Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ахәҭа 2. Аиҭахысра

Ахәҭа 2. Аиҭахысра

Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.

  1. Иазиуазеи Анцәа амцдинхаҵара?

    (Шәахәаԥш аурок 13.)

  2. Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 20:4—6.

    • Дышԥазыҟоу Иегова, ауаа асахьақәа рхы иархәаны ианимҵахырхәо?

      (Шәахәаԥш аурок 14.)

  3. Дызусҭада Иисус Христос?

    (Шәахәаԥш аурок 15.)

  4. Ишәгәаԥхозеи Иисус иҟазшьақәа рҟынтә еиҳараӡак?

    (Шәахәаԥш аурок 17.)

  5. Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35, насгьы Аусқәа 5:42.

    • Изусҭцәада иахьа ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа? Избан ус шәгәы изаанаго?

      (Шәрыхәаԥш аурокқәа 18, 19.)

  6. Хадас иамада ақьырсиантә еизара, насгьы напхгара шԥеиҭо иара аизара?

    (Шәахәаԥш аурок 20.)

  7. Шәаԥхьа Матфеи 24:14.

    • Ишԥанаӡо иахьа ари аԥааимбаражәа?

    • Иззеиҭашәҳәахьада Абиблиа иану ажәабжь бзиа?

      (Шәрыхәаԥш аурокқәа 21, 22.)

  8. Шәгәы ишԥаанаго, аӡы аҽӡаахра иаԥсоу хықәкума? Избан?

    (Шәахәаԥш аурок 23.)

  9. Ишԥашәылшо Аҩсҭааи уи идемонцәеи шәҽырцәышәыхьчар?

    (Шәахәаԥш аурок 24.)

  10. Изишазеи Анцәа ауаа?

    (Шәахәаԥш аурок 25.)

  11. Избан ауаа згәаҟуа, насгьы изыԥсуа?

    (Шәахәаԥш аурок 26.)

  12. Шәаԥхьа Иоанн 3:16.

    • Иҟаиҵазеи Иегова, агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы?

      (Шәахәаԥш аурок 27.)

  13. Шәаԥхьа Екклезиаст 9:5.

    • Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?

    • Иҟаиҵозеи Иисус миллиардҩыла иԥсхьоу ауаа рзы?

      (Шәрыхәаԥш аурокқәа 29, 30.)

  14. Избан Анцәа Иаҳра зегьы иреиӷьу напхгароуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

    (Шәрыхәаԥш аурокқәа 31, 33.)

  15. Агәра жәгома шәара Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагахьоу? Избан агәра зыжәго? Ианбалагеи уи напхгара аура?

    (Шәахәаԥш аурок 32.)