Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Абиблиа аԥхьара шәалага

Абиблиа аԥхьара шәалага

Шәара Абиблиа аԥхьара шәгәаԥхар алшоит! Абар уи аԥхьара шәалагар шшәылшо. Иалшәх ишәгәаԥхо атема, анаҩс уа иаагоу ажәеинраалақәа зегь шәрыԥхьа.

Еицырдыруа ауааи аҭоурыхқәеи

  • Ноии Адунеизегьтәи аӡхыҵреи: Аҟазаара 6:9—9:19

  • Моисеии Амшын ҟаԥшь аҿы иҟалаз аџьашьахәи: Ақәҵымҭа 13:17—14:31

  • Руфи Ноемини: Руфь, ахқәа 1—4

  • Давиди Голиафи: 1 Самуил, ахы 17

  • Авигеиа: 1 Самуил 25:2—35

  • Даниил алымқәа ахьыҟаз данҭарыжьыз: Даниил, ахы 6

  • Елизаветеи Мариеи: Лука, ахқәа 1, 2

Есыҽны ҳхы иаҳархәалар ҳалшо алабжьарақәа

Ауадаҩрақәа аншәымоу ишәыцхраауа

Абиблиа иаҳәо

АЛАБЖЬАРА. Арҭ ажәеинраалақәа рконтекст еилышәкаарц азы, урҭ ахьынтәаагоу ахы/ахқәа шәрыԥхьа. Ари ашәҟәы анҵәамҭаҿы иаагоу «Абиблиа аԥхьаразы схатә график» захьӡу атаблица аҿы шәзыԥхьаз ахқәа ашәырбала. Хықәкыс иқәшәыргыл есыҽны Абиблиа аҟынтә цыԥҵәахак аԥхьара.