Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 15

Дызусҭада Иисус Христос?

Дызусҭада Иисус Христос?

Иисус Христос аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа ауаа дреиуоуп. Аха аӡәырҩы уи изкны ихьӡ ада уаҳа акгьы рыздырӡом. Иисус дызусҭаз иазкны еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп. Аха иаҳәозеи Абиблиа?

1. Дызусҭада Иисус Христос?

Иисус ажәҩан аҿы инхо, амч ду змоу маалықьуп. Иара иоуп Анцәа Иегова зегь раԥхьаӡа иишаз. Убри аҟынтә Абиблиаҿы иара «зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз» ҳәа изҳәоуп (Колоссаа 1:15). Иара убас Иисус «Анцәа Иԥазаҵә» ҳәа изҳәоуп, избанзар Анцәа иара заҵәык иоуп аӡә ицхыраарада иишаз (Иоанн 3:16). Иисус Иаб Иегова дицхраауан егьырҭ ашамҭақәа зегь ршара. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 8:30.) Иеговеи Иисуси аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп. Иара убас Иисус «Ажәа» иоуп, даҽакала иуҳәозар, Анцәа ихаҭарнак. Анцәа ихаҭарнак иаҳасабала, иара уи гәыкала имаҵ иуеит, насгьы Анцәа иажәақәеи инапхгареи ауааи амаалықьцәеи ирзааиртуеит (Иоанн 1:14).

2. Дзааи Иисус адгьыл ахь?

2 000-ҟа шықәса раԥхьа Иегова аџьашьахәы ҟаиҵеит. Иара иԥшьоу идоуҳала Иисус иԥсҭазаара аҭыԥҳа Мариа лымгәарҭахьы ииаигеит. Уи аџьашьахәы абзоурала Иисус дуаҩны диит. (Шәаԥхьа Лука 1:34, 35.) Иара ауаа еиқәирхарц, насгьы Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәаз Мессиа, мамзаргьы Христос, иакәны дҟаларц азы ауп адгьыл ахь дзааз a. Мессиа изкыз аԥааимбаражәақәа зегьы Иисус иҿы инаӡеит. Убас ала ауаа еилыркаар рылшон «Христос... зыԥсы ҭоу Анцәа Иԥа» шиакәыз (Матфеи 16:16).

3. Дабаҟоу уажәы Иисус?

Иисус данԥсы ашьҭахь, Иегова уи иԥсы ҭеиҵеит, нас иара ажәҩан ахь дхынҳәит. «Анцәа уи уаанӡа аасҭа дҳареикит», насгьы аӡәымзар-аӡәы имамыз амчра ииҭеит (Филиппаа 2:9). Уажәы Иисус амчра ду змоу маалықьуп, иара иаасҭа амчра змоу Иегова заҵәык иоуп.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иисус Христос дызусҭоу, насгьы уи еиҳа еиӷьны деилаҳкаар зҳахәҭоу.

4. Иисус Зегьзымчу Анцәа иакәӡам

Абиблиаҿы иануп Иисус ажәҩан аҿы иҟоу, амч ду змоу амаалықь шиакәу, аха иара Иаб Иегова иҳәатәы дықәныҟәоит. Иабантәиҳдыруеи уи ҳара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, насгьы еилышәкаа Абиблиа ишҳаилнаркаауа Иисус Зегьзымчу Анцәа шиакәым.

Арҭ абиблиатә жәеинраалақәа иҳаилдыркаауеит Иисус Иегова дызлеизыҟоу. Шәрыԥхьа арҭ ажәеинраалақәа, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

Шәаԥхьа Лука 1:30—32.

  • Ииҳәазеи амаалықь Иисус Хыхь иҟоу Анцәа ду Иегова дызлеизыҟоу иазкны?

Шәаԥхьа Матфеи 3:16, 17.

  • Иаҳәазеи ажәҩан аҟынтә игаз абжьы, Иисус аӡы иҽанӡааих?

