Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 13

Амцдинхаҵарақәа Анцәа дладырҟәуеит

Амцдинхаҵарақәа Анцәа дладырҟәуеит

Анцәа дыбзиабароуп. Избан, нас, адинхаҵарақәа иаҳҳәо-иаҳуа зегь Анцәа ихьӡала ауп ишыҟаҳҵо ҳәа шырҳәогьы, абриаҟара аус цәгьақәа зыҟарҵо? Избанзар урҭ амцдинхаҵарақәа роуп. Дара ирҳәо-ируа ауаа ажьоит, уи иахҟьаны ауаа Анцәа изку аиаша рыздырӡом. Ишԥаржьо дара ауаа? Дышԥахәаԥшуеи уи Анцәа, насгьы иҟаиҵарц игәы иҭоузеи?

1. Дышԥаладырҟәуеи Анцәа амцдинхаҵарақәа рҵарақәа?

Амцдинхаҵарақәа «Анцәа изку аҵабырг амц иаҭнырыԥсахлеит» (Римаа рахь 1:25). Иаҳҳәап, адинхаҵарақәа реиҳарак Анцәа ахьӡ шимоу ауаа ирарҳәаӡом. Аха Абиблиаҿы иануп Анцәа ихьӡ аҳәара даараӡа ишхадоу (Римаа рахь 10:13, 14). Рыцҳарак аныҟало, адиннапхгаҩцәа ус рҳәоит: «Анцәа ус иҭахын». Аха уи мцуп. Анцәа ахаан ацәгьара ҟаиҵаӡом. (Шәаԥхьа Иаков 1:13.) Аха рыцҳарас иҟоу убриоуп, амцдинхаҵарақәа ирыхҟьаны ауаа Анцәа бзиа ибара рцәыцәгьоуп.

2. Дышԥаладырҟәуеи Анцәа амцдинхаҵарақәа русқәа?

Амцдинхаҵарақәа ауаа Иегова дшырзыҟоу еиԥш акәӡам ишырзыҟоу. Абиблиа амцдинхаҵара иазкны иаҳәоит «ашьха еиԥш еизҳаз лыгәнаҳақәа ажәҩан аҟынӡа инаӡеит» ҳәа (Аатра 18:5). Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа адинхаҵарақәа аполитикцәа ирҭаху ддырҟаҵоит. Дара ирыхҟьаны аибашьрақәа ҟалоит, имаҷымкәагьы ауаа ҭахоит. Адиннапхгаҩцәа шьоукы амал ду иашьҭоуп, убри аҟынтә дара рахь иныҟәо ауаа аԥара рымырхуеит. Русқәа иаадырԥшуеит Анцәа зынӡа дшырзымдыруа, убри аҟынтә дара азин рымаӡам иара ихьӡала ак аҳәара ма ак аҟаҵара. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8.)

3. Дышԥарзыҟоу Анцәа амцдинхаҵарақәа?

Амцдинхаҵарақәа русқәа шәара шәгәы ԥыржәозар, Иегова урҭ дышԥарзыҟоу? Иара ауаа бзиа ибоит, аха адиннапхгаҩцәа иара изкны ирҳәо амци ауаа иҽеимкәа иахьрызныҟәои иԥсахы еибанаркуеит. Иара агәра ҳиргоит амцдинхаҵарақәа шықәиго, насгьы урҭ уаҳа ахаан ишыҟамло (Аатра 18:21). Иаарласны Иегова амцдинхаҵарақәа зегь ықәигоит (Аатра 18:8).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еиҳаны еилышәкаа Анцәа амцдинхаҵарақәа дшырзыҟоу, урҭ харас ирыду, насгьы амцдинхаҵарақәа Анцәа еиӷьны иабадырра ишәԥырхагамзар закәу.

4. Игәаԥхома Анцәа адинхаҵарақәа зегьы?

Аӡәырҩы ргәы иаанагоит адинхаҵарақәа зегьы Анцәа иахь унаргоит ҳәа. Аха уи ус аума? Шәаԥхьа Матфеи 7:13, 14, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан мҩоу, Абиблиа иану инақәыршәаны, аԥсҭазаарахь уназго?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иаҳәома Абиблиа Анцәа адинхаҵарақәа зегь игәаԥхоит ҳәа?

