Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ БЫЖЬБА

«Шәазхәыц... ачҳара аарԥшны уи зхызгаз иҿырԥшы»

«Шәазхәыц... ачҳара аарԥшны уи зхызгаз иҿырԥшы»

1—3. а) Шаҟа иӷәӷәази Иисус игәҭынчымра Гефсиманиатәи абаҳчаҿы, насгьы избан Иисус игәы зҭынчмыз? б) Иарбан ҿырԥшу иҳаиҭаз Иисус ачҳара аганахь ала, насгьы иарбан зҵаарақәоу уи иадҳәаланы ицәырҵуа?

 АҬАГЫЛАЗААШЬА узымычҳауа иҟалеит. Иисус ахаан ихимгацызт ари аҩыза узыргәаҟуа ацәанырра ӷәӷәақәа. Сааҭқәак роуп адгьыл аҿы анхаразы изынхаз. Иара апостолцәа дрыцны Гефсиманиатәи абаҳчахь днеиуеит. Ари аҭыԥ ибзианы ирдыруа ҭыԥуп, дара уаанӡагьы арахь иаауан. Аха уи ауха Иисус аамҭа кьаҿк азы ихала даанхар иҭахын. Апостолцәа ааныжьны иара абаҳча агәҭахьы дцоит, нас дшьамхышланы Анцәа иҳәара далагоит. Иара убриаҟара гәыкала, насгьы ӷәӷәала Анцәа диҳәоит, «илҵуаз аԥхӡы ашьа еиԥш» адгьыл иқәҭәоит (Лука 22:39—44).

2 Избан Иисус игәы зҭынчмыз? Иара идыруеит иаарласны гәымбылџьбарала ишизныҟәо, аха уи акәӡам иара игәы змырҭынчуа. Иисус хьаас имоу еиҳа ихадоу азҵаарақәа роуп. Иара дазхәыцуеит уи Иаб ихьӡ ишаныруа, насгьы еиликаауеит изиашара ауаатәыҩса рԥеиԥш шахьыԥшу. Иисус идыруеит шаҟа ихадоу иара изы ачҳара аарԥшны зегь ахгара. Аҵыхәтәанынӡа диашаны даанымхар, Иегова ихьӡ ларҟәхоит. Аха Иисус диашаны даанхеит. Анцәа Иԥа здаҟам акрычҳара ааирԥшит. Убри аҽныҵәҟьа даныԥсуаз аламҭалаз ҿааиҭит: «Инаӡеит!» (Иоанн 19:30).

3 Абиблиа ҳаанаԥхьоит агәаҟрақәа зхызгаз Иисус хшыҩзышьҭрала ҳизхәыцырц (Ауриацәа 12:3). Иарбан ԥышәарақәоу Иисус ихигар акәхаз? Ицхраазеи урҭ хьаҵрада рыхгара? Ишԥаҳалшо иара иҿыԥшра? Арҭ азҵаарақәа рҭак еилҳаргаанӡа, ҳалацәажәап ачҳара закәу.

Изакәызеи ачҳара?

4, 5. а) Изакәызеи ачҳара? б) Иаага аҿырԥштәы, ачҳара аарԥшра аԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа рыхгара мацара шаанамго узырбо.

4 Аамҭа-аамҭала ҳара еиуеиԥшым аԥышәарақәеи ауадаҩрақәеи ҳрықәшәоит (1 Пиотр 1:6). Аха иаанагома уи аԥышәарақәа ирықәшәо зегьы ачҳара аадырԥшуеит ҳәа? Мап. «Ачҳара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «ауадаҩрақәа рҿаԥхьа аҵыхәтәанынӡа уӷәӷәаны аанхара». Абар библиаҭҵааҩык ииҳәаз Абиблиа зыҩуаз ари ажәа иарҭаз аҵакы аганахь ала: «Ари баша ауадаҩрақәа рыхгара иуцхраауа ак акәӡам, аха агәыӷра ӷәӷәа зныԥшуа агәазыҟашьа ауп... Ари ауаҩы аԥша данаҿагылоу, ишьапы дықәзмырҟьо ҟазшьоуп. Уи ҳара ҳзықәшәо зегь раасҭа ицәгьоу аԥышәара ахәарҭа алхра иҳацхраауеит, избанзар ахьаа адагьы, ахықәкы ҳбоит».

