Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 17

Дзеиԥшроузеи Иисус Христос?

Дзеиԥшроузеи Иисус Христос?

Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ииҳәози иҟаиҵози анеилаҳкаауа, Иаб Иеговеи иареи еиҳа еиӷьны ҳрабадырырц, насгьы ҳарҩызахарц ҳҭаххоит. Иарбан ҟазшьа бзиақәоу Иисус илоу? Ишԥаҳалшо иара ҳиеиԥшхар?

1. Дызлаиеиԥшузеи Иисус Иаб?

Ажәҩан аҿы Иисус миллиард шықәсақәа рыҩныҵҟа Иаб иҟны аҵара иҵон, насгьы уи абзиабара шааирԥшуа ибон. Убри аҟнытә Иисус ихәыцшьалеи ихымҩаԥгашьалеи даараӡа Иаб диеиԥшхеит. (Шәаԥхьа Иоанн 5:19.) Иисус убасҟак Иегова ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи иман, абас иҳәартә еиԥш: «Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» (Иоанн 14:9). Иисус еиӷьны деилышәкаацыԥхьаӡа, Иеговагьы еиҳа еиӷьны деилышәкаалоит. Иаҳҳәап, Иисус ауаа бзиа ишибоз атәы шәанаԥхьо, Иегова шаҟа бзиа шәибо еилышәкаауеит.

2. Ишԥааирԥши Иисус Иегова бзиа дшибо?

Иисус иҳәеит: «Адунеи Саб бзиа дшызбо адырыр ауп». Анаҩс иациҵоит: «Убри азоуп Саб исыдиҵаз зынасыгӡо» (Иоанн 14:31). Иисус еснагь Иаб дизыӡырҩуан, уи аҟаҵара анымариамызгьы. Убри ала иара иааирԥшит шаҟа иӷәӷәаны Иаб бзиа дибо. Иисус Иаб иӡбахә аҳәара бзиа ибон. Иара убас ауаа Анцәа иҩызахар шрылшо атәы рзеиҭаҳәара игәаԥхон (Иоанн 14:23).

3. Ишԥааирԥши Иисус ауаа бзиа ишибо?

Абиблиаҿы иануп Иисус ауаа даараӡа бзиа ишибо (Ажәамаанақәа 8:31). Иисус ауаа рзы имчқәа дреигӡаӡомызт. Даргьы иааигәара ианыҟаз, ргәы ҭынчын. Иҟаиҵоз аџьашьахәқәа Иаб амч шииҭаз мацара акәӡамызт иаадырԥшуаз, ауаа дрыцхрааларц шиҭахызгьы аадырԥшуан (Марк 1:40—42). Иара ауаа еилымхӡакәа, зегьы дрыцхраауан. Згәы цқьаз, изыӡырҩуаз зегьы иажәақәа агәҭынчреи агәыӷреи рнаҭон. Иисус ауаа даараӡа бзиа ибон азы, дара рзы агәаҟрагьы аԥсрагьы дазхиан. Аха иара еиҳараӡак бзиа иибо ииҳәоз инақәыршәаны инхо роуп. (Шәаԥхьа Иоанн 15:13, 14.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа иарбан ҟазшьақәоу Иисус илоу. Шәазхәыц иара иеиԥш абзиабареи агәыҭбаареи раарԥшра шшәылшо.

4. Иисус Иаб бзиа дибоит

Иисус иҿырԥштәы иаҳнарбоит Анцәа бзиа дшаҳбо ааҳарԥшлар шҳалшо. Шәаԥхьа Лука 6:12, насгьы Иоанн 15:10; 17:26. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәрыԥхьацыԥхьаӡа, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҳалшо Иисус иеиԥш ҳаргьы Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра?

Иисус Иаб бзиа дибон, убри аҟынтә лассы-лассы диацәажәон

5. Иисус ауаа бзиа ибоит

Иисус ихы аасҭа ауаа еиҳа дрызхәыцуан. Иара данеилахазгьы, ма дааԥсаны даныҟазгьы, ауаа дрыцхраауан. Шәаԥхьа Марк 6:30—44, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иаазырԥшуазеи ари аҭоурых аҿы Иисус ауаа бзиа ишибоз? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 31, 34, 41, 42.)

  • Игәазҭазҵазеи Иисус ауаа рыцхраара? (Шәахәаԥш ажәеинраала 34.)

  • Иисус даараӡа Иаб диеиԥшуп, ус анакәха, иаҳнарҵозеи ҳара ари аҭоурых Иегова изкны?

  • Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшны, ауаа рахь абзиабара аарԥшра?

6. Иисус агәыҭбаара илоуп

Иисус имаз шырацәамызгьы, агәыҭбаара ааирԥшуан. Иара иҭахуп ҳаргьы агәыҭбаара ааҳарԥшларц. Шәаԥхьа Аусқәа 20:35, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟаҵалатәузеи, Иисус ииҳәаз инақәыршәаны, анасыԥ ҳамазарц азы?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҳалшо агәыҭбаара аарԥшра, иҳамоу рацәамзаргьы?

Ижәдыруама шәара?

Абиблиа иаҳнарҵоит Иисус ихьӡала Анцәа ҳиҳәалар шҳахәҭоу. (Шәаԥхьа Иоанн 16:23, 24.) Иисус ихьӡала Анцәа ҳаниҳәо, ҳара иааҳарԥшуеит иара ида ахаан Иеговеи ҳареи ҳаиҩызцәахар шҳалымшоз шеилаҳкаауа.

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа ҳара хьаасгьы ҳимам».

  • Ишԥаадырԥшуеи Иисус иусқәа Иегова даараӡа бзиа ҳшибо?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус Иеговеи ауааи бзиа ибоит. Иара даараӡа Иаб диеиԥшуп, убри аҟынтә Иисус шаҟа деилаҳкаауа аҟара, убри аҟарагьы Иегова деилаҳкаалоит.

Аиҭахысра

  • Ишԥаҳалшо Иисус иеиԥш ҳаргьы Иегова бзиа дшаҳбо ааҳарԥшлар?

  • Ишԥаҳалшо Иисус иеиԥш ҳаргьы ауаа бзиа ишаҳбо ааҳарԥшлар?

  • Ишәгәаԥхозеи еиҳараӡак Иисус иҟазшьақәа рҟынтә?

Goal

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Акыр анума Абиблиаҿы Иисус иԥшра иазкны?

«Как выглядел Иисус Христос?» (авеб-статиа)