  • Шәгәы ишԥаанаго, изыбжьыдаз уи?

Шәаԥхьа Иоанн 14:28.

  • Еиҳабыда, насгьы еиҳа амчра змада: аб иакәу, аԥа иакәу?

  • Иисус Иегова «Саб» ҳәа иеиҳәон. Иаҳнарҵозеи ҳара уи?

Шәаԥхьа Иоанн 12:49.

  • Иԥхьаӡозма Иисус Иаби иареи аӡә роуп ҳәа? Шәара ишԥашәыԥхьаӡо?

5. Иисус Мессиа шиакәу шьақәзырӷәӷәо

Абиблиаҿы иануп ауаа Мессиа дызусҭоу аилкаара ирыцхраауаз аԥааимбаражәақәа рацәаны. Иара иоуп ауаа реиқәырхаразы Анцәа иалихыз. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, насгьы еилышәкаа иарбан ԥааимбаражәақәоу Иисус иҿы инаӡаз.

Шәрыԥхьа арҭ абиблиатә ԥааимбаражәақәа, насгьы азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

Шәаԥхьа Михеи 5:2, Мессиа дираны дахьыҟаз еилышәкаарц азы b.

  • Инаӡама ари аԥааимбаражәа Иисус иҿы? (Матфеи 2:1).

Шәаԥхьа Аԥсалом 34:20, насгьы Захариа 12:10, Мессиа дыԥсраны дшыҟаз еилышәкаарц азы.

  • Инаӡама арҭ аԥааимбаражәақәа? (Иоанн 19:33—37).

  • Шәгәы ишԥаанаго, илшозма Иисус арҭ аԥааимбаражәақәа наӡарц азы ак аҟаҵара?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ишьақәнарӷәӷәома ари зегьы Иисус Мессиа шиакәу?

6. Иисус ибзианы дыздыруа ирзыԥшу аҳамҭа

Абиблиа иаҳнарбоит шаҟа ихадоу Иисус ихаҭа иеилкаареи уи Анцәа игәҭакы анагӡаразы иҟаиҵо аилкаареи. Шәаԥхьа Иоанн 14:6, насгьы 17:3, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иисус иеилкаара зхадоу?

Иисус Анцәа ҳаиҩызахарц азы амҩа ҳзааиртит. Иара ауаа Иегова изкны аҵабырг дирҵон, иара ибзоурала ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаур ҳалшоит

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иегова ишаҳаҭцәа Иисус дхарҵаӡом».

  • Шәара аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус амч ду змоу маалықьуп. Иара Анцәа Иԥа иоуп, иара убас Мессиа иоуп.

Аиҭахысра

  • Иишада Анцәа зегь раԥхьаӡа, насгьы дышԥаицхраауаз уи иара?

  • Иҟаиҵози Иисус адгьыл ахь даанӡа?

  • Иабантәиҳдыруеи Иисус Мессиа шиакәу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иаҳнарҵома Абиблиа Иисус ауаа ахәыҷқәа шырхылҵуа еиԥшҵәҟьа Анцәа дихылҵит ҳәа?

«Почему Иисус Христос назван Сыном Бога?» (авеб-статиа)

Избан Анцәа х-хаҿык имоуп ҳәа ауаа иддырҵо Абиблиа шьаҭас иамаӡам ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

«Иисус Христос. Бог ли он?» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2009, аурыс)

Ишԥеиӷьхеи ԥҳәыск лыԥсҭазаара, Абиблиаҿы Иисус Христос изкны иану анеилылкаа?

«Еврейская женщина рассказывает, почему она пересмотрела свою веру» («Пробудитесь!», маи 2013)

a Аурокқәа 26, 27 иҳаилдыркаауеит ауаа реиқәырхара заҭахыз, насгьы Иисус урҭ шеиқәирхаз.

b Ацҵа 2 аҿы иануп Мессиа даараны даныҟаз аамҭа аӡбахә.