Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 47

Шәазхиоума шәара аӡы аҽӡаахра?

Шәазхиоума шәара аӡы аҽӡаахра?

Абиблиа аҭҵаара аан шәара Иегова изкны еилышәкааз рацәоуп. Шәыԥсҭазаараҿы ишәыԥсахызгьы ыҟазар ауеит. Аха иҟалап макьана шәыԥсҭазаара Иегова изкреи аӡы аҽӡаахреи шәзымгәаӷьуазар. Ари аурок аҿы ҳара еилаҳкаауеит ауаҩы аӡы аҽӡаахра еиҳараӡак иԥырхагазар алшо, насгьы урҭ ауадаҩрақәа дыриааир шилшо.

1. Шаҟа жәдыруазар акәзеи аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа?

Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа шәара аҵабырг еилышәкаароуп (1 Тимофеи иахь 2:4, албаага). Уи иаанагаӡом шәара Абиблиа иадҳәалоу азҵаарақәа зегь рҭак жәдыруазар ауп ҳәа. Акыр шықәса раԥхьа зыҽӡаазхыз ақьырсианцәагьы еснагь иҿыцу ак еилыркаауеит, насгьы ирымоу адыррақәа еиздырҳауеит (Кәаласаа рахь 1:9, 10). Аха шәара ихадоу абиблиатә ҵарақәа ибзианы еилышәкаауазароуп. Аизара аиҳабацәа иахәҭоу адыррақәа шәымоу-ишәымаму аилкаара ишәыцхраауеит.

2. Иҟаҵатәузеи аӡы аҽӡаахразы?

Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа, ихадоу ҩ-шьаҿак ҟашәҵароуп. Абиблиаҿы иануп: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, шәҽышәыԥсах». (Шәаԥхьа Аусқәа 3:19.) Ус анакәха, шәара уаанӡа иҟашәҵоз агәнаҳақәа гәык-ԥсыкала шәрыхьхәыроуп, насгьы Иегова урҭ шәанаижьырц азы шәиҳәалароуп. Иара убас шәара Анцәа изакәанқәа рыла шәынхалароуп, насгьы Иегова гәнаҳауп ҳәа ииԥхьаӡо ҟашәымҵалароуп. Уи адагьы, аизарақәа шәырҭаалароуп, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрыцны, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭашәҳәалароуп.

3. Избан аӡы аҽӡаахра ацәшәара заҭахым?

Шьоукы Иегова ирҭаз ажәа рзынамыгӡар ҳәа ишәоит. Аха аамҭа-аамҭала гхак ҟашәымҵар залшом. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу, Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ауаагьы агхақәа рыхьуан. Иегова дазыԥшӡам имаҵзуҩцәа гхада зегь ҟарҵалоит ҳәа (Аԥсалом 103:13, 14). Иара даараӡа дгәырӷьоит ишәылшо зегь аныҟашәҵо! Агәра ганы шәыҟазар шәылшоит иаргьы дышшәыцхраало. Иегова агәра шәиргоит, бзиа шәбара иԥырхагахо ҳәа акгьы шыҟамло. (Шәаԥхьа Римаа рахь 8:38, 39.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Шәахәаԥш Иегова изку адыррақәеи ицхыраареи рыбзоурала аӡы аҽӡаахра ишәԥырхагоу ауадаҩрақәа шәыриааир шшәылшо.

4. Иегова еиӷьны деилышәкаа

Шаҟа ибзианы даҳдыруазар ҳахәҭоузеи Иегова, аӡы ҳаҽӡааҳхаанӡа? Иегова бзиа дыжәбарц азы, насгьы игәы иахәо ҟашәҵаларц азы ибзианы деилышәкаароуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, насгьы еилышәкаа еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо ауаа аӡы аҽӡаахра рыҽшазыҟарҵоз. Анаҩс азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ирыцхраазеи арҭ ауаа аӡы аҽӡаахра аҽазыҟаҵара?

Шәаԥхьа Римаа рахь 12:2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Агәра жәгома шәара Иегова ишаҳаҭцәа ауаа иддырҵо шҵабыргу? Абиблиа иану аҟынтә зыгәра шәымго акрыҟоума?

