Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Сазхиоума сара?

Сазхиоума сара?

Сазхиоума сара Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь бзиа рыцҳәара?

Шәара иӡаахым жәабжьҳәаҩыс аҟалара шәазхиоуп...

  • иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭышәҵаауазар, Анцәа шәиҳәозар, насгьы аизарақәа шәырҭаауазар;

  • еилышәкаауа агәра жәгозар, уи ахә шәшьозар, насгьы еилышәкаауа егьырҭ ирзеиҭашәҳәалар шәҭахызар;

  • Иегова бзиа дыжәбозар, насгьы иара бзиа дызбо ҩызцәаз ишьҭышәхуазар;

  • аполитикатә ма адинхаҵаратә организациак шәадҳәаламзар;

  • Иегова инормақәа рыла шәынхозар, насгьы Иегова ишаҳаҭс шәҟалар шәҭахызар.

Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь бзиа рыцҳәара шәазхиоуп ҳәа шәыԥхьаӡозар, Абиблиа аҭҵаара ишәыцхраауа аизара аиҳабацәеи шәареи шәеиқәшәартә иҟаиҵоит. Дара ирыӡбоит шәазхиоу-шәазхиаму.

Сазхиоума сара аҽӡаахра?

Шәара аҽӡаахра шәазхиоуп...

  • иӡаахым жәабжьҳәаҩыс шәҟалахьазар;

  • иааиԥмырҟьаӡакәа, шаҟа шәылшо аҟара ажәабжь шәҳәозар;

  • «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» шәицхраауазар, насгьы урҭ аишьцәа иҳарҭо анапхгара шәықәныҟәозар (Матфеи 24:45—47);

  • Иегова шәҽизышәкырц шышәҭаху иашәҳәахьазар, насгьы наӡаӡа имаҵ аура шәҭахызар.

Аӡы аҽӡаахра шәазхиоуп ҳәа шәыԥхьаӡозар, Абиблиа аҭҵаара ишәыцхраауа аизара аиҳабацәеи шәареи шәеиқәшәартә иҟаиҵоит. Дара ирыӡбоит шәазхиоу-шәазхиаму.