Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра


Ари акурс шышьақәгылоу

Ари акурс шышьақәгылоу

Иазгәашәҭ ари ашәҟәаҿы иаагоу арҵаратә метод, насгьы шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

АКТӘИ АХӘҬА

Аурок шәҽаназыҟашәҵо, шәаԥхьа аурок актәи ахәҭа. Абзацқәа рханы иаагоу азҵаарақәеи (1) абиблиатә жәеинраалақәеи (2) ихадоу азхәыцрақәа алыркаауеит. Иазгәашәҭ жәеинраалақәак «Шәаԥхьа» ҳәа ишарбоу.

АҨБАТӘИ АХӘҬА

Ахеиҵа «Еиҳаны еилышәкаа» (3) шәыцхраауеит атема инарҵауланы аҭҵаара. Уа иҟоу апунктқәа (4) ихадоу азхәыцрақәа реилкаара ишәыцхраауеит. Шәырҵаҩи шәареи абиблиатә жәеинраалақәа шәеицрыԥхьа, азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа, иара убас авидеонҵамҭақәа зегь шәрыхәаԥш.

Арамка АВИДЕОНҴАМҬА иаразнак ишәнарбоит атекст аҿы зыӡбахә ҳәоу авидеонҵамҭа. Видеонҵамҭақәак рҿы иҟалаҵәҟьаз ахҭысқәа ҳдырбоит. Егьырҭ авидеонҵамҭақәа аинсценировкақәа роуп, аха иҟалаҵәҟьахьоу аҭагылазаашьақәа ҳдырбоит.

Шәрыхәаԥш асахьақәа, насгьы рыҵаҟа иану азхәыцрақәа (5). Арамка «Шьоукы ирҳәоит» (6) аҿы иаагоу азҵаара аҭак шыҟашәҵаша шәазхәыц.

АХԤАТӘИ АХӘҬА

Арамкақәа «Ихадоу азхәыцра», насгьы «Аиҭахысра» (7) шәызхысыз агәынкылара ишәыцхраауеит. Аурок шәанахыслак ашьҭахь шәанахысыз арыцхә анышәҵа. Арамка «Ахықәкқәа» (8) ишәнарбоит еилышәкааз шәхы ишашәырхәаша. Арамка «Иҵегь шәахәаԥш» (9) аҿы иҵегь астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи шәыԥшаауеит.

Абиблиатә жәеинраалақәа шәыԥшаар шшәылшо

Абиблиа 66 шәҟәы рыла ишьақәгылоуп. Иара ҩ-хәҭак амоуп: Ауриатә-арамеитә Ҩырақәеи («Ажәытә Уасиаҭ») Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәеи («Ауасиаҭ Ҿыц»).

Иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа рҿы иарбоуп абиблиатә шәҟәы (1), ахы (2), насгьы ажәеинраала (ма ажәеинраалақәа) (3).

Иаҳҳәап, Иоанн 17:3 иаанагоит ишаарттәу Иоанн иҟынтә Аевангелие 17-тәи ахы, 3-тәи ажәеинраала.