5. Амцдинхаҵарақәа абзиабара иазку Анцәа изакәан еиларгоит

Амцдинхаҵарақәа Анцәа дладырҟәуеит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи шьақәзырӷәӷәо аибашьрақәа рҽахьрыладырхәуа ауп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан гану иааныркылаз ауахәамақәа реиҳарак Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан?

  • Иахышәҳәаауеи шәара урҭ рхымҩаԥгашьа?

Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35, насгьы 17:16. Нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, дышԥазыҟоу Иегова адинхаҵарақәа аибашьрақәа рхы ахьрыладырхәуа?

  • Иҟоу ацәгьарақәа реиҳарак амцдинхаҵарақәа роуп изхароу. Иарбан ҿырԥштәу иаажәгарыз, амцдинхаҵарақәа абзиабара иазку Анцәа изакәан шеиларго шьақәшәырӷәӷәарц азы?

Амцдинхаҵарақәа абзиабара иазку Анцәа изакәан еиларгоит

6. Анцәа иҭахуп ауаа амцдинхаҵара аҟынтә ахақәиҭра роурц

Шәаԥхьа Аатра 18:4 a, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго Анцәа амцдинхаҵарала ижьоу ауаа дрыцхраарц шиҭаху ахьыжәдыруа?

7. Ҳазшаз Анцәа иеилкаара шәаҟәымҵын

Иаадырԥшуама амцдинхаҵарақәа русқәа Анцәа дзеиԥшроу? Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа. Аҷкәын иаб илабжьара бзиақәа идикылаӡом, иҩнаҭа аанижьуеит, насгьы ихы иааҭашәо ҟаҵо, ишиҭаху анхара далагоит. Аб уи ихымҩаԥгашьа игәаԥхаӡом. Избан аҷкәын ихымҩаԥгашьа аб ихараҵара зиашам?

  • Иаҳҳәар ҳалшома амцдинхаҵарақәа иҟарҵо Иегова иоуп изхароу ҳәа? Избан амцдинхаҵара шәԥырхагамзар закәу Анцәа еиӷьны иабадырра?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Адинхаҵарақәа зегь бзиоуп, абзиароуп иудырҵо».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго?

  • Избан амцдинхаҵарақәа русқәа Иегова дзеиԥшроу аанарԥшуеит ҳәа ахәыцра зиашам?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Амцдинхаҵарақәа рҵарақәеи рыцәгьоурақәеи Анцәа дладырҟәуеит. Анцәа амцдинхаҵарақәа ықәигоит.

Аиҭахысра

  • Ирхышәҳәаауазеи амцдинхаҵарақәа рҵарақәеи русқәеи?

  • Дышԥарзыҟоу Иегова амцдинхаҵарақәа?

  • Ирзиуазеи Иегова амцдинхаҵарақәа?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа адинхаҵарақәа реиҳарак Анцәа дшыладырҟәуа.

«Всё ли равно, какая у вас религия? Все ли религии ведут к Богу?» (авеб-статиа)

Избан Иегова ҳхала акәымкәа, бзиа дызбо ауаа ҳрывагыланы ҳимҵахырхәаларц зиҭаху?

«Обязательно ли верующему принадлежать к религиозной организации?» (авеб-статиа)

Ԥшьаҩык идинхаҵара инарҵоз иашоу-ииашаму ҳәа длакҩакуа далагеит. Аха уи Анцәа изку аиаша аԥшаара иԥырхагамхаӡеит.

«Почему священник покинул церковь» («Пробудитесь!», февраль 2015)

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа адинхаҵарақәа ауаа ржьон, Анцәа изкны ирарҳәоз мцын. Убри аҟынтә Анцәа ауаа хьаас имам, насгьы рыцҳашьарак илам ҳәа рыԥхьаӡо иалагеит. Уи шымцу Абиблиа аҟынтә еилышәкаа.

«Ложь, из-за которой трудно любить Бога» («Ахьчаратә бааш», ноиабр 1, 2013, аурыс)

a Ашәҟәы Аатра аҿы амцдинхаҵара «Вавилон Ду» ҳәа хьӡыс измоу аԥҳәыс изылҿырԥшу атәы еиҳаны еилышәкаарц азы, шәахәаԥш Ацҵа 1.