Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 07

Иаҳдыруазеи Иегова изкны?

Иаҳдыруазеи Иегова изкны?

Анцәа Иегова шәанизхәыцуа, шәхаҿы дышԥааиуеи? Иҟалап иара иусқәеи ишамҭақәеи џьашәшьозар, аха уи аамҭазгьы даҽа галактикак аҿы иҟоу аеҵәақәа шыхароу еиԥш, иаргьы дышәцәыхаразшәа шәгәы иабозар. Ма иҟалап амч ӷәӷәа змоу, аха цәанырра злам аӡә иеиԥш шәхаҿы дааиуазар. Дзеиԥшраҵәҟьоузеи Иегова? Абиблиа ала Иегова илоу ҟазшьақәак ҳзааиртуеит, насгьы хьаас ҳашимоу ҳаилиркаауеит.

1. Избан Анцәа ибара зҳалымшо?

«Анцәа ддоуҳауп» (Иоанн 4:24). Иегова ацәеижь имаӡам. Иара дҳазбаӡом, уи адагьы, иара иаҳбарҭам аҭыԥ аҿы дынхоит.

2. Дзеиԥшроузеи Иегова?

Ҳара Иегова даҳбаӡом, аха иара дыҟаҵәҟьоуп. Уи еиҳа еиӷьны уаниабадырлак, насгьы иааирԥшуа аҟазшьа бзиақәа анеилукаалак, бзиа думбар залшом. Абиблиаҿы иануп: «Иегова аиашара бзиа ибоит, убри аҟынтә гәыкала имаҵ зуа аанижьӡом» (Аԥсалом 37:28). Иара убас иара дгәыбылҩуп, арыцҳашьара илоуп, еиҳараӡак ацхыраара зҭаху рзы (Иаков 5:11). Иегова «згәы каҳаӡаны иҟоу дырзааигәоуп, иара урҭ еиқәирхоит» (Аԥсалом 34:18). Ижәдыруазма иҳадаҳкыло аӡбарақәа Иегова изы ишхадоу? Ауаҩы ииашамкәа ихы анымҩаԥиго, Иегова уи игәы инархьуеит (Аԥсалом 78:40, 41). Аха ииашаны ихы анымҩаԥиго, Иегова уи даараӡа деигәырӷьоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11.)

3. Иаҳзырбозеи Иегова бзиа ҳшибо?

Зегь ирылукаауа Иегова иҟазшьа — абзиабара ауп. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:8). Иегова бзиа ҳшибо Абиблиа мацара аҟынтә акәӡам ишеилаҳкаауа, ишамҭақәагьы уи ҳдырбоит. (Шәаԥхьа Аусқәа 14:17.) Шәааи ауаҩы дышшоу ҳазхәыцып. Анцәа алшара ҳаиҭеит еиуеиԥшым аԥштәқәа ҳбаларц, амузыка ԥшӡа ҳаҳаларц, насгьы афатә хаақәа ргьама еилҳаргаларц. Иара иҭахуп аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагаларц.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова иус џьашьахәқәа рынагӡаразы ихы иаирхәо. Шәрыхәаԥш Иегова иҟазшьа бзиақәа шааирԥшуа узырбо ҿырԥштәқәак.

4. Иԥшьоу адоуҳа Анцәа ихы иаирхәо амч ауп

Уск ҟаҳҵарц азы ҳара ҳнапқәа ҳхы иаҳархәоит. Иегова иакәзар, иԥшьоу адоуҳа ихы иаирхәоит. Абиблиаҿы иҳәоуп иԥшьоу адоуҳа зыԥсы ҭоу ак шакәым, уи ак аҟаҵаразы Анцәа ихы иаирхәо имч ауп. Шәаԥхьа Лука 11:13, насгьы Аусқәа 2:17, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Анцәа иԥшьоу идоуҳа риҭарц азы иҳәо зегьы уи риҭоит. Ус акәзар, иԥшьоу адоуҳа зыԥсы ҭоу ак акәу, Анцәа имч акәу? Избан ус зышәҳәо?

Иегова иԥшьоу идоуҳа ала аус дуқәа ҟаиҵоит. Шәаԥхьа Аԥсалом 33:6, насгьы 2 Пиотр 1:20, 21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан ҿырԥштәқәоу Иегова иԥшьоу идоуҳа ихы ишаирхәо ҳзырбо?

5. Иегова иҟазшьақәа угәамԥхар залшом

Моисеи гәыкала Анцәа имаҵ иуан, насгьы Анцәа изкны иидыруаз маҷӡамызт, аха уеизгьы еиҳа еиӷьны деиликаарц иҭахын. Убри аҟынтә иара Анцәа диҳәон: «Умҩақәа сзаарт. Сара ибзианы уздырыр сҭахуп» (Ақәҵымҭа 33:13). Иегова Моисеи иҳәара аҭак ҟаиҵеит, насгьы ихы иазкны имаҷымкәа изеиҭеиҳәеит. Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 34:4—6, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Изеиҭеиҳәазеи Иегова Моисеи ихы иазкны?

  • Иарбан Иегова илоу ҟазшьақәоу шәара еиҳараӡак ишәгәаԥхо?

6. Иегова ауаа бзиа ибоит

Ажәытәан израильаа (усҟан дара Анцәа иалихыз жәларын) египтаа рхәура иҭан. Иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуаз, урҭ шгәаҟуаз анибоз? Шәазыӡырҩы АУДИОНҴАМҬА, насгьы абиблиатә жәеинраалақәа ианрыԥхьо шәацклаԥшла, мамзаргьы шәаԥхьа Ақәҵымҭа 3:1—10. Нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Ари ацыԥҵәаха инақәыршәаны, иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа, ауаа шгәаҟуа анибо? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 7, 8.)

  • Шәгәы ишԥаанаго, иҭахума Иегова ауаа дрыцхраар, насгьы илшома иара уи аҟаҵара? Избан ус шәгәы изаанаго?

7. Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара Иегова изкны иҳанаҳәо рацәоуп

Иегова илоу аҟазшьақәа ишамҭақәа иаҳдырбоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс шәаԥхьа Римаа рахь 1:20, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан Иегова илоу ҟазшьақәоу ишамҭақәа иаҳдырбо?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа дыҟоу-дыҟаму сыздыруам, аха мчык шыҟоу здыруеит».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго?

  • Избан ус шәгәы изаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова — иумбо Доуҳауп. Иара аҟазшьа бзиақәа рацәаны илоуп. Урҭ рахьтә зегь ирылукаауа абзиабара ауп.

Аиҭахысра

  • Избан Иегова дзаҳзымбо?

  • Изакәызеи иԥшьоу адоуҳа?

  • Иарбан ҟазшьақәоу Иегова илоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иегова еиҳа еиӷьны шәиабадырырц азы, иҟазшьақәа рҟынтә зегь реиҳа ихадоу ԥшь-ҟазшьак еилышәкаа.

«Бог. Какой он?» («Ахьчаратә бааш» № 1, 2019, аурыс)

Шәрыхәаԥш Иегова зехьынџьара иҟоу амч шиакәым узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

«Вездесущ ли Бог?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа Абиблиаҿы иԥшьоу адоуҳа Анцәа инапқәа роуп ҳәа зҳәоу.

«Изакәызеи иԥшьоу адоуҳа?» (авеб-статиа)

Илашәу рԥыск игәы иаанагон Анцәа хьаасгьы димаӡам ҳәа. Еилышәкаа уи игәаанагара зиԥсахыз.

«Теперь я могу помогать другим» («Ахьчаратә бааш», октиабр 1, 2015, аурыс)