Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 25

Изишазеи Анцәа ауаа?

Изишазеи Анцәа ауаа?

Абиблиа ауаҩы иԥсҭазаара зеиԥшраҵәҟоу аҳәоит: ҳаԥсҭазаара кьаҿуп, гәаҟралагьы иҭәуп (Иов 14:1). Иҭахызма Анцәа ус ҳанхаларц? Иҭахымызҭгьы, гәҭакыс имоузеи, нас, уи ҳара ҳзы? Иҟалома игәы иҭеикыз? Абиблиа ҳгәы шьҭызхуа аҭак ҳнаҭоит.

1. Иарбан ԥсҭазаароу Иегова ҳара ҳзы ииҭаху?

Иегова аԥсҭазаара бзиа ҳамазарц иҭахуп. Иара раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, аниша, Едем захьӡыз абаҳча ԥшӡаҿы инирхеит. Анаҩс Анцәа урҭ дрықәныҳәеит, иагьреиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟазаара 1:28). Иегова иҭахын урҭ ахәыҷқәа рымазарц, адгьыл зегь џьанаҭны иҟаларц, насгьы ауаа аԥстәқәа ирхылаԥшларц. Иара иҭахын ауаа зегь агәабзиара рыманы, наӡаӡа инхаларц.

Иахьатәи аԥсҭазаара Анцәа игәы ишҭеикыз еиԥш ишыҟамгьы, Иегова игәҭакы аҽамԥсахӡеит (Исаиа 46:10, 11) a. Иара уажәгьы иҭахуп иҳәатәы хазҵо ауаа аԥсҭазаара бзиа рыманы, наӡаӡа инхаларц. (Шәаԥхьа Аатра 21:3, 4.)

2. Иҟаҳҵалар акәзеи, ҳаԥсҭазаара аҵакы аиурц азы?

Ҳара Иегова даҳдырлароуп, насгьы имаҵ ҳаулароуп. Уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам, избанзар ус ҳшоуп. (Шәаԥхьа Матфеи 5:3—6.) Иара иҭахуп ҳаиҩызахарц, имҩақәа ҳрықәныҟәаларц, бзиа даҳбаларц, насгьы гәыкала имаҵ ҳауларц (Ҩынтәзакәан 10:12; Аԥсалом 25:14). Убасҟан, ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳаур ҳалшоит. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит, избанзар иара ишиҭаху еиԥш ҳанхоит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова адгьыл шаҟа абзиабара аҵаҵаны ишаз, насгьы аԥсҭазаара ҵакыс иамоу иазкны Иажәа иаҳәо.

3. Иегова ауаа рзы аԥеиԥш бзиа игәы иҭеикит

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Изишазеи Анцәа ҳапланета ԥшӡа?

Шәаԥхьа Екклезиаст 3:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәеилнаркаазеи ари ажәеинраала Иегова изкны?

4. Иегова игәҭакы аҽамԥсахӡеит

Шәаԥхьа Аԥсалом 37:11, 29, насгьы Исаиа 55:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иабантәиҳдыруеи Иегова ауаа рзы игәы иҭеикыз шимԥсахыз?

5. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит

Аԥсҭазаара ҵакыс иамоу анеилукаауа, уи уԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахуеит, насыԥ умангьы уҟалоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Аҽшԥаԥсахи Теруми лыԥсҭазаара, аԥсҭазаара ҵакыс иамоу анеилылкаа?

Шәаԥхьа Екклезиаст 12:13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иегова иаҳзыҟаиҵаз даараӡа ирацәоуп. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәар шԥаҳалшо уи азы?

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова иҭахуп аԥсҭазаара бзиа ҳаманы, наӡаӡа адгьыл аҿы ҳанхаларц. Гәыкала имаҵ ҳуазар, ҳаԥсҭазаара уажәнатә аҵакы аиуеит.

Аиҭахысра

  • Иарбан ԥсҭазаароу Иегова Адами Евеи рзы игәы иҭеикыз?

  • Иабантәиҳдыруеи Анцәа ауаа рзы игәы иҭеикыз шимԥсахыз?

  • Иҟашәҵалар шәылшозеи, шәыԥсҭазаара аҵакы аиурц азы?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Шәрыхәаԥш Едемтәи абаҳча шыҟаҵәҟьаз ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

«Эдемский сад. Просто легенда?» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2011, аурыс)

Шәрыхәаԥш Адгьыл наӡаӡа ишыҟазаауа ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

«Иқәгахома Адгьыл?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа аԥсҭазаара аҵакы азҭо иазкны Абиблиа иаҳәо.

«В чём смысл жизни?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа зегь змаз ауаҩы изымхаҵәҟьоз шиԥшааз.

«Теперь моя жизнь наполнена смыслом» (3:55)

a Анаҩстәи аурок аҿы еилышәкаауеит иахьа ҳаԥсҭазаара Анцәа игәы ишҭеикыз еиԥш изыҟам.