Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 01

Ишәыцхраар шԥалшо Абиблиа?

Ишәыцхраар шԥалшо Абиблиа?

Ҳара зегьы аԥсҭазаареи, агәаҟрақәеи, аԥсреи ирызкны азҵаарақәа ҳазцәырҵуеит, насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ҳгәы иҵхоит. Аха ас еиԥш иҟоу атемақәа рыдагьы, аусуреи аҭаацәареи ирызку азҵаарақәагьы ҳгәы иҵхоит. Аӡәырҩы игәарҭахьеит Абиблиа аԥсҭазаара иадҳәалоу ихадоу азҵаарақәа рҭак шыҟанаҵо, уи адагьы, есыҽны иҳахәо алабжьара бзиақәа шаҳнаҭо. Шәгәы ишԥаанаго, иззаанагар алшода Абиблиа ахәарҭа?

1. Иарбан зҵаарақәоу Абиблиа зҭак ҟанаҵо?

Ишԥацәырҵи аԥсҭазаара? Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара? Избан ауаа бзиақәа згәаҟуа? Иҟалозеи ауаҩы даныԥслак ашьҭахь? Избан аибашьрақәа зыҟоу, ауаа зегьы аҭынчра шырҭахугьы? Иазыԥшузеи ҳадгьыл? Арҭ азҵаарақәа рҭак зегьы иаҳдыруазар ҳҭахуп. Абиблиа урҭ зегь рҭак ҟанаҵоит, насгьы урҭ аҭакқәа рыгәра угартә иҟоуп.

2. Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа ҳаԥсҭазаараҿы?

Абиблиа алабжьара бзиақәа ҳнаҭоит. Иаҳҳәап, уа иануп ҳҭаацәараҿы анасыԥ ҳамазарц азы иҟаҵатәу. Иара убас Абиблиаҿы иану алабжьарақәа астресс ахгара иҳацхраауеит, насгьы ҳусура бзиа ишаҳбаша ҳнарҵоит. Ари абиблиатә курс аҿы арҭ атемақәеи егьырҭ атемақәеи ҳрылацәажәалоит, насгьы Абиблиа иаҳәо еилаҳкаауеит. Абиблиаҿы иануп: «Аҩыра зегьы [Абиблиаҿы иану зегьы]... хәарҭоуп» (2 Тимофеи 3:16).

Ари апубликациа Абиблиа аҭыԥ ааннакылаӡом. Уи хықәкыс иамоу Абиблиа иаҳәо аилкаара шәҭаххарц азы аинтерес шәызцәыргара ауп. Убри аҟынтә, ҳшәыҳәоит, аурок шәҽаназыҟашәҵо, уа иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа зегьы шәрыԥхьала, насгьы урҭ ажәеинраалақәеи ари акурс аҿы еилышәкаауеи шеидҳәалоу шәазхәыцла.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шьоукы Абиблиа шрыцхрааз, Абиблиа аԥхьара бзиа ижәбарц азы иҟаҵатәу, насгьы уи еиҳа еиӷьны еилышәкаарц азы Абиблиа бзианы издыруа аӡәы дшәыцхраалар зыбзиоу.

3. Абиблиа ҳхы шымҩаԥаҳгаша ҳнарҵар алшоит

Абиблиа алашарбага иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Алашарбага ҳахьцо-ҳахьаауа ҳнарбоит. Абиблиагьы ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит, насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ҳанаҳәоит.

Шәаԥхьа Аԥсалом 119:105, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дышԥазыҟаз Абиблиа арҭ ажәақәа зҩыз?

  • Шәышԥазыҟоу шәара Абиблиа?

4. Абиблиа ҳазҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит

Ԥҳәыск акыраамҭа лгәы иҵхоз азҵаарақәа рҭак Абиблиаҿы илыԥшааит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан зҵаарақәоу ари аԥҳәыс лгәы иҵхоз?

  • Ишԥалыцхрааи Абиблиа, уи аҭҵаара даналага?

Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳхы азҵаарақәа аҳҭаларц. Шәаԥхьа Матфеи 7:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан зҵаарақәоу Абиблиа аҟынтә зҭак шәоурц ишәҭаху?

5. Абиблиа аԥхьара бзиа ижәба

Абиблиа аԥхьара бзиа избо рацәаҩуп. Дара уи даараӡа ирыцхраауеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Бзиа ирбома аҿар аԥхьара?

  • Избан Абиблиа аԥхьара даҽакала изазыҟоу?

Абиблиа иаҳәоит ҳгәы арҭынчыр шалшо, насгьы агәыӷра шаҳнаҭо. Шәаԥхьа Римаа 15:4, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ижәбома шәара Абиблиа иаҳнаҭо агәҭынчреи агәыӷреи шышәҭаху?

6. Егьырҭ рыцхыраара шәыдышәкылала

Абиблиа шәхала шәаԥхьалар шәылшоит, аха аӡәырҩы иазгәарҭеит уи бзианы издыруа аӡәы ианицҭуҵаауа, еиҳа еиӷьны еилукаар шулшо. Шәаԥхьа Аусқәа 8:26—31, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

Ефиопиатәи хаҵак Иԥшьоу Аҩыра ианыз еиликаарц азы ацхыраара иҭахын. Аӡәырҩы иазгәарҭеит Абиблиа бзианы издыруа аӡәы ианицҭуҵаауа, уи еиҳа еиӷьны еилукаар шулшо

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Абиблиа аҭҵаара аамҭа ақәырӡра иаԥсам».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго? Избан ус шәгәы изаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Абиблиаҿы есыҽны иҳахәо алабжьара бзиақәа ануп. Уи ихадоу азҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит, насгьы агәҭынчреи агәыӷреи ҳнаҭоит.

Аиҭахысра

  • Иарбан лабжьарақәоу Абиблиаҿы иҳаԥшаар ҳалшо?

  • Иарбан зҵаарақәоу Абиблиа зҭак ҟанаҵо?

  • Еилышәкаарц ишәҭахузеи Абиблиа аҟынтә?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ухы иаурхәартә иҟоума иахьа Абиблиа иану алабжьарақәа?

«Советы на все времена» («Ахьчаратә бааш» № 1, 2018, аурыс)

Хаҵак данхәыҷыз инаркны ауаа рацәажәара ицәыуадаҩын, ихы дацәыԥхашьон. Еилышәкаа уи ахаҵа Абиблиа шицхрааз.

«Насыԥла иҭәу сыԥсҭазаара ҿыц шалагаз» (2:53)

Иҟаҵатәузеи аҭаацәараҿы анасыԥ ыҟазарц азы, Абиблиа иану инақәыршәаны?

«12 секретов счастливых семей» («Пробудитесь!» № 2, 2018)

Абиблиа аҟынтә еилышәкаа адунеи знапаҿы иҟоу дызусҭоу.

«Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?» (инарҭбаау авидеонҵамҭа) (3:14)