Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 14

Иарбан динхаҵароу Анцәа игәаԥхо?

Иарбан динхаҵароу Анцәа игәаԥхо?

Ҳазхысыз аурок аҟынтә еилаҳкааит Анцәа игәамԥхо адинхаҵарақәа шыҟоу. Аха уеизгьы ҳара иҳалшоит Ҳазшаз игәы ишақәшәо еиԥш имҵахырхәара (Иаков 1:27). Ишԥаҟаҵалатәу уи? Ари азҵаара аҭак Абиблиаҿы иануп.

1. Еилаҳкаар абаҳалшо Анцәа ҳашимҵахырхәалаша?

Абиблиа иҳанаҳәоит Анцәа ҳашимҵахырхәалаша. Иисус Христос Анцәа иеиҳәеит: «Уажәа — ҵабыргуп» (Иоанн 17:17). Аха динхаҵарақәак Анцәа Иажәа, Абиблиа, иану уи аҵабырг рыдыркылаӡом. Дара уи рыԥсахуеит ауаа рҵасқәеи рқьабзқәеи рыла. Иегова игәаԥхаӡом еилыкка иҟоу иԥҟарақәа ианрықәымныҟәо. (Шәаԥхьа Марк 7:9.) Ҳара Абиблиа ишаҳнарҵо еиԥш Анцәа ҳимҵахырхәозар, насгьы иану ҳақәныҟәозар, Анцәа уи даараӡа даргәырӷьоит.

2. Ҳимҵахырхәалар шԥаҳахәҭоу Иегова?

Иегова — Ҳазшаз иоуп, убри аҟынтә иара заҵәык иоуп гәык-ԥсыкала зымаҵ улатәу (Аатра 4:11). Ус акәзар, уи бзиа даҳбалароуп, иара заҵәык ҳимҵахырхәалароуп, насгьы ҳанимҵахырхәо, асахьақәеи аидолқәеи ҳхы иаҳмырхәалароуп. (Шәаԥхьа Исаиа 42:8.)

Ҳара Иегова игәы ишақәшәо еиԥш ҳимҵахырхәалароуп (Римаа рахь 12:1). Ус анакәха, изакәанқәа рыла ҳанхалароуп. Иаҳҳәап, Иегова бзиа дызбо ауаа аҭаацәалазаара иазку Анцәа иԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Иара убас дара ашьцылара бааԥсқәа рҽырцәырыхьчоит, иаҳҳәап, аҭаҭын ахара, анаркотикқәа рыдкылара, насгьы арыжәтә аҽаршьра a.

3. Избан Иегова бзиа дызбо ауаа ҳрывагыланы ҳимҵахырхәалар зҳахәҭоу?

Ҳаизарақәа есымчыбжьа имҩаԥысуеит. Уа ҳара Иегова ирҽхәара ҳалшоит (Аԥсалом 111:1, 2). Иаҳҳәап, дҳаразкуа ашәа ԥшӡақәа ҳҳәоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 104:33.) Иегова бзиа ҳаибоит, убри аҟынтә иҭахуп аизарақәа ҳарҭааларц, избан акәзар урҭ наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиура иҳацхраауеит. Аизараҿы ҳара аӡәи-аӡәи ҳаибарӷәӷәоит, ҳгәы шьҭибахуеит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова асахьақәа ҳхы иархәаны ҳимҵахырхәалар зиҭахым, насгьы дҳарҽхәалар шҳалшо.

4. Анцәа имҵахырхәараҿы асахьақәа ҳхы иаҳмырхәалароуп

Иабантәиҳдыруеи Анцәа уи шигәамԥхо? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟалазеи ажәытәан, Анцәа ижәлар аидол рхы иархәаны имҵахырхәарц анырыӡба?

Шьоукы асахьақәа рхы иархәаны Анцәа имҵахырхәоит, избанзар уи Анцәа изааигәахара иуцхраауеит ҳәа ргәы иаанагоит. Аха уи еиҳагьы ицәыхаранатәуеит. Ишԥа? Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 20:4—6, насгьы Аԥсалом 106:35, 36, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан маҭәарқәоу ма сахьақәоу Анцәа имҵахырхәаразы ауаа рхы иадырхәо?

  • Дышԥазыҟоу уи Иегова?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ииашахома Анцәа ҳанимҵахырхәо, асахьақәа ҳхы иаҳархәалар? Избан ус шәгәы изаанаго?

5. Иегова заҵәык ҳимҵахырхәозар, уи амцхаҵарақәа рҟынтә ҳахьчоит

Еилышәкаа Иегова изку аҵабырг амцхаҵарақәа рҟынтә ҳшахьчо. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәаԥхьа Аԥсалом 91:14, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ҳзықәиргәыӷуеи Иегова, иара бзиа даҳбозар, насгьы иара заҵәык ҳимҵахырхәозар?

6. Ҳара аизарақәа рҿы Анцәа ҳимҵахырхәоит

Аизарақәа рҿы ҳара Иегова дҳарҽхәоит, насгьы ашәақәеи ҳҭакқәеи рыла ҳгәы шьҭибахуеит. Шәаԥхьа Аԥсалом 22:22, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишәгәаԥхома шәара аизарақәа рҿы егьырҭ рҭакқәа рзыӡырҩра?

  • Ишәҭахума аизараҿы аҭак ҟашәҵар?

7. Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа егьырҭ ианырзеиҭаҳҳәо, уи Иегова даргәырӷьоит

Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ рзеиҭаҳәаразы алшарақәа рацәаны иҟоуп. Шәаԥхьа Аԥсалом 9:1, насгьы 34:1, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәҭахузеи Абиблиаҿы еилышәкааз аҟынтә егьырҭ ирзеиҭашәҳәар?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа иҿаԥхьа угәы цқьаз, егьыс ушимҵахырхәалакгьы ауеит».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Ҳазшаз иҭахуп иара заҵәык ҳимҵахырхәалар, аизарақәа рҿы дҳарҽхәалар, насгьы Абиблиа аҟынтә еилаҳкааз егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалар. Убасҟаноуп дҳаргәырӷьалар анҳалшо.

Аиҭахысра

  • Еилаҳкаар абаҳалшо Анцәа ҳашимҵахырхәалаша?

  • Избан Иегова заҵәык имҵахырхәара зҳахәҭоу?

  • Избан Анцәа бзиа дызбо ҳрывагыланы ҳимҵахырхәалар зҳахәҭоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Абиографиа «Больше не служу идолам» аҟынтә еилышәкаа, ԥҳәыск Абиблиа аҭҵаара даналага, лыԥсҭазаара шеиӷьхаз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 2011, аурыс)

Еилышәкаа аизарақәа рҿы аҭакқәа рыҟаҵара ишәыцхраар алшо.

«Дшәырҽхәала Иегова аизараҿы» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2019)

Шәахәаԥш ҷкәынак аизарақәа шицхрааз, урҭ рҭаара шизымариамызгьы.

«Иегова заботился обо мне» (3:07)

Аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит аџьар қьырсиантә символуп ҳәа. Аха уи ус аума? Ҳхы иаҳархәалар аума аџьар, Анцәа ҳанимҵахырхәо?

«Почему Свидетели Иеговы не используют крест в поклонении Богу?» (авеб-статиа)

a Арҭ атемақәа еиҳа инарҭбааны егьырҭ аурокқәа рҿы еилыргахоит.