убасҟан Иисус ишьҭанеицәа зегь рзы, иахьатәи Анцәа имаҵзуҩцәагьы уахь иналаҵаны, ишьақәиргылеит зҽызымԥсахуа аԥҟара. Иара иҳәеит: «Уаҳәа аҭра иҭаҵа, избанзар аҳәа шьҭызхуа дарбанзаалак аҳәа ала дыршьуеит» (Матфеи 26:51—54). Уи аамҭазы аҭынчра ахьчаразы Христос иҵаҩцәа агәымшәара ӷәӷәа рҭахын. Убас еиԥш ауп ишыҟоу иахьагьы. Иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа ақьырсиантә неитралитет рыхьчоит, уи абзоурала дара хыԥхьаӡара змам аибашьрақәеи, аҿагыларақәеи, аилаҩынтрақәеи, агеноциди ирыхҟьаны иҭахо ршьа аҟынтә ицқьоуп. Уигьы зылԥхароуп иаадырԥшуа агәымшәаразы.

Гәымшәарыла аҿагылара ихигоит

21, 22. а) Иарбан цхыраароу Иисус иоуз иԥсҭазаараҿы зегь иреиҳаз аԥышәара дақәшәаанӡа? б) Ишԥааирԥши Иисус аҵыхәтәанынӡа агәымшәара?

21 Иегова Иԥа идыруан адгьыл аҿы аҿагылара ӷәӷәа дшақәшәо (Исаиа 50:4—7). Изныкымкәа иара иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылахьан, аҵыхәтәаны иҟалеит ари ахы алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз. Ицхраауази Иисус ашәарҭара данақәшәоз агәымшәара аарԥшра? Иҟаиҵози иара дыкны дыргарц азы ажәлар ааиаанӡа? Иара ӷәӷәала Иегова диҳәон. Ишԥаҟаиҵеи Иегова уи иҳәара аҭак? Абиблиаҿы иануп: «Анцәа уи ибжьы иаҳаит» (Ауриацәа 5:7). Иегова жәҩанынтә амаалықь дааишьҭит агәымшәара аазырԥшуаз Иԥа ирӷәӷәаразы (Лука 22:42, 43).

22 Анцәа Иисус данирӷәӷәа ашьҭахь, иапостолцәа ус реиҳәеит: «Шәгыл, ҳцалароуп» (Матфеи 26:46). Шаҟа агәымшәара рылоузеи арҭ ажәақәа? «Ҳцалароуп»,— иҳәеит иара аԥышәара ӷәӷәақәа ихала дырхысраны дшыҟазгьы; иҩызцәа аурышьҭырц азы ажәлар дышрыҳәо, насгьы дааныжьны ишыбнало шидыруазгьы. Иара имацара изакәанмыз, ииашамыз аӡбара аҿаԥхьа днагылоит, ахыччарақәеи аргәаҟрақәеи ихигоит, насгьы дгәаҟны дыԥсуеит. Ус шакәызгьы, иара ахаан агәымшәара ицәыӡуамызт.

23. Иҳаилыркаа Иисус ашәарҭара аҿаԥхьа иҟаиҵо изымдыруа дзыҟамыз.

23 Дыҟазма Иисус иҟаиҵо изымдыруа? Мап, агәымшәареи иҟауҵо узымдыруа уаныҟои зынӡагьы еиԥшым. Иисус ишьҭанеицәа идирҵон агәҽанызаареи аҟәыӷареи рымазарц, насгьы ргәазҭеиҵон Анцәа игәҭакы анагӡаразы идырны рхы ашәарҭара иҭадмыргылаларц (Матфеи 4:12; 10:16). Аха уи аҭагылазаашьаҿы Иисус алхра алшара имамызт: Иисус идыруан Анцәа игәҭакы наигӡар шакәыз. Иара дазхиан хьаҵрада аҵыхәтәанынӡа азиашара ахьчара, уи азы иара ихигар акәын аҵыхәтәантәи аԥышәара.

Иегова ишаҳаҭцәа аԥышәарақәа раан агәымшәара рыхьчоит

24. Избан ҳара агәра ганы ҳзыҟоу ҳзықәшәозаалакгьы агәымшәара ахьчара шҳалшо?

24 Шаҟантә гәымшәарыла ирхыргахьази аԥышәарақәа Иисус ишьҭанеицәагьы! Аӡәырҩы ахыччарақәеи, ашьҭашәарыцарақәеи, абахҭақәа рҭакреи, иара убас агәаҟрақәеи аԥсреи ирықәшәеит. Аха ирызҭазеи инаӡам ауаа абриаҟара агәымшәара? Ари агәацԥыҳәара мацара акәӡам. Иисус иеиԥш дара хыхьынтә ацхыраара роуит (Филиппаа 4:13). Убри аҟынтә уԥсҭазаараҿы узықәшәо аԥышәарақәа ахаангьы урцәымшәан. Хьаҵрада уазхиаз аиашара ахьчара, убасҟан Иегова агәымшәара уиҭоит. Иунаҭааит амч Ҳнапхгаҩы Иисус иҿырԥшы, уи иҳәеит: «Шәымшәан, шәгәы ӷәӷәаз! Сара адунеи саиааит» (Иоанн 16:33).

a Аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо еиԥш, араввинцәа рдамрақәа аԥааимбарцәеи апатриархцәеи рдамрақәа реиԥш пату рықәын.