5 Излаҳбо ала, ачҳара аарԥшра иаанаго иаҳзымԥсахуа аԥсҭазааратә уадаҩрақәа рыхгара мацара акәӡам. Абиблиаҿы ахьамҵра иаҵанакуеит ииашоу агәазыҟашьеи аԥышәарақәа рҿаԥхьа агәыӷреи ахьчара. Еилҳаргап ҿырԥштәык: ҩыџьа ауаа еиԥшу аҭагылазаашьа рыманы абахҭа иҭакуп, аха изҭаркыз аус еиԥшӡам. Актәи — иаабац ацәгьауаҩ иоуп, уи дахьҭаку игәаԥхом, аха уаҳа ԥсыхәа имаӡам. Егьи — зхаҵаразы иҭаркыз ииашоу қьырсиануп; иара игәы каижьӡом, агәазыҟашьа бзиа ихьчоит, избан акәзар уи иҭагылазаашьа ихаҵара шаҟа иӷәӷәоу аарԥшразы лшароуп ҳәа иԥхьаӡоит (Иаков 1:2—4).

6. Ишԥеизырҳалатәу ачҳара?

6 Аиқәырхара ҳаурц азы, иаҳҭахуп ачҳара (Матфеи 24:13). Аха ҳара ҳаиӡом уи аҟазшьа шҳалоу. Уи еизырҳалатәуп. Ишԥа? «Ауадаҩрақәа ачҳара аарԥшны зегь ахгара иҳацхраауеит»,— ануп Римаа 5:3 аҟны. Ҳхаҵара иадҳәалоу аԥышәарақәа зегь ҳҽырцәаҳахьчалар, ииашаҵәҟьоу ачҳара ҳзеизырҳаӡом. Иахәҭаӡам ауадаҩрақәа рыцәшәара. Ачҳара шьақәгылоит есыҽны ҳзықәшәо аԥышәарақәа ҳаныриааиуа — иуадаҩугьы, имариоугьы. Ԥышәарак ҳхаҳгацыԥхьаӡа, уи анаҩстәи ауадаҩра ахгара ҳазыҟанаҵоит. Ҳәарада, ачҳара аизырҳара ҳхатә мчқәа рыла иҳалшаӡом. Убри аҟынтә ҳара ҳақәгәыӷуеит Анцәа имч ҳауеит ҳәа (1 Пиотр 4:11). Иегова ҳизиашаны ҳаанхарц азы, аҿырԥш бзиа ҳазҭо Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит. Ҳалацәажәап Иисус ачҳара шааирԥшуаз.

Иисус ихигаз

7, 8. Ихигазеи Иисус адгьыл аҿы иԥсҭазаара аҵыхәтәаны?

7 Адгьыл аҿы иԥсҭазаара анҵәамҭазы Иисус ухаҿы иузаамго агәымбылџьбарареи аԥышәара ӷәӷәақәеи дрықәшәеит. Иисус иԥсра уахык шагыз аҩныҵҟатәи агәҭынчымра адагьы иара агәкаҳареи аларҟәреи дрықәшәеит. Иара зыгәра игоз диҭиит, изааигәаз иҩызцәа даанрыжьит; иреиҳаӡоу аиудеиатә мчра рхаҭарнакцәа закәандарала иқәыӡбеит, урҭ ихыччон, иқәыжьцәон, ҭаҷкәымла исуан. Аха иара урҭ аԥышәарақәа зегь гәымшәарыла ихигеит (Матфеи 26:46—49, 56, 59—68).

8 Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи асааҭқәа рзы Иисус агәаҟра ӷәӷәақәа ихигеит. Иара гәымбылџьбарала ддыргәаҟуан, амедицинатә журналк ишаҳәо ала, ауаҩы ицәеижь аҿы уи «иҵаулоу ахәрақәа ааннажьуан, насгьы уи иахҟьаны ауаҩы ашьа рацәаны ицәыӡуан». Иара «дыргәаҟны хәыҷы-хәыҷла» аԥсрахьы дназгоз ашьра дақәдыршәеит. Шаҟа ахьаа ӷәӷәа иоузеи Иисус инапқәеи ишьапқәеи ҵәымӷла ашьаҟа ианадырчаԥалоз! (Иоанн 19:1, 16—18). Ухаҿы иааг ашьаҟа ашьҭыхра ианалага ицәеижь ахьанҭара иахҟьаны ихәрақәа еиҳагьы аԥыжәжәара ишалагаз, насгьы ахәрақәа змаз ибӷа ашьаҟа ишадкьыслоз! Аха Иисус ихигеит арҭ агәаҟрақәа зегьы, ари ахы алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз аҩныҵҟатәи агәҭынчымра ӷәӷәа шимазгьы.

