Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 50

Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәеи ахәыҷқәеи, насыԥ рымазарц азы?

Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәеи ахәыҷқәеи, насыԥ рымазарц азы?

Ахәыҷқәа — Иегова иҳамҭоуп, насгьы иара иҭахуп ани аби уи аҳамҭа иахӡыӡааларц, пату ақәырҵаларц. Иегова ани аби рхәыҷқәа шырааӡалаша реиҳәоит. Иара убас Иегова ахәыҷқәагьы иҟарҵалар рылшо реиҳәоит, аҭаацәараҿы зегьы насыԥ рымазарц азы.

1. Ирабжьеигозеи Иегова ани аби?

Иегова иҭахуп ани аби рхәыҷқәа бзиа ирбаларц, насгьы урҭ аамҭа рацәаны ирыцырхыргаларц. Иара убас иҭахуп ани аби рхәыҷқәа шәарҭарак иақәымшәарц азы ирыхьчаларц, насгьы абиблиатә принципқәа рыла ирааӡаларц (Ажәамаанақәа 1:8). Иара ани аби ргәазҭеиҵоит рхәыҷқәа иара ишиҳәо еиԥш ирылабжьо, ахшыҩ дырҵо ирааӡаларц. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 6:4.) Иегова изы даара ихадоуп ани аби рхәыҷқәа рааӡара иазку азҵаарақәа рҿы ириҭо алабжьарақәа рхы иадырхәаларц, насгьы ирыду аҭакԥхықәра егьырҭ ирыдрымҵаларц.

2. Ирабжьеигозеи Иегова ахәыҷқәа?

Иегова ахәыҷқәа иреиҳәоит еснагь рани раби ирзыӡырҩларц. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:20.) Ахәыҷқәа рани раби пату рықәырҵозар, насгьы ирзыӡырҩуазар, уи Иеговагьы рҭаацәагьы аргәырӷьалоит (Ажәамаанақәа 23:22—25). Иисус ахәыҷқәа рзы аҿырԥш бзиа нижьит. Иани иаби наӡаӡамызт, аха иара уеизгьы урҭ дырзыӡырҩуан, патугьы рықәиҵон (Лука 2:51, 52).

3. Ишԥалшо шәҭаацәара еиҳагьы Анцәа изааигәахар?

Ахәыҷқәа шәымазар, ҳәарада, ишәҭахуп урҭ шәара шәеиԥш гәыкала Иегова бзиа дырбарц. Иҟашәҵар шәылшозеи уи азы? Абиблиаҿы иануп: «Урҭ [Иегова иажәақәа] ухәыҷқәа рхы иҭагалала, уагьрылацәажәала уҩны уантәоу, амҩа уанану, уанышьҭалои уангылои» (Ҩынтәзакәан 6:7). Игәашәҭахьазар акәхап ахәыҷқәа ак гәныркыларц азы зныкымкәа ишырзеиҭаҳәатәу. Убри аҟынтә шәхәыҷқәа ак андшәырҵо, даараӡа ихадоуп уи зныкымкәа рзеиҭаҳәара. Ари ажәеинраала ишаҳнарбо еиԥш, шәхәыҷқәа иааиԥмырҟьаӡакәа, еснагь Иегова иӡбахә рзеиҭашәҳәалароуп. Иазалшәхла аамҭа, есымчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгаразы, даҽакала иуҳәозар, ҭаацәашәала Абиблиа аҭҵааразы. Ахәыҷқәа шәымамзаргьы, шәхатә ҩызеи шәареи есымчыбжьа Анцәа Иажәа еицҭышәҵаалар шәылшоит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шәҭаацәараҿы зегьы насыԥ рымазарц, насгьы ргәы ҭынчзарц азы ирыцхраауа абиблиатә принципқәа.

4. Шәхәыҷқәа бзиабарала ишәааӡала

Ахәыҷқәа рааӡара мариам. Ишәыцхраар шԥалшо уи аҿы Абиблиа? Шәаԥхьа Иаков 1:19, 20, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥарылшо ани аби рхәыҷқәа ианрацәажәо, абзиабара аарԥшра?

  • Избан ани аби ахаан изрыхәҭам рыԥсахы еибакны ианыҟоу рхәыҷқәа рылабжьара? a

5. Шәхәыҷқәа шәыхьчала

Шәхәыҷқәа шәыхьчарц азы, асекс иадҳәалоу атема цәырганы, хазы-хазы шәрацәажәалароуп, уи алацәажәара шәзымариамзаргьы. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан анацәеи абацәеи изырзымариам асекс иадҳәалоу атема цәырганы, рхәыҷқәа рацәажәара?

  • Ишԥалацәажәо анацәеи абацәеи шьоукы асекс иадҳәалоу атема?

