Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 11

Абиблиа аԥхьара агәахәара шәзаанагаларц азы иҟаҵатәу

Абиблиа аԥхьара агәахәара шәзаанагаларц азы иҟаҵатәу

Ишәзымариоума ихьанҭоу дҵак анагӡара? Уи адҵа анагӡара еиҳа ишәзымариахоит хәҭа-хәҭала еиҩшаны иҟашәҵалар. Абиблиа шәанаԥхьогьы убас ҟашәҵар шәылшоит. Иҟалап шәара шәхәыцуазар: «Сабантәиалагари Абиблиа аԥхьара?» Ари аурок аҿы ҳарзааҭгылоит Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи шәгәаԥхаларц азы иҟашәҵалар шәылшо имариоу шьаҿақәак.

1. Избан Абиблиа иааиԥмырҟьаӡакәа изаԥхьалатәу?

Абиблиа, даҽакала иуҳәозар, Иегова изакәан, иааиԥмырҟьаӡакәа иаԥхьо анасыԥи ақәҿиареи имазаауеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 1:1—3.) Раԥхьа минуҭқәак ирылагӡаны есыҽны Абиблиа аԥхьара шәалага. Абиблиа иану еилышәкаацыԥхьаӡа, еиҳагьы уи аԥхьара шәгәаԥхо шәалагоит.

2. Иҟаҵалатәузеи Абиблиа аԥхьара ахәарҭа шәзаанагаларц азы?

Абиблиа аԥхьара ахәарҭа ҳзаанагаларц азы, ҳааҭгыланы ҳзыԥхьо ҳазхәыцлароуп (Аԥсалом 119:97). Абиблиа шәанаԥхьо, абарҭ азҵаарақәа шәхы иашәҭала: «Еилыскаазеи уажәы Анцәа Иегова изкны? Сзыԥхьаз сыԥсҭазаараҿы схы ишԥасырхәари? Схы ишԥасырхәари арҭ ажәеинраалақәа егьырҭ срыцхраарц азы?»

3. Ианбаԥхьалатәу Абиблиа?

Ишәцәыцәгьоума Абиблиа аԥхьаразы аамҭа алхра? Аӡәырҩы уи ҳцәыцәгьоуп. Шәҽазышәшәала шәаамҭа еиҳа ихадоу азкра (Ефесаа 5:16). Есыҽны Абиблиа аԥхьаразы аамҭа алхны ишәымаз. Шьоукы ашьыжь ирзыманшәалоуп. Егьырҭ ҽынла Абиблиа иаԥхьоит, иаҳҳәап, шьыбжьон аусураҿы рыԥсы аныршьо. Иҟоуп уахынла, шьҭалара ицаанӡа аԥхьара ззыманшәалоу. Шәара ианбашәзыманшәалоу?

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Абиблиа аԥхьара еиҳа аинтерес аҵазарц азы иҟаҵатәу. Еилышәкаа Абиблиа аҭҵаара еиҳагьы ахәарҭа шәзаанагаларц азы уи шәыҽшазыҟашәҵалаша.

Иҿыцу афатә бзиа иубарц азы агьама убароуп. Абиблиа аԥхьарагьы убас ауп

4. Абиблиа аԥхьара агәахәара шәзаанагалааит

Раԥхьаӡакәны Абиблиа аԥхьара уаналаго, уи иҿыцу фатәык агьама абара иаҩызоуп, уашьцылароуп. Раԥхьа усҟак ихаамызшәа убар ауеит, аха нас еиҳа-еиҳа иугәаԥхо уалагоит. Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:2, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, есыҽны Абиблиа шәаԥхьалар, уи шәгәаԥхар алшома?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Еилышәкаа шьоукы Абиблиа аԥхьара агәахәара рзаанагаларц азы иҟарҵаз. Нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Ирԥырхагази арҭ аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьара?

  • Ирыцхрааи рхықәкы анагӡара?

  • Иҟарҵазеи дара Абиблиа аԥхьара агәахәара рзаанагаларц азы?

Излалагатәузеи Абиблиа аԥхьара?

