Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҟәша 1. Аиҭахысра

Аҟәша 1. Аиҭахысра

Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.

  1. Иарбан Абиблиа иану қәыргәыӷроу шәара еиҳараӡак ишәгәаԥхо?

    (Шәахәаԥш аурок 2.)

  2. Избан Абиблиа Анцәа Иажәоуп ҳәа зышәыԥхьаӡо?

    (Шәрыхәаԥш аурокқәа 3, 5.)

  3. Избан Анцәа ихьӡ ҳҳәалар зхадоу?

    (Шәахәаԥш аурок 4.)

  4. Абиблиаҿы иануп аԥсҭазаара зшаз Анцәа шиакәу (Аԥсалом 36:9). Агәра жәгома уи шәара?

    (Шәахәаԥш аурок 6.)

  5. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:32.

    • Избан Иегова зегь иреиӷьу аҩыза зиакәу?

    • Дыззыԥшузеи Иегова иҩызцәа рҟынтә? Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума уи?

      (Шәрыхәаԥш аурокқәа 7, 8.)

  6. Шәаԥхьа Аԥсалом 62:8.

    • Шәзызиҳәахьоузеи Иегова? Шәзызиҳәалар шәылшозеи уаҳа?

    • Ишԥаҟаиҵо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак?

      (Шәахәаԥш аурок 9.)

  7. Шәаԥхьа Ауриацәа 10:24, 25.

    • Иарбан хәарҭоу Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа ишәзааргар рылшо?

    • Шәгәы ишԥаанаго, иаԥсоума аизарақәа рҭааразы аџьабаа абара?

      (Шәахәаԥш аурок 10.)

  8. Избан иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьара зхадоу? Иарбан графику Абиблиа аԥхьаразы шәхы иашәырхәо?

    (Шәахәаԥш аурок 11.)

  9. Ишәгәаԥхазеи еиҳараӡак Абиблиа аҵараан еилышәкааз аҟынтә?

  10. Шәрықәшәахьоума ауадаҩрақәа Абиблиа аҵара шәалагеижьҭеи? Иарбан уадаҩрақәоу? Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҵара?

    (Шәахәаԥш аурок 12.)