Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 59

Ашьҭашәарыцарақәа рыхгара шәылшоит!

Ашьҭашәарыцарақәа рыхгара шәылшоит!

Знымзар-зны ауаа Иегова имаҵ аура ҳаҟәырхырц иашьҭалоит, мамзаргьы иҳашьҭашәарыцалоит. Уи аҩыза иақәымшәо ақьырсиан дыҟаӡам. Аха ҳаршәар ахәҭоума уи?

1. Иабантәиҳдыруеи ишҳашьҭашәарыцало?

Абиблиаҿы иануп: «Анцәа гәыкала имаҵ аура зҭаху Христос Иисус иҵаҩцәа зегьы ирышьҭашәарыцалоит» (2 Тимофеи иахь 3:12). Иисус ишьҭашәарыцон, избанзар Аҩсҭаа идунеи иатәу ауаа дреиԥшӡамызт. Ҳаргьы ари адунеи иатәу ауаа ҳреиԥшӡам, убри аҟынтә аҳәынҭқарратә мчрақәеи адинхаҵаратә организациақәеи ахьҳашьҭашәарыцо џьаҳамшьалароуп (Иоанн 15:18, 19).

2. Ишԥаҳалшо ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵар?

Ҳара уажәнатә Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵалароуп. Есыҽны Анцәа иҳәареи Абиблиа аԥхьареи рзы аамҭа алшәхла. Аизарақәа зегьы шәырҭаала. Уи зегь шәыцхраауеит шәзықәшәар алшо ашьҭашәарыцарақәеи шәҭаацәа рҟынтә шәзықәшәар алшо аҿагыларақәеи агәымшәара аарԥшны рыхгара. Акырынтә ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәахьаз апостол Павел иҳәеит: «Иегова — сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәаӡом» (Ауриацәа рахь 13:6).

Иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭаҳҳәозар, уигьы агәымшәара аизырҳара иҳацхраауеит. Ажәабжь бзиа анеиҭаҳҳәо, Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵоит, насгьы ауаа рҿаԥхьа иҳамоу ашәара ҳаиааиуеит (Ажәамаанақәа 29:25). Уажәнатә агәымшәара аарԥшышьа ҳҵозар, аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳус мап анацәыркуагьы ҳшәаӡом, ажәабжьҳәарагьы ҳаҟәыҵӡом (1 Фессалоникаа рахь 2:2).

3. Ашьҭашәарыцарақәа раан Анцәа гәыкала имаҵ анаҳуа, уи хәарҭас иаҳзаанаго

Ҳәарада, ианҳашьҭашәарыцо бзиа иаҳбаӡом. Аха ауадаҩрақәа анҳхаҳгалак ашьҭахь, ҳхаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Уаҳа ҳалымшо аҟынӡа ҳаннеиуа, еснагь иаҳбоит Иегова дышҳацхраауа, уи абзоурала иареи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахоит. (Шәаԥхьа Иаков 1:2—4.) Иегова игәы инархьуеит ҳашгәаҟуа анибо, аха уеизгьы гәыкала бзиа дшаҳбо анааҳарԥшуа, даараӡа дгәырӷьоит. Абиблиаҿы иануп: «Шәызгәаҟуа аус бзиақәа ахьыҟашәҵо азы акәзар, Анцәа дшәыргәырӷьоит» (1 Пиотр 2:20). Иегова гәыкала бзиа дызбо зегь уаҳа ашьҭашәарыцарақәа ахьыҟамло наӡаӡатәи аԥсҭазаара рызирхиеит (Матфеи 24:13).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа ашьҭашәарыцарақәа рыхгара ишәыцхраар алшо, насгьы Иегова гәыкала бзиа дызбо ҳамҭас ирзыԥшу.

4. Шәҭынхацәа шәҿагылозаргьы, уи шәхыжәгар шәылшоит

Иисус заа иҳәахьан, ҳҭынхацәа Иегова имаҵ ахьаҳуа шырҭахымхо. Шәаԥхьа Матфеи 10:34—36, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟарҵар рылшозеи ҳҭынхацәа, Иегова имаҵ ҳауларц анаҳаӡбо?

