Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 10

Хәарҭас ишәзааргозеи Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа?

Хәарҭас ишәзааргозеи Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа?

Шәнеихьоума шәара зныкыр Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рахь? Мап акәзар, иҟалап еилышәкаарц шәҭахызар: «Иҟарҵозеи аизарақәа рҿы? Изаҭахузеи урҭ? Избан аизарақәа рҭаара зсыхәҭоу?» Ари аурок аҟынтә шәара еилышәкаауеит урҭ аизарақәа Анцәа иҩызахара ишшәыцхраауа, насгьы иҵегь хәарҭас ишәзааргар рылшо.

1. Избан ҳаизалар зҳахәҭоу?

Абиблиа зыҩуаз руаӡәк ҳаизалар зҳахәҭоу иҳәеит: «Аизара дуқәа рҿы сара Иегова дҳараскуеит» (Аԥсалом 26:12). Убри азоуп Иегова ишаҳаҭцәа аизарақәа бзиа изырбо. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо дара есымчыбжьа еизоит, Анцәа еиҳа еиӷьны деилыркаарц, дҳараркларц, ашәа изырҳәаларц, насгьы иҳәаларц азы. Иара убас ашықәс аҩныҵҟа аизара дуқәагьы мҩаԥыргоит.

2. Еилышәкаар шәылшозеи ҳаизарақәа рҿы?

Аизарақәа рҿы ҳара Абиблиа инарҵауланы иҭаҳҵаауеит, насгьы уи еиҳа еиӷьны аилкаара ҳҽазаҳшәоит. (Шәаԥхьа Неемиа 8:8.) Урҭ аизарақәа рҿы шәара Иеговеи иара иҟазшьақәеи еиҳа еиӷьны еилышәкаауеит. Анцәа шаҟа бзиа шәибо еилышәкаацыԥхьаӡа, иаргьы бзиа дыжәбалоит. Иара убас шәара еилышәкаауеит агәырӷьареи анасыԥи шәоур шшәылшо (Исаиа 48:17, 18).

3. Ишәыцхраар шԥарылшо аизараҿы шәзацәажәо ауаа?

Иегова иҭахуп аӡәи-аӡәи ҳаизхәыцларц, абзиабара аарԥшреи аус бзиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭеибаҵаларц, — убри азоуп ҳара ҳзеизогьы (Ауриацәа 10:24, 25). Ҳаизарақәа рҿы шәара шәрабадыруеит пату еиқәызҵо, бзиа еибабо, насгьы шәара шәеиԥш Анцәа еиҳа еиӷьны деилызкаар зҭаху ауаа. Иҟалап урҭ ражәақәа шәгәы шьҭырхыр, уи ишәҭахыҵәҟьаз акәхар ауеит. (Шәаԥхьа Римаа 1:11, 12.) Аизарақәа рахь еиуеиԥшым ауаа неиуеит: аҿари зықәрахь инеихьоуи, аҭаацәара иалоуи аҭаацәара иалами. Дара ауадаҩрақәа шрымоугьы, агәырӷьара дырӡӡом. Урҭ шәанрацәажәо, ишәымоу ауадаҩрақәа рыхгара ишәыцхраауа лабжьарак ма зхәыцрак шәаҳар шәылшоит. Абри зегьы Иегова иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаизаларц зиҭаху мзызқәак роуп.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа шымҩаԥысуа, насгьы урҭ аизарақәа рҭаара изаԥсоу.

4. Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа

Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа Иегова имҵахырхәаларц азы иааиԥмырҟьаӡакәа еизон (Римаа 16:3—5). Шәаԥхьа Колоссаа 3:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟарҵози актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа, Иегова имҵахырхәаларц азы ианеизоз?

Иегова ишаҳаҭцәагьы Анцәа имҵахырхәаларц азы еизоит (Аҳратә залқәа рҿы). Урҭ аизарақәа шымҩаԥысуа еилышәкаарц азы шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс шәахәаԥш асахьа, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Еицырзеиԥшузеи Аҳратә зал аҿы иҟарҵои Колоссаа 3:16 аҿы шәзыԥхьази?