  • Ааи акәзар, иҟашәҵар шәылшозеи, уи шиашоу агәра жәгарц азы?

5. Аӡы аҽӡаахра ак шәԥырхагахартә алшәмыршан!

Ҳаԥсҭазаара Иегова изкны аӡы ҳаҽӡааҳхырц анаҳаӡбо, ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит. Абар ԥҳәыск лҿырԥшы. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Илԥырхагази ари аԥҳәыс аӡы аҽӡаахра?

  • Ишԥалыцхрааи Иегова иахь илымаз абзиабара урҭ ауадаҩрақәа зегь риааира?

Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 29:25, насгьы 2 Тимофеи иахь 1:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҳазҭар алшозеи агәымшәара, насгьы иҳацхраауазеи иҳамоу ашәара аиааира?

6. Агәра ганы шәыҟаз Иегова дышшәыцхраауа

Иегова дшәыцхраауеит инормақәа рыла анхара. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Избан ари ахаҵа аӡы аҽӡаахра дзахымыццакуаз?

  • Ицхраазеи иара Иегова игәра агара?

Шәаԥхьа Исаиа 41:10, 13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан агәра ганы шәзыҟоу, шәыԥсҭазаара Иегова ианизышәкуа ишәҭо ажәа шынашәыгӡо?

7. Иегова ибзиабара ахә шәшьала

Иегова шаҟа бзиа шәибо шәазхәыцла. Уи шаҟа шәазхәыцуа аҟара, убриаҟара ибзиабаразы иҭабуп ҳәа иаҳәара шәҭаххоит, уи еиҳагьы ахә шәшьалоит, насгьы наӡаӡа гәыкала имаҵ аура шәҭаххоит. Шәахәаԥш Аԥсалом 40:5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иегова ишәзыҟаиҵаз аҟынтә зегь раҵкыс зыхә ҳаракны ишәшьо арбану?

Аԥааимбар Иеремиа Иегова бзиа дибон, Иажәагьы бзиа ибон. Иара изы ҳаҭыр дуун Иегова ихьӡ ахьныҟәигоз. Иеремиа иҳәеит: «Уажәа саргәырӷьеит, избанзар сара ухьӡ схуп, Иегова» (Иеремиа 15:16). Иҟашәҵа абарҭ азҵаарақәа рҭак:

  • Избан Иегова ишаҳаҭны аҟазаара зҳаҭыр дуу?

  • Ишәҭахума аӡы шәыҽӡаашәхырц, насгьы Иегова ишаҳаҭс шәҟалар?

  • Кыр шәԥырхагоума уи ашьаҿа аҟаҵара?

  • Шәгәы ишԥаанаго, иҟашәҵар акәзеи уи ахықәкы анагӡаразы?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Аӡы аҽӡаахра иацу аҭакԥхықәра рацәоуп. Сара уи сазхиаӡам».

  • Шәаргьы ус шәхәыцуама?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова аӡы аҽӡаахра ишәԥырхагоу зегьы риааира дшәыцхраауеит.

Аиҭахысра

  • Шаҟа ибзианы Абиблиа жәдыруазар ахәҭоузеи, аӡы шәыҽӡаашәхырц азы?

  • Иарбан ԥсахрақәоу шәыԥсҭазаараҿы иҟашәҵар шәыхәҭоу, аӡы шәыҽӡаашәхырц азы?

  • Избан уи ашьаҿа аҟаҵара ацәшәара зшәыхәҭам?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа аӡы аҽӡаахра шәгәазҭазҵар акәу.

«Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?» («Ахьчаратә бааш», март 2020)

Иарбан уадаҩрақәоу аӡы аҽӡаахра иаҳԥырхагахар алшо?

«Исԥырхагоузеи аӡы аҽӡаахра?» («Ахьчаратә бааш», март 2019)

Еилышәкаа хаҵак аӡы аҽӡаахра иԥырхагаз ауадаҩрақәа риааира ицхрааз.

«А что мешает тебе креститься?» (1:10)

Раԥхьа Ата аӡы аҽӡаахра дахыццакуамызт. Шәахәаԥш анаҩс иара уи ихадоу ашьаҿа аҟаҵара игәазҭазҵаз.

«Неужели я достоин всех этих благословений?» (7:21)