  • Иалшәх ҳаамҭа иақәшәо абызшәала иҟоу ииашоу аиҭага. Шәхы иашәырхәа хәҭак аԥсышәала иҭыжьу, ишеибгоу урысшәала иҭыжьу аиҭага «Адунеи ҿыц».

  • Еиҳа ишәгәаԥхо Абиблиа ахәҭа аҟынтә аԥхьара шәалага. Иҵегь еиуеиԥшым азнеишьақәа шәыԥшаар шәылшоит «Абиблиа аԥхьара шәалага» захьӡу арамкаҿы.

  • Шәзыԥхьаз алышәкаала. Шәхы иашәырхәа ари ашәҟәы анҵәамҭаҿы иаагоу ацҵа «Абиблиа аԥхьаразы схатә график».

  • Апрограмма JW Library® шәхы иашәырхәала. Уи ацхыраарала ишәылшоит иахьаашәҭаху Абиблиа шәаԥхьалар, насгьы шәазыӡырҩлар. Уи азы иаҭахуп уи апрограмма шәҭел ахь ма даҽа електронтә хархәагахь аҭагалара.

  • Шәхы иашәырхәа аиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы иҟоу ацҵақәа. Уа иҟоуп ахсаалақәеи, атаблицақәеи, ажәари. Урҭ рыбзоурала Абиблиа аԥхьара еиҳагьы ишәгәаԥхоит.

5. Абиблиа аҵара шәҽазыҟашәҵала

Шәаԥхьа Аԥсалом 119:34, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан Абиблиа аԥхьара ма Абиблиа аҵараҿы шәызхысуа аурок аҽазыҟаҵара шәалагаанӡа Анцәа иҳәара заҭаху?

Ишәыцхраар алшозеи шәырҵаҩи шәареи Абиблиа анеицҭышәҵаауа, уи еиҳаны ахәарҭа алхра? Ари апубликациаҿы иҟоу аурокқәа шәҽанырзыҟашәҵо, шәхы иашәырхәа абри азнеишьа:

  1. Шәхала шәаԥхьа аурок актәи ахәҭа.

  2. Абиблиатә жәеинраалақәа зегь аартны шәрыԥхьа. Шәазхәыц урҭ аурок атема ишадҳәалоу.

  3. Ирыҵышәшь иқәгылоу азҵаара аҭак ҟазҵо ихадоу ажәақәа. Убас шәырҵаҩи шәареи шәызхысраны иҟоу аурок ибзианы аҽазыҟаҵара шәылшоит.

Ижәдыруама шәара?

Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым Абиблиа аиҭагақәа рхы иадырхәоит. Аха еиҳараӡак иаҳгәаԥхоит аиҭага «Адунеи ҿыц», избанзар уи ииашаны, еилукаартә еиԥш еиҭагоуп, иара убас уа Анцәа ихьӡ ануп. (Шәахәаԥш авеб-статиа «Действительно ли у Свидетелей Иеговы своя Библия?».)

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Абиблиа аҭҵаара имариам усуп. Сара уи азы аамҭагь сымам, иагьсылшом».

  • Шәара шәгәы иаанагои?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Есыҽны Абиблиа шәаԥхьаларц азы аамҭа алхны ишәымаз. Шәзыԥхьаз еилышәкаарц азы Анцәа шәиҳәала. Абиблиа аҵараҿы шәызхысуа аурок еснагь заа шәҽазыҟашәҵала.

Аиҭахысра

  • Иҟашәҵар шәылшозеи Абиблиа аԥхьара еиҳа агәахәареи ахәарҭеи шәзаанагаларц азы?

  • Ианбашәзыманшәалоу Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи?

  • Избан изхадоу Абиблиа аҵараҿы шәызхысуа аурок заа аҽазыҟаҵара?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Абар Абиблиа аԥхьара агәахәара шәзаанагаларц азы шәхы иашәырхәар шәылшо знеишьақәак.

«Как сделать чтение Библии увлекательным» («Ахьчаратә бааш» № 1, 2017, аурыс)

Шәхы иашәырхәа акыршықәса Абиблиа иаԥхьо ишәырҭо алабжьарақәа.

«Иҵаулоу хаҭалатәи аҭҵаара» (2:06)