  • Ишәгәаԥхазеи шәара авидеонҵамҭаҿы ма асахьаҿы?

Шәаԥхьа 2 Коринфаа 9:7, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа хәыда-ԥсада изымҩаԥырго?

Шәырҵаҩи шәареи иааираны иҟоу аизараҿы иҟало атемақәа шәрыхәаԥш.

  • Иарбан хәҭоу еиҳараӡак ишәгәаԥхаз?

Ижәдыруама шәара?

Асаит jw.org аҿы еилышәкаар шәылшоит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы аизарақәа анымҩаԥысуа, насгьы иахьымҩаԥысуа.

  1. Аизара апрограммаҿы иҟоуп ажәахәқәа, адиалогқәа, насгьы авидеонҵамҭақәа. Аизарақәа аналагогьы ианынҵәогьы ашәа рҳәоит, насгьы Анцәа иҳәоит.

  2. Апрограмма ахәҭақәак ахцәажәара еиԥш имҩаԥысуеит. Изҭаху зегьы рхы аладырхәыр рылшоит.

  3. Ҳаизарақәа еиуеиԥшым ауаа аҭаауеит: зықәрахь инеихьоу, аҿар, ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа.

  4. Изҭаху зегь неир рылшоит. Инеиуа ирылаланы, аԥара еизыргаӡом.

5. Аизарақәа рҭааразы аџьабаа абара иаԥсоуп

Шәахәаԥш Иисус иҭаацәа иаҳдырбаз аҿырԥшы. Есышықәса имҩаԥысуаз аныҳәа иаҭаарц азы, урҭ ашьхамҩа ианыланы 100 километрак раҟара Назаретынтәи Иерусалимҟа ицар акәын. Шәаԥхьа Лука 2:39—42, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, ирзымариазма дара Иерусалимҟа ацара?

  • Ишәԥырхагахар алшозеи аизарақәа рҭаара?

  • Иарбан хәарҭоу аизарақәа ишәзааргар рылшо, насгьы иаԥсоума урҭ рҭааразы аџьабаа абара? Избан?

Абиблиаҿы иануп Иегова имҵахырхәаразы ҳаизалар шҳахәҭоу. Уи даараӡа ихадоуп. Шәаԥхьа Ауриацәа 10:24, 25, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан аизарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа изырҭаалатәу?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иаҭахӡам џьаргьы аныҟәара. Ухала Абиблиа уаԥхьала».

  • Иарбан библиатә жәеинраалоу ма ҿырԥштәу Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу ҳзырбо?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Аизарақәа шәыцхраауеит Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара, шәеиҩызара арӷәӷәара, насгьы иара бзиа дызбо шәрывагыланы имаҵ аура.

Аиҭахысра

  • Избан Иегова иҩызцәа еизаларц зиҭаху?

  • Еилышәкаар шәылшозеи Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рҿы?

  • Иҵегь хәарҭас ишәзааргар рылшозеи урҭ аизарақәа?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иҟалап шәара аизарахь ацара шәзымгәаӷьуазар. Еилышәкаа раԥхьаӡакәны Иегова ишаҳаҭцәа реизарахь инеиз ҷкәынак имаз ацәаныррақәа.

«Ҳара ҳашрыдыркылаз ахаан иаҳхашҭӡом» (4:16)

Еилышәкаа ҷкәынак аизараҿы игәаԥхаз, насгьы анаҩсгьы аизарақәа дырҭааларц азы иҟаиҵаз.

«Сара аизарақәа даараӡа исгәаԥхеит!» (4:33)

Еилышәкаа еиуеиԥшым ауаа аизарақәа рҭаара иазкны ирҳәо.

«Зачем ходить на христианские встречи в Зал Царства?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа агангстер знызаҵәык ақьырсиантә еизарахь даннеи инаркны иԥсҭазаашьа шьаҭанкыла аԥсахра шилшаз.

«При мне всегда был пистолет» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 2014, аурыс)