Абиблиаҿы заа ишҳәаз еиԥш, ари адунеи аҿы ауаа еиҳа-еиҳа абжьысра иаҿуп. Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:1, 13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • 13-тәи ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу рахь иаҵанакуеит ахәыҷқәа рцәа ԥызҽуеи апедофилцәеи. Избан аҭаацәа изрыхәҭоу рхәыҷқәа асекс иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы имҩақәырҵалар, насгьы ахәыҷқәа рцәа ԥызҽуа ауаа рҟынтә рхы шырыхьчаша ддырҵалар?

Ижәдыруама шәара?

Иегова ишаҳаҭцәа аҭаацәа рзы апубликациақәа рацәаны иҭрыжьит. Урҭ ани аби ирыцхраауеит асекс иадҳәалоу атема цәырганы, рхәыҷқәа рацәажәареи ахәыҷқәа рцәа ԥызҽуа ауаа рҟынтә рыхьчареи. Иаҳҳәап:

6. Шәани шәаби пату рықәышәҵала

Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рани раби патуқәҵарала ирацәажәалароуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Избан аҭаацәа патуқәҵарала рацәажәара зхадоу?

  • Ишԥарылшо ахәыҷқәа рҭаацәа патуқәҵарала рацәажәара?

Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 1:8, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ихы мҩаԥигалар шԥеихәҭоу ахәыҷы ма ахбыџ, иани иаби иҟаиҵаша аниарҳәо?

7. Ҭаацәашәала Иегова шәимҵахырхәала

Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәарақәа есымчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәаразы аамҭа алырхуеит. Ишԥамҩаԥырго дара аҭаацәаратә мҵахырхәара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыцхраар алшозеи иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара?

  • Иҟарҵар рылшозеи ани аби, ахәыҷқәа аҭаацәаратә мҵахырхәара ахәарҭа алырхларц, насгьы уи аинтерес аҵазарц азы? (Шәахәаԥш аурок алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

  • Ишәԥырхагахар алшозеи ҭаацәашәала Абиблиа аҭҵаара?

Ажәытәан Иегова иҭахын израильтәи аҭаацәарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа Иԥшьоу Аҩыра ҭырҵааларц. Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 6:6, 7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәхы иашәырхәар шԥашәылшо шәҭаацәараҿы ари апринцип?

Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы иҟашәҵалар шәылшо:

  • Аизарақәа шәҽырзыҟашәҵала.

  • Шәҭаацәараҿы зегь рзы аинтерес зҵо абиблиатә ҭоурыхк шәеицаԥхьа, насгьы шәалацәажәа.

  • Ахәыҷқәа шәымазар, асаит jw.org аҟынтә ахәыҷқәа рзы иҟоу адҵақәа шәкьыԥхь.

  • Шәҭаацәараҿы ахбыџқәа ыҟазар, асаит jw.org аҟынтә аҿар ирызку статиак еилшәырга.

  • Абиблиа аҟынтә ҭоурыхк алхны, шәхәыҷқәеи шәареи аинсценировка ҟашәҵа.

  • Асаит jw.org аҟынтә видеонҵамҭак шәеицахәаԥш, насгьы шәалацәажәа.

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ахәыҷқәа Абиблиа аилкаара рцәыцәгьоуп».

  • Иашәҳәозеи ус згәы иаанаго ауаҩы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова иҭахуп ани аби рхәыҷқәа бзиа ирбаларц, ирааӡаларц, насгьы ирыхьчаларц; ахәыҷқәа рани раби пату рықәырҵаларц, ирзыӡырҩларц; иара убас иҭахуп аҭаацәагьы ахәыҷқәагьы ҭаацәашәала имҵахырхәаларц.

Аиҭахысра

  • Ишԥарылшо ани аби рхәыҷқәа рааӡареи рыхьчареи?

  • Ишԥарылшо ахәыҷқәа рҭаацәа пату рықәырҵалар?

  • Избан есымчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәара аамҭа азалхра зыбзиоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара иазыҟарҵар?

«Шесть качеств, необходимых ребёнку» («Пробудитесь!» № 2, 2019)

Иарбан лабжьарақәоу Абиблиа ирнаҭо зықәрахь инеихьоу ани аби ирхылаԥшуа?

«Что в Библии говорится о том, как заботиться о престарелых родителях?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа ахәыҷқәа рааӡара ззымариамыз хаҵак аб бзиа иакәны аҟалара ицхрааз.

«Иегова ахәыҷқәа рааӡашьа ҳирҵеит» (5:58)

Еилышәкаа аб иԥеи иареи реизыҟазаашьақәа бзиазарц азы иҟаиҵар илшо.

«Как отцам сохранять близкие отношения с сыновьями?» («Ахьчаратә бааш», ноиабр 1, 2011, аурыс)

a Абиблиа излаҳәо ала, ахәыҷы иааӡарахь иаҵанакуеит ак ирҵара, иабжьара, ириашара. Уахь ахаангьы иаҵанакӡом гәымбылџьбарала ахәыҷы изныҟәара, ма иларҟәра (Ажәамаанақәа 4:1).