Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 28

Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо

Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо

Шәгәы иахәома аӡәы зыхә ҳараку ҳамҭак аншәиҭо? Ҳәарада, шәгәы иахәоит. Шәара уи аҳамҭа шәеигәырӷьоит, насгьы ишәызҭаз иҭабуп ҳәа иашәҳәоит, шәаргьы ак изыҟашәҵарц шәҭаххар алшоит. Иеговеи Иисуси иҳарҭаз аҳамҭа зегь реиҳа ахә ҳаракуп. Иарбан ҳамҭоу иҳарҭаз, насгьы ишԥаҳалшо уи азы ҭабуп ҳәа раҳҳәалар?

1. Ишԥаҳалшо Анцәеи Христоси иаҳзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳҳәалар?

Абиблиаҿы иануп Иисус дхазҵо дарбанызаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоур шилшо (Иоанн 3:16). Ишԥаҳалшо Иисус дышхаҳҵо аарԥшра? Уи ҳусқәеи ҳаԥсҭазаараҿы иҳадаҳкыло аӡбарақәеи рыла иааҳарԥшлароуп (Иаков 2:17). Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла ҳхаҵара ааҳарԥшуазар, Иисуси, Иеговеи, ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахалоит. (Шәаԥхьа Иоанн 14:21.)

2. Иарбан акрызҵазкуа хҭысу Иеговеи Иисуси ҭабуп ҳәа раҳәара иҳацхраауа?

Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа иԥсы ахьрыхҭниҵо ахә шыршьо аарԥшразы даҽа лшарак шыҟоу реиҳәеит. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит иҷыдоу хҭыск азгәаҭаразы еизарц, Абиблиаҿы «Иҳақәиҭу иуаххьа» ҳәа изышьҭоу; иара убас уи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳәа еицырдыруеит (1 Коринфаа рахь 11:20). Иисус иҭахын, иапостолцәа, нас ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәагьы, иԥсҭазаара ауаа ишрыхҭниҵаз еснагь иргәаладыршәаларц. Иисус уи иазкны ус иҳәеит: «Абри ҟашәҵала, салашәгәалашәыршәаларц азы» (Лука 22:19). Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳанаҭаауа, Иеговеи Иисуси ҳара ҳахь иаадырԥшыз абзиабара дуӡӡа ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иеговеи Иисуси иаадырԥшыз абзиабара дуӡӡа ахә шышәшьо аашәырԥшырц азы иҵегь иҟашәҵар шәылшо, насгьы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аҭаара зхадоу.

3. Ишԥаҳалшо уаҳа Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ахә шаҳшьо аарԥшра?

Шәхаҿы иаажәг аӡәы шәыԥсҭазаара еиқәирхазшәа. Ишәхашҭрызу уи ишәзыҟаиҵаз? Ҳәарада, мап. Уи ауаҩ иҭабуп ҳәа иашәҳәарц азы алшарақәа шәыԥшаауан, ус ауми?

Иегова ибзоурала ҳара наӡаӡа анхара алшара ҳамоуп. Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8—10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иисус иԥсхҭынҵара зыхә ҳараку ҳамҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

  • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз шәаназхәыцуа?

Ишԥашәылшо Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳәара? Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 5:15, насгьы 1 Иоанн 4:11; 5:3. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьо, абри азҵаара аҭак ҟашәҵала:

  • Ишԥашәылшо, ари ажәеинраала инақәыршәаны, Иеговеи Иисуси иҟарҵаз ахә шышәшьо аарԥшра?

4. Иисус шәиҿыԥшла

Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳәаразы даҽа лшарак ыҟоуп, уи Иисус иҿыԥшра ауп. Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥашәылшо Иисус ишьҭа шәхыланы ацара?

5. Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара шәаҭаа

Раԥхьаӡакәны Иисус иԥсра агәаларшәара шымҩаԥысыз еилышәкаарц азы, шәаԥхьа Лука 22:14, 19, 20. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥазгәарҭоз Иисус иԥсра агәаларшәара?

  • Ҵакыс ирымоузеи ачеи аҩи? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 19, 20.)

Иисус иҭахын, иҵаҩцәа есышықәса иԥсра ргәаладыршәаларц. Убри азоуп Иегова ишаҳаҭцәа Иисус ииҳәаз иқәныҟәаны, шықәсык ахь знык еизаны, Христос иԥсра амш зыргәаладыршәо. Ари акрызҵазкуа ахҭыс иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы, шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥамҩаԥысуеи Иисус иԥсра агәаларшәара?

Ачеи аҩи ак аадырԥшуеит. Ача — Иисус Христос иҳахҭниҵаз инаӡаз ицәеижь аанарԥшуеит. Аҩы — ишьа аанарԥшуеит

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Уеиқәхарц азы Иисус Христос игәра агара мацарагьы азхоит».

  • Ишԥашәылшо Иоанн 3:16, насгьы Иаков 2:17 шәхы иархәаны, Иисус игәра агара мацара шазымхо ауаҩы иеилшәыркаар?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит данхаҳҵо, насгьы иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳанаҭаауа.

Аиҭахысра

  • Ишԥаҳалшо Иисус дышхаҳҵо аарԥшра?

  • Ишԥашәылшо Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз ахә шышәшьо аарԥшра?

  • Избан Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аҭаара зхадоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Изакәызеи ахаҵара, насгьы ишԥаарԥшлатәу уи?

«Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь ахаҵара аашәырԥшла» («Ахьчаратә бааш», октиабр 2016)

Шәаԥхьа астатиа «Меня больше не тяготят прошлые грехи», насгьы еилышәкаа ԥҳәыск Христос иԥсра лара лзы ҵакыс иамоу анеилылкаа, уи хәарҭас илзаанагаз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», август 1, 2011, аурыс)

Еилышәкаа Иисус иԥсра агәаларшәара аан шьоукы ача зырфо, аҩгьы зыржәуа.

«Почему Свидетели Иеговы отмечают Вечерю Господню не так, как это принято в других религиях?» (авеб-статиа)