Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 06

Ишԥалагеи аԥсҭазаара?

Ишԥалагеи аԥсҭазаара?

Анцәа иоуп «аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу» (Аԥсалом 36:9). Агәра жәгома уи шәара? Шьоукы ирҳәоит аԥсҭазаара аӡәгьы имшаӡеит, уи ахала иҟалеит ҳәа. Ус акәзар, ҳара машәыршәоуп адунеи ҳшықәнагалаз. Аха Анцәа Иегова иакәзар аԥсҭазаара зшаз, уи ахықәкы амазароуп a. Шәақәшаҳаҭума шәара уи? Ҳахәаԥшып аԥсҭазаара шыҟалаз аганахьала Абиблиа иаҳәо, насгьы еилаҳкаап уи агәра агара изаԥсоу.

1. Изшада ажәҩани адгьыли?

Абиблиаҿы иануп: «Раԥхьаӡа Анцәа ишеит ажәҩани адгьыли» (Аҟазаара 1:1). Аҵарауаа реиҳараҩык ирҳәоит адунеи алагамҭа аман ҳәа. Ишԥеишеи Анцәа уи? Анцәа имч — иԥшьоу идоуҳа — ала адунеи аҿы иҟоу зегь ишеит, агалактикақәагьы, аеҵәақәагьы, апланетақәагьы уахь иналаҵаны (Аҟазаара 1:2).

2. Изишазеи Анцәа адгьыл?

Иегова адгьыл «баша имшаӡеит, ауаа нхаларц азоуп изишаз» (Исаиа 45:18). Анцәа иҭахын адгьыл аҿы ауаа аԥсҭазаара бзиа рымазарц, насгьы адгьыл ҩныс ирзыҟаларц. (Шәаԥхьа Исаиа 40:28, иара убас 42:5.) Анаукатә ҭҵаарақәа иаадырԥшуеит ҳадгьыл шаҟа иссиру, уи егьырҭ апланетақәа ишреиԥшым. Адгьыл заҵәык аҿы ауп аԥсҭазааразы иаҭаху зегь ахьыҟоу.

3. Излеиԥшми ауааи аԥстәқәеи?

Иегова адгьыл аниша ашьҭахь, уа аԥсҭазаарагьы ишеит. Раԥхьа иара аҵиаақәеи аԥстәқәеи ишеит. Анаҩс «Анцәа ауаҩы дишеит иара диеиԥшны». (Шәаԥхьа Аҟазаара 1:27.) Дызларылукаауазеи ауаҩы аԥстәқәа? Ҳара Анцәа ҳиеиԥшны ҳшоуп, убри аҟынтә иара илоу абзиабареи аиашареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа ааҳарԥшлар ҳалшоит. Иара убас Иегова алшара ҳалеиҵеит абызшәақәа ҳҵаларц, аԥшӡара ҳалагәырӷьаларц, насгьы амузыка агәахәара ҳзаанагаларц. Ауаҩы аԥстәқәа ирымам алшара имоуп. Иара илшоит дызшаз Анцәа бзиа ибара, насгьы ҳаҭыр иқәҵара.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Шәрыхәаԥш аԥсҭазаара шшаз шьақәзырӷәӷәо афактқәа, насгьы шәазхәыц зегь шшаз иазкны Абиблиаҿы иану ашьақәырӷәӷәарақәа рыгәра агара изаԥсоу. Еилышәкаа ауаа ирылоу аҟазшьа бзиақәа Анцәа изкны ишәдырҵар рылшо.

4. Аԥсҭазаара шан

Ауаа аԥсабара иаҿыԥшны ак аныҟарҵо, уи дара рхала ирхәыцызшәа рҳәоит. Аха изшада изҿыԥшуа аԥсабара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟарҵазеи ауаа аԥсабараҿы иҟоу иаҿыԥшны?

