Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 29

Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?

Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?

Ишәзааигәоу ӡәыр дыԥсхьоума? Уи аҩыза ҳанақәшәо, иҳазцәырҵыр алшоит абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа: «Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь? Даҳбома знымзар-зны иаҳзааигәоу ауаҩы?» Ари ауроки анаҩстәи ауроки рҟынтә Абиблиа иану угәы зырҭынчуа аҭак еилышәкаауеит.

1. Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?

Иисус аԥсра ацәа иаҿирԥшит. Ауаҩы дҭаҳәахаа даныцәоу, икәша-мыкәша иҟоу ҳәа акгьы ибаӡом. Избан аԥсра ацәа иаҿҳарԥшыр зҳалшо? Ауаҩы данԥслак ашьҭахь акгьы ибаӡом, акгьы иаҳаӡом, насгьы ахьаа закәу издырӡом. Иԥсыз ауаа рҭынхацәа даара бзиа ишырбозгьы, ианԥслак ашьҭахь урҭ рыгәхьаагара рылшаӡом. «Иԥсхьоу акгьы рыздыруам», — аҳәоит Абиблиа. (Шәаԥхьа Екклезиаст 9:5.)

2. Хәарҭас иаҳзаанагозеи иԥсхьоу ирызку аиаша ахьаҳдыруа?

Аӡәырҩы ауаа аԥсра иацәшәоит, иԥсхьоу ауаагьы ирыцәшәоит! Аха Абиблиа аԥсра иазкны иаҳәо шәгәы арҭынчыр алшоит. Иисус иҳәеит: «Аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32). Динхаҵарақәак ирҳәоит ауаҩы дыԥсыргьы, иԥсы нхоит ҳәа. Аха Абиблиаҿы уи аҩыза анӡам. Иԥсыз гәаҟӡом. Уи адагьы, дара акгьы рыздырӡом, убри аҟынтә цәгьарак ҳзура рылшаӡом. Убри азоуп иԥсхьоу рымаҵ ауреи, ргәы аҟаҵареи, дара рзы Анцәа иҳәареи заҭахым.

Шьоукы ирҳәоит аԥсцәа ирацәажәоит ҳәа. Аха уи ҟалашьа амам. Ишеилаҳкааз еиԥш, иԥсхьоу акгьы рыздырӡом. Иԥсхьоу ирацәажәоит ҳәа згәы иаанаго ииашаҵәҟьаны изацәажәо иԥсыз ауаа ракәушәа зхы аазырԥшуа адемонцәа ракәзар ауеит. Ишаҳбо ала, иԥсхьоу ирызку аиаша адемонцәа рҟынтә ҳахьчоит. Иегова урҭ ҳарцәихьчарц иҭахуп, убри азоуп иԥсхьоу рацәажәара ҳашьҭамзарц зҳаиҳәо. Иара идыруеит адемонцәа рыҽрыдҳәалара даараӡа ишшәарҭоу. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 18:10—12.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еиҳаны еилышәкаа иԥсхьоу ирызку Абиблиа иану, насгьы бзиа ҳазбо Анцәа ауаа анԥслак ашьҭахь ишимыргәаҟуа.

3. Иԥсхьоу ирызку аиаша еилышәкаа

Еиуеиԥшым амилаҭқәа ауаҩы данԥслак ашьҭахь ихьуа иазкны ргәаанагарақәа рацәоуп. Аха урҭ агәаанагарақәа зегь иашоуп ҳәа узҳәом.

  • Зыгәра ргозеи ауаа шәахьынхо аҭыԥ аҿы?

Абиблиа иаҳнарҵо еилышәкаарц азы, шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәаԥхьа Екклезиаст 3:20, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь, ари ажәеинраала инақәыршәаны?

  • Инхома ауаҩы иԥсы данԥслак ашьҭахь?

Абиблиаҿы Иисус иҩыза гәакьа Лазарь иԥсра аӡбахә аҳәоит. Шәаԥхьа Иоанн 11:11—14. Арҭ ажәеинраалақәа шәанрыԥхьо, иазгәашәҭ Иисус Лазарь иҭагылазаашьа дшахцәажәаз. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Изыҿирԥши Иисус аԥсра?

  • Иҳаилнаркаауазеи ари аҿырԥшы иԥсхьоу рҭагылазаашьа иазкны?

  • Иахышәҳәаауазеи Абиблиа аԥсра иазкны иаҳәо?

4. Иԥсхьоу ирызку аиаша ахәарҭа ҳзаанагоит

Ҳара иԥсхьоу ирызку аиаша ҳдыруеит азы, аԥсцәа ҳрыцәшәаӡом. Шәаԥхьа Екклезиаст 9:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ирылшома иԥсхьоу цәгьарак ҳзура?

Абиблиа иану аиаша адинхаҵарақәа ауаа ирыладырҵәо амц аҟынтәгьы ҳахьчоит. Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит иԥсхьоу рымаҵ ауреи ргәы аҟаҵареи ҳашьҭазар шҳахәҭам. Шәаԥхьа Исаиа 8:19, насгьы Аатра 4:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, дышԥарзыҟоу Иегова иԥсхьоу рымаҵ зуа, ма урҭ ацхырааразы ирыҳәо ауаа?

Иԥсхьоу ирызку аиаша Иегова длазырҟәуа аҵасқәа рҟынтә ҳахьчоит

5. Иԥсхьоу ирызку аиаша ҳгәы арҭынчуеит

Имаҷымкәа ауаа иддырҵон, ианԥслак ашьҭахь рыгәнаҳақәа рзы игәаҟлоит ҳәа. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи иԥсхьоу шымгәаҟуа ахьаҳдыруа, агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟазҵозгьы уахь иналаҵаны. Шәаԥхьа Римаа рахь 6:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Абиблиаҿы иануп аԥсра ауаҩы игәнаҳақәа зегь шыхнаҩо, ма ишихнахуа. Ус анакәха, игәаҟуама иԥсхьоу ауаа иҟарҵахьаз агәнаҳақәа рзы?

Иегова еиҳа еиӷьны деилышәкаацыԥхьаӡа, еиҳагьы агәра жәгалоит иара ахаан ауаа анԥслак ашьҭахь ишимыргәаҟуа. Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:4, насгьы 1 Иоанн 4:8, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Илшома ас еиԥш иҟоу аҟазшьақәа злоу Анцәа ауаа анԥслак ашьҭахь игәаҟлартә алиршар?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ҳгәы арҭынчыр алшома иԥсхьоу ирызку аиаша ахьаҳдыруа? Избан?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Аԥсра ашьҭахь иҟоу аӡәгьы издырӡом, избанзар уаантәи аӡәгьы дыхнымҳәӡацт».

  • Иарбан библиатә жәеинраалақәоу ус зҳәо ауаҩы ишәырбар шәылшо?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иԥсыз акгьы рыздырӡом. Дара гәаҟӡом, насгьы зыԥсы ҭоу цәгьарак рзура рылшаӡом.

Аиҭахысра

  • Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?

  • Хәарҭас иаҳзаанагозеи иԥсхьоу ирызку аиаша ахьаҳдыруа?

  • Ҳгәы шԥарҭынчуеи иԥсхьоу ирызку аиаша?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ҵакыс иамоузеи ажәа «аԥсы», Абиблиа инақәыршәаны?

«Что такое душа?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа Анцәа иԥсхьоу џьаҳаным аҿы иргәаҟуоу-имыргәаҟуоу.

«Мучаются ли люди после смерти в аду?» (3:07)