9. Иаанагозеи «ишьаҟа шьҭыхны, дсышьҭаланы даалааит» ҳәа Иисус ииҳәаз ажәақәа?

9 Иарбан ԥышәарақәоу ҳзықәшәар ҳалшо ҳара Христос ишьҭанеицәа реиԥш? Иисус иҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху, ихы мап ацәикааит, ишьаҟа шьҭыхны, дсышьҭаланы даалааит» (Матфеи 16:24). Агәаҟратә шьаҟа иаҵанакуеит ақьырсиан дзықәшәар алшо агәаҟрақәа, аларҟәра, иара убас аԥсрагьы. Христос ишьҭанеира мариам. Ақьырсиантә принципқәа ҳанрықәныҟәо, ҳара ари адунеи аҿы иҟоу ауаа ҳреиԥшӡам. Ҳара ари адунеи ҳацәымӷуп, избанзар еицаҳзеиԥшу акгьы ҳамам (Иоанн 15:18—20; 1 Пиотр 4:4). Уи ҳара ҳаршәом. Ҳара ҳазхиоуп агәаҟратә шьаҟа ашьҭыхра — ҳазхиоуп агәаҟрагьы аԥсрагьы, аха ҳқьырсиантә хаҵара ҳацәхьаҵуам (2 Тимофеи 3:12).

10—12. а) Избан егьырҭ рынамӡара Иисус ичҳара аԥышәара изақәнаршәоз? б) Иарбан уадаҩроу дзықәшәаз Иисус?

10 Иисус имаҵзура аан изныкымкәа ауаа рынамӡарала дԥышәан. Иугәаларшәа иара «зус бзиаӡаны издыруа аҟаза» шиакәыз, иара ила ауп Иегова адгьыл, насгьы зыԥсы ҭоу зегьы злаишаз (Ажәамаанақәа 8:22—31). Ус акәзар, Иисус еиликаауан Иегова ауаа рзы ииҭахыз: дара ирныԥшлар акәын Анцәа зеиԥшыҟам иҟазшьақәа, насгьы инаӡоу агәабзиара рымазар рыхәҭан (Аҟазаара 1:26—28). Иисус адгьыл ахь данаа, даҽакала дахәаԥшит агәнаҳа алҵшәа бааԥсқәа; иара ихаҭа дуаҩны дҟалеит, насгьы ауаҩытәыҩсатә цәаныррақәеи ахьааи иныруа далагеит. Шаҟа игәы инархьзи иара, ауаа Адами Евеи ирымаз анаӡара ишацәыхарахаз аниба! Иисус изы уи ичҳара ԥызшәоз ак акәын. Даҟәыҵуама иара имаҵзура ауаа акгьы иаԥсам, насгьы акгьы рылшом ҳәа? Уааи еилаҳкаап.

11 Аиудеиаа агәымбылџьбарара ахьаадырԥшуаз, насгьы зегь ахьеицырзеиԥшыз Иисус убриаҟара игәы канажьуан, иара зегьы ишырбоз дагьамхаҵәыуеит. Иалиршама ауаа ргәазыҟашьа игәацԥыҳәара арԥсыҽыртә? Даҟәыҵыма иара ажәабжьҳәара? Уи аҭыԥан иара «есыҽны аныҳәарҭаҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон» (Лука 19:41—44, 47). Иисус афарисеицәа ргәымбылџьбарара гәырҩо дрыхәаԥшуан, урҭ иара ицклаԥшуан асабша ачымазаҩ дихәышәтәуазар ҳәа. Ирылиршама урҭ ахамаԥагьара злаз ауаа ддыршәартә? Мап! Иисус агәымшәара аарԥшны, зегьы ишырбоз асинагога агәҭаҵәҟьа ачымазаҩ дихәышәтәит! (Марк 3:1—5).