Абар ҿырԥштәык. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Шәхы шԥамҩаԥыжәго, шәҭынхак ма шәҩызак Иегова имаҵ аура шәаҟәыҵырц шәеиҳәозар?

Шәаԥхьа Аԥсалом 27:10, насгьы Марк 10:29, 30. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьо, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыцхраар шԥалшо ара иаҳәо, шәҭынхацәа ма шәҩызцәа шәҿагылозар?

5. Аҿагыларақәа шәрықәшәозаргьы, анаҩсгьы Иегова имаҵ жәула

Егьырҭ анаҳҿагыло, Иегова имаҵ ҳауларц азы агәымшәара ҳҭахуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ишәыцхраар шԥалшо ари авидеонҵамҭаҿы иаагоу аҿырԥштәқәа агәымшәара аарԥшра?

Шәаԥхьа Аусқәа 5:27—29, насгьы Ауриацәа рахь 10:24, 25. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьо, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иегова имаҵ ҳаулар зхадоу, аҳәынҭқарратә мчрақәа ажәабжь бзиа аҳәареи аизарақәа рҭаареи азин ҳарымҭозаргьы?

6. Иегова зегь ахгара дшәыцхраауеит

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо Иегова ишаҳаҭцәа ианрышьҭашәарыцогьы, хәыҷгьы-дугьы имаҵ руеит. Ирызҭозеи уи азы амч? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ирыцхраазеи арҭ Иегова ишаҳаҭцәа анаҩсгьы Анцәа гәыкала имаҵ аура?

Шәаԥхьа Римаа рахь 8:35, 37—39, насгьы Филиппаа рахь 4:13. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьо, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Агәра шԥашәдырго арҭ абиблиатә жәеинраалақәа, уадаҩрас шәзықәшәозаалакгьы, ишәхыжәгар шшәылшо?

Шәаԥхьа Матфеи 5:10—12, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан насыԥ шәымазар зшәылшо ианшәышьҭашәарыцогьы?

Миллионҩыла Иегова ишаҳаҭцәа ашьҭашәарыцарақәа ишрықәшәозгьы, гәыкала Иегова имаҵ аура иаҟәымҵӡеит. Шәаргьы ус шәылшоит!

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сара ашьҭашәарыцарақәа сзыхгаӡом».

  • Иарбан библиатә жәеинраалақәоу ус згәы иаанаго ауаа агәымшәара рызҭар алшо?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова даараӡа ахә ҳаракны ишьоит ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәогьы имаҵ ахьаҳуа. Иара ицхыраарала ҳара зегь ҳхаҳгар ҳалшоит!

Аиҭахысра

  • Избан ақьырсианцәа иахьрышьҭашәарыцо уамашәа изырымбо?

  • Ишԥашәылшо уажәнатә ашьҭашәарыцарақәа шәҽырзыҟашәҵар?

  • Избан уадаҩрас шәзықәшәозаалакгьы, зегь шышәхыжәго агәра ганы шәыҟазар зшәылшо?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ари авидеонҵамҭаҿы иқәыԥшу аиашьа еиҭеиҳәоит анеитралитет ахьихьчоз иахҟьаны абахҭа данҭарк, Иегова дышицхраауаз.

«Проявляем стойкость, когда нас преследуют» (2:34)

Еилышәкаа хаҵеи-ԥҳәыси акыр шықәса ашьҭашәарыцарақәа ишрықәшәозгьы, гәыкала Иегова имаҵ аура ирыцхрааз.

«Служим Иегове во времена перемен» (7:11)

Еилышәкаа ашьҭашәарыцарақәа раан агәымшәара аарԥшра ишәыцхраауа.

«Уажәнатә ашьҭашәарыцарақәа шәҽырзыҟашәҵала» («Ахьчаратә бааш», ииуль 2019)

Ҳашԥазыҟазар акәу ҳҭынхацәа ахьаҳҿагыло, насгьы ишԥаҳалшо аҭынчра ҳаманы, анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ аура?

«Аҵабырг „аизыразра акәым... аса“ ауп иаанаго» («Ахьчаратә бааш», октиабр 2017)