Иарбан ҩнызаалак аргылаҩ дамоуп. Еибызҭада, насгьы изшада аԥсабараҿы иҟоу зегьы? Шәаԥхьа Ауриацәа 3:4, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишәгәаԥхозеи шәара аԥсабараҿы иҟоу аҟынтә?

  • Иаԥсоума агәра агара адунеи, иара убас уа иҟоу зегьы аӡәы ишишаз? Избан?

Ижәдыруама шәара?

Ари атема иазкны еиҳаны астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы иҟоу арубрикақәа «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?», насгьы «Взгляд на происхождение жизни» рҿы.

«Иарбан ҩнызаалак аргылаҩ дамоуп, аха зегь зыргылаз Анцәа иоуп»

5. Абиблиа зегь шшаз иазкны иаҳәо агәра агара иаԥсоуп

Абиблиаҿы, Аҟазаара 1-тәи ахаҿы, иҳәоуп аԥсҭазаара шыҟалаз. Агәра агара иаԥсоума уа иҳәоу, мамзаргьы уи хыҭҳәаау? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иаҳәома Абиблиа адгьыли аԥсҭазаареи фымш рылаҵәҟьа ишан ҳәа?

  • Шәгәы ишԥаанаго, Абиблиа зегь шшаз иазкны иаҳәо иашоума? Избан ус шәгәы изаанаго?

Шәаԥхьа Аҟазаара 1:1, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Аҵарауаа ирҳәоит адунеи алагамҭа аман ҳәа. Еиқәшәома урҭ ирҳәои уажәы Абиблиаҿы шәзыԥхьази? Избан ус зышәҳәо?

Шьоукы ргәы иаанагоит Анцәа аеволиуциа ацхыраарала аԥсҭазааратә формақәа ишеит ҳәа. Шәаԥхьа Аҟазаара 1:21, 25, 27, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иаҳнарҵома Абиблиа Анцәа раԥхьа имариоу аԥсҭазааратә формақәа ишеит, нас урҭ рҟынтә аԥсыӡқәеи, аԥстәқәеи, ауааи ҟалеит ҳәа? Мамзаргьы иара аханатә зегь рыхкы ишоу?

6. Ауаҩы — Анцәа иишаз зеиԥшыҟам шамҭоуп

Анцәа ауаҩы аԥстәқәа дреиԥшны димшаӡеит. Шәаԥхьа Аҟазаара 1:26, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Анцәа ауаҩы иара диеиԥшны дишазар, иҳанаҳәои Анцәа изкны абзиабареи арыцҳашьареи раарԥшразы иҳалоу алшара?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Абиблиа аԥсҭазаара шшаз иазкны иаҳәо лакәуп».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго? Избан ус шәгәы изаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова ишеит ажәҩани, адгьыли, адгьыл аҿы аԥсҭазаареи.

Аиҭахысра

  • Иаҳәои Абиблиа адунеи шыҟалаз иазкны?

  • Ишама Анцәа аеволиуциа ацхыраарала аԥсҭазааратә формақәа?

  • Дызларылукаауеи ауаҩы егьырҭ ашамҭақәа?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Аԥсабара иунарбоит уи Зшаз дшыҟоу.

«Чему нас учит природа?» («Пробудитесь!», сентиабр 2006)

Еилышәкаа зегь шшаз иазкны Абиблиа иану ахәыҷы ииашаны ишизеиҭашәҳәаша.

«Иегова зегь ишеит» (2:37)

Еилышәкаа Абиблиеи аеволиуциеи ирҳәо еиқәшәоу-еиқәымшәоу.

«Создал ли Бог разные формы жизни с помощью эволюции?» (авеб-статиа)

Шәахәаԥш апалеонтологиатә шықәсынҵеи анаукатә ҭҵаарақәеи ишҳаилдыркаауа аԥсҭазаара шазу, ахала иҟалоу.

«У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа» (аброшиура)

a 25-тәи аурок аҿы еилышәкаар шәылшоит Анцәа ауаа зишаз.