12 Зны-зынла Иисус изы ԥышәаран иҩызцәа рыԥсыҽрақәа. Ахԥатәи ахаҿы ишҳәаз еиԥш, дара иааҟәымҵӡакәа аҭыԥ ду иашьҭан (Матфеи 20:20—24; Лука 9:46). Иисус изныкымкәа иреиҳәахьан шаҟа ихадоу ахынраалара аизырҳара (Матфеи 18:1—6; 20:25—28). Аха дара илабжьарақәа иаразнак ирыдрымкылаӡеит. Рырҵаҩи дареи аҵыхәтәантәи аҵх анырхыргозгьы, рыуа еиҳада ҳәа аимак рызцәырҵит! (Лука 22:24). Иаанижьма Иисус иҵаҩцәа урҭ ахаангьы рҽырыԥсахуам ҳәа? Мап. Иара ачҳареи агәыӷреи ицәыӡуамызт, насгьы агәазыҟашьа бзиа хьчаны еснагь рҟазшьа бзиақәа гәеиҭон. Иара идыруан урҭ ииашаҵәҟьаны Иегова бзиа дшырбо, насгьы игәаԥхара анагӡара шырҭаху (Лука 22:25—27).

Иалҳаршома ҳара аҿагылара ҳгәацԥыҳәара арԥсыҽыртә, мамзаргьы ҳазхиоума ҳааҟәымҵӡакәа ажәабжь аҳәара?

13. Иарбан ԥышәарақәоу ҳара Иисус иеиԥш ҳзықәшәар ҳалшо?

13 Ҳаргьы ҳрықәшәар ҳалшоит ус еиԥш иҟоу аԥышәарақәа, иаҳҳәап, Аҳра иаҿагыло, мамзаргьы агәыҩбара аазырԥшуа ауаа анаҳԥыло. Иалҳаршома ҳара урҭ ргәазыҟашьа ҳгәацԥыҳәара арԥсыҽыртә, мамзаргьы ҳазхиоума ҳааҟәымҵӡакәа ажәабжьҳәара? (Тит 2:14). Ҳара ҳрықәшәар алшоит ҳқьырсиантә еишьцәа рынамӡара иахылҿиаауа ауадаҩрақәа. Аӡәы дазымхәыцкәа ииҳәаз ажәа, мамзаргьы ахымҩаԥгашьа ҳгәы ҳнархьыр алшоит (Ажәамаанақәа 12:18). Иҳаԥхьаӡалома ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауаа узқәымгәыӷша, насгьы зҽызмыриашо роуп ҳәа, мамзаргьы ҳҽазаҳшәалома рыгхақәа ракәымкәа, ирымоу аҟазшьа бзиақәа ргәаҭара? (Колоссаа 3:13).

Иисус ачҳара зааирԥшуаз

14. Ицхраазеи Иисус ауадаҩрақәа рыхгара?

14 Ицхраази Иисус ацқьара ахьчара иара дшыладырҟәуазгьы, агәкаҳареи агәаҟрақәеи дышрықәшәозгьы? Раԥхьаӡа иргыланы иара «ачҳара аарԥшуа, ауадаҩрақәа рыхгара» иҳацхраауа иахь ихы рхан (Римаа 15:5). Иара убас Иисус ԥхьаҟа дыԥшуан, аԥышәара ихигар, иоуаз дазхәыцуан. Ҳрылацәажәап инарҵауланы арҭ амзызқәа.

15, 16. а) Ишԥаубарҭоу аԥышәара аан Иисус ихатәы мчы дшақәымгәыӷуаз? б) Зыгәра игози Иисус аҵыхәтәанынӡа, насгьы избан?

15 Иисус инаӡаз Анцәа иԥа шиакәызгьы, ихатәы мчы дақәгәыӷуамызт. Иисус еснагь ажәҩан аҿы иҟоу Иаб диҳәон ацхыраара ииҭарц азы. Апостол Павел иҩуан: «Христос... дӷьаҵәыӷьаҵәуа, игәы ҭыӷьӷьаа аԥсра дацәызыхьчар зылшоз диҳәон, ибжьы ҭыганы дҵәыуо, длаӷырӡышо диҳәон» (Ауриацәа 5:7). Араҟа иаагоу ажәа «дӷьаҵәыӷьаҵәуа... диҳәон» абырзен бызшәала иаанагоит ӷәӷәала, уааҟәымҵӡакәа аҳәара, даҽакала иуҳәозар ацхырааразы аҳәҳәара. Гефсиманиатәи абаҳчаҿы Иисус акырынтә ӷәӷәала Анцәа диҳәон (Матфеи 26:36—44).

16 Иисус аҵыхәтәанынӡа агәра игон иҳәарақәа Иегова ишиаҳауаз, избанзар Иаб — «аҳәарақәа ирзыӡырҩуа» иоуп (Аԥсалом 65:2). Адгьыл ахь даанӡа ихшаазаҵәу Аԥа ибон Иаб изиашоу имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак шаиҭоз. Зны иара жәҩанынтә ибон аԥааимбар Даниил иҳәара хиркәшаанӡа Иегова амаалықь дшизынаишьҭыз (Даниил 9:20, 21). Иимҭарызи аҭак Аб гәык-ԥсыкала «дҵәыуо, длаӷырӡышо» иҳәоз ихшаазаҵәу Иԥа? Иегова иаҳаит Иԥа иҳәарақәа, насгьы иуадаҩу аԥышәара аан дирӷәӷәарц амаалықь днаишьҭит (Лука 22:43).

17. Избан ачҳара аарԥшразы Анцәа иахь ҳхы ҳархалар зҳахәҭоу, насгьы иаанагозеи уи?

17 Ачҳара ҳамазарц азы, ҳаргьы узырӷәӷәо Анцәа иахь ҳхы ҳархалароуп (Филиппаа 4:13). Инаӡаз Аԥа ацхырааразы Анцәа диҳәозҭгьы, шаҟа ихадоузеи ҳаргьы ус ҟаҳҵалар! Иҟалап Иисус иеиԥш ҳаргьы изныкымкәа Иегова ҳиҳәалар акәхар (Матфеи 7:7). Ҳара ҳазыԥшӡам амаалықь даҳзаауеит ҳәа, аха агәра ганы ҳаҟоуп абзиабара аазырԥшуа Иегова «уахгьы-ҽынгьы» иҳәо изиашоу ақьырсианцәа аҭак шриҭо (1 Тимофеи 5:5). Иарбан ԥышәаразаалакгьы ҳзықәшәо — ачымазара, иаҳзааигәоу ауаҩы иԥсра, ма ашьҭашәарыцарақәа,— Иегова хымԥада иҳаиҭоит гәык-ԥсыкала ҳаззыҳәо аҟәыӷареи, агәымшәареи, зегь ҳхаҳгарц амчи (2 Коринфаа 4:7—11; Иаков 1:5).

Иегова иахь иааиԥмырҟьаӡакәа иҟаҳҵо ҳаҳәарақәа рҭак ҳаиҭоит, насгьы ҳизиашаны аанхара дҳацхраауеит

18. Дышԥаԥшуаз Иисус ԥхьаҟа агәаҟрақәа дырзымхәыцкәа?

18 Ачҳара аарԥшраҿы Иисус ицхрааит иаԥхьаҟа изыԥшыз азхәыцра, иара агәаҟрақәа ракәӡамызт дзызхәыцуаз, аха ачҳара изаанаго илаԥш ақәкын. Иисус изкны Абиблиаҿы иануп: «Изыԥшыз агәырӷьара аҳаҭыразы иара... ашьаҟаҿы дгәаҟны дыԥсит» (Ауриацәа 12:2). Иисус иҿырԥшы иаанарԥшуеит агәыӷреи, агәырӷьареи, ачҳареи шеидҳәалоу. Иааркьаҿны иуҳәозар: агәыӷра агәырӷьара аанагоит, агәырӷьара ачҳара еизнарҳауеит (Римаа 15:13; Колоссаа 1:11). Иисус иман зеиԥшыҟам алшара. Иара идыруан изиашара Иаб ихьӡ шҳаранакуа, насгьы Аԥа алшара шиоуа ауаатәыҩса агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра рыҭара. Иара убас Иисус иман агәыӷра аҳас дҟаланы ԥхьаԥшьаҩны амаҵ аура, насгьы аҳәатәхаҵара аазырԥшуа ауаа азылԥхара рыҭара (Матфеи 20:28; Ауриацәа 7:23—26). Иисус аԥеиԥш азы имаз агәыӷра агәырӷьара изаанагон, уи агәырӷьара ачҳара ахьчара ицхраауан.

19. Ишԥаҳацхраауеи агәырӷьареи, ачҳареи, агәыӷреи аԥышәарақәа рыхгара?

19 Иисус еиԥш ҳаргьы иҳахьчалароуп агәыӷреи, агәырӷьареи, ачҳареи. «Ишәымоу агәыӷра шәалагәырӷьала,— иҩит апостол Павел, иагьациҵеит: — Ауадаҩрақәа шәанрықәшәо, шәгәы камыжькәа ишәхыжәгала» (Римаа 12:12). Иумоума уара уажәы ухаҵара ԥызшәо ауадаҩра ӷәӷәа? Ааи акәзар, иулшо зегь ҟаҵала уԥеиԥш убаларц азы. Еснагь иугәалашәоз иааурԥшуа ачҳара Иегова ихьӡ шҳаранакуа. Уазхәыцла Аҳразы иҳамоу зыхә ҳараку агәыӷра. Иаарласны иҟало адунеи ҿыц ухаҿы иаагала, насгьы Џьанаҭ дгьыл аҿы агәахәара узаазго азылԥхарақәа урызхәыцла. Зеиԥшыҟам Иегова иқәыргәыӷрақәа ҳанрызхәыцуа, иаҳҳәап, Иегова ихьӡ шҳареикуа, ацәгьара шықәихуа, ачымазарақәеи аԥсрақәеи шықәиго — урҭ зегь ҳгәы гәырӷьарыла идырҭәуеит, уи агәырӷьара ҳара иҳацхраауеит азиашара аарԥшра, иарбан ԥышәароу иаҳзыԥшызаалакгьы. Ари адунеи аҿы ҳзықәшәо агәаҟрақәа ԥхьаҟатәи ҳгәыӷра иаҿҳарԥшуазар, урҭ аамҭала ауп ишыҟоу (2 Коринфаа 4:17).

«Ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы»

20, 21. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә ачҳара аганахь ала, насгьы иарбан гәазыҟашьоу иҳамазар ҳахәҭоу?

20 Иисус идыруан иара ишьҭанеицәаны аҟалара шымариам, избанзар уи имаҷымкәа ачҳара аҭахуп (Иоанн 15:20). Иара дазхиан иуадаҩу амҩа зегь раԥхьа анылара, избанзар идыруан иҿырԥшы егьырҭ шарӷәӷәо (Иоанн 16:33). Иисус иаҳирбеит инаӡоу ачҳара шаарԥшлатәу, аха ҳара анаӡара ҳацәыхароуп. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә? Апостол Пиотр иҳаилиркааит: «Христосгьы шәара шәзоуп дзықәшәаз агәаҟрақәа дызрықәшәаз, убасала иара аҿырԥшы шәзынижьит, ишшәылшо ала ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы» (1 Пиотр 2:21). Иисус иаҳзаанижьит аԥышәарақәа ҳшыриааиша ҳзырбо аҿырԥшы a. Ари ачҳара ақәырԥшы иаҿурԥшыр ауеит ашьҭанхала, ма ашьапҭыԥқәа. Урҭ ашьапҭыԥқәа инаӡаны ҳазрықәныҟәом, аха ҳара иахьынӡалшо ииашаны ҳрықәгылалар ҳалшоит.

21 Шәааи ҳамчқәа зегь еизганы иахьынӡаҳалшо Иисус иҿырԥшы ҳақәныҟәалап. Иаҳхаҳмыршҭлап шаҟа ииашаны Христос ҳишьҭанеило убриаҟара иаҳзымариахоит ҳиашаны аанхара «аҵыхәтәанынӡа» — ари асистема аҵыхәтәанынӡа, мамзаргьы ҳаԥсҭазаара аҵыхәтәанынӡа. Ҳара иҳаздырӡом раԥхьа иҟало, аха агәра ҳгоит: иааҳарԥшуа ачҳаразы Иегова азылԥхарақәеи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи ҳаиҭоит (Матфеи 24:13).

a «Аҿырԥшы» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «ахҩылааразы ақәырԥшы». Апостол Пиотр заҵәык иоуп Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы уи ажәа зхы иазырхәаз. Уи иара убас иаанагозар ауеит «ахәыҷқәа анбанқәа ԥшӡаны, насгьы ииашаны ирыҩларц азы иҟоу